АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АЖӘАМААНАҚӘА (ПРИТЧИ) 27—31
Аус қьиақәа ҟазҵо аԥҳәыс Абиблиа лыӡбахә шаҳәо
Ажәамаанақәа (Притчи) 31-тәи ахаҿы аҳ Лемуил иан иалҳәоз ажәақәа ануп. Лара илҭоз иҟәыӷоу амҩақәҵарақәа рыбзоурала аҳ еиликаар илшеит аус қьиақәа ҟазҵо аԥҳәыс егьырҭ дызларылукаауа.
Аус қьиақәа ҟазҵо аԥҳәыс улықәгәыӷыртә дыҟоуп
31:10—12
Лара аҭаацәараҿы ирыдыркыло аӡбарақәа рганахь ала иҟалҵо рацәоуп, аха уи аамҭазгьы лхаҵа дизыӡырҩуеит
Лхаҵа агәра ганы дыҟоуп лара иҟәыӷоу аӡбарақәа шлыдылкылало, насгьы иара дазыԥшӡам зегьы рзы азин имылхлоит ҳәа
Аус қьиақәа ҟазҵо аԥҳәыс аусура дацәаашьаӡом
31:13—27
Лара аиҿкаареи, аиҷаҳареи, ахӡырымгареи раарԥшышьа лҵоит, лҭаацәара ицқьаны, иԥшӡаны еилаҳәазарц, насгьы еснагь ирызхаша афатә рымазарц азы
Лара даара аџьабаа лбоит, еснагь лҭаацәара рҭахрақәа дреиҷаҳауеит
Аус қьиақәа ҟазҵо аԥҳәыс доуҳала дшәуп
31:30
Лара Анцәа дицәшәоит, насгьы Анцәеи лареи аизыҟазаашьа бзиақәа рымоуп