Аҟәша 4. Аиҭахысра
Еилшәырга шәырҵаҩи шәареи абарҭ азҵаарақәа.
- Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 13:20. - Избан аҩызцәа аналҳхуа, аҟәышра аарԥшра зхадоу? - (Шәахәаԥш аурок 48.) 
 
- Иарбан библиатә лабжьароу ишәыцхраар алшо: - хаҵа бзианы ма ԥҳәыс бзианы аҟалара? 
- ан бзиа, аб бзиа, ма ахәыҷ бзиа шәакәны аҟалара? - (Шәрыхәаԥш аурокқәа 49, 50.) 
 
- Изеиԥшразар ахәҭоузеи ҳцәажәашьа, уи Иегова игәаԥхаларц азы? Иарбан цәажәашьоу Иегова игәамԥхо? - (Шәахәаԥш аурок 51.) 
- Иарбан библиатә принципқәоу шәҭеиҭԥши шәеилаҳәашьеи зеиԥшразар ахәҭоу аӡбара ишәыцхраауа? - (Шәахәаԥш аурок 52.) 
- Ишԥалхтәу Иегова игәаԥхо агәырҿыхага? - (Шәахәаԥш аурок 53.) 
- Шәаԥхьа Матфеи 24:45—47. - Дызусҭада «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш»? - (Шәахәаԥш аурок 54.) 
 
- Ишԥашәылшо шәаамҭеи, шәымчи, шәԥареи шәхы иашәырхәалар, аизара шәацхрааларц азы? - (Шәахәаԥш аурок 55.) 
- Шәаԥхьа Аԥсалом 133:1. - Ишԥашәылшо аизараҿы иҟоу акзаара шәырӷәӷәалар? - (Шәахәаԥш аурок 56.) 
 
- Ишԥашәылшо Иегова иҟынтә ацхыраара шәоур, агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵазар? - (Шәахәаԥш аурок 57.) 
- Шәаԥхьа 1 Ашықәсынҵа 28:9, насгьы иацу албаага. - Ишԥашәылшо гәыкала Иегова имаҵ аура, егьырҭ аҵабырг иаҿагылозар, ма аҵабырг иацәхьаҵзар? 
- Шәыԥсҭазаараҿы иԥсахтәу акрыҟоума, гәыкала Иегова имаҵ жәуларц, насгьы амцдинхаҵареи шәареи ишәзеилоу акгьы шәымамзарц азы? - (Шәахәаԥш аурок 58.) 
 
- Ишԥашәылшо ашьҭашәарыцарақәа шәҽырзыҟашәҵар? - (Шәахәаԥш аурок 59.) 
- Иҟашәҵаларц ишәыӡбазеи, анаҩсгьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәаларц азы? - (Шәахәаԥш аурок 60.)