Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb21 сентиабр ад. 3—16
  • Иҿыцу арҵаратә мыругақәа ухы иархәала!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иҿыцу арҵаратә мыругақәа ухы иархәала!
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ацхыраарала Абиблиа аҵара шымҩаԥгалатәу
    Ауаа бзиа ижәбала. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
  • Абиблиа зшәырҵо аӡӡаахра аҽазыҟаҵара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (актәи ахәҭа)
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Аброшиура «Уизыӡырҩла Анцәа» ҳхы иаҳархәар шҳалшо
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
Шәахәаԥш еиҳаны
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
mwb21 сентиабр ад. 3—16

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Иҿыцу арҵаратә мыругақәа ухы иархәала!

Ҳара даара ҳаигәырӷьоит абиблиатә ҵара амҩаԥгаразы иҿыцу аброшиуреи ашәҟәи ахьҳауз. Ҳара Иегова ҳиҳәоит еиҳа ирацәаҩны аҵаҩцәа разыҟаҵара дҳацхраарц (Матф. 28:18—20; 1 Кор. 3:6—9). Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳалшо иҿыцу арҭ амыругақәа?

Ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» арҵараҿы иҿыцу азнеишьа ҳаднагалоит. Аурокқәа зегьы уҽырзыҟаҵала. Абиблиатә ҵарақәа анымҩаԥугало анаҩстәи ашьаҿақәа урықәныҟәалаa.

  • Абиблиа зурҵои уареи аматериал шәеицаԥхьа, насгьы азҵаарақәа ицеилырга.

  • «Прочитайте» ҳәа ахьану ажәеинраалақәа еиҳараӡак урзааҭгыл. Абиблиа зурҵо иеилыркаа урҭ ажәеинраалақәеи еилшәырго атемеи шеидҳәалоу.

  • Абиблиа зурҵои уареи авидеонҵамҭақәа зегьы шәеицрыхәаԥш. Иаагоу азҵаарақәа ухы иархәаны урҭ урыхцәажәа.

  • Урокк знык ала еилыргала.

Ажәабжьҳәараҿы ауаҩы раԥхьа аброшиура идгал, аинтерес имоу имаму аилкааразы. (Уахәаԥш арамка «Раԥхьатәи аицәажәараан аброшиура „Радуйтесь жизни сейчас и вечно!“ ауаҩы ишидгалатәу».) Аброшиураҿы иаагоу аурокқәа зегь еилшәыргазар, насгьы ауаҩы абиблиатә ҵара иациҵар иҭахызар, ашәҟәы идгаланы аԥшьбатәи аурок аҟынтә арҵара иацҵа. Уара ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?», ма «Анцәа ибзиабара» ала аӡәы Абиблиа иурҵозар, ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» ахь уиас. Узлалагаша аурок ухаҭа иуӡбар улшоит.

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘААҲАԤХЬОИТ АБИБЛИА АҴАРАХЬЫ!», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Еиликаауазеи Абиблиа зҵо ауаҩы ари абиблиатә курс аҟынтә?

  • Избан ари авидеонҵамҭа Абиблиа зурҵало иурбар зхадоу?

  • Иарбан хықәкқәоу Абиблиа зҳарҵо иқәиргылаларц игәазҭаҳҵалар ҳахәҭоу? (Уахәаԥш ад. 16 иану атаблица «Цели и задачи каждого раздела».)

a АЗГӘАҬА. Арамка «Дополнительно» аҿы иану аинформациа абиблиатә ҵараан еилумыргар шалшогьы, абиблиатә ҵара уҽаназыҟауҵо астатиақәа зегь урыԥхьа, насгьы авидеонҵамҭақәа зегьы урыхәаԥш. Убасҟан Абиблиа зурҵо еиҳараӡак ахәарҭа изаазго алукаар улшоит. Ашәҟәы аелектронтә версиа аҿы урҭ аматериалқәа зегь рахь азхьарԥшқәа аагоуп.

АҞӘШАҚӘА ХЫҚӘКЫС ИРЫМОУ

 

АУРОКҚӘА

АБИБЛИА ЗҴО ИЗЫ АХЫҚӘКҚӘА

АБИБЛИА АҴАРА МҨАԤЫЗГО ИЗЫ АХЫҚӘКҚӘА

1

01-12

Абиблиа зхәарҭоу, насгьы уи Автор ишиабадыртәу аилкаара.

Абиблиа зурҵо Абиблиа даԥхьаларц, Абиблиа аҵара иҽазыҟаиҵаларц, насгьы аизарақәа дырҭааларц игәазҭаҵала.

2

13-33

Анцәа ҳара ҳзы иҟаиҵаз, насгьы уи ииашаны ишимҵахырхәалатәу аилкаара.

Абиблиа зурҵо еиликааз егьырҭ ирзеиҭеиҳәаларц, насгьы жәабжьҳәаҩны дҟаларц игәазҭаҵала.

3

34-47

Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә дыззыԥшу аилкаара.

Абиблиа зурҵо иԥсҭазаара Иегова изикырц, насгьы иҽӡааихырц игәазҭаҵала.

4

48-60

Анцәа ибзиабараҿы аанхара шҳалшо аилкаара.

Абиблиа зурҵо ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа, насгьы доуҳала аизҳара уицхраала.

АБРОШИУРА «РАДУЙТЕСЬ ЖИЗНИ СЕЙЧАС И ВЕЧНО!» РАԤХЬАТӘИ АИЦӘАЖӘАРААН АУАҨЫ ИШИДГАЛАТӘУ

Аброшиура ашьҭахьтәи адаҟьаҿы, абуклетқәа рҿы еиԥш, аинтерес узцәырызго азҵаара ануп. Ухы иархәа абри аҩыза азнеишьа:

  • Ауаҩы азҵаара иҭаны аҭак авариантқәа идгал.

  • Уаԥхьа уи азҵаара аҭак ахьану Аԥсалом 37:29.

  • Ахеиҵа «Какие возможности это перед вами открывает» аҟынтә азхәыцрақәа урылацәажәа. Ауаҩы аамҭа имазар ажәеинраалақәа урыԥхьа, насгьы асахьақәа урыхцәажәа.

  • Азҵаара «Можно ли верить этим обещаниям Библии?» аҭак аилкаара ауаҩы идгал, насгьы 1-тәи аурок ала абиблиатә ҵара уалага.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра