АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 33—36 (34—37, АдҾ)
Иегова уиқәгәыӷла, абзиара ҟаҵала
«Урыҵамшьыцын аиакәым ҟазҵо»
36:1, 2 (37:1, 2, АдҾ)
- Иалумыршан ацәгьа зуа аамҭала ирымоу ақәҿиара Анцәа имаҵ аура уахнагар. Адоуҳатә зылԥхарақәеи ахықәкқәеи улаԥш рықәкыз 
«Нцәа Ҳазшаз уиқәгәыӷла, абзиара ула»
36:3 (37:3, АдҾ)
- Агәра ганы уҟаз Иегова иарбанзаалак алакҩакреи агәҭынчымреи риааира дышуцхраауа. Иара уизиашаны уаанхарц дуцхраауеит 
- Активла Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирыларҵәала 
«Иегова иҟны агәырӷьара ԥшаала»
36:4, АдҾ
- Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи рзы аамҭа алхла. Уи аамҭазы Иегова еиҳа еиӷьны иабадырра хықәкыс иумаз 
«Умҩа Нцәа Ҳазшаз имада»
36:5, 6 (37:5, 6, АдҾ)
- Агәра ганы уҟаз Иегова иарбанзаалак ауадаҩра аиааира дышуцхраауа 
- Ииашаны ухы мҩаԥгала аҿагылареи ашьҭашәарыцареи уанрықәшәо, мамзаргьы ацәгьа анузырҳәо 
«Нцәа Ҳазшаз иҳәатәаҿы уҟаз, уагьиқәгәыӷла»
36:7—9 (37:7—9, АдҾ)
- Агәырӷьара умызхуа, Иеговеи уареи шәеизыҟазаашьақәа бжьызхуа аӡбарақәа удумкылалан 
«Адгьыл ртәхоит асыс мҟаа иаҩызоу»
36:10, 11 (37:10, 11, АдҾ)
- Асыс мҟаа еиԥш уҟәымшәышәны уаанхала, ахынраалара аарԥшуа, узықәшәо аиашамра Иегова ианықәиго уазыԥшыз 
- Удинхаҵара уцеиҩызшо ацхыраара рыҭала, насгьы Анцәа ҳазқәиргәыӷыз адунеи ҿыц шааигәоу ргәаларшәо згәы каҳаны иҟоу ргәы ҟаҵала 
Амессиантә Аҳра азылԥхарақәа рацәаны иаанагоит