Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb23 ииуль ад. 11
  • Аҭаацәараҿы агәырӷьара ыҟазарц азы иҟаҵалатәу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аҭаацәараҿы агәырӷьара ыҟазарц азы иҟаҵалатәу
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иеиԥшу аматериал
  • Шәҭаацәара насыԥ амазар алшоит
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Иегова ҳиааӡоит, избанзар бзиа ҳаибоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
  • «Уаби уани ҳаҭыр рықәҵа»
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Ахәыҷқәа аҵабырг мҩа анылара шәрыцхраала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
mwb23 ииуль ад. 11
Авидеонҵамҭа «Шәҭаацәараҿы агәырӷьара шәымаз!» шьаҭас измоу асахьақәа реизга: 1) аӡӷабцәа аторт афара иаҿу рҭаацәа ирыхәаԥшуеит; 2) аӡӷабцәа аҭаацәаратә мҵахырхәара аан иччоит; 3) аӡӷабцәа руаӡәк ичмазаҩны адиван аҿы ишьҭоу ран дылхылаԥшуеит.

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Аҭаацәараҿы агәырӷьара ыҟазарц азы иҟаҵалатәу

Иегова иҭахуп аҭаацәарақәа зегьы анасыԥ рымазарц (Аԥс 127:3—5; Ек 9:9; 11:9). Аха ари адунеи аҿы ҳзықәшәо астресси ҳҭаацәара иатәу рыгхақәеи агәырӷьара ҳацәдырӡлар алшоит. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи доусу ҳҭаацәараҿы агәырӷьара ыҟазарц азы?

Ахаҵа ихатә ҩыза пату лықәиҵоит (1Пт 3:7). Аамҭа лзалихуеит. Иара лара лҟынтә амцхә дазыԥшӡам, насгьы иареи рҭаацәара иахәҭаку егьырҭи рзы илбо аџьабаа ахә ҳаракны ишьоит (Кл 3:15). Иара бзиа дшибо леиҳәоит, дагьирҽхәоит (Ажәм 31:28, 31).

Аԥҳәыс еснагь лыԥшәма ицхраара дазхиоуп (Ажәм 31:12). Лара иҳәатәы дацныҟәоит, дицхраауеит, насгьы игәаанагара дазҵаауеит (Кл 3:18). Лара лыԥшәма дхааӡа диацәажәоит, егьырҭ ианраҳауагьы иӡбахә бзианы илҳәоит (Ажәм 31:26).

Аҭаацәа рхәыҷқәа аамҭа рзалырхуеит (Ҩнтә 6:6, 7). Дара рхәыҷқәа бзиа ишырбо рарҳәоит (Мф 3:17). Ахәыҷқәа рааӡараҿы дара абзиабареи аилкаареи аадырԥшуеит (Еф 6:4).

Ахәыҷқәа рҭаацәа пату рықәырҵоит, насгьы рҳәатәы харҵоит (Ажәм 23:22). Дара рхәыцрақәеи рцәаныррақәеи рҭаацәа ирзеиҭарҳәоит. Ахәыҷқәа рҭаацәа ирабжьырго иазыӡырҩуеит, насгьы рҳәатәы иқәныҟәоит (Ажәм 19:20).

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘҬААЦӘАРАҾЫ АГӘЫРӶЬАРА ШӘЫМАЗ!», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРА АҬАК ҞАҴА:

• Иҟаиҵалар илшозеи доусу аҭаацәараҿы агәырӷьара ыҟазарц азы?

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра