АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Лхатә ҩыза ақалақь агәашәқәа рҿы дырдыруеит»
Аус қьиақәа ҟазҵо аԥҳәыс лхатә ҩыза ихьӡ лырԥшӡоит. Аҳ Лемуил ихаан аус қьиақәа ҟазҵоз аԥҳәыс дызмаз ауаҩы «ақалақь агәашәқәа рҿы дырдыруеит» ҳәа изҳәан (Ажәам. [Пр] 31:23). Иахьа доуҳала ишәу ахацәа аизара аиҳабацәас, насгьы амаҵзуратә цхырааҩцәас амаҵ руеит. Аиашьа аҭаацәара далазар, аизараҿы иааиго ахәарҭа ихатә ҩыза лхы шымҩаԥылго, насгьы лхаҵа шаҟа дидгыло иахьыԥшуп (1 Тим. 3:4, 11). Аус қьиақәа ҟазҵо аԥҳәыс лхатә ҩыза изы мацара акәымкәа, аизара азгьы дзылԥхароуп.
Аус қьиақәа ҟазҵо аԥҳәыс лхатә ҩыза амаҵзураҿы дицхраауеит...
ажәа қьиақәа рыла игәы шьҭылхуазар (Ажәам. [Пр] 31:26)
аизараҿы аусқәа рынагӡара алшара илҭозар (1 Фес. 2:7, 8)
лҭаацәараҿы имариоу аԥсҭазаара мҩаԥыргаларц лҽазылшәозар (1 Тим. 6:8)
Аизара иадҳәалоу имаӡоу аинформациа илырҳәарц дашьҭамзар (1 Тим. 2:11, 12; 1 Пиотр 4:15)