Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 маи ад. 20—25
  • Избан Иегова ихьӡ Иисус изы аҵак ду замоу?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Избан Иегова ихьӡ Иисус изы аҵак ду замоу?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «САРА УРҬ УХЬӠ РЗААСЫРТИТ»
  • «УАРА ИСУҬАЗ УХЬӠ АҲАҬЫРАЗЫ»
  • «САБ, ИРҲАРАК УХЬӠ»
  • «САРА СЫԤСҬАЗААРА РЫХҬНЫСҴОИТ»
  • «САРА... УҲАРАСКИТ, СНАПЫ ИАНУҴАЗ АУС НАСЫГӠЕИТ»
  • Иегова ихьӡ ҳара ҳзы аҵак ду амоуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • «Ишәырҽхәала Иегова ихьӡ!»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иҳаилнаркаауазеи аҿыхра Иеговеи Иисуси ирызкны?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • «Иалышәх зымаҵ жәуло»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 маи ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 22

АШӘА 15 Иегова Иԥхьахшаа дҳарашәкла!

Избан Иегова ихьӡ Иисус изы аҵак ду замоу?

«Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит, анаҩсгьы ирзаасыртлоит» (ИОАНН 17:26).

ЕИЛАҲКААУА

Иисус Иегова ихьӡ ауаа ишырзааиртыз, ишиԥшьаз, насгьы ишихьчаз.

1, 2. а) Иҟаиҵози Иисус иԥсра уахык шагыз? б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

АԤШЬАША, нисан 14, 33-тәи ашықәс ҳ. ҳ. азы Иисус гәыкала изыҟаз иапостолцәеи иареи Иҳақәиҭу иуаххьа азгәарҭеит. Иисус идыруан иаарласны Иуда дшиҭиуаз, нас дыргәаҟны дшыршьуаз. Убри аҟынтә акранырфа ашьҭахь иапостолцәа ргәы шьҭызхуаз ажәақәа рацәаны иреиҳәеит. Аҩны идәылҵаанӡа Иисус Анцәа диҳәеит. Ииҳәаз ажәақәа аҵак ду рымоуп. Урҭ Иоанн иҟынтә Аевангелие 17-тәи ахаҿы иануп.

2 Ишԥаҳнарбо Иисус иҳәара уи ауха дзызхәыцуаз? Ихадази иара изы адгьыл аҿы амаҵ аниуаз? Шәааи арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәап.

«САРА УРҬ УХЬӠ РЗААСЫРТИТ»

3. Ииҳәарц ииҭахызи Иисус: «Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит» ҳәа аниҳәа? (Иоанн 17:6, 26).

3 Иисус Анцәа абас диҳәон: «Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит». Иара уи азхәыцра ҩынтә иҳәеит. (Шәаԥхьа Иоанн 17:6, 26.) Ииҳәарц ииҭахызи уи ала? Иҵаҩцәа Анцәа ихьӡ рзымдырӡози? Ҳәарада, ирдыруан. Дара ауриацәан. Ауриатә Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ зқьыла иуԥылоит. Ус анакәха, Иисус ииҳәарц ииҭахыз Анцәа Иегова ихьӡуп ҳәа акәӡам, иара Анцәа ихьӡ аҵакы реилиркаарц ауп ииҭахыз. Иисус иҵаҩцәа Иегова еиӷьны иеилкаара дрыцхраауан: игәҭаки, иусқәеи, иҟазшьақәеи зеиԥшроу. Иисус иаасҭа еиӷьны Иегова дыздыруа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам.

4, 5. а) Избан аӡәы ихьӡ шәара шәзы аҵак ду аиур залшо? Иаажәга аҿырԥштәы. б) Ирыцхраазеи Иисус иҵаҩцәа Иегова еиҳа еиӷьны иеилкаара?

4 Шәхаҿы иаажәг шәеизараҿы Асҭамыр зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы дыҟоушәа. Иара дҳақьымуп. Уи аиашьа дыжәдыруеижьҭеи акыршықәса ҵуеит. Ҽнак зны цәгьала шәҟалан, аҳақьым ицхыраара шәҭаххеит. Шәара уи аиашьа аус ахьиуа ахәышәтәырҭахь шәыргоит, иара шәеиқәирхоит. Убри инаркны ахьӡ Асҭамыр аншәаҳауа, уи аиашьа ишәзыҟаиҵаз шәгәалашәалоит. Уажәшьҭа шәара шәзы Асҭамыр аизара ахылаԥшҩы мацара иакәӡам, шәеиқәзырхаз аҳақьым иоуп.

5 Иисус иҵаҩцәа Иегова ихьӡ рдыруан. Аха Иисус имаҵзура абзоурала дара уи ахьӡ аҵакы еиҳа еиӷьны еилыркааит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Анцәа Иԥа ииҳәоз-ииуаз зегьы Иаб иеиԥш иҟаиҵон. Иисус иҵаҩцәа идирҵоз анраҳауаз, насгьы егьырҭ ауаа дышрызныҟәоз анырбоз, Иегова еиҳа еиӷьны деилыркаауан (Иоанн 14:9; 17:3).

«УАРА ИСУҬАЗ УХЬӠ АҲАҬЫРАЗЫ»

6. Ишԥеилкаатәу Иегова ихьӡ Иисус иахьииҭаз? (Иоанн 17:11, 12).

6 Иисус иҵаҩцәа рзы абас Анцәа диҳәон: «Иԥшьоу Саб... ихьчала [урҭ], уара исуҭаз ухьӡ аҳаҭыразы». (Шәаԥхьа Иоанн 17:11, 12.) Иаанагозма уи Иисус уажәшьҭа Иегова ихьӡзаауеит ҳәа? Мап. Иисус иҳәеит: «Ухьӡ аҳаҭыразы». Ус анакәха, Иегова ихьӡ Иисус ихьӡ акәны иҟамлаӡеит. Нас, ишԥеилкаатәу Анцәа ихьӡ Иисус иахьииҭаз? Иисус Иегова ихаҭарнак иакәын, насгьы Иегова иажәақәа егьырҭ ирзеиҭеиҳәон. Адгьыл ахь данааи Иаб ихьӡала аус дуқәа ҟаиҵон (Иоанн 5:43; 10:25). Уи адагьы, Иисус ихьӡ иаанагоит «Иегова ҳаиқәырхаҩ иоуп». Ус анакәха, Анцәа ихьӡи Анцәа Иԥа ихьӡи еидҳәалоуп.

7. Избан Иисус ииҳәоз Иегова ихьӡала иҳәалар зилшоз? Иаажәга аҿырԥштәы.

7 Иааҳгап ҿырԥштәык. Апрезидент даҽа тәылак аҿы хаҭарнакс имоу ацҳаражәҳәаҩ иоуп. Ацҳаражәҳәаҩ ииҳәо апрезидент ихьӡала иҳәоит, убри аҟынтә иажәақәа амч рымоуп. Убас еиԥшҵәҟьа Иисус Иегова дихаҭарнакын, насгьы ауаа иреиҳәоз Иегова ихьӡала иреиҳәон (Матф. 21:9; Лука 13:35).

8. Иҟаиҵози Иисус Иегова ихьӡала адгьыл ахь даанӡа? (Ақәҵра 23:20, 21).

8 Абиблиаҿы Иисус Ажәа ҳәа изҳәоуп, избанзар Иегова иара ила амаалықьцәеи ауааи иажәақәеи имҩақәҵарақәеи риҭоит (Иоанн 1:1—3). Израильаа ацәҳәыраҿы ианыҟаз иреиҷаҳауаз амаалықь Иисус иакәызҭгьы ҟалап. Иегова ижәлар уи амаалықь изыӡырҩларц анреиҳәа, абас иҳәеит: «Иара... сыхьӡ ихуп»a. (Шәаԥхьа Ақәҵра 23:20, 21.) Убасала Иегова иреилиркааит Иисус ихаҭарнак шиакәу. Иисус иеиԥш Иаб ихьӡ зыхьчо, насгьы изыԥшьо аӡәгьы дыҟаӡам.

«САБ, ИРҲАРАК УХЬӠ»

9. Излоубарҭоузеи Иисус изы Иегова ихьӡ аҵак ду шамаз?

9 Иисус изы Иегова ихьӡ адгьыл ахь даанӡагьы аҵак ду аман. Адгьыл аҿы данынхозгьы, иусқәа зегьы иудырбон игәаанагара шимԥсахыз. Адгьыл аҿы имаҵзура хиркәшаанӡа маҷк шагыз абас Анцәа диҳәеит: «Саб, ирҳарак ухьӡ». Иаб иаразнак ажәҩан аҟынтә абас аҭак ииҭеит: «Иҳараскхьеит, иҵегьы иҳараскуеит» (Иоанн 12:28).

10, 11. а) Ишԥаҳареики Иисус Иегова ихьӡ? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Избан Иегова ихьӡ аԥшьара, насгьы ихьӡ бзиа ахьчара заҭаххаз?

10 Иисусгьы Иегова ихьӡ ҳареикуан. Ишԥаҟаиҵоз уи? Иара ауаа Анцәа иҟазшьақәеи иус џьашьахәқәеи ртәы рзеиҭеиҳәон. Аха уи мацара аҿы даанымгылаӡеит. Иисус Иегова ихьӡ иԥшьон, иара убас ихьӡ бзиа ихьчонb. Иисус ишьҭанеицәа Анцәа иҳәашьа аныдирҵоз, ус аҟаҵара шаҟа ихадоу дирбеит. Иара иҳәеит: «Ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб, ҳаҭыр ду ақәзааит уара ухьӡ» (Матф. 6:9).

11 Избан Иегова ихьӡ аԥшьара, насгьы ихьӡ бзиа ахьчара заҭаххаз? Избанзар Аҩсҭаа Едемтәи абаҳчаҿы Иегова амц изиҳәеит. Иара иҳәеит Иегова Адами Евеи ижьоит, насгьы бзиарак рцәиҵәахуеит ҳәа (Алаг. 3:1—5). Убас Аҩсҭаа, Иегова ииашаӡамкәа ихы мҩаԥигоит ҳәа изҳәаны, ихьӡ бзиа бжьихырц иҭахын. Ԥыҭрак ашьҭахь Иов ихаан Аҩсҭаа иҳәеит ауаа Иегова иҟынтә ак роурц азоуп имаҵ зыруа ҳәа. Уи амцҳәаҩ иара убас иҳәеит гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ зуа аӡәгьы дшыҟам, насгьы ауадаҩрақәа шаароулак имаҵ аура ишаҟәыҵуа (Иов 1:9—11; 2:4). Амц зҳәо Иегова иакәу, Аҩсҭаа иакәу аилкааразы аамҭа аҭахын.

Иисус ашьхараҿы ауаа рацәа рҿаԥхьа ажәахә иҳәеит.

Иисус иҵаҩцәа ирзеиҭеиҳәон Анцәа ихьӡ аԥшьара шаҟа ихадоу. (Шәахәаԥш абзац 10.)


«САРА СЫԤСҬАЗААРА РЫХҬНЫСҴОИТ»

12. Игәы зызҭанаҵазеи Иисус Иегова ихьӡ ахь имаз абзиабара?

12 Иисус Иаб бзиа дибон, убри аҟынтә ихьӡ иԥшьаларц, насгьы ихьӡ бзиа ихьчаларц азы илшоз зегь ҟаиҵон. Иара иҳәеит: «Сара сыԥсҭазаара рыхҭнысҵоит» (Иоанн 10:17, 18). Иисус Иегова ихьӡ азы аԥсрагьы дазхианc. Инаӡаз раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, Иегова дааныжьны Аҩсҭаа иган ааныркылеит. Иисус иакәзар, хатәгәаԥхарала адгьыл ахь дааны Иаб бзиа дшибо шьақәирӷәӷәеит. Иара иԥсы ахьынӡаҭаз Иегова дизиашан (Аур. 4:15; 5:7—10). Иисус дыргәаҟны ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьызгьы, аҵыхәтәанынӡа Анцәа дизиашан (Аур. 12:2). Убасала Иегова ихьӡ бзиа ишибо, ихаҭагьы бзиа дшибо шьақәирӷәӷәеит.

13. Избан Иисус Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу зегь раасҭа еиӷьны ишьақәирӷәӷәар зилшоз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Иисус иԥсҭазаарала ишьақәирӷәӷәеит имцҳәаҩу Иегова иакәымкәа, Аҩсҭаа шиакәу (Иоанн 8:44). Иисус иеиԥш ибзианы Иегова дыздыруа аӡәгьы дыҟаӡам — ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы. Аҩсҭаа Иегова изиҳәаз аҟынтә ииашоу ҳәа акрыҟазҭгьы, Иисус уи изымдырӡози? Иисус Иегова дышиашоу агәра ганы дыҟан, убри аҟынтә аҵыхәтәанынӡа ихьӡ бзиа ихьчон. Иегова Иисус даанижьит ҳәа угәы иаанагар аналшозгьы, Иисус Анцәа дицәхьаҵыр аасҭа, аԥсра дазхиан (Матф. 27:46)d.

Иисус ашьаҟа дкыдуп.

Иисус иԥсҭазаарала ишьақәирӷәӷәеит имцҳәаҩу Иегова иакәымкәа, Аҩсҭаа шиакәу. (Шәахәаԥш абзац 13.)


«САРА... УҲАРАСКИТ, СНАПЫ ИАНУҴАЗ АУС НАСЫГӠЕИТ»

14. Дышԥеизылԥхо Иегова Иисус дизиашаны дахьаанхаз азы?

14 Иисус иԥсра уахык шагыз Иегова абас иеиҳәеит: «Сара... уҳараскит, снапы иануҵаз аус насыгӡеит». Иара агәра ганы дыҟан Иегова дизиашаны дахьаанхаз азы дшизылԥхо (Иоанн 17:4, 5). Убас иагьыҟалеит. Иегова Иисус аԥсра дампыҵихит (Аус. 2:23, 24). Иара Иԥа иԥсы ҭеиҵан, ажәҩан аҿы аҭыԥ ду ииҭеит (Флп. 2:8, 9). Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус Анцәа Иаҳраҿы Аҳас дҟалеит. Иҟанаҵозеи уи Аҳра? Аҭак ҳаԥшаауеит Иисус иҵаҩцәа Анцәа иҳәашьа аныдирҵоз ииҳәаз ажәақәа рҿы: «Иааиааит Уаҳра. Иҟалааит уара иуҭаху ажәҩан аҿы еиԥш, адгьыл аҿгьы» (Матф. 6:10).

15. Иҟаиҵои Иисус аԥхьаҟа?

15 Иаарласны Иисус Анцәа иаӷацәа драбашьуеит, насгьы Армагеддон аҿы ауаа цәгьақәа ҭаирхоит (Аат. 16:14, 16; 19:11—16). Уи ашьҭахь хара имгакәа Аҩсҭаа «атымитыша» дҭаижьуеит, даҽакала иуҳәозар, иԥсхьоу акгьы шрылымшо еиԥш акгьы илымшо дҟаиҵоит (Аат. 20:1—3). Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара аан адгьыл аҿы аҭынчра шьақәиргылоит. Иара ицхыраарала ауаа наӡаны иҟалоит. Иисус иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵоит, насгьы адгьыл џьанаҭны иҟаиҵоит. Убасала Иегова игәҭакы наӡоит! (Аат. 21:1—4).

16. Изеиԥшрахозеи аԥсҭазаара Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара ашьҭахь?

16 Шәхаҿы иаажәг Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара ашьҭахь аԥсҭазаара зеиԥшрахо. Агәнаҳа уаҳа иҟаӡам, ауаа зегь наӡахеит. Ауаа Иисус иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны Анцәа рыгәнаҳақәа ранаижьырц азы уаҳа иҳәалар акәӡам. Иара убас Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа бзиазарц азы 144 000-ҩык уаҳа ԥшьаҩцәас амаҵ рулар акәӡам. Иисусгьы рыԥшьаҩ хада иаҳасабала уаҳа амаҵ иулар акәӡам. «Аҵыхәтәаны иқәгахо аӷа» аԥсра уаҳа иҟаӡам. Иԥсыз рыԥсы ҭалахьеит. Адгьыл иқәынхо ауаа зегь наӡахеит (1 Кор. 15:25, 26).

17, 18. а) Иҟалозеи, Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара анынҵәалак ашьҭахь? б) Иҟаиҵозеи Иисус, Зқьышықәсатәи инапхгара анынҵәалак ашьҭахь? (1 Коринфаа 15:24, 28). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара анынҵәалак ашьҭахь зеиԥшыҟам даҽакгьы ҳбоит. Иегова иԥшьоу, аиашара злоу Анцәа шиакәу агәра зымго ҳәа уаҳа аӡәгьы дҟалаӡом. Избан? Аҩсҭаа Едемтәи абаҳчаҿы иҳәеит Иегова ауаа ижьоит, насгьы бзиа ибаӡом ҳәа. Аха гәык-ԥсыкала Иегова пату иқәызҵоз ауаа еснагь иҟан. Урҭ рыԥсҭазаара ишьақәнарӷәӷәоит Анцәа инапхгара зегьы ишреиӷьу. Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара анынҵәалак ашьҭахь, Иегова бзиа ҳазбо Ҳаб шиакәу зегьы ирдыруазаауеит.

18 Убасала зегьы еилыркаауеит Аҩсҭаа Иегова изкны ииҳәаз зегь шымцу. Иҟаиҵозеи Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара анынҵәалак ашьҭахь? Аҩсҭаа иеиԥш Иегова диҿагылома? Мап. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 15:24, 28.) Иисус имчра Иаб изирхынҳәуеит. Иара Иегова иҳәатәаҿы дҟалоит. Иисус, Аҩсҭаа иеиԥш акәымкәа, Иаб бзиа дибоит, убри аҟынтә амчра зегь Иегова иҭара дазхиоуп.

Ажәҩан аҿы Иисус игәыргьын Иегова ииҭоит.

Иисус Зқьышықәсатәи инапхгара ашьҭахь Иегова амчра изирхынҳәуеит. (Шәахәаԥш абзац 18.)


19. Иаанагозеи Иисус изы Иегова ихьӡ?

19 Иџьашьатәӡам Иегова Иисус ихьӡ ахьииҭаз! Анцәа Иԥа ихаҭарнакс дҟаиҵеит. Иисус Иаб иҟынтә иоуз адҵа ибзианы инаигӡеит. Ари астатиа ишаҳнарбаз еиԥш, Иисус изы Иегова ихьӡ аасҭа ихадаз ҳәа акгьы ыҟамызт. Иара уи иԥсы ахҭниҵеит, Зқьышықәсатәи инапхгара ашьҭахь имчрагьы гәыкала Иегова изирхынҳәуеит. Ишԥаҳалшо ҳара Иисус ҳаиҿыԥшлар? Шәааи уи анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргап.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥарзааирти Иисус иҵаҩцәа Иеговы ихьӡ?

  • Ишԥеилкаатәу Иегова ихьӡ Иисус иахьииҭаз?

  • Дзызхиази Иисус Иегова ихьӡ азы, насгьы избан?

АШӘА 16 Иаг ихьӡ ҳарашәкла ииԥшьаз Иԥа изы

a Иегова ауаа жәабжьк реиҳәарц азы зны-зынла ихаҭарнакцәа раҳасабала амаалықьцәа ихы иаирхәон. Убри азоуп амаалықьцәа анцәажәозгьы, Абиблиаҿы зны-зынла Иегова иҳәеит ҳәа зану (Алаг. 18:1—33). Иаҳҳәап, Иԥшьоу Аҩыраҿы иануп Моисеи Иегова иҟынтә азакәан иоуит ҳәа. Аха егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа рҿы иануп Иегова ауаа азакәан риҭарц азы амаалықьцәа ихы ишаирхәоз (Алев. 27:34; Аус. 7:38, 53; Гал. 3:19; Аур. 2:2—4).

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Акы «аԥшьара» иаанаго, уи иԥшьоу ак акәны аԥхьаӡара, насгьы пату ақәҵара ауп. Аӡәы ихьӡ бзиа «ахьчара» иаанаго, изырҳәаз амц шиашам, насгьы акгьы шихарам ашьақәырӷәӷәара ауп.

c Иара убас Иисус иԥсра ауаа наӡаӡа инхаларц азы алшара рнаҭеит.

d Шәахәаԥш 2021 шықәса, апрель мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа», адаҟьақәа 30—31.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра