Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 март ад. 27—32
  • «Шәазыӡырҩы амҩақәҵара, насгьы аҟәыӷара еизшәырҳа»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Шәазыӡырҩы амҩақәҵара, насгьы аҟәыӷара еизшәырҳа»
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗБАН АҼЫНКЫЛАРА ААҲАРԤШУАЗАР, АҞӘЫӶАРА ҲАМОУП ҲӘА ҲҲӘАР ЗҲАЛШО?
  • ИЕГОВА ИМҨАҚӘҴАРАҚӘА ШӘХЫ ИАРХӘАНЫ ШӘХӘЫҶҚӘА ШӘААӠАЛА
  • АИЗАРАҾЫ
  • ИАҲЗААЗГАР АЛШОЗЕИ АРИАШАРА ИУЗААНАГО ААСҬА ЕИҲАУ АХЬАА?
  • Ахьырхәра Анцәа бзиа ҳшибо шьақәнарӷәӷәоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иегова ҳиааӡоит, избанзар бзиа ҳаибоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 март ад. 27—32

«Шәазыӡырҩы амҩақәҵара, насгьы аҟәыӷара еизшәырҳа»

«Шәазыӡырҩы амҩақәҵара, насгьы аҟәыӷара еизшәырҳа» (АЖӘАМААНАҚӘА 8:32, 33).

АШӘАҚӘА: 56, 89

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳирҵо Иегова ачҳара аарԥшуа аҽынкылара аарԥшышьа?

  • Ишԥарылшо аҭаацәа Иегова имҩақәҵарақәа рхы иархәаны рхәыҷқәа рааӡара?

  • Ишԥаҳалшо аизараҿы иҳауа ариашара ахәарҭа алхра?

1. Ишԥаҳалшо аҟәыӷара аизырҳара, насгьы хәарҭас иаҳзаанагозеи уи?

АҞӘЫӶАРА ахыҵхырҭа Иегова иоуп, иара гәыҭбаарала уи егьырҭ рыҭара дазхиоуп. Иаков 1:5 иануп: «Шәыбжьара аҟәыӷара згу аӡәыр дыҟазар, Анцәа диҳәааит уи аиоуразы, иагьиоуеит, ҽыԥныҳәада». Аҟәыӷара аизырҳаразы ҳара Анцәа ириашара ҳадаҳкылалар ауп. Уи ицәгьоу аусқәа рҟынтә ҳахьчоит, насгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәоит (Ажәамаанақәа 2:10—12). Уи адагьы, наунагӡа анхаразы зеиԥшыҟам агәыӷра ҳамазаауеит (Иуда 21).

2. Ишԥаҳалшо Анцәа ириашара ахә ашьара?

2 Ҳара ҳанамӡара ма ҳааӡашьа иахҟьаны зны-зынла ариашара адкылара ма уи иҳахәо ак еиԥш ахәаԥшра ҳцәыцәгьоуп. Аха Анцәа ириашара ахәарҭа шаҳзаанаго анаҳбо, шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо еилаҳкаауеит. Ажәамаанақәа 3:11, 12 рҿы иануп: «Иегова иҟынтә амҩақәҵарақәа, сыҷкәын, мап рцәумкын», анаҩс иҳәоуп: «Избанзар Иегова бзиа иибо дириашоит». Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳара ҳзы зегь иреиӷьу шиҭаху. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 12:5—11.) Анцәа ибзианы ҳаидыруеит, убри аҟынтә ириашара ахаан иџьбарацәаӡам, насгьы ахәарҭа ҳзаанагоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит ариашара иадҳәалоу ԥшь-ганк: 1) аҽынкылара, 2) аҭаацәа рхәыҷқәа ирырҭалар акәу амҩақәҵара, 3) аизарақәа рҿы иҳауа ариашара, 4) ариашара иаҳзаанаго аасҭа еицәоу ахьаа ҳзаазго.

ИЗБАН АҼЫНКЫЛАРА ААҲАРԤШУАЗАР, АҞӘЫӶАРА ҲАМОУП ҲӘА ҲҲӘАР ЗҲАЛШО?

3. Ишԥаилшо ахәыҷы аҽынкылара аизырҳара? Иаҳзаажәга аҿырԥштәы.

3 Аҽынкылара ҳамазар, ҳара ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи ҳрыцклаԥшлоит. Ауаҩы аҽынкылара шимоу диӡом, уи аҟазшьа аизырҳара аҭахуп. Иаҳҳәап, ахәыҷы амаланыҟәа ақәтәашьа аниҵо, иҭаацәа руаӡәк амаланыҟәа камҳарц азы икуп. Аха ахәыҷы уи ақәтәашьа иҵарц азы аҭаацәа амаланыҟәа хәыҷы-хәыҷла иоурышьҭуеит. Ахәыҷы маланыҟәала ибзианы дышныҟәо агәра аныргалак, аҭаацәа уи зынӡаск доурышьҭуеит. Убас еиԥш аҭаацәа ачҳара аарԥшуа рхәыҷқәа «Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» ианырааӡо, дара урҭ аҽынкылареи аҟәыӷареи реизырҳара ирыцхраауеит (Ефесаа рахь 6:4).

4, 5. а) Избан аҽынкылара «ауаҩ ҿыц» ихаҭара изахәҭаку? б) Избан агхақәа аныҟаҳҵогьы ҳгәы акажьра изаԥсам?

4 Убас еиԥш ҳҳәар ҳалшоит Иегова имаҵ аура иалаго зықәра наӡоу ауаҩы изгьы. Иҟалап иара ганқәак рҿы аҽынкылара ааирԥшуазар, аха уи доуҳала дшәуп ҳәа макьана иузҳәом. Аха иара уаҩ ҿыцны аҟалара даналаго, насгьы Христос иҿыԥшра иҽаназишәо, доуҳала еиҳа деизҳауеит (Ефесаа рахь 4:23, 24). Аҽынкылара «алшара ҳнаҭоит адгьылтә гәаҳәарақәа мап ҳәа рызҳәара, ари адунеи аҿы иаша ҵабыргла, ԥсы цқьарала аҟазаара» (Тит иахь 2:12).

5 Аха ҳара зегьы ҳнаӡам (Екклезиаст 7:20). Убри аҟынтә агха аныҟаҳҵо уи иаанагаӡом аҽынкылара ҳазхом, мамзаргьы зынӡа иҳамаӡам ҳәа. Ажәамаанақәа 24:16 иануп: «Ииашоу ауаҩы бжьынтәы дкаҳаргьы илшоит, аха уеизгьы дгылоит». Иҳацхраауазеи уеизгьы агылара? Уи ҳара ҳамч акәымкәа Анцәа иԥшьоу идоуҳамч ауп. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:13.) Аҽынкылара уи адоуҳа алҵшәақәа ируакуп.

6. Ишԥаҳалшо еиӷьны Абиблиа аҭҵаара ҳҽаҳаршьцылар? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

6 Анцәа иҳәареи, Абиблиа аҭҵаареи, азхәыцреи аҽынкылара аизырҳара иҳацхраауеит. Аха иҟаҵатәузеи Абиблиа аҭҵаара шәцәыцәгьазар, мамзаргьы уи шәгәамԥхозар? Шәгәы кашәмыжьын. Иегова алшара ишәҭозар, Иажәа аҭҵаара шәгәаԥхаларц дшәыцхраауеит (1 Пиотр 2:2). Шәиҳәала Иегова Абиблиа аҭҵааразы аамҭа шәыԥшаарц азы аҽынкылара аарԥшра дшәыцхраарц. Раԥхьа Абиблиа аҭҵаара минуҭқәак рыла шәалагар ауеит, аха хәыҷы-хәыҷла уи аҟаҵара еиҳа имариахоит, насгьы агәырӷьара шәзаанагалоит. Убас ала, шәара Иегова зыхә ҳараку ихәыцрақәа рызхәыцра аамҭа агәахәара шәзаанагалоит (1 Тимофеи иахь 4:15).

7. Ишԥаҳацхраауеи аҽынкылара Иегова имаҵзураҿы иҳамоу ахықәкқәа рынагӡара?

7 Аҽынкылара Иегова имаҵзураҿы иҳамоу ахықәкқәа рынагӡара иҳацхраауеит. Абык игәеиҭеит амаҵзураҿы агәацԥыҳәара шицәыӡуаз, убри аҟынтә пионерс дҟаларц иӡбеит. Ишԥаицхрааи аҽынкылара? Иара ҳпублиакациақәа рҿы апионертә маҵзура иазкны иану даԥхьеит, насгьы уи азы Анцәа диҳәон. Уи абзоурала Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәахеит. Иара убас ианилшоз ицхырааҩу пионерс амаҵ иуан. Иара ак иԥырхагахартә алиршомызт, аха ихықәкы анагӡара дашьҭан. Аамҭак ашьҭахь пионерс амаҵ аура далагеит.

ИЕГОВА ИМҨАҚӘҴАРАҚӘА ШӘХЫ ИАРХӘАНЫ ШӘХӘЫҶҚӘА ШӘААӠАЛА

Ахәыҷы даниуа ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа издырӡом, убри аҟынтә амҩақәҵареи ариашареи иҭахуп (Шәахәаԥш абзац 8.)

8—10. Ирыцхраауазеи аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова имаҵ аура рҭаххартә еиԥш рааӡара? Иаажәга аҿырԥштәы.

8 Иегова аҭаацәа рхәыҷқәа «Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» ирааӡаларц аҭакԥхықәра рыдиҵеит (Ефесаа рахь 6:4). Аха иахьатәи аамҭазы уи аҟаҵара даара имариам (2 Тимофеи иахь 3:1—5). Ахәыҷы даниуа ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа издырӡом, насгьы иламыс ааӡаӡам. Убри аҟынтә ахәыҷы амҩақәҵареи ариашареи иҭахуп (Римаа рахь 2:14, 15). Библиаҭҵааҩык ишиҳәо ала, «амҩақәҵара» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иара убас иаанагоит «ахәыҷы иааӡара», уи ицхраауеит дандухалак зыгәра агара иаԥсоу уаҩны аҟалара.

9 Аҭаацәа рхәыҷқәа бзиабарала иандыриашо, насгьы амҩақәҵара анрырҭо, ахәыҷқәа уи ишахьчо рбоит. Дара еилыркаауеит ахақәиҭра аҳәаақәа шамоу, насгьы иҟарҵо зегьы алҵшәақәа шрымоу. Аҭаацәа Иегова иҿы ацхыраара рыԥшаалароуп. Уи даара ихадоуп. Еиуеиԥшым атәылақәеи акультурақәеи рҿы ахәыҷқәа шырааӡо еиԥшым. Убри аҟынтә аҭаацәа Иегова иҟәыӷара иақәгәыӷлароуп. Анцәа изыӡырҩуа аҭаацәа рхәыҷқәа шырааӡаша рдыруеит, насгьы рхатә ԥышәа, мамзаргьы ауаа ргәаанагара иақәгәыӷӡом.

10 Нои иҿырԥштәы иаҳнарҵо рацәоуп. Иегова уи аковчег иргыларц аниеиҳәа, Нои уи шыҟаиҵаша издыруамызт. Иара Иегова диқәгәыӷуан, насгьы Иегова ишиеиҳәаз еиԥш «убасҵәҟьа» иагьыҟаиҵеит (Аҟазаара 6:22). Иҟалазеи анаҩс? Аковчег Нои иҭаацәеи иареи еиқәнархеит! Иара убас Нои ахәыҷқәа ииашаны иааӡон. Избан? Избанзар уи Анцәа иҟәыӷара дақәгәыӷуан. Иара ихәыҷқәа аҿырԥш бзиа риҭон. Уи мариамызт, избанзар Аӡхыҵра ҟалаанӡа адгьыл ацәгьара ахыҵәаны иҟан (Аҟазаара 6:5).

11. Избан аҭаацәа рхәыҷқәа рааӡаразы аџьабаа рбалар зрыхәҭоу?

11 Шәара ахәыҷқәа шәымазар, ишԥашәылшо Нои иеиԥш Анцәа ишиҳәо зегь аҟаҵара? Шәизыӡырҩла Иегова. Шәиҳәала шәхәыҷқәа рааӡара дшәыцхраарц азы. Шәхы иашәырхәала Иара Иажәеи иорганизациеи рҟынтә ишәоуа алабжьарақәа. Иҟалап аамҭак ашьҭахь шәхәыҷқәа уи азы иҭабуп ҳәа шәарҳәар! Иашьак иҩит: «Сара сҭаацәа сшырааӡоз азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәоит. Дара исдырҵоз сгәаҵанӡа инаргарц азы ирылшоз зегь ҟарҵон». Иара иҳәоит Иегова изааигәахара ицхрааз иҭаацәа шракәу. Ҳәарада, аҭаацәа рхәыҷы Анцәа ишиҭаху иааӡаразы ирылшо зегь ҟарҵозаргьы, уи уеизгьы Иегова даанижьыр алшоит. Уи аҩыза иақәшәо аҭаацәа Иегова иҿаԥхьа рыламыс цқьоуп, избанзар ирылшо зегь ҟарҵон, иара убас рхәыҷы знымзар-зны Иегова иахь дшыхынҳәуа иақәгәыӷлар рылшоит.

12, 13. а) Ишԥарылшо аҭаацәа Анцәа ишизиашоу аадырԥшыр рхәыҷы аизара далырцазар? б) Иарбан хәарҭоу ҭаацәарак ирзаанагаз Иегова иахьизыӡырҩыз?

12 Аҭаацәарақәа рзы зегь раасҭа ицәгьоу аԥышәара уи рхәыҷы аизара даналырцо ауп. Иаҳәшьак лыԥҳа аизара далырцеит, насгьы аҩны аанлыжьит. Уи аиаҳәшьа илгәалашәоит: «Сара сыԥҳаи смаҭеи срацәажәаларц азы ҳпубликациақәа рҿы уи иадҳәалоу апринцип сахьацәцаша сашьҭан». Аха лхаҵа хаала илеилиркааит дара рыԥҳа лзы Анцәа иҿаԥхьа уаҳа аҭакԥхықәра шрыдым, насгьы Иегова изиашазарц шрыхәҭоу.

13 Шықәсқәак рышьҭахь рыԥҳа ҿыц Иегова ишаҳаҭны дҟалеит. Ан илҳәоит: «Уажәы лара данысзамысуа, ма аацҳара ансзаалмышьҭуа ҽнакгьы ыҟам! Лара схаҵеи сареи даара пату ҳақәылҵоит, избанзар Анцәа ҳшизыӡырҩуаз лдыруеит. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа даара ибзиоуп». Шәхәыҷы аизара далырцазар, шәиқәгәыӷлома Иегова шәгәы наӡала? Ишәырбома иара шәхатәы еилкаара шәшақәымгәыӷуа? (Ажәамаанақәа 3:5, 6). Ишәхашәмыршҭлан Иегова ириашара аҟәыӷареи абзиабареи шырныԥшуа. Шәазхәыцла иара Иԥа ауаатәыҩса зегь рзы дшааишьҭыз, шәхәыҷгьы уахь дналаҵаны. Анцәа ауаа зегьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц иҭахуп. (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:9.) Аҭаацәа, анаҩсгьы агәра ганы шәыҟаз Иегова ириашареи инапхгареи еснагь ишиашоу, уи ақәныҟәара даара ианышәцәыцәгьоугьы. Шәазыӡырҩла Анцәа имҩақәҵара, ахаангьы уи шәаҿамгылан.

АИЗАРАҾЫ

14. Иарбан хәарҭоу иаҳзаарго Иегова игәрагоу атәы ила иҳаиҭо амҩақәҵарақәа?

14 Иегова ҳақәиргәыӷит ақьырсиантә еизара дшеиҷаҳало, ишихьчало, насгьы иаҭаху анапхгара шаиҭало. Уи иара еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла иҟаиҵоит. Иаҳҳәап, иара Иԥа аизара дахаиргылеит, уи деиҷаҳаларц азы. Иисус иакәзар, уи игәрагоу, иҟәышу атәы далихит доуҳала ҳаӷәӷәаны ҳаанхаларц ианаамҭоу адоуҳатә фатәы ҳаиҭаларц азы (Лука 12:42). Игәрагоу атәы зыхә ҳараку амҩақәҵарақәа ҳаиҭоит. Ишәыцхраахьома зныкыр ажәахә аҿы ишәаҳаз ма апубликациақәа рҿы шәзыԥхьаз шәхәыцшьеи шәхымҩаԥгашьеи рыԥсахра? Урҭ аԥсахрақәа ахьыҟашәҵаз шәгәы иахәозар ауеит, избанзар уи иаанагоит Иегова шәириашарц азы алшара шишәҭаз (Ажәамаанақәа 2:1—5).

15, 16. а) Иарбан хәарҭоу аизара аиҳабацәа рџьабаа иаҳзаанаго? б) Ишԥаҳалшо аизара аиҳабацәа рџьабаа агәахәара рзаанагаларц ҳрыцхраар?

15 Христос аизара аиҳабацәа ирыдиҵеит аизара бзиабарала иеиҷаҳаларц. Абиблиаҿы урҭ «ауаа аҳамҭақәа» ҳәа рыӡбахә ҳәоуп (Ефесаа рахь 4:8, 11—13). Иарбан хәарҭоу аизара аиҳабацәа рџьабаа иаҳзаанаго? Ҳара урҭ рыгәрахаҵареи рҿырԥш бзиеи ҳаҿыԥшлар ҳалшоит, насгьы Абиблиа аҟынтә иҳарҭо алабжьара ҳақәныҟәалар ауеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:7, 17.) Аизара аиҳабацәа бзиа ҳарбоит, насгьы Анцәа ҳаизааигәахаларц рҭахуп. Аизарақәа ҳашрыгхо, ма агәацԥыҳәара шаҳцәыӡуа рбозар, дара иаразнак ҳацхраара рҽазыршәоит. Урҭ ҳзыӡырҩуеит, бзиабарала ҳгәы шьҭырхуеит, насгьы Абиблиа аҟынтә иҟәыӷоу алабжьара ҳарҭоит. Еилышәкаауама шәара урҭ рыцхыраара Иегова ибзиабара шаанарԥшуа?

16 Ишәхашәмыршҭлан аизара аиҳабацәа алабжьара ҳаҭара еснагь ишырзымариам. Шәгәы ишԥаанаго, изымариазма аԥааимбар Нафан аҳ Давид иацәажәара, Давид иҟаиҵаз агәнаҳа ӷәӷәа иҵәахырц данашьҭаз? (2 Самуил 12:1—14). Изымариазма апостол Павел 12-ҩык апостолцәа ируаӡәкыз Пиотр алабжьара иҭара, Пиотр ауриацәа иреиуаз ақьырсианцәа егьырҭ раасҭа еиӷьны данрызныҟәоз? Павел уи азы агәымшәара иҭахын (Галаҭаа рахь 2:11—14). Ишԥашәылшо аизара аиҳабацәа алабжьара шәыҭара рзымариахарц шәрыцхраар? Ахынраалареи аџьшьареи аашәырԥшла, шәацәажәара мариаз. Иҟарҵо ацхыраара Анцәа ибзиабара шаныԥшуа гәашәҭала. Уи шәара ахәарҭа шәзаанагоит, аизара аиҳабацәагьы рџьабаа агәырӷьара рзаанагалоит.

17. Ишԥалыцхрааи иаҳәшьак аизара аиҳабацәа?

17 Иаҳәшьак еиҭалҳәоит уаанӡатәи лыԥсҭазаара иахҟьаны Иегова бзиа ибара шылцәыцәгьаз, насгьы адепрессиа шлымаз. Лара илҳәоит: «Сара издыруан аизара аиҳабацәа рацәажәара шсыхәҭаз. Дара смацәҳаӡеит, насгьы исмықәыӡбаӡеит, уи аҭыԥан сгәы шьҭырхит, сагьдырӷәӷәеит. Аизарақәа рышьҭахь дара шаҟа еилахазаалакгьы руаӡәк иадамзаргьы днасыдгыланы сшыҟоу еиликаауан. Уаанӡатәи сыԥсҭазаара иахҟьаны Анцәа ибзиабара саԥсамшәа збон. Аамҭа цацыԥхьаӡа, Иегова аизареи аизара аиҳабацәеи ихы иархәаны бзиа сшибо шьақәирӷәӷәон. Сара Анцәа ахаангьы даансмыжьырц азы сиҳәон».

ИАҲЗААЗГАР АЛШОЗЕИ АРИАШАРА ИУЗААНАГО ААСҬА ЕИҲАУ АХЬАА?

18, 19. Иаҳзаазгар алшозеи ариашара иузаанаго аасҭа еиҳау ахьаа? Иаажәга аҿырԥштәы.

18 Ариашара адкылара мариамзар ҟалоит, аха Анцәа ириашара мап анацәаҳкуа, уи еиҳагьы еицәоу ахьаа ҳзаанагоит (Ауриацәа рахь 12:11). Ҳара Каини аҳ Седекиеи ирыхьыз ахәарҭа алҳхыр ҳалшоит. Анцәа Каин иашьа дшицәымӷыз, насгьы дишьырц шиҭахыз аниба, игәиҽаниҵеит: «Угәы ԥызжәазеи, насгьы изеиқәузеи улахь? Абзиара ҟауҵозар, уҳаракымхаӡои? Аха абзиара ҟаумҵозар, агәнаҳа ушә аҿы ишьҭоуп, насгьы уатәнатәыр аҭахуп, аха уаҿагылома уи уара?» (Аҟазаара 4:6, 7). Каин Анцәа игәҽанҵара дазымӡырҩит, иашьа дишьит, насгьы иԥсы ахьынӡаҭаз иҟаиҵаз изаанагаз алҵшәа бааԥсқәа иныруан (Аҟазаара 4:11, 12). Каин Анцәа дизыӡырҩызҭгьы, абриаҟара агәаҟрақәа дрықәшәомызт.

19 Седекиа иԥсыҽыз, ицәгьаз напхгаҩын. Иара аҳас даныҟаз, Иерусалим инхоз ауаа рыԥсҭазаара даара ицәгьан. Аԥааимбар Иеремиа Седекиа аҽыԥсахра шихәҭоу иеиҳәон. Аха аҳ Седекиа Иегова ириашара мап ацәикит, уи алҵшәа бааԥсқәа аанагеит (Иеремиа 52:8—11). Иегова иҭахӡам ҳара ҳгәаҟларц. (Шәаԥхьа Исаиа 48:17, 18.)

20. Иарбан лҵшәақәоу ирзаанаго Анцәа ириашара здызкыло, насгьы издызымкыло?

20 Иахьа аӡәырҩы Анцәа ихьырхәреи ириашареи ирхыччоит, насгьы ирыдыркылом. Аха Анцәа ириашара здызымкыло зегьы иаарласны агәаҟрақәа рзыԥшуп (Ажәамаанақәа 1:24—31). Шәааи ҳазыӡырҩлап амҩақәҵара, насгьы аҟәыӷара еизҳарҳалап. Ҳақәныҟәалап Ажәамаанақәа 4:13 иану алабжьара: «Уҽадкыл амҩақәҵара, насгьы иауумыжьын иара, ихьчала, избанзар уи уԥсҭазаара ауп».

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Аҽынкылара аарԥшра иаанагоит ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи рыцклаԥшра, насгьы ахыриашара. Уи ҳацхраауеит доуҳала ишәу қьырсианцәаны аҟалара. Ҳара Иегова ҳхы ҳариашаларц азы ҳиҳәалар ауп, Абиблиа аҭҵаара аганахь ала ҳашьцыларақәа реиӷьтәреи амаҵзураҿы ҳхықәкқәа рынагӡареи рҿы дҳацхраарц азы

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра