Март 27 — апрель 2
ИЕРЕМИА (ИЕРЕМИЯ) 12—16
- Ашәа 135, анцәаиҳәара 
- Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны) 
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
- «Израильаа Иегова дырхашҭит» (10 мин) - Иер. (Иер) 13:1—5. Иеремиа Иегова идҵа наигӡеит, иара ақәны иалхыз амаҟа иҵәахит, уи иаамҭеи имчи ирацәаны ишимнахызгьы (jr-U 51, абз. 17) 
- Иер. (Иер) 13:6, 7. Амҩа хара дахысны даныгьежь, амаҟа шхаз ибеит (jr-U 52, абз. 18) 
- Иер. (Иер) 13:8—11. Иегова израильаа лабҿаба идирбеит дара ртәы иахьадыргоз азы иареи дареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәа уаҳа ишрыбжьам (jr-U 52, абз. 19, 20; it-U «Бедро», абз. 17) 
 
- Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин) - Иер. (Иер) 12:1, 2, 14. Дзызҵаазеи Иеремиа, насгьы ҭакс ииҭазеи Иегова? (jr-U 118, абз. 11) 
- Иер. (Иер) 15:17. Дышԥазыҟаз Иеремиа аҩызцәа ралхра, насгьы ишԥаҳалшо ҳара иҿыԥшра? (w04-U 1/5 11, абз. 16) 
- Еилыскаазеи сара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
- Исылшозеи ажәабжьҳәаратә маҵзураҿы схы иасырхәар ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
 
- Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Иер. (Иер) 13:15—27 
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
- Раԥхьатәи аҭаара (2 мин ма еиҵаны): Ахәылԥаз ахь ааԥхьареи авидеонҵамҭеи. Аиҭанеиразы ашьаҭа шьҭаҵа. 
- Аиҭанеира (4 мин ма еиҵаны): Ахәылԥаз ахь ааԥхьареи авидеонҵамҭеи. Аиҭанеиразы ашьаҭа шьҭаҵа. 
- Ажәахә (6 мин): bw568, ад. 29—31. Атема: «Ианбаҭашәеи Анцәа ижәлар Вавилон Ду атҟәара?». 
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
- «Уҭаацәара Иегова дырхамышҭларц урыцхраала» (15 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Раԥхьа идырба авидеонҵамҭа «Эти слова „должны быть в твоем сердце“. Интервью». 
- Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): cf ахы 6, абз. 1—9 
- Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин) 
- Ашәа 48, анцәаиҳәара