Февраль 8—14
НЕЕМИА (НЕЕМИЯ) 5—8
Ашәа 123, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Неемиа ишьахәу напхгаҩын» (10 мин)
Неем. (Не) 5:1—7. Неемиа ажәлар дырзыӡырҩын, иҟаҵатәыз нап алеикит (w06-U 1/2 9, абз. 2)
Неем. (Не) 5:14—19. Неемиа ахынраалареи аҟәышреи аазырԥшуаз, зхы иашьҭамыз уаҩын (w06-U 1/2 10, абз. 4)
Неем. (Не) 8:8—12. Неемиа далахәын ажәлар адоуҳатә напхгара рыҭара (w06-U 1/2 11, абз. 4)
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Неем. (Не) 6:5. Избан Санаваллат амҳәыр заархамыз асаламшәҟәы Неемиа иахь изиишьҭыз? (w06-U 1/2 9, абз. 3)
Неем. (Не) 6:10—13. Избан Неемиа Шемаиа иабжьгара зидимкылаз? (w07-U 1/7 30, абз. 15)
Еилыскаазеи сара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Исылшозеи смаҵзураҿы схы иасырхәар ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Абиблиа аԥхьара: Неем. (Не) 6:14—7:7а (4 мин ма еиҵаны)
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Раԥхьатәи аҭаара (2 мин ма еиҵаны). Аброшиура «Иаԥсоума иашарыла анхара?» идгал, ацәаҿы иаагоу атема дазхьарԥшны. Аиҭанеиразы ашьаҭа шьҭаҵа.
Аиҭанеира (4 мин ма еиҵаны). Аброшиура «Иаԥсоума иашарыла анхара?» ацәаҿы иаагоу атемахь аинтерес аазырԥшыз ауаҩы дырҩегь уиҭаа. Аиҭанеиразы ашьаҭа шьҭаҵа.
Абиблиа аҵара (6 мин ма еиҵаны). Имҩаԥга абиблиатә ҵара (bh 28, абз. 4, 5).
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Шәазгәышьуама «аус бзиа аҟаҵара»? (15 мин). Аизара аиҳабы иажәахә, аброшиура «Избан шәдинхаҵара иашоуп ҳәа агәра ганы шәзыҟоу?», ад. 3—6 (аурыс) шьаҭас измоу. Идырба авидеоролик «Аишьцәа, аус бзиа аҟаҵара шәазгәышьла!» захьӡу, уи ҳтелехәаԥшра (JW Broadcasting) аҿы декабр мза, 2015 шықәсазы иҭыҵит. Иазгәаҭ иарбан мзызқәоу иҳамазар ҳахәҭоу аҭакԥхықәрақәа ҳрызгәышьларц азы, насгьы уи шыҟаҵалатәу. Ирхааны ргәазҭаҵа аишьцәа рҽазыршәарц амаҵзуратә цхырааҩцәеи аизара аиҳабацәеи реиԥш аизараҿы амаҵ руларц.
Аизараҿы Абиблиа аҵара: ia ахы 2, абз. 13—23, ахы аиҭахысра (30 мин)
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара
Ашәа 17, анцәаиҳәара