АҴАРАЗЫ АСТАТИА 23
АШӘА 2 Уара иухьӡуп Иегова
Иегова ихьӡ ҳара ҳзы аҵак ду амоуп
«„Шәара сышаҳаҭцәа шәоуп“, — иҳәоит Иегова» (ИС. 43:10).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова ихьӡ ҳаԥшьалар, насгьы ихьӡ бзиа ҳахьчалар шҳалшо.
1, 2. Излоубарҭоузеи Иисус изы Иегова ихьӡ акыршаҵанакуаз?
ИИСУС изы Иегова ихьӡ аасҭа ихадоу акгьы ыҟаӡам. Иаб ихьӡ ауаа ирзааиртырц азы иара иаасҭа еиҳаны иҟазҵаз аӡәгьы дыҟаӡам. Ҳазхысыз астатиа ишаҳнарбаз еиԥш, Иисус Иегова дшыԥшьоу, насгьы ахаан ииашамкәа ихы шымҩаԥимго шьақәирӷәӷәарц азы иԥсҭазаара дамеигӡаӡеит (Марк 14:36; Аур. 10:7—9). Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара ашьҭахь амчра зегь Иегова ииҭоит, избанзар ахьӡ-аԥша зегьы Иаб имазарц иҭахуп (1 Кор. 15:26—28). Иисус Иегова ихьӡ ҳаҭыр ду ахьақәиҵо иаанарԥшуеит Иаб шаҟа бзиа дибо.
2 Иисус адгьыл ахь Иегова ихьӡала ауп дшааз (Иоанн 5:43; 12:13). Иара ишьҭанеицәа Иаб ихьӡ рзааиртит (Иоанн 17:6, 26). Иисус ауаа идирҵоз Иаб ихьӡала акәын ишыдирҵоз, иҟаиҵоз аџьашьахәқәагьы Иаб ихьӡала акәын ишыҟаиҵоз (Иоанн 10:25). Иисус Иегова диҳәеит ихьӡ аҳаҭыр азы иҵаҩцәа ихьчаларц (Иоанн 17:11). Зегь рыла иубарҭоуп Иисус изы Иаб ихьӡ акыршаҵанакуаз. Аӡәы Иисус Иаб ихьӡ изымдыруазар, насгьы ихы иаимырхәозар, иҳәар злаилшои Иисус иҵаҩ соуп ҳәа?
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара Иисус ҳаиҿыԥшуеит (1 Пиотр 2:21). Убри аҟынтә Иаб ихьӡ бзиа иаҳбоит, патугьы ақәаҳҵоит. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит «Аҳра иазку ажәабжь бзиа» еиҭазҳәо Иегова ихьӡ зырху (Матф. 24:14). Иара убас ҳалацәажәоит Иегова ихьӡ ҳара ҳзы шаҟа ихадазар ахәҭоу.
«ИХЬӠ ЗХУ АЖӘЛАР»
4. а) Иарбан дҵоу Иисус ажәҩан ахь дхынҳәаанӡа иҵаҩцәа ириҭаз? б) Иарбан зҵаароу анаҩс еилҳарго?
4 Иисус ажәҩан ахь дхынҳәаанӡа иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Иԥшьоу адоуҳа аншәоулак, амчгьы шәоуеит, усҟан Иерусалими, Иудеиеи, Самариеи инадыркны адгьыл аҵыхәанӡа шаҳаҭцәас шәысзыҟалоит» (Аус. 1:8). Уи иаанагон аамҭак ашьҭахь ажәабжь бзиа Израиль анҭыҵгьы ишраҳауаз, насгьы ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа Иисус ишьҭанеицәаны иҟаларц азы алшара шроуаз (Матф. 28:19, 20). Иисус иҳәеит: «Шаҳаҭцәас шәысзыҟалоит». Иаанагозма уи иҿыцу аҵаҩцәа Иисус ишаҳаҭцәаны мацара иҟалароуп ҳәа, мамзаргьы Иегова ихьӡгьы еилыркаар рыхәҭазу? Ари азҵаара аҭак ҳаурц азы Аусқәа 15-тәи ахаҿы иану ҳахәаԥшыр ҳалшоит.
5. Ишԥаҳдырбо Иаков иажәақәа ауаа зегьы Иегова ихьӡ еилыркаар шрыхәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
5 49 шықәсазы ҳ. ҳ. аан апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи ихадаз зҵаарак рыӡбарц азы Иерусалим еизеит: раԥхьатә хырсалар рыхәҭазма Иисус иҵаҩцәаны аҟалара зҭахыз иауриамыз ахацәа? Аиԥылара ахыркәшамҭазы Иисус иашьа Иаков иҳәеит: «[Пиотр] ак агмыжькәа иаҳзеиҭеиҳәеит уажәшьҭа Анцәа иауриамгьы шидикылаз, урҭ рҟынтә ихьӡ зху ажәлар еидикыларц азы». Иарбан хьӡу Иаков зыӡбахә имаз? Иара Амос иԥааимбаражәа аҟынтә анаҩс еиҭеиҳәаз уи ҳаилнаркаауеит: «Иаанхо ажәлар егьырҭ ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа — сыхьӡ зху ауаа — ирывагыланы гәык-ԥсыкала Иегова дрыԥшааларц азы, убас иҳәоит... Иегова» (Аус. 15:14—18). Иҿыцыз Иисус иҵаҩцәа Иегова иеилкаара адагьы, ихьӡ рхызар акәын. Уи иаанагон дара уи ахьӡ ала ишеицырдырлоз, насгьы ауаа уи ахьӡ шреилдыркаалоз.
Актәи ашәышықәсазы анапхгаратә хеилак иалахәыз аишьцәа еизаны ианеилацәажәа, ақьырсианцәа Анцәа ихьӡ зху жәларны иҟазар шрыхәҭоу еилыркааит. (Шәахәаԥш абзац 5.)
6, 7. а) Избан Иисус адгьыл ахь дзааз? б) Иарбан хықәкы хадоу Иисус имаз?
6 Иисус ихьӡ иаанагоит «Иегова — ҳаиқәырхаҩ иоуп». Иара ила ауп Иегова ахаҵара змоу зегьы злеиқәирхо. Иисус иԥсҭазаара ауаа ирыхҭниҵарц азы адгьыл ахь дааит (Матф. 20:28). Иара агәнаҳа аҟынтә ҳахьҿихыз абзоурала ҳагәнаҳақәа ҳанажьхартә, насгьы наӡаӡа ҳанхалартә алшара ҳауеит (Иоанн 3:16).
7 Избан ауаа зҿыхтәхаз? Едемтәи абаҳчаҿы иҟалаз ахҭысқәа уи ҳаилдыркаауеит. Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, Адами Евеи Иегова ианиҿагыла, наӡаӡа анхаразы ирымаз алшара рцәыӡит (Алаг. 3:6, 24). Аха Иисус адгьыл ахь дзааз ауаатәыҩса еиқәирхарц мацаразы акәӡам. Иара еиҳа ихадаз ахықәкы иман — Анцәа ихьӡ аԥшьара. Аҩсҭаа Анцәа амц изиҳәеит (Алаг. 3:4, 5). Убри аҟынтә ауаа зегьы идеилыркаатәуп Анцәа еснагь иашарала ихы шымҩаԥиго, насгьы абзиабара злоу Аб шиакәу. Иисус Иегова ихаҭарнак иакәын, иара иҟаиҵоз зегьы Анцәа игәҭакы иақәшәон, убри аҟынтә иара иеиԥш Иегова ихьӡ аԥшьара зылшоз аӡәгьы дыҟаӡам.
Аӡәы Иисус Иаб ихьӡ изымдыруазар, насгьы ихы иаимырхәозар, иҳәар злаилшои Иисус иҵаҩ соуп ҳәа?
8. Еилыркаар рыхәҭази Иисус ишьҭанеицәа зегьы?
8 Иисус ишьҭанеицәа зегьы — иауриазгьы иауриамызгьы — еилыркаалар рыхәҭан еиқәзырхо Иисус Иаб, Анцәа Иегова, шиакәу (Иоанн 17:3). Уи адагьы, даргьы наҟ-наҟ, Иисус иеиԥш, Иегова ихьӡ зху ракәны иҟалараны иҟан. Иара убас дара Анцәа ихьӡ рыԥшьалар шрыхәҭоу еилыркаар рыхәҭан. Убасҟан аиқәырхара роуан (Аус. 2:21, 22). Убри аҟынтә Иисус ишьҭа ихыланы ицалар зҭахыз зегьы Иисусгьы Иеговагьы еилыркаар рыхәҭан. Убри азоуп Иисус Анцәа даниҳәоз абас зиҳәаз: «Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит, анаҩсгьы ирзаасыртлоит, уара бзиа сшубо еиԥш даргьы егьырҭ бзиа ирбаларц, дареи сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟазарц» (Иоанн 17:26).
«ШӘАРА СЫШАҲАҬЦӘА ШӘОУП»
9. Иҟарҵалар рыхәҭозеи Иисус ишьҭанеицәа зегьы?
9 Иисус ишьҭанеицәа зегьы Иегова ихьӡ рыԥшьалароуп (Матф. 6:9, 10). Иегова ихьӡ ҳара ҳзы егьырҭ ахьӡқәа зегь раасҭа ихадазароуп. Аха ишԥаҳалшо Иегова ихьӡ ҳаԥшьалар, насгьы Аҩсҭаа Ҳанцәа изы ииҳәо зегь шиашам шьақәҳарӷәӷәалар?
10. Ианузеи ашәҟәы Исаиа 42-тәи ахы инаркны 44-тәи ахы аҟынӡа? (Исаиа 43:9; 44:7—9). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
10 Ашәҟәы Исаиа 42-тәи ахы инаркны 44-тәи ахы аҟынӡа иануп Иегова ихьӡ ҳаԥшьаларц азы иҟаҵалатәу. Урҭ ахқәа рҿы Иегова имаҵ зымуа ауаа иреиҳәоит рынцәақәа шыҟаҵәҟьоу шьақәдырӷәӷәарц. Аӡбарҭаҿы уск анырыӡбо ишыҟарҵо еиԥш, иара иҳәоит уи шьақәзырӷәӷәар зылшо ашаҳаҭцәа ықәгыларц. Аха шаҳаҭра зуа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам! (Шәаԥхьа Исаиа 43:9; 44:7—9.)
Ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла ҳара ишьақәҳарӷәӷәоит Иегова ииашоу Анцәа шиакәу. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)
11. Иреиҳәозеи Иегова имаҵзуҩцәа Исаиа 43:10—12 аҿы?
11 Шәаԥхьа Исаиа 43:10—12. Имаҵзуҩцәа ракәзар, Иегова абас реиҳәоит: «Шәара... шәсышаҳаҭцәоуп... сара Сынцәоуп». Иара ус дразҵаауеит: «Сара сыда уаҳа Анцәа дыҟоума?» (Ис. 44:8). Ҳара уи азҵаара аҭак аҟаҵара аҳаҭыр ҳаҭәашьоуп. Ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла Нцәас иҟоу Иегова заҵәык шиакәу шьақәҳарӷәӷәоит. Иара ихьӡ ахьӡқәа зегь иреиҳауп. Ҳаԥсҭазаашьала ҳара ишьақәҳарӷәӷәоит Иегова бзиа дшаҳбо. Аҩсҭаа иҟаиҵалакгьы, ҳара Иегова ҳизиашаны ҳаанхалоит. Убасала Анцәа ихьӡ ҳаԥшьоит.
12. Ишԥанаӡеи Исаиа 40:3, 5 иану аԥааимбаражәа?
12 Иара убас аԥааимбар Исаиа иҳәеит «Иегова изы амҩа» зрыцқьо, даҽакала иуҳәозар, изырхио дшаауа (Ис. 40:3). Ишԥанаӡеи ари аԥааимбаражәа? Иоанн Аӡӡаахҩы Иисус изы амҩа ирхиеит. Аха иаҳҳәар ҳалшоит уи Иегова изы амҩа ирхиеит ҳәа, избанзар Иисус Иегова ихьӡала ауп адгьыл ахь дшааз, ииҳәозгьы шиҳәоз (Матф. 3:3; Марк 1:2—4; Лука 3:3—6). Уи аԥааимбаражәаҿы иара убас иануп: «Иегова ихьӡ-иԥша зегьы ирбарҭахоит» (Ис. 40:5). Ишԥанаӡеи арҭ ажәақәа? Иисус зус ибзианы иназыгӡаз Иегова ихаҭарнак иакәын. Иара ииҳәоз-ииуаз збоз ауаа еилыркаауан Иегова адгьыл ахь даазҭгьы, ихы шымҩаԥигалоз (Иоанн 12:45).
13. Ишԥаҳалшо Иисус ҳаиҿыԥшлар?
13 Иегова ихьӡ бзиа анаҳахьчо, Иисус Христос ҳаиҿыԥшуеит. Иисус иеиԥш ҳаргьы Иегова ишаҳаҭцәа ҳауп. Ҳара Анцәа ихьӡ ҳхуп, насгьы иус џьашьахәқәа рыӡбахә ауаа ирзеиҭаҳҳәоит. Уи адагьы, Иисус Анцәа ихьӡ иԥшьарц азы иҟаиҵаз зегьы ауаа ирзеиҭаҳҳәалароуп (Аус. 1:8). Иегова ишаҳаҭцәа рҟынтә Анцәа ихьӡ иԥшьарц азы зегь реиҳа аџьабаа збаз Иисус иоуп. Ҳара уи ҳаиҿыԥшуеит (Аат. 1:5). Шәааи уажәы Иегова ихьӡ дасу ҳзы иаанаго ҳалацәажәап.
ИЕГОВА ИХЬӠ ҲАРА ҲЗЫ АҴАК ДУ ШАМОУ ИҴЕГЬЫ ИААҲАРԤШЫР ШҲАЛШО
14. Ҳашԥазыҟоу Иегова ихьӡ, Аԥсалом 105:3 иану инақәыршәаны?
14 Ҳара Иегова ихьӡ ҳахыҽхәоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 105:3.) Иегова ҳанихыҽхәо, игәы иахәоит (Иер. 9:23, 24; 1 Кор. 1:31; 2 Кор. 10:17). «Иегова ихыҽхәара» иаанагоит иара Ҳанцәа ахьиакәу ахыҽхәара. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Иегова ихьӡ бзиа ахьчареи иԥшьоу Анцәа шиакәу ауаа рзеиҭаҳәареи. Ҳара аус ҳацызуеи, аҵара ҳацызҵои, ҳгәылацәеи, егьырҭ ауааи Иегова ишаҳаҭцәа шҳакәу раҳәара ҳацәыԥхамшьалароуп. Аџьныш иҭахуп Анцәа Иегова шихьӡу ауаа раҳәара ҳаҟәыҵырц (Иер. 11:21; Аат. 12:17). Иаргьы уи амцҳәаҩ идгыло ауаагьы ирҭахуп Иегова ихьӡ ауаа зегьы ирхашҭырц (Иер. 23:26, 27). Аха ҳара Анцәа ихьӡ бзиа иаҳбоит, насгьы Ҳанцәа еснагь дҳарҽхәоит (Аԥсал. 5:11; 89:16).
15. Иаанагозеи Иегова ихьӡ ҳәаны ацхырааразы иҳәара?
15 Ҳара Иегова ихьӡ ҳәаны ацхырааразы ҳиҳәоит (Иоиль 2:32; Рим. 10:13, 14). Иегова ихьӡ ҳәаны ацхырааразы иҳәара ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иара убас иаанагоит Анцәа ибзианы идырреи, игәра агареи, алабжьаразы иҳәареи (Аԥсал. 20:7; 99:6; 116:4; 145:18). Иара убас ҳара ауаа ирзеиҭаҳҳәоит Анцәа ихьӡу, насгьы шаҟа дыбзиоу. Ҳара ауаа аҽыԥсахра ҳрыцхраауеит, урҭ рыԥсҭазаашьала Иегова ддыргәырӷьаларц азы, насгьы еиқәхарц азы (Ис. 12:4; Аус. 2:21, 38).
16. Ишԥаҳалшо Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәар?
16 Ҳара Иегова ихьӡ азы ауадаҩрақәа рыхгара ҳазхиоуп (Иак. 5:10, 11). Аԥышәарақәа раан Иегова ҳизиашаны ҳанаанхо, Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәоит. Иов ихаан Аҩсҭаа Анцәа имаҵзуҩцәа абас рзиҳәеит: «Ауаҩы иԥсы еиқәирхарц азы акгьы деигӡаӡом» (Иов 2:4). Аҩсҭаа иҳәеит ауаа акгьы анырԥырхагам ауп Иегова имаҵ аныруа, аха ауадаҩрақәа шаароулак, даанрыжьуеит ҳәа. Иов уи ус шакәым шьақәирӷәӷәеит. Ҳаргьы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәар ҳалшоит. Уи иагьа ҟаиҵаргьы, иагьа иургьы, ҳара ахаан Иегова даҳҭиӡом. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ихьӡ аҳаҭыр азы ҳшихьчало (Иоанн 17:11).
17. Ишԥаҳалшо Иегова ихьӡ ҳараҳклар, 1 Пиотр 2:12 иану инақәыршәаны?
17 Ҳара Иегова ихьӡ ҳараҳкларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит (Ажәам. 30:9; Иер. 7:8—11). Ҳара Иегова ихьӡ ҳхуп. Убри аҟынтә ҳусқәа рыла ихьӡ ма иҳараҳкуеит ма иҳарԥхашьоит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:12.) Убри аҟынтә ҳусқәеи ҳцәажәашьеи ҳрыцклаԥшуеит. Уи абзоурала ҳшынаӡамгьы Иегова ихьӡ ҳараҳкуеит.
18. Ишԥаҳалшо Иегова ихьӡ ҳара ҳзы ишхадоу иҵегьы иааҳарԥшыр? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)
18 Ҳара ҳзы Иегова ихьӡ арҳаракра еиҳа ихадоуп, ауаа иаҳзырҳәо аасҭа (Аԥсал. 138:2). Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, изакәанқәа рыла ҳанхаларгьы ҳҭахуп. Аха лассы-лассы ауаа уи ргәаԥхаӡом, убри аҟынтә иҟоу зегь ҳзырҳәоитa. Ауаа Иисусгьы датәарбаӡомызт, цәгьаҟаҵаҩык иеиԥшгьы дыршьит. Аха иара уи хьаас имаӡамызт, избанзар иара изы зегь раасҭа ихадаз Иегова ихьӡ арҳаракра акәын. Ауаа уи изырҳәоз мыцхәы дазхәыцӡомызт (Аур. 12:2—4). Дзызхәыцуаз Иегова игәы шыҟаиҵалаша акәын (Матф. 26:39).
19. Шәышԥазыҟоу Иегова ихьӡ? Избан ус шәзазыҟоу?
19 Ҳара Иегова имаҵ ахьаҳуа ҳахыҽхәоит. Иара ихьӡ ахьаҳху ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп. Иегова ихьӡ азы ауаа иаҳзырҳәозаалакгьы, зегь ҳачҳауеит. Ҳара ҳзы Иегова ихьӡ арҳаракра еиҳа ихадоуп, ауаа иаҳзырҳәо аасҭа. Убри аҟынтә Аҩсҭаа даҳԥырхагахар шиҭахугьы, шәааи анаҩсгьы Ҳанцәа ихьӡ ҳараҳклап. Убасҟан иубарҭахоит Иисус иеиԥш ҳара ҳзгьы Иегова ихьӡ зегь раасҭа ишхадоу.
АШӘА 10 Дшәырҽхәала Ҳанцәа Иегова!
a Ауаҩ иаша Иовҵәҟьагьы хҩык иҩызцәа ииашаӡамкәа ихы мҩаԥигоит ҳәа анизырҳәа, мыцхәы ихы дазхәыцуа далагеит. Ихәыҷқәа анԥсы, насгьы имазара зегь аницәыӡ, «агәнаҳа ҟаимҵаӡеит, Анцәагьы акгьы ихараимҵаӡеит» (Иов 1:22; 2:10). Аха иҽеимкәа ихцәажәо ианалага, дымхәыцӡакәа ацәажәара далагеит. Иара изы Анцәа ихьӡ аԥшьареи ихьӡ бзиа ахьчареи раасҭа, акгьы шихарам ашьақәырӷәӷәара еиҳа ихадахеит (Иов 6:3; 13:4, 5; 32:2; 34:5).