АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иегова ҳиааӡоит, избанзар бзиа ҳаибоит
Уандыриашо ак удырҵоит, насгьы ак уеилдыркаауеит. Ма иҟауҵо уаздырхәыцуеит, насгьы уахьдырхәуеит. Иегова ҳазириашо ҳаиӷьхарц, иара убас инормақәа ҳрықәшәаларц азы ауп (Рим. 12:1; Аур. 12:10, 11). Зны-зынла ариашара ахьаа ацзар алшоит. Аха ацхыраара ҳадаҳкылозар Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхоит, иара иразрагьы ҳауеит (Ажәам. 10:7). Ирхамышҭлар акәзеи аӡәы дзыриашогьы, идыриашогьы?
Аӡәы дзыриашо. Аизара аиҳабацәа, аҭаацәа, насгьы егьырҭ ақьырсианцәа аӡә дандыриашо, абзиабареи ақьиареи аадырԥшуеит. Убас дара Иегова иҿыԥшуеит (Иер. 46:28). Ауаҩы инақәырӷәӷәаны дыриашатәызаргьы уеизгьы иара қьиарала изныҟәатәуп, иҭагылазаашьа иазхәыцтәуп (Тит 1:13).
Идыриашо. Ариашаратә методқәа зеиԥшразаалакгьы мап рыцәкра аҭыԥан, еиӷьуп иаразнак иҳадаҳкылалар (Ажәам. 3:11, 12). Ҳара зегьы ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә алабжьарақәеи агәаларшәарақәеи ҳҭахуп. Урҭ аизарақәа рҿы иҳаҳар ҳалшоит, ма Абиблиаҿы ҳаԥхьар ауеит. Аха имариам аҭагылазаашьақәа рҿы аӡбаратә комитет рыцхыраара аҭаххар алшоит. Ацхыраара ҳадаҳкылозар уи ҳаԥсҭазаара еиқәнархар алшоит (Ажәам. 10:17).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЕГОВА БЗИА ИИБО ДИРИАШОИТ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Изеиԥшрааз Канон иԥсҭазаара, аха нас аҽшԥаԥсахи уи?
Ишԥааирԥши Иегова абзиабара уи аиашьа иахь, насгьы дышԥаицхрааи аизарахь ахынҳәра?
Иегова иҟынтә ацхыраара угәырӷьаҵәа иудкылала
Иаҳнарҵозеи ҳара ари ихҭыс?