Аҟәша 1. Аиҭахысра
Еилшәырга шәырҵаҩи шәареи абарҭ азҵаарақәа.
- Иарбан Абиблиа иану қәыргәыӷроу шәара еиҳараӡак ишәгәаԥхо? - (Шәахәаԥш аурок 2.) 
- Избан Абиблиа Анцәа Иажәоуп ҳәа зышәыԥхьаӡо? - (Шәрыхәаԥш аурокқәа 3, 5.) 
- Избан Анцәа ихьӡ ҳҳәалар зхадоу? - (Шәахәаԥш аурок 4.) 
- Абиблиаҿы иануп аԥсҭазаара зшаз Анцәа шиакәу (Аԥсалом 36:9). Агәра жәгома уи шәара? - (Шәахәаԥш аурок 6.) 
- Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 3:32. - Избан Иегова зегь иреиӷьу аҩыза зиакәу? 
- Дыззыԥшузеи Иегова иҩызцәа рҟынтә? Шәгәы ишԥаанаго, ииашоума уи? - (Шәрыхәаԥш аурокқәа 7, 8.) 
 
- Шәаԥхьа Аԥсалом 62:8. - Шәзызиҳәахьоузеи Иегова? Шәзызиҳәалар шәылшозеи уаҳа? 
- Ишԥаҟаиҵо Иегова ҳаҳәарақәа рҭак? - (Шәахәаԥш аурок 9.) 
 
- Шәаԥхьа Ауриацәа 10:24, 25. - Иарбан хәарҭоу Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа ишәзааргар рылшо? 
- Шәгәы ишԥаанаго, иаԥсоума аизарақәа рҭааразы аџьабаа абара? - (Шәахәаԥш аурок 10.) 
 
- Избан иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьара зхадоу? Иарбан графику Абиблиа аԥхьаразы шәхы иашәырхәо? - (Шәахәаԥш аурок 11.) 
- Ишәгәаԥхазеи еиҳараӡак Абиблиа аҵараан еилышәкааз аҟынтә? 
- Шәрықәшәахьоума ауадаҩрақәа Абиблиа аҵара шәалагеижьҭеи? Иарбан уадаҩрақәоу? Ишәыцхраар алшозеи анаҩсгьы Абиблиа аҵара? - (Шәахәаԥш аурок 12.)