АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | МАТФЕИ 6, 7
Зегь раԥхьаӡа иргыланы Анцәа Иаҳра шәашьҭаз
Узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы Иисус иаҳирбеит Иегова игәҭаки Иаҳреи ирыдҳәалоу зегьы ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазар шакәу.
- Анцәа ихьӡ. - Анцәа Иаҳра. - Анцәа игәаԥхара. 
- Иахьа зда ԥсыхәа ҳамам ача. - Агәнаҳақәа ранажьра. - Аԥышәарақәа рҟынтә ахьчара. 
Абар Аҳра иадҳәаланы Анцәа сыззиҳәар сылшо:
- ажәабжьҳәаратә ус аҽарҭбааларц; 
- ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәо Анцәа идоуҳа рыцхрааларц; 
- иалкаау атеократиатә ргыларақәа, мамзаргьы ажәабжьҳәаратә кампаниақәа дырзылԥхарц; 
- аҭакԥхықәра зду аишьцәа аҟәыӷареи амчи риҭаларц; 
- даҽакы.