АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Аилибамкаара шыӡбахаз
Иордан мрагыларатәи ахәҭаҿы инхоз израильтәи аимшьҭрақәа узыршанхоз амҭанагарҭа ду дыргылеит (Иис. Н. 22:10).
Егьырҭ израильтәи аимшьҭрақәа урҭ Анцәа иҿагылеит ҳәа иҩашьаны ахара рыдырҵеит (Иис. Н. 22:12, 15, 16; w06-U 15/4 5, абз. 3).
Амҭанагарҭа зыргылаз аимшьҭрақәа ҭынч ражәа ырхааны иҟарҵаз зыҟарҵаз урҭ иреилдыркааит, убас ашьакаҭәара рҽацәырыхьчеит (Иис. Н. 22:21—30; w08-U 15/11 18, абз. 5).
Иаҳнарҵозеи ари ахҭыс? Иаҳҳәап, аӡәы дҩашьаны ахара ҳадиҵазар ҳхы шымҩаԥаҳгаша ҳнарҵоит, насгьы афактқәа зегь ҳзымдыруазар алкаа аҟаҵара ҳшахымыццаклаша ҳаилнаркаауеит (Ажәам. 15:1; 18:13).