АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ахәыҷқәа аҵабырг мҩа анылара шәрыцхраала
Аҭаацәа ирҭахуп Иегова имаҵ аура рхәыҷқәа агәырӷьареи анасыԥи рзаанагаларц. Уи азы рхәыҷқәа рааӡараҿы абиблиатә принципқәа рхы иадырхәалароуп (Ажәм 22:6).
- Шәацәажәара рзымариахарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵа (Иак 1:19). 
- Аҿырԥш бзиа дшәырбала (Ҩнтә 6:6). 
- Есымша адоуҳатә усқәа шәыҽрылашәырхәла (Еф 6:4). 
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АХААН ИХЫМБГАЛО АҨНЫ ШӘЫРГЫЛАЛА. ШӘХӘЫҶҚӘА „АИАША-ҴАБЫРГ... АМҨА“ АНЫЛАРА ШӘРЫЦХРААЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Ишԥарылшо аҭаацәа аҟәышра аадырԥшлар? 
- Ишԥарылшо аҭаацәа Иаков 1:19 иану апринцип рхы иадырхәалар? 
- Иҟарҵалар рылшозеи аҭаацәа ауадаҩрақәа ианрықәшәо?