АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Абиблиа зурҵо Иеговеи Иисуси рахь агәрахаҵара аизырҳара уицхраала ашәҟәы „Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!“ ухы иархәаны
Абиблиа зҵо ауаҩы Анцәа диҩызахарц азы агәрахаҵара ӷәӷәа еизирҳароуп (Аур. 11:6). Уи аҿы ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ицхраауеит. Уаҟа иаагоуп ихадоу азхәыцрақәа алызкаауа абиблиатә жәеинраалақәа, ибзианы еиқәыршәоу азхәыцрақәа, ибзианы еиҿкаау азҵаарақәа, аҽыԥсахра угәазҭазҵо авидеонҵамҭақәа, насгьы асахьа ԥшӡақәа. Абиблиа зҳарҵо аҟазшьа бзиақәа реизырҳареи Анцәа иҩызахареи ҳаницхраауа, акгьы змыхьуа аматериал ала ак аргылара иаҩызоуп (1 Кор. 3:12—15).
Анцәа дахьыҳамбо азы шьоукы ирцәыуадаҩуп иҩызахара шҳалшо аилкаара. Убри аҟынтә Иегова деилыркаарц, насгьы игәра ргаларц ҳрыцхраалароуп.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИЕГОВА ИАХЬ РЫГӘРАХАҴАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА, АРҴАРАТӘ ЦХЫРААГӠА „ШӘАЛАГӘЫРӶЬАЛА АԤСҬАЗААРА ИАХЬАГЬЫ НАӠАӠАГЬЫ!“ ШӘХЫ ИАРХӘАНЫ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Излоубарҭоузеи аиаҳәшьа Абиблиа аҵара ибзианы лыҽшазыҟалҵаз?
Лхы ишԥалырхәеи ибзианы еиқәыршәаз азҵаарақәа, Абиблиа злырҵоз Исаиа 41:10, 13 аҿы иаагоу ихадоу азхәыцрақәа леилыркааразы, насгьы лгәы шԥазҭалҵеи лцәаныррақәа реиҭаҳәара?
Ишԥалныри Абиблиа зҵоз авидеонҵамҭеи абиблиатә жәеинраалақәеи?
Аӡәырҩы аҿыхра иазку атема аилкаара рцәыцәгьоуп. Уи адагьы, аҿыхра — ари Анцәа дара хаҭала ириҭаз аҳамҭа шакәу рзеилкааӡом (Гал. 2:20). Убри аҟынтә ауаа Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра агара ҳрыцхраароуп.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИИСУС ИАХЬ РЫГӘРАХАҴАРА ЕИЗШӘЫРҲАЛА, АРҴАРАТӘ ЦХЫРААГӠА „ШӘАЛАГӘЫРӶЬАЛА АԤСҬАЗААРА ИАХЬАГЬЫ НАӠАӠАГЬЫ!“ ШӘХЫ ИАРХӘАНЫ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Излоубарҭоузеи аиашьа Абиблиа аҵара ибзианы иҽшазыҟаиҵаз?
Ихы ишԥаирхәеи арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҿы иаагоу аматериал, Абиблиа зирҵоз дицхраарц азы?
Избан Абиблиа зҵо доуҳала деизҳаларц азы Анцәа диҳәалар зхадоу?