АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҞАЗААРА 42, 43
Иосиф ицәаныррақәа иҽриҭом
Ухаҿы иааг, Иосиф дшыҟалаз иаалырҟьаны иашьцәа аниба! Иара рашьа шиакәу иаразнак иҳәаны урҭ гәыкала идикылар илшон, ма ишьа иур ҟалон. Аха иара ицәаныррақәа иаразнак иҽримҭеит. Ухы шԥамҩаԥуго иузгәакьоу, ма даҽаӡәы ииашамкәа дузныҟәар? Иосиф иҿырԥшы иаҳнарбоит аҽынкылара аарԥшра, насгьы аҭынчра ахьчара шхадоу, игьангьашу ҳгәы иҳаҵанаҳәо ииашам ҳцәаныррақәа ҳаҽрыҭаны ахымҩаԥгара аасҭа.
Уиҿыԥшлар анбаулшо Иосиф?