АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Атәым нцәақәа ықәыжәга
Аныхамҵахырхәара шыҟамло ала азакәан цәырҵаанӡагьы Иаков идыруан Иегова заҵәык шиакәу азиашара иаԥсоу (Ақәҵ. 20:3—5). Убри аҟынтә, Иегова Иаков Вефильҟа дхынҳәырц аниеиҳәа, иара иҩны инхоз, насгьы имаҵуҩцәа ирыдиҵеит рынцәахәқәа зегьы ықәыргарц. Иаков анцәахәқәа еизигеит, алаԥш шәҟәқәа раҳасабала иныҟәыргоз алымҳарыҩқәагьы уахь иналаҵаны, нас урҭ зегьы наҟ иқәигеит (Аҟаз. 35:1—4). Ҳәарада, Иегова игәаԥхеит Иаков иҟаиҵаз.
Ишԥаҳалшо ҳара Иегова заҵәык ҳизиашаны аанхара? Ихадоуп аныхамҵахырхәареи аспиритизми ирыдҳәалоу зегьы рҽырцәыхьчара. Иаҳҳәап, аоккультизм иадҳәалоу зегьы ықәаҳгароуп. Иара убас, агәырҿыхагақәа аналаҳхуа агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп. Ухы уазҵаа: «Исгәаԥхома сара авампирцәа, азомбиқәа, мамзаргьы ицәгьоу адоуҳақәа ирыдҳәалоу аусқәа ирызку ашәҟәқәа рыԥхьара, ма афильмқәа рыхәаԥшра? Иалсхуама сара агәырҿыхагақәа амагиа, аҟра, ашәира иуԥырхагам ак еиԥш иахьаарԥшу?» Ҳара Иегова ицәымӷу зегьы ҳҽацәыҳахьчалароуп (Аԥсал. 97:10).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АЏЬНЫШ ШӘИҾАГЫЛ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан уадаҩроу дзықәшәаз Абиблиа зҵоз Палеса?
Изхадоузеи аспиритизм иадҳәалоу ауадаҩрақәа рганахь ала аизара аиҳабацәа рҿы ацхыраара аҳәара?
Аџьныш уиҿагыл, насгьы Иегова уизааигәаха (Иак. 4:7, 8)
Мап зцәаҳкыр ҳахәҭоузеи Иегова ҳихьчаларц азы?
Иҟалҵазеи Палеса?
Ишԥаулшо уара адемонцәа уҽырцәухьчар?