АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АЛЕВИТ 8, 9
Иегова иразра шьақәзырӷәӷәо
8:6—9, 12; 9:1—5, 23, 24
Аарон иҭаацәара иатәыз аԥшьаҩцәа раԥхьатәи абылра амҭа аннарга Иегова ажәҩан аҟынтә амца лбааишьҭын уи ахәланабгеит. Убас ала Иегова иразра шьақәирӷәӷәеит. Уи зегь збоз израильаа еилыркааит Иегова ишиҭаху зегь рыла аԥшьаҩцәа ирыцхрааларц. Иахьа ҳара дҳамоуп еиҳау Аԥхьаԥшьаҩы — Иисус Христос (Аур. 9:11, 12). 1919 шықәсазы Иисус иԥшьоу ақьырсианцәа ргәыԥ хәыҷ алихит игәрагоу, иҟәышу атәы еиԥш (Матф. 24:45). Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иҳамоу Иегова уи игәрагоу атәы азылԥхарақәа шииҭо, дышицхраауа, насгьы дшизыразу?
Есымшааира аҿагыларақәа шыҟоугьы игәрагоу атәы адоуҳатә фатә ҳаҭара даҟәыҵӡом.
Заа ишҳәаз еиԥш ажәабжь бзиа «адунеи зегь аҿы» ираҳауеит (Матф. 24:14).
Ишԥаҳалшо зегь рыла игәрагоу иҟәышу атәы ицхраара?