Аҟәша 3. Аиҭахысра
Еилшәырга шәырҵаҩи шәареи абарҭ азҵаарақәа.
- Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11. - Шәгәазҭазҵозеи гәыкала Иегова бзиа ибареи имаҵ ауреи? - (Шәахәаԥш аурок 34.) 
 
- Ишәыцхраар алшозеи ииашоу аӡбара адкылара, Абиблиаҿы шәгәы иҵхо азҵаара аганахьала акгьы анымзар? - (Шәахәаԥш аурок 35.) 
- Ишԥашәылшо еснагь аиаша аҳәара? - (Шәахәаԥш аурок 36.) 
- Шәаԥхьа Матфеи 6:33. - Ишәыцхраар шԥалшо ари апринцип, аусуреи аԥареи рганахьала аӡбара аншәыдышәкыло? - (Шәахәаԥш аурок 37.) 
 
- Иаашәырԥшыр шԥашәылшо аԥсҭазаара Иегова иеиԥш пату шақәышәҵо? - (Шәахәаԥш аурок 38.) 
- Шәаԥхьа Аусқәа 15:29. - Ишԥашәылшо Иегова ашьа иазкны иҳаиҭаз азакәан ақәныҟәара? 
- Шәгәы ишԥаанаго, аҟәыӷара аҵоума уи азакәан? - (Шәахәаԥш аурок 39.) 
 
- Шәаԥхьа 2 Коринфаа 7:1. - Иаанагозеи цәеижьла ацқьареи ҳхымҩаԥгашьеи, ҳхәыцшьеи, ҳцәажәашьеи цқьаны ахьчареи? - (Шәахәаԥш аурок 40.) 
 
- Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:9, 10. - Иаҳәозеи Абиблиа асекс иазкны? Шәрықәшаҳаҭума урҭ абиблиатә принципқәа? 
- Иарбан напхгароу арыжәтә аганахьала Абиблиа иаҳнаҭо? - (Шәрыхәаԥш аурокқәа 41, 43.) 
 
- Шәаԥхьа Матфеи 19:4—6, 9. - Иарбан нормақәоу аҭаацәаразы Анцәа ишьақәиргылаз? 
- Избан аҭаацәара алалара ма аилыҵра закәанла изышьақәырӷәӷәатәу? - (Шәахәаԥш аурок 42.) 
 
- Иарбан ныҳәақәоу Иегова игәамԥхо? Избан изигәамԥхо? - (Шәахәаԥш аурок 44.) 
- Шәаԥхьа Иоанн 17:16, насгьы Аусқәа 5:29. - Ишԥашәылшо анеитралитет ахьчара? 
- Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аҳәынҭқарратә мчрақәа ирҳәо Анцәа изакәан иаҿагылозар? - (Шәахәаԥш аурок 45.) 
 
- Шәаԥхьа Марк 12:30. - Ишԥашәылшо Иегова бзиа дшыжәбо аарԥшра? - (Шәрыхәаԥш аурокқәа 46, 47.)