АҴАРАЗЫ АСТАТИА 14
АШӘА 8 Иегова ҳбаагәара иоуп
«Иалышәх зымаҵ жәуло»
«Сҭаацәареи сареи ҳакәзар, — ҳара Иегова имаҵ ҳаулоит» (ИИС. Н. 24:15).
ЕИЛАҲКААУА
Ари астатиа Иегова имаҵ аура заҳаӡбаз ҳгәаланаршәоит.
1. Иҟаҵалатәузеи анасыԥ ҳамазарц азы? Избан усҟан анасыԥ зҳауа? (Исаиа 48:17, 18).
ИЕГОВА даара бзиа ҳаибоит. Иара иҭахуп аԥсҭазаара иахьагьы аԥхьаҟагьы агәырӷьара ҳзаанагаларц (Еккл. 3:12, 13). Анцәа ауаҩы абаҩхатәра илаҵаны дишеит. Аха иҟоуп иҳалымшогьы, — егьырҭ ауаа анапхгара рыҭареи ацәгьеи абзиеи закәу аӡбареи (Еккл. 8:9; Иер. 10:23). Иара идыруеит анасыԥ ҳамазарц азы имаҵ ҳаулар, насгьы ҳаизыӡырҩлар шакәу. (Шәаԥхьа Исаиа 48:17, 18.)
2. Зыгәра ҳиргар иҭахузеи Аҩсҭаа, насгьы ишԥаҳаилиркааи Иегова уи шымцу?
2 Аҩсҭаа агәра ҳиргар иҭахуп Иегова ида анасыԥ ҳамазаалоит ҳәа, насгьы ауаатәыҩса Анцәа инапхгарда инхалар рылшоит ҳәа (Аҟаз. 3:4, 5). Иегова уи шымцу шьақәирӷәӷәарц азы ауаа еиуеиԥшым анапхгаратә формақәа рхы иадырхәарц иуит. Ҳара иаҳбоит ауаатәыҩсатә напхгарақәа бзиарас ҳәа акгьы шаарымгаз. Анцәа имаҵ аура акәзар, ауаа агәырӷьара рзаанагоит. Абиблиаҿы иануп уи шьақәзырӷәӷәо ахацәеи аҳәсеи рҿырԥштәқәа рацәаны. Урҭ рҟынтә зегь раасҭа анасыԥ змаз Иисус Христос иакәын. Шәааи ҳалацәажәап иара Иегова имаҵ иуларц зиӡбаз. Анаҩс еилаҳкаауеит Иегова имаҵ ҳаулар зҳахәҭоу. Уи адагьы, иаҳгәалаҳаршәоит Иегова имаҵ аура заҳаӡбаз.
ИИСУС ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ЗИӠБАЗ
3. Идигалазеи Аҩсҭаа Иисус? Иарбан ӡбароу Иисус идикылаз?
3 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз зымаҵ иуло далихыр акәын. Иара аӡы иҽанӡааих ашьҭахь хара имгакәа Аҩсҭаа иеиҳәеит знызаҵәык димҵахырхәар, адунеи аҳрақәа зегь шииҭо. Аха иара иҳәеит: «Усԥырҵ наҟ, Аҩсҭаа! Аҩыраҿы иануп: „Шәынцәа Иегова шәимҵахырхәала, иара заҵәык имаҵ жәула“» (Матф. 4:8—10). Избан Иисус Анцәа имаҵ аура залихыз? Шәааи мзызқәак еилҳаргап.
4, 5. Избан Иисус Иегова имаҵ аура зиӡбаз?
4 Иисус Иегова имаҵ иуларц зиӡбаз зегь раԥхьаӡа иргыланы Иаб даараӡа бзиа дахьибо азоуп (Иоанн 14:31). Иара Иегова имаҵ иуеит, избанзар уи шиашоу идыруеит (Иоанн 8:28, 29; Аат. 4:11). Иегова иоуп аԥсҭазаара зшаз, иара узықәгәыӷыртә иҟоу, агәыҭбаара злоу Анцәа иоуп (Аԥсал. 33:4; 36:9; Иак. 1:17). Иара еснагь Иисус аиаша акәын иеиҳәоз, аҳамҭақәа рацәангьы изыҟаиҵеит (Иоанн 1:14). Аҩсҭаа иакәзар, ауаа агәнаҳаи аԥсреи роуп ирзааигаз. Иара зыԥсы цәгьоу, зхы мацара бзиа избо амцҳәаҩ иоуп (Иоанн 8:44). Иисус уи идыруан, убри аҟынтә Иегова диҿагыланы Аҩсҭаа диеиԥшхарц игәгьы иҭамызт (Флп. 2:5—8).
5 Избан Иисус иҵегьы Иегова имаҵ аура зиӡбаз? Иара Анцәа дизиашаны даанхар, иҟало атәы дазхәыцуан (Аур. 12:2). Иисус идыруан зегь ихигар, Иаб ихьӡ шыԥшьахо, агәнаҳаи аԥсреи ракәзар, ишықәгахо.
ИЕГОВА ИМАҴ ҲАУЛАР ЗҲАХӘҬОУ
6, 7. Избан иахьа аӡәырҩы ауаа Иегова имаҵ зырымуа? Избан ауаа зегьы Иегова имаҵ рулар зрыхәҭоу?
6 Иахьа аӡәырҩы ауаа Иегова имаҵ зырымуа уи шаҟа дыбзиоу, насгьы шаҟа рзыҟаиҵаз ахьырзымдыруа азоуп. Дара апостол Павел Афина ажәабжь ззеиҭеиҳәоз ауаа иреиԥшуп (Аус. 17:19, 20, 30, 34).
7 Павел изыӡырҩуаз ауаа иреилиркааит «ауаа аԥсҭазаара рызҭо, рыԥсыԥ алагаҩагара рылзыршо, ирымоу зегь рызҭо» Анцәа ду шиакәу. Анаҩс иациҵеит: «Иара илоуп ҳара ҳаԥсы злаҭоу, ҳазланеи-ааиуа, ҳазлаҟоу». Ҳазшаз Анцәа «аӡәы заҵәык иҟынтә ажәларқәа ҿиартә... иҟаиҵеит» (Аус. 17:25, 26, 28). Убри азоуп ауаа зегьы иара заҵәык имаҵ рулар зрыхәҭоу.
8. Иҟаимҵои Иегова ахаан, насгьы ишԥааирԥшуеи даараӡа бзиа ҳшибо?
8 Иегова Зегьзшаз, насгьы Зегьирхаку иоуп, убри аҟынтә зегьы имҵахырхәаларц рыдицалар илшон. Аха иара ус ахаан иҟаиҵаӡом. Уи аҭыԥан иара дшыҟоу, насгьы бзиа ҳшибо еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла ашьақәырӷәӷәара даҿуп. Иара иҭахуп иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа наӡаӡа иҩызцәахарц (1 Тим. 2:3, 4). Убри аҟынтә Иегова иҟаиҵарц игәы иҭоу ауаа рзеиҭаҳәашьа ҳирҵоит (Матф. 10:11—13; 28:19, 20). Иара имаҵ ҳаулар ахьҳалшо, насгьы абзиабара злоу ахылаԥшыҩцәа ахьҳацхраауа аизарақәа ҳаиҭеит (Аус. 20:28).
9. Излоубарҭоузеи Иегова ауаа зегь бзиа ишибо?
9 Иегова дшыҟоу агәра агара зҭахым ауаагьы бзиа ибоит. Шәазхәыц: аханатә аахыс миллиардҩыла ауаа Иегова изымӡырҩӡакәа ацәгьеи абзиеи закәу рхала ирыӡбон. Аха Иегова уи дамыхәаԥшӡакәа аԥсҭазаара иалагәырӷьаларц азы иаҭаху зегь риҭон (Матф. 5:44, 45; Аус. 14:16, 17). Иара аҩызцәа дырҳалартә, аҭаацәара иалалалартә, насгьы рџьабаа агәырӷьара рзаанагалартә алшара риҭеит (Аԥсал. 127:3; Еккл. 2:24). Ишьақәнамырӷәӷәаӡои ари зегьы жәҩантәи Ҳаб ауаа зегь бзиа ишибо? (Ақәҵ. 34:6). Шәааи уажәшьҭа иаҳгәалаҳаршәап Иегова имаҵ аура заҳаӡбаз, насгьы иарбан зылԥхарақәоу иара уи азы иҳаиҭо.
ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ЗАҲАӠБАЗ
10. а) Ҳгәазҭазҵозеи Иегова имаҵ аура зегь раԥхьаӡа иргыланы? (Матфеи 22:37). б) Иаҳзеиҭашәҳәа Иегова хаҭала шәара шәахь ачҳара шааирԥшыз (Аԥсалом 103:13, 14).
10 Иисус иеиԥш ҳаргьы Иегова имаҵ аура ҳгәазҭазҵо зегь раԥхьаӡа иргыланы абзиабара ауп. (Шәаԥхьа Матфеи 22:37.) Иҟазшьақәа шаҟа еилаҳкаауа аҟара, убриаҟара бзиа даҳбоит. Иаҳҳәап, Иегова ачҳара ду илоуп. Израильаа шизымӡырҩуазгьы, дшырзыҟаз уи шьақәнарӷәӷәоит. Иара урҭ дрыҳәон: «Сшәыҳәоит, шәымҩа цәгьақәа ааншәыжь» (Иер. 18:11). Иегова ҳшынаӡам, асаба ҳшалху идыруеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 103:13, 14.) Иегова илоу ачҳареи егьырҭ иҟазшьа ԥшӡақәеи шәанрызхәыцуа, наӡаӡа имаҵ аура шәҭахымхаӡои?
11. Иарбан мзызқәоу жәҩантәи Ҳаб имаҵ ауразы иҵегьы иҳамоу?
11 Уи адагьы, Иегова имаҵ заҳуа, уи шиашоу ахьаҳдыруа азоуп (Матф. 4:10). Иара убас ҳара иаҳдыруеит ҳмаҵзура алҵшәа бзиақәа рацәаны ишаанаго. Иегова ҳизиашаны ҳахьаанхо абзоурала ихьӡ ҳараҳкуеит, Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәоит, насгьы Ҳаб дҳаргәырӷьоит. Иегова имаҵ ҳауларц анаҳаӡбо, наӡаӡатәи аԥсҭазаара алаҳхуеит! (Иоанн 17:3).
12, 13. Ишәнарҵозеи Џьеини Пеми рҿырԥшы?
12 Ахәыҷқәагьы Иегова гәыкала бзиа дырбар рылшоит, ашықәсқәа цацыԥхьаӡа рыбзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахаларгьы ауеит. Абар Џьеини Пемиa зыхьӡу аиҳәшьцәа гәакьақәа рҿырԥшы. Дара Абиблиа аҵара ианалага, руаӡәк 11 шықәса лхыҵуан, даҽаӡәы — 10 шықәса. Рҭаацәа Иегова ишаҳаҭцәа рацәажәара азин рырҭеит, амала аԥсшьарамшқәа раан ауахәамахь шәҳаццалароуп ҳәа рарҳәеит. Џьеин илҳәоит: «Аҵара сыцызҵоз реиҳараҩык анаркотикқәа рыдыркылон, асексгьы закәу ԥыршәахьан. Аха сара урҭ иҟарҵоз ҟасҵаӡомызт, избанзар Абиблиа аҵараан еилыскаауаз сыцхраауан».
13 Шықәсқәак рышьҭахь аӡӷабцәа аӡы рыҽӡаархит. Ԥыҭрак ашьҭахь апионертә маҵзура иалагеит. Дара апионертә маҵзуреи рҭаацәа рхылаԥшреи еиларыгӡон. Џьеин илҳәоит: «Сара схатә ԥышәала еилыскааит Иегова иҩызцәа дышрызиашоу, насгьы ахаан ишаанимыжьуа. 2 Тимофеи 2:19 аҿы ишҳәоу еиԥш, „Иегова иара иитәқәоу идыруеит“». Ааи, Ҳанцәа бзиа дызбо, насгьы имаҵ зуа еснагь дрыцхраауеит.
14. Ишԥаҳалшо ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла Иегова ихьӡ иазырҳәо амц аҟынтә иаҳрыцқьалар? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
14 Ҳара Иегова ихьӡ иазырҳәо амц аҟынтә иаҳрыцқьалар ҳҭахуп. Ҳахәаԥшып ҭагылазаашьак: шәара ҩыза гәакьак дшәымоуп, иара дқьиоуп, дҳалалуп, игәы ҭбаауп. Аха ҽнак зны ишәаҳауеит шәҩыза дгәымбылџьбароуп, насгьы дымцҳәаҩуп ҳәа аӡәы ишизиҳәо. Иҟашәҵои шәара? Шәҩыза шәидгылоит. Убас еиԥшҵәҟьа Аҩсҭаа идгылои иареи Иегова ихьӡ бжьырхырц азы амц изырҳәоит. Аха ҳара Анцәа изкны аиаша ауаа ирзеиҭаҳҳәоит, убасала агәымшәара аарԥшны ихьӡ ҳахьчоит (Аԥсал. 34:1; Ис. 43:10). Ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла иааҳарԥшуеит гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ ҳаулар шаҳҭаху.
Ишәыхьчома шәара Иегова ихьӡ бзиа? (Шәахәаԥш абзац 14.)b
15. Иарбан зылԥхарақәоу апостол Павел иоуз иԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа аныҟаиҵа ашьҭахь? (Филиппаа 3:7, 8).
15 Ҳара Иегова дҳаргәырӷьаларц азы, насгьы имаҵ аураҿы еиҳаны иҟаҳҵаларц азы ҳаԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа рыҟаҵара ҳазхиоуп. Иаҳҳәап, апостол Павел аиудаизм аҿы аихьӡара дуқәа ҟаиҵар илшон, аха Христос ишьҭа дхыланы дцаларц азы, насгьы Иегова имаҵ иуларц азы уи зегь мап ацәикит (Гал. 1:14). Уи иԥсҭазаара аҵакы анаҭеит, насгьы ажәҩан аҿы Христос аҳра ицуразы алшара инаҭеит. Павел ақьырсиантә мҩа дахьанылаз дахьымхәӡеит. Ҳаргьы Иегова имаҵ аура ҳахьалагаз ахаан ҳахьхәӡом. (Шәаԥхьа Филиппаа 3:7, 8.)
16. Иаҳнарҵозеи Џьулиа лыхҭыс? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
16 Ҳаԥсҭазаараҿы Иегова имаҵ аура раԥхьатәи аҭыԥ аҿы игылазар, иахьагьы аԥхьаҟагьы азылԥхарақәа рацәаны иҳауеит. Ҳахәаԥшып Џьу́лиа зыхьӡу иаҳәшьак лыхҭыс. Даныхәыҷыз лара ауахәаматә хор аҿы ашәа лҳәон. Аҟазара злаз шәаҳәаҩык абаҩхатәра шлылаз гәеиҭан, аҵара лырҵара далагеит. Хара имгакәа Џьулиа зегьы деицырдыруа дҟалеит, аконцерттә зал дуқәа рҿгьы дықәгыло далагеит. Ахьӡ ду змоу амузыкатә школ аҿы аҵара анылҵоз, аҵара лыцызҵоз ҷкәынак Анцәа Иегова шихьӡу леиҳәеит. Иаарласны Џьулиа мчыбжьык ахь ҩынтә Абиблиа аҵара далагеит. Аамҭак ашьҭахь лыԥсҭазаара амузыкатә кариера акәымкәа, Иегова изылкырц лыӡбеит. Уи лзымариаӡамызт. Лара илҳәоит: «Аӡәырҩы ббаҩхатәра анышә иабҭоит ҳәа сарҳәон. Аха сымчқәа зегьы Иегова имаҵ аура иазысклар сҭахын». Лгәы иаанагои Џьулиа 30 шықәса инареиҳаны раԥхьа илыдылкылаз аӡбара иазкны? Абар лара илҳәо: «Сара агәҭынчра сымоуп, насгьы агәра ганы сыҟоуп аԥхьаҟа Иегова сгәаҳәарақәа зегьы шынаигӡо» (Аԥсал. 145:16).
Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазар, агәырӷьареи азылԥхарақәеи ҳамазаауеит. (Шәахәаԥш абзац 16.)c
ИЕГОВА ИМАҴ АУРА ШӘАҞӘЫМҴЫН
17. Ишԥарныруеи Иегова имаҵ зуагьы макьана имаҵ зымуагьы иаанхаз аамҭа шмаҷхаз ахьырдыруа?
17 Ҳара аамҭа цәгьақәа раан ҳанхоит. Апостол Павел иҩит: «Избанзар „маҷк ауп иаанхаз“, „амҩа иқәу дааиуеит, дагхаӡом“» (Аур. 10:37). Ҵакыс ирымоузеи арҭ ажәақәа? Иегова имаҵ зымуа ауаа иган ааныркыларц азы имаҷны аамҭа рзынхеит (1 Кор. 7:29). Анцәа имаҵзуҩцәа ракәзар, арҭ ажәақәа агәра ддыргоит ирхырго агәаҟрақәа иаарласны ишынҵәо.
18. Иззыԥшузеи Иисуси Иеговеи ҳара ҳҟынтә?
18 Иисус ауаа ргәазҭеиҵеит иҵаҩцәаны иҟаларц, насгьы ишьҭаланы ицаларц (Матф. 16:24). Иҟалап, Иегова имаҵ жәуеижьҭеи акыршықәса ҵуазар. Уи даараӡа ибзиоуп! Анаҩсгьы шәаанымгылаӡакәа ԥхьаҟа шәцала! Иегова иҭахуп иалышәхыз амҩа шәанымҵӡакәа шәцаларц. Уи мариаӡам, аха уа агәырӷьареи азылԥхарақәеи рацәаны ишәзыԥшуп (Аԥсал. 35:27).
19. Иаҳнарҵозеи Џьин иҿырԥшы?
19 Шьоукы ргәы иаанагоит Иегова имаҵ ауразы еснагь ухы мап ацәуклароуп ҳәа. Уара уқәыԥшзар, Иегова имаҵ уулар, иуцәыӡуа рацәахоит ҳәа угәы иаанагозар алшоит. Џьин зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа иҳәоит: «Сгәы иаанагон сыԥсҭазаара баша ииасуеит ҳәа. Сықәлацәа зегьы еснагь аамҭа еицырхыргон, ргәы дырҿыхон, аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи еибадырырц азы еиқәшәон, агәымбылџьбарара зныԥшуаз авидеохәмаррақәа ихәмаруан. Сара аизарақәеи ажәабжьҳәареи рыда акгьы збомызт». Дабананагеи Џьин убри аҩыза ахәыцшьа? Иара иациҵоит: «Сара сықәлацәа реиԥш схы мҩаԥызго салагеит. Раԥхьа уи агәырӷьара сзаанагозшәа збон, аха уи ус акәӡамызт. Уи анасыԥҵәҟьа сзаанамгаӡеит. Убасҟан сара Абиблиа иаҳнарҵо даҽакала ахәаԥшра салагеит, насгьы гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ зуларц сыӡбеит. Убри нахыс Иегова сыҳәаракгьы аҭак ҟамҵаӡакәа иаанимыжьӡацт».
20. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?
20 Аҳ Давид абас Иегова ашәа изиҳәон: «Насыԥ имоуп уашҭақәа рҿы дынхаларц азы иалухуа, иузааигәаутәуа ауаҩы» (Аԥсал. 65:4). Шәааи ҳаргьы анаҩсгьы Иегова имаҵ аура ҳҽазаҳшәап. Ҳара ҳрықәшаҳаҭуп Иисус Навин ииҳәаз абарҭ ажәақәа: «Сҭаацәареи сареи ҳакәзар, — ҳара Иегова имаҵ ҳаулоит» (Иис. Н. 24:15).
АШӘА 28 Иегова уиҩызаха
a Хьыӡқәак ԥсахуп.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ԥҳәыск аконгресс ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҩсуеит, лара илаҳауеит Иегова ишаҳаҭцәа ирҿагыларц еизаз рыбжьқәа. Ԥыҭрак ашьҭахь лара аиаша еилылкаарц азы астенд иадгылоу ҳашьеи ҳаҳәшьеи рахь днеит.
c АЦӘАҾЫ ИАНУ АСАХЬА. Аишьцәа иқәдыргылаз арҭ асахьақәа иаҳдырбоит Џьулиа иалылхыз: лара лыԥсҭазаара акариера акәымкәа, Иегова изылкырц лыӡбеит.