Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lff аур. 4
  • Дызусҭада Анцәа?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дызусҭада Анцәа?
  • Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
  • ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
  • ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
  • Анцәа ихьӡ ахархәареи аҵаки
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Иегова ихьӡ ҳара ҳзы аҵак ду амоуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Изишазеи Анцәа ауаа?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
lff аур. 4
Аурок 4. Ажәҩан уахынла (ателескоп ала): ибзианы иубарҭоуп аеҵәақәеи агалактикақәеи

АУРОК 04

Дызусҭада Анцәа?

Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат

Ауаа жәытәнатә аахыс еиуеиԥшым анцәақәа ирымҵахырхәон. Аха Абиблиаҿы иануп урҭ зынӡа иреиԥшым, зегь иреиҳау Анцәа дшыҟоу (2 Ашықәсынҵа 2:5). Дызусҭада уи? Дызлареиԥшымзеи иара ауаа зымҵахырхәо егьырҭ анцәақәа? Ари аурок аҿы шәара еилышәкаауеит уи Анцәа дызусҭоу, насгьы шәиабадырыр шиҭаху.

1. Ихьӡузеи Анцәа? Иҭахума иара ихьӡ ҳдыруазарц?

Анцәа ихьӡу Абиблиа аҟынтә еилаҳкаар ҳалшоит. Иара иҳәоит: «Сара Иегова соуп. Уи сыхьӡ ауп». (Шәаԥхьа Исаиа 42:5, 8.) Иегова — ари ауриа бызшәаҟынтә еиҭагоу Анцәа ихьӡ ауп. Аҵарауаа ишырҳәо ала, ари ахьӡ ажәытәтәи ауриа бызшәаҟынтә еиҭоугозар, иаанагоит «Иара иҟалартә иҟаиҵоит». Иегова иҭахуп ихьӡ ҳдыруазарц (Ақәҵымҭа 3:15). Иабантәиҳдыруеи уи ҳара? Абиблиаҿы Анцәа ихьӡ уԥылоит 7 000-нтә инареиҳаны!a Иегова зыхьӡу Ҳазшаз Анцәа заҵәык иоуп. Ажәҩан аҿи адгьыл аҿи иара иеиԥшу уаҳа даҽа Нцәак дыҟаӡам (Ҩынтәзакәан 4:39).

2. Иаҳәозеи Абиблиа Иегова изкны?

Абиблиаҿы иануп Иегова ауаа зымҵахырхәо егьырҭ анцәақәа дызлареиԥшым. Дызлареиԥшми? Иегова амчра ду имоуп, иара заҵәык иоуп Хыхь иҟоу Анцәа ду, иеиҳау аӡәгьы дыҟаӡам. (Шәаԥхьа Аԥсалом 83:18.) Иара Зегьзымчу иоуп. Уи иаанагоит игәы иҭеикыз зегь анагӡаразы амч шимоу. Иара иоуп зегь зшаз: ажәҩан, аеҵәақәа, адгьыл, насгьы адгьыл аҿы аԥсҭазаара (Аатра 4:8, 11). Иегова заҵәык иоуп еснагь иҟаз, наӡаӡагьы дыҟазаауеит (Аԥсалом 90:2).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Анцәа ититулқәа ихьӡ излеиԥшым, ихьӡ шаҳзааиртыз, насгьы изаҳзааиртыз.

Ахаҵа аеҵәақәа дрыхәаԥшуеит. Анцәа ихьӡ, Иегова, еҵәала ихҩоу ажәҩан асахьаҿы иануп.

3. Анцәа атитулқәа рацәаны ишимоугьы, хьӡык ауп имоу

Атитули ахьӡи злеиԥшым еилышәкаарц азы, шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

АВИДЕОНҴАМҬА: «Атитулқәа рацәоуп, аха хьӡык ауп иҟоу» (0:41)

  • Излеиԥшымзеи Анцәа ититулқәеи ихьӡи?

Абиблиа иаҳәоит ауаа еиуеиԥшым анцәақәа ишрымҵахырхәо. Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 18:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Дызусҭада анцәақәа зегь иреиҳау?

4. Иегова иҭахуп ихьӡ ҳдыруазарц, насгьы уи ҳҳәаларц

Иаҳзырбозеи Иегова ихьӡ ҳдыруазарц шиҭаху? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

АВИДЕОНҴАМҬА: «Имоума Анцәа ахьӡ?» (ацыԥҵәаха) (3:11)

Авидеонҵамҭа «Имоума Анцәа ахьӡ?» аҟынтә асахьа: ахаҵа 1611 шықәсазы иҭыҵыз «Акрал Иаков и-Библиа» аҿы дахәаԥшуеит Аԥсалом 83:18 аҿы Анцәа ихьӡ, Иегова, ахьану.
  • Шәгәы ишԥаанаго, иҭахума Анцәа ауаа ихьӡ рдыруазарц? Избан?

Иегова иҭахуп ауаа ихьӡ рҳәаларц. Шәаԥхьа Римаа 10:13, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан Анцәа ихьӡ ҳҳәалар зхадоу?

  • Шәгәы иахәома ауаҩы шәыхьӡ ҳәаны даншәацәажәо? Избан?

  • Шәгәы ишԥаанаго, игәы иахәома Иегова, ихьӡ ҳәаны шәаниацәажәо? Избан ус шәгәы изаанаго?

5. Иегова шәиҩызахарц иҭахуп

Камбоџьа инхо Сотен зыхьӡу ԥҳәыск Анцәа ихьӡ анеилылкаа, лгәырӷьара ҳәаа амамызт. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

АВИДЕОНҴАМҬА: «Сара Анцәа дшысыԥшаауаз» (8:18)

Авидеонҵамҭа «Сара Анцәа дшысыԥшаауаз» аҟынтә асахьақәа: 1) Сотен абнаҿы аҵла амҵан дтәоуп. Лара ажәҩан даҵаԥшуа, Ҳазшаз Анцәа диҳәоит; 2) Ҳерольд Сотен илеиҳәоит Ҳазшаз Анцәа Иегова шихьӡу.
  • Аҽшԥаԥсахи Сотен лыԥсҭазаара, Анцәа ихьӡ анеилылкаа?

Аӡәы ҩызас дышьҭышәхаанӡа, раԥхьа ихьӡ еилышәкаароуп. Шәаԥхьа Иаков 4:8а, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишәеиҳәозеи Иегова?

  • Анцәа ихьӡ анеилышәкаа, еиҳа шәизааигәахама? Шәгәы ишԥаанаго, уажәшьҭа Анцәа ихьӡ шәҳәалар, иҵегь шәизааигәахар шәылшома?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Анцәа аӡә иоуп иҟоу. Ихьӡзаалакгьы, Анцәа Анцәа иоуп».

  • Шәақәшаҳаҭума шәара Анцәа Иегова шихьӡу?

  • Избан Анцәа ихьӡ ҳҳәалар зиҭаху?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова — Ҳазшаз Анцәа ихьӡ ауп. Иара иҭахуп ихьӡ ҳдыруазарц, насгьы уи ҳҳәаларц. Убасҟан иареи ҳареи ҳаиҩызцәахоит.

Аиҭахысра

  • Дызлареиԥшымзеи Иегова ауаа зымҵахырхәо анцәақәа?

  • Избан Анцәа ихьӡ ҳҳәалар зхадоу?

  • Иаҳзырбозеи Иегова ҳаиҩызахар шиҭаху?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Абар Анцәа дшыҟоу агәра ҳзырго хә-шьақәырӷәӷәарак.

«Дыҟоума Анцәа?» (авеб-статиа)

Избан иаҳҳәар зҳалшо Анцәа еснагь дыҟан ҳәа?

«Кто создал Бога?» («Ахьчаратә бааш», август 1, 2014, аурыс)

Еилышәкаа Анцәа ихьӡ ҳҳәалар зҳахәҭоу, уи раԥхьанатә ишырҳәоз шаҳзымдыруагьы.

«Кто такой Иегова?» (авеб-статиа)

Анцәа ишиаҳҳәалакгьы ауама? Иаҳзырбозеи Анцәа хьӡы заҵәык шимоу?

«Шаҟа хьӡы имоузеи Анцәа?» (авеб-статиа)

a Анцәа ихьӡ ҵакыс иамоу, иара убас Абиблиа еиҭагақәак рҿы Анцәа ихьӡ занырхыз иазкны еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит урысшәала иҭыжьу аиҭага «Адунеи ҿыц» аҿы иҟоу Ацҵа A4 аҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра