Аҟәша 2. Аиҭахысра
Еилшәырга шәырҵаҩи шәареи абарҭ азҵаарақәа.
- Иазиуазеи Анцәа амцдинхаҵара? - (Шәахәаԥш аурок 13.) 
- Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 20:4—6. - Дышԥазыҟоу Иегова, ауаа асахьақәа рхы иархәаны ианимҵахырхәо? - (Шәахәаԥш аурок 14.) 
 
- Дызусҭада Иисус Христос? - (Шәахәаԥш аурок 15.) 
- Ишәгәаԥхозеи Иисус иҟазшьақәа рҟынтә еиҳараӡак? - (Шәахәаԥш аурок 17.) 
- Шәаԥхьа Иоанн 13:34, 35, насгьы Аусқәа 5:42. - Изусҭцәада иахьа ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа? Избан ус шәгәы изаанаго? - (Шәрыхәаԥш аурокқәа 18, 19.) 
 
- Хадас иамада ақьырсиантә еизара, насгьы напхгара шԥеиҭо иара аизара? - (Шәахәаԥш аурок 20.) 
- Шәаԥхьа Матфеи 24:14. - Ишԥанаӡо иахьа ари аԥааимбаражәа? 
- Иззеиҭашәҳәахьада Абиблиа иану ажәабжь бзиа? - (Шәрыхәаԥш аурокқәа 21, 22.) 
 
- Шәгәы ишԥаанаго, аӡы аҽӡаахра иаԥсоу хықәкума? Избан? - (Шәахәаԥш аурок 23.) 
- Ишԥашәылшо Аҩсҭааи уи идемонцәеи шәҽырцәышәыхьчар? - (Шәахәаԥш аурок 24.) 
- Изишазеи Анцәа ауаа? - (Шәахәаԥш аурок 25.) 
- Избан ауаа згәаҟуа, насгьы изыԥсуа? - (Шәахәаԥш аурок 26.) 
- Шәаԥхьа Иоанн 3:16. - Иҟаиҵазеи Иегова, агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы? - (Шәахәаԥш аурок 27.) 
 
- Шәаԥхьа Екклезиаст 9:5. - Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь? 
- Иҟаиҵозеи Иисус миллиардҩыла иԥсхьоу ауаа рзы? - (Шәрыхәаԥш аурокқәа 29, 30.) 
 
- Избан Анцәа Иаҳра зегьы иреиӷьу напхгароуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? - (Шәрыхәаԥш аурокқәа 31, 33.) 
- Агәра жәгома шәара Анцәа Иаҳра напхгара аура ишалагахьоу? Избан агәра зыжәго? Ианбалагеи уи напхгара аура? - (Шәахәаԥш аурок 32.)