АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Гәыкала иҟоу абзиабара ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа егьырҭ изларылукаауа ҟазшьоуп. Мыцхәы ахбзиабареи аԥсахеибакреи шәҽырцәышәыхьчала
УИ ЗХАДОУ Иисус иҳәеит иҵаҩцәа злардыруа ирыбжьазаауа абзиабара ала ауп ҳәа (Иоанн 13:34, 35). Уи аҩыза абзиабара аарԥшразы мыцхәы ахбзиабареи аԥсахеибакреи ҳҽырцәаҳахьчалароуп (1 Кор. 13:5).
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Аӡәы жәала ма усла угәы уирхьзар, иаразнак алкаа ҟамҵакәа уааҭгыланы уазхәыц ари ауадаҩра зыхҟьаз, насгьы ихжәаны аҭак иуҭар иҟалар алшо (Ажәам. 19:11).
Иухаумыршҭлан ҳара зегьы зны-зынла агхақәа шыҟаҳҵо, насгьы иҟаҳҵо ма иаҳҳәо ҳшахьхәуа.
Аилибамкаарақәа иаразнак иӡбала.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «„БЗИА ШӘЕИБАБАЛА“. МЫЦХӘЫ АХБЗИАБАРЕИ АԤСАХЕИБАКРЕИ ШӘҼЫРЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ишԥааирԥши Ларри агәынамӡара Том аҳәара аныҟаиҵа?
Ишԥаицхрааи Том аԥсахеибакра аҽацәыхьчара дааҭгыланы дахьхәыцыз?
Ишԥаилшеи Том аҭынчра ахьчара аҳаҭыр аарԥшны иҟаиҵаз аҭак ала?
Ишԥаныруеи аизара аԥсахеибакра ҳҽамҭакәа аҭынчра анаҳахьчо?