АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИЕРЕМИА (ИЕРЕМИЯ) 12—16
Израильаа Иегова дырхашҭит
Иеремиа имариамыз адҵа идын, уи лабҿаба иунарбон Иегова ишиӡбаз Иудеи Иерусалими инхоз зтәы иазыргоз, аԥагьара злаз ауаа рықәгара.
Иеремиа ақәны иалхыз амаҟа ааихәеит
13:1, 2
- Агәчама инадшәало иҟаз амаҟа Иеговеи израильтәи ажәлари ирыбжьаз еизааигәаз аизыҟазаашьақәа аанарԥшуан 
Иеремиа амаҟа аӡиас Евфрат ахь игеит
13:3—5
- Иара амаҟа ацаҟьа аиҩхааҿы иҵәахны, Иерусалимҟа дхынҳәит 
Иеремиа амаҟа игарц азы аӡиас Евфрат ахь еиҭа дцеит
13:6, 7
- Амаҟа хеит 
Иегова Иеремиа ииҭаз адҵа иаанагоз уи анынаигӡа ашьҭахь изеиҭеиҳәеит
13:8—11
- Иеремиа амаҷ аҿы гәык-ԥсык ала Иегова дахьизыӡырҩуаз абзоурала, Иегова илшеит ауаа ихадоу аҵабырг лабҿаба деилыркаара