АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уҭаацәара Иегова дырхамышҭларц урыцхраала
Иеремиа аиудеиаа иааигәахоз арыцҳара — Рынцәа Иегова дахьырхашҭыз азы рахьырхәра — рылаҳәара дҵас иман (Иер. [Иер.] 13:25). Ишԥақәшәеи ари ажәлар абас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьа бааԥс? Израильтәи аҭаацәарақәа Анцәеи дареи реизыҟазаашьа бжьырхит. Еилукаартә иҟоуп аҭаацәара ахадацәа Ҩынтәзакәан (Второзаконие) 6:5—7 иану Иегова имҩақәҵарақәа ишрықәымныҟәоз.
Иахьа доуҳала иӷәӷәоу аҭаацәарақәа аизараҿы аҭышәынтәалара рыхьчоит. Аҭаацәара ахада иҭаацәа Иегова дырхамышҭларц азы иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаацәаратә мҵахырхәара мҩаԥигалар, насгьы аинтерес аҵаҵаны иҟаиҵалар ауп (Аԥсал. 21:28 [22:27, АдҾ]). Уахәаԥш авидеонҵамҭа «Эти слова „должны быть в твоем сердце“. Интервью», анаҩс абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҵа.
- Иарбан уадаҩрақәоу ҭаацәарақәак иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгара ирԥырхагоу, насгьы ишԥариааиуеи урҭ? 
- Иарбан лҵшәақәоу иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа аинтерес зҵоу аҭаацәаратә мҵахырхәара иаанаго? 
- Иарбан уадаҩрақәоу уара узықәшәо аҭаацәаратә мҵахырхәара анымҩаԥуго, насгьы угәы ишԥаҭоу урҭ риааира?