АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИОВ (ИОВ) 11—15
Иов аԥсҭалара шыҟало ӷәӷәала агәра игон
Иов Иегова иԥсы ҭеиҵар шилшо агәра шигоз ааирԥшит
14:7—9, 13—15
Иов аҵла ҿырԥштәыс иааигеит, иҟалап уи азеиҭынҵла акәызҭгьы. Уи ала иара иааирԥшит Иегова иԥсы аҭаҵара шилшо ала имаз агәрахаҵара
Зышьаҭа ибзианы изышьҭхьоу азеиҭынҵла адеибаркыра иалнаршоит уи ашьапы хҵәазаргьы аҿиаа ҿыц ашьҭра. Аҵла адацқәа еибгазар, уи ҿыц иазҳар алшоит
Аарҩара бааԥс ашьҭахь ақәа аур, азеиҭынҵла иҩахьоу ахџыџ авҵиаа ҿыц аунашьҭыр алшоит. Усҟан иара «аиҭаҳатә еиԥш амахә аунашьҭуеит»