АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ари адунеи аҵыхәтәа анааилак Анцәа ҳшеиқәирхо агәра ганы шәыҟаз
Иегова ичҳара аҳәаа амоуп. Иаарласны иара ари адунеи ықәигоит. Амцдинхаҵара ықәгахоит. Уи ашьҭахь ажәларқәа ркоалициа Анцәа ижәлар ирықәлоит, усҟан Иегова Армагеддон аҿы ауаа цәгьақәа зегь ықәигоит. Ақьырсианцәа акрызҵазкуа арҭ ахҭысқәа ргәы хыҭ-хыҭуа ирзыԥшуп.
Ҳәарада, ҳара арыцҳара ду зеиԥшрахо иазкны иаҳзымдыруа ыҟоуп, иаҳҳәап уи аналаго амш ҳаздырӡом. Иара убас ҳара иҳаздырӡом, аполитикатә мчрақәа амцдинхаҵара ақәгаразы мзызс иҟарҵо. Ҳара иҳаздырӡом ажәларқәа ркоалициа Анцәа ижәлар ианрықәло, уи шаҟаамҭа ицало, насгьы уи зеиԥшрахо. Уи адагьы ҳара иҳаздырӡом Иегова Армагеддон аҿы ауаа цәгьақәа ықәигарц азы ихы иаирхәо.
Аха аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ҳарцәымшәаларц, насгьы агәымшәара ааҳарԥшларц азы иаҳҭаху зегьы Абиблиаҿы иануп. Иаҳҳәап, ҳара иаҳдыруеит аҵыхәтәантәи амшқәа рынҵәамҭазы ҳшынхо (2Тм 3:1). Уи адагьы, ҳара иаҳдыруеит, амцдинхаҵара ианақәло аамҭа шкьаҿхо, ииашоу адинхаҵара ықәрымгарц азы (Мф 24:22). Ҳара иаҳдыруеит Иегова ижәлар шеиқәирхо (2Пт 2:9). Иҵегьы ҳара иаҳдыруеит, Иегова Иисус Христос ишидиҵаз Армагеддон аҿы ауаа цәгьақәа ықәигарц, насгьы ҵҩа змам ажәлар еиқәирхарц. Иисус аиашара илоуп, ҳаиқәирхарц азы амчгьы имоуп (Аат 19:11, 15, 16).
Арыцҳара ду аан «ауаа... ргәы ҭҟьан[ы], рыԥсы маҷханы икаҳалоит». Аха ҳара даҽакала ҳхы мҩаԥаҳгалоит. Ҳара иаҳдыруеит Иегова ажәытәан ижәлар шеиқәирхоз, аԥхьаҟа ҳшеиқәирхогьы ҳдыруеит. Уи ҳазхәыцлар уи аамҭа цәгьа ахгара ҳалшоит. Ҳара ҳхы шьҭыхны ҳҽыриашаны ҳгылар ҳалшоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟазаауеит ҳаиқәхара амш шааигәоу (Лк 21:26, АдҾ; 21:28).