Ахьырхәра Анцәа бзиа ҳшибо шьақәнарӷәӷәоит
«Иҳақәиҭу бзиа иибауа роуп дызқәыцәҟьауа» (АУРИАЦӘА РАХЬ 12:6).
1. Иаҳәозеи Абиблиа ахьырхәра иазкны?
ШӘХАҾЫ иааиуазеи ажәа «ахьырхәра» аншәаҳауа? Абиблиаҿы «ахьырхәра» ҳәа еиҭагоу ажәа лассы-лассы иаанагоит «амҩақәҵара, арҵара, ариашара». Уи ахәарҭа узаазго ак еиԥш аӡбахә ҳәоуп, зны-зынла уи адырреи, аҟәыӷареи, абзиабареи, аԥсҭазаареи ирыдҳәалоуп (Ажәамаанақәа 1:2—7; 4:11—13). Избан? Избанзар Анцәа ҳанахьирхәуа уи иаанарԥшуеит бзиа ҳшибо, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаиҭарц шиҭаху (Ауриацәа рахь 12:6). Иегова ҳанахьирхәуа агәымбылџьбарара ааирԥшӡом. Абиблиаҿы иуԥыло ажәа «ахьырхәра» еиҳараӡак иаанагоит амҩақәҵара, иаҳҳәап, бзиа иубо ахәыҷы имҩақәҵара.
2, 3. Иаҵанакыр алшозеи ахьырхәра? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
2 Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Џьонни зыхьӡу ахәыҷы аҩны аҩныҵҟа ампыл дасуеит. Иан ус иалҳәоит: «Џьонни, уара иумдыруеи аҩны аҩныҵҟа ампыл асра шыҟамло? Ак ԥуҽыр улшоит!» Аха Џьонни иан илҳәо дазымӡырҩыкәа ампыл далахәмаруеит. Ампыл машәырла аваза иаахоит, авазагьы ԥҽуеит! Иҟалҵозеи Џьонни иан уи дахьлырхәырц азы? Лара уи иҟаиҵаз зиашам изеиҭалҳәоит. Лара илҭахуп лхәыҷы еиликаарц иҭаацәа дырзыӡырҩлар, насгьы урҭ ишьақәдыргыло аԥҟарақәа дрықәныҟәалар, уи ахәарҭа шизаанаго. Иҟалап уи азы лара илыӡбар ампыл аамҭак аҩныҵҟа имхны илҵәахырц. Ари зегьы Џьонни иеилнаркаауеит иҭаацәа дырзымӡырҩлар уи иҽеим алҵшәақәа шизаанаго.
3 Ақьырсиантә еизара иахәҭаку реиԥш ҳара Анцәа иҭаацәара ҳаҵанакуеит (1 Тимофеи иахь 3:15). Ҳаб Иегова азин имоуп ҳара ҳзы аԥҟарақәа рышьақәыргылара, насгьы ҳанизымӡырҩуа ҳариашара. Иара убас ҳусқәа иҽеим алҵшәақәа ҳзааргозар, ахьырхәра иаҳгәаланаршәалоит Иегова изыӡырҩра даара ишхадоу (Галаҭаа рахь 6:7). Анцәа бзиа ҳаибоит, насгьы ахьааи арыцҳареи ҳамазарц иҭахӡам (1 Пиотр 5:6, 7).
4. а) Иарбан рҵароу Анцәа дыззылԥхо? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Абиблиатә принципқәа шьаҭас измоу ариашара ахәыҷы, мамзаргьы Абиблиа зҵо ауаҩы игәазҭанаҵар алшоит адоуҳатә хықәкы анагӡара, иаҳҳәап, Христос ишьҭанеира. Ҳара ауаа Абиблиа дҳарҵоит, уи «аиаша-ҵабырг ашҟа амҩа» иқәнаҵоит. Уи ҳхәыҷы ма Абиблиа зҳарҵо ауаҩы Иисус иҳадиҵаз зегь аилкаареи ақәныҟәареи ицхраауеит (Матфеи 28:19, 20; 2 Тимофеи иахь 3:16). Иегова ус еиԥш иҟоу арҵара дазылԥхоит, избанзар уи абзоурала Абиблиа зҳарҵо ауаҩгьы анаҩс Христос иҵаҩцәа разыҟаҵара илшоит. (Шәаԥхьа Тит иахь 2:11—14.) Шәааи еилҳаргап ихадоу х-зҵаарак: 1) Избан Анцәа ҳанахьирхәуа бзиа ҳшибо ааирԥшуеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо? 2) Иаҳдырҵар алшозеи Анцәа иахьирхәуаз ауаа рҿырԥштәқәа? 3) Ишԥаҳалшо егьырҭ анҳариашо, Иеговеи Иисуси ҳарҿыԥшлар?
АНЦӘА БЗИАБАРАЛА ҲИРИАШОИТ
5. Избан Анцәа ҳанахьирхәуа бзиа ҳшибо ааирԥшуеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
5 Иегова абзиабара аарԥшны ҳириашоит, аҵара ҳирҵоит, насгьы ҳамҩақәиҵоит. Анцәа иҭахуп иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәазарц, насгьы аԥсҭазааратә мҩа ахаан ҳақәымҟьарц (1 Иоанн 4:16). Иегова ахаан ҳлаирҟәӡом, насгьы акгьы ҳаԥсамызшәа ҳхы ҳбаларц аҟаҵара иҽазишәаӡом (Ажәамаанақәа 12:18). Уи аҭыԥан иара ҳҟазшьа бзиақәа ибоит, насгьы алхразы ҳхақәиҭра пату ақәиҵоит. Игәашәҭома шәара Иегова ибзиабара шааирԥшуа, Абиблиеи уи шьаҭас измоу апубликациақәеи, иқьырсиану аҭаацәеи, аизара аиҳабацәеи рыла ҳанириашо? Ҳара иҳазгәамҭакәа ииашам ак аныҟаҳҵо аизара аиҳабацәа абзиабареи аҟәымшәышәреи аарԥшны ҳдыриашоит, уи ала дара Иегова ибзиабара аадырԥшуеит (Галаҭаа рахь 6:1).
6. Ишԥааԥшуеи Анцәа ибзиабара, ахьырхәра даара иџьбаразаргьы?
6 Зны-зынла ахьырхәра алабжьара мацара акәӡам иаҵанакуа. Аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵо, аизараҿы аҭакԥхықәрақәа рынагӡара уаҳа илшом. Уи аҩыза аныҟалогьы, ахьырхәра Анцәа ибзиабара аныԥшуеит. Иаҳҳәап, ауаҩы уи ицхраар алшоит Абиблиа аԥхьареи азхәыцреи, Анцәа иҳәареи еиҳаны аамҭа шазалхлатәу аилкаара. Уи Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәоит (Аԥсалом 18:8 [19:7, АдҾ]). Аамҭақәак рышьҭахь иара ицәыӡыз аҭакԥхықәрақәеи адҵақәеи еиҭах рынагӡара далагар алшоит. Аӡәы аизара даналырцогьы, уи Иегова ибзиабара аанарԥшуеит, избанзар уи ахьырхәра аизара иҽеим анырра аҟынтә иахьчоит (1 Коринфаа рахь 5:6, 7, 11). Анцәа ихьырхәра еснагь ииашоуп, убри аҟынтә ауаҩы аизара даналырцо, иҟаиҵаз агәнаҳа шаҟа иӷәӷәоу аилкаара ицхраауеит. Уи ахьхәра игәазҭанаҵар алшоит (Аусқәа 3:19).
ИЕГОВА ИРИАШАРА АХӘАРҬА ҲЗААНАГОИТ
7. Дызусҭадаз Севна, насгьы иарбан иҽеим ҟазшьоу уи иеизирҳаз?
7 Ариашара шаҟа ахәарҭа ҳзаанаго аилкааразы, шәааи еилҳаргап Иегова ириашаз ҩыџьа ахацәа рҿырԥштәы. Руаӡәк аҳ Езекиа ихаан инхоз Севна иоуп, егьи ҳаамҭазы инхо аиашьа Грем иоуп. Севна аҳ Езекиа иҩны дахагылан, насгьы амчра ду иман (Исаиа 22:15). Аха Севна дԥагьахеит, насгьы еиҳаны ахьӡи-аԥшеи иҭаххеит. Иара зыхә ҳаракыз адамра ҟаиҵеит, насгьы хьыӡла-ԥшала иҩычаз аҽыуардынқәа дрықәтәеит (Исаиа 22:16—18).
Ахынраалара ааҳарԥшуазар, насгьы ҳгәазыҟашьа аԥсахра ҳазхиазар, Анцәа даҳзылԥхоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—10.)
8. Дышԥаириашеи Иегова Севна, насгьы иалҵшәахазеи уи?
8 Севна ахьӡи аԥшеи дахьашьҭаз аҟынтә Анцәа уи иҭакԥхықәрақәа имхны Елиаким ииҭеит (Исаиа 22:19—21). Уи ҟалеит ассириатәи аҳ Сеннахирим Иерусалим дақәларц аниӡба. Сеннахирим ихаҭарнакцәа ар ду рыцҵаны Иерусалимҟа ишьҭит, аиудеиаа иршәарц, насгьы Езекиа дхьаҵырц азы (2 Аҳцәа 18:17—25). Урҭ ахаҭарнакцәа ирԥыларц азы, Езекиа Елиакими егьырҭ ҩыџьа ахацәеи ишьҭит. Урҭ ахацәа руаӡәк уажәшьҭа маӡаныҟәгаҩыс иҟаз Севна иакәын. Уи иаҳнарбоит Севна дшымгәааз, аха ахынраалара аарԥшны еиҳа имаҷыз адҵақәа шидикылаз. Иаҳнарҵозеи Севна иҿырԥшы? Еилҳаргап х-урокк.
9—11. а) Иаҳнарҵар алшозеи Севна ихҭыс? б) Шәгәы шԥашьҭнахуеи Иегова Севна дышириашаз?
9 Актәи, Севна иҭыԥ ахьицәыӡыз иаҳгәаланаршәоит «ауаҩы дҭазырхо аԥагьара» шакәу (Ажәамаанақәа 16:18). Ҳара аизараҿы иҷыдоу аҭакԥхықәрақәа ҳамазар, иҟалап егьырҭ пату ҳақәырҵозар. Аха иааҳарԥшлома усҟан ахынраалара? Иаҳгәалашәалома иҳамоу аҟазареи иҟаҳҵо аихьӡарақәеи зыбзоуроу Иегова шиакәу? (1 Коринфаа рахь 4:7). Апостол Павел иҳәеит: «Шәарбанзаалакь ишәасҳәоит: шәызлаҟоу еиҳаны, иахырҟьаны шәхы шәымбан, шәахнамԥаан... хӡырымгарала шәыҟаз» (Римаа рахь 12:3).
10 Аҩбатәи, Иегова Севна ирџьбараны дахьириашаз иаанарԥшуеит Анцәа уи аҽыԥсахра шилшоз агәра шигоз (Ажәамаанақәа 3:11, 12). Аизараҿы зҭакԥхықәрақәа зцәыӡыз ақьырсианцәа рзы ари урок бзиоуп. Агәыԥжәара аҽаҭареи агәаареи аҭыԥан, дара анаҩсгьы Иегова зегь иреиӷьу ирҭалар рылшоит. Уи ариашара Иегова ибзиабара шаанарԥшуа днарбалароуп. Ишәхашәмыршҭлан, Иегова ахынраалара аазырԥшуа дырзылԥхоит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:6, 7.) Ҳара ахынраалара ааҳарԥшуазар, насгьы итатоу анышәаԥшь ҳаиԥшзар, абзиабара зныԥшуа Иегова ириашара аҽыԥсахра иҳацхраалоит.
11 Ахԥатәи, Иегова Севна дшизыҟаз иаҳнарҵо рацәоуп. Иегова агәнаҳа ицәымӷуп, аха иара агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы уеизгьы бзиа дибоит. Иара еснагь ауаа ирылоу аҟазшьа бзиақәа роуп ихы ззишьҭуа. Шәара шәхәыҷы ма аизараҿы аӡә дшәыриашозар, шәиҿыԥшлома Иегова? (Иуда 22, 23).
12—14. а) Ишԥарыдыркыло шьоукы Иегова ириашара? б) Ишԥаицхрааи иашьак Анцәа Иажәа игәазыҟашьа аԥсахра, насгьы иалҵшәахазеи уи?
12 Ақьырсианцәа шьоукы андыриашо агәаара рҽарҭоит, насгьы Анцәа ижәлари иареи ирцәыхарахоит (Ауриацәа рахь 3:12, 13). Иаанагома уи урҭ уаҳа ацхыраара узрыҭом ҳәа? Мап! Абар Грем иҿырԥштәы. Иара аизара далцан, насгьы аамҭак ашьҭахь деиҭашьақәыргылан. Аха ԥыҭрак ашьҭахь уи ажәабжьҳәара аныҟәареи аизара аҭаареи даҟәыҵит. Аизара аиҳабы Грем диҩызахарц иҽазишәон, шықәсқәак рышьҭахь Грем уи аиашьа диҳәеит абиблиатә ҵара изымҩаԥигаларц.
13 Уи аизара аиҳабы еиҭеиҳәоит: «Грем аԥагьара иԥырхаган. Иара иалцара иалахәыз аизара аиҳабацәа ирџьон. Убри аҟынтә раԥхьатәи ҳаиқәшәарақәа рҿы ҳара аԥагьара иазкны Абиблиаҿы иану ҳалацәажәон. Грем Анцәа Иажәа асаркьа еиԥш даныԥшыло даналага, иибаз игәамԥхеит. Аԥагьара ақды еиԥш ибла ишхыз, насгьы акритикатә гәазыҟашьа шимаз анеиликаа, иаразнак ихы аус адулара далагеит. Иара иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа дырҭаауа далагеит, инарҵауланы Анцәа Иажәа ҭиҵаауан, насгьы есыҽны Анцәа иҳәара шьцыларас ишьҭихит. Уи адагьы, иара аҭаацәара ахада иеиԥш идыз аҭакԥхықәрақәа рынагӡара далагеит. Уи иԥҳәыси ихәыҷқәеи агәахәара ду рзаанагеит (Лука 6:41, 42; Иаков 1:23—25).
14 Аизара аиҳабы иациҵоит: «Зны Грем ииҳәаз даара сгәаҵанӡа инеит: „Сара аҵабырг здыруеижьҭеи акыр ҵуеит, зны-зынла пионерсгьы амаҵ зуан. Аха абыржәоуп гәык-ԥсыкала Иегова бзиа дызбоит ҳәа сҳәар ансылшо“». Иаарласны Грем аизараҿы амикрофонқәа рныҟәгара идырҵеит, иара уи даара деигәырӷьеит. Аизара аиҳабы иҳәоит: «Грем иҿырԥштәы иснарбоит ауаҩы Анцәа иҿаԥхьа ахынраалара анааирԥшуа, насгьы ариашара анидикыло, уи ирацәаны азылԥхарақәа шизаанаго».
ЕГЬЫРҬ АНШӘЫРИАШО ИЕГОВЕИ ХРИСТОСИ ШӘЫРҾЫԤШЛА
15. Иҟаҳҵалар акәзеи ауаҩы иаҳҭо ариашара алҵшәа аанагарц азы?
Егьырҭ ахынраалара шаашәырԥшуа рбозар, ирышәҭо алабжьара адкылара еиҳа ирзымариахоит
15 Ҳара ҳарҵаҩ бзиахарц азы ҳҵаҩ бзиазар ауп (1 Тимофеи иахь 4:15, 16). Иегова аӡә алабжьара ииҭарц азы ихы шәаирхәозар, шәара анаҩсгьы ахынраалара аашәырԥшлароуп, насгьы инапхгара шәықәныҟәалароуп. Егьырҭ ахынраалара шаашәырԥшуа рбозар, пату шәықәырҵалоит, насгьы ирышәҭо алабжьара адкылара еиҳа ирзымариахоит. Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит.
16. Еилаҳкаауазеи ҳара ахәарҭа узаазго ариашареи арҵареи ирызкны Иисус иҿырԥш аҟынтә?
16 Иисус еснагь Иаб дизыӡырҩуан, уи аҟаҵара даара ианизымариамызгьы (Матфеи 26:39). Иара изыӡырҩуаз еснагь иреиҳәон ирҵарақәеи иҟәыӷареи Иаб иҟынтә ишаауаз (Иоанн 5:19, 30). Иисус ахынраалара илан, иара убас Иаб еснагь дизыӡырҩуан, насгьы агәрыцҳашьара аазырԥшуаз рҵаҩын. Гәыкала иҟаз ауаа иара аамҭа аницырхыргоз даара иргәаԥхон. (Шәаԥхьа Матфеи 11:29.) Ахаара зҵаз Иисус иажәақәа згәы каҳаны иҟаз, мчы змамыз ргәы шьҭнахуан (Матфеи 12:20). Иара иҵаҩцәа анириашоз еснагь ақьиареи абзиабареи ааирԥшуан, урҭ иреиҳау дарбану ҳәа зныкымкәа иахьеимаркуаз азы иԥсахы еибакыр шалшозгьы (Марк 9:33—37; Лука 22:24—27).
17. Иарбан ҟазшьоу аизара аиҳабацәа аизара бзиабарала аиҷаҳара ирыцхраауа?
17 Аизара аиҳабацәа Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны егьырҭ андыриашо, еснагь Христос иҿыԥшлар ауп. Уи ала дара иаадырԥшуеит Анцәа Иԥеи иареи рнапхгара иқәныҟәалар шырҭаху. Апостол Пиотр иҩуан: «Ахылаԥшразы ишәзааныжьу Анцәа иԥсаса хьча-ԥызацәас шәамаз, уи — шәмаҵура ишәыднаҵоит, ма ишәзыфеидоуп ҳәа акәымкәа, агәаҳәара ацны, гәҭыӷьӷьаала инашәыгӡала, убри аҩыза амаҵура ауп Анцәа иибарц ииҭаху; ишәымоу амчрала шәнапаҵаҟа иҟоу ауаа шәрықәмыӷәӷәан, хаҭа-хаҭалатәи шәҿырԥштәқәа рыла аԥсаса рхы-ргәы азҭашәҵа» (1 Пиотр 5:2—4). Анцәеи Христоси рнапхгара иқәныҟәо аизара аиҳабацәа ақәҿиара рымазаауеит, насгьы напхгара ззыруа ахәарҭа рзааргалоит (Исаиа 32:1, 2, 17, 18).
18. а) Дыззыԥшузеи Иегова аҭаацәа рҟынтә? б) Дышԥарыцхраауеи Иегова аҭаацәа?
18 Иаҳҳәар ҳалшозеи аҭаацәараҿы ариашареи амҩақәҵареи ирызкны? Иегова аҭаацәара ахадацәа иреиҳәоит: «Шәыхшара рыԥсахы еибашәмырклан, гәала рышәымҭалан, урҭ шәааӡала Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» (Ефесаа рахь 6:4). Ихадаҵәҟьоума ариашареи амҩақәҵареи? Ажәамаанақәа 19:18 рҿы иануп: «Уԥа дахьырхәла агәыӷра ыҟанаҵ, ишьа ухәда иқәымзааит». Иегова ахәыҷқәа рааӡаразы аҭакԥхықәра аҭаацәа ирыдиҵеит. Дара уи ҟарымҵозар, Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит (1 Самуил 3:12—14). Иегова аҭаацәа ахәыҷқәа рааӡаразы иаҭаху аҟәыӷареи амчи риҭоит, дара ацхырааразы иҳәозар, насгьы Анцәа Иажәеи иԥшьоу адоуҳаи ирнаҭо анапхгара ииашаҵәҟьаны иақәгәыӷуазар. (Шәаԥхьа Иаков 1:5.)
АКЗААРЕИ АҬЫНЧРЕИ ҲАМАНЫ НАӠАӠА АНХАШЬА ҲҴОИТ
19, 20. а) Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа Анцәа ириашара анҳадаҳкыло? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
19 Ҳара Анцәа ириашара ҳадаҳкылозар, насгьы егьырҭ анҳариашо Иеговеи Иисуси ҳарҿыԥшуазар, ирацәаны азылԥхарақәа ҳауеит! Ҳҭаацәарақәеи ҳаизарақәеи рҿы аҭынчра ҟалоит, насгьы зегьы бзиа ишырбо, рыхә шыршьо рнырлоит. Ҳаԥхьаҟа иҳаураны иҟоу аҭынчреи анасыԥи акырӡа еиҳауп (Аԥсалом 71:7 [72:7, АдҾ]). Иегова ириашарақәа ҳазыҟарҵоит жәҩантәи Ҳаб Иегова инапаҵаҟа аҭынчреи акзаареи зыбжьоу ҭаацәарак реиԥш наӡаӡа анхара. (Шәаԥхьа Исаиа 11:9.) Уи ҳхаҳмыршҭуазар, ҳара еснагь иаҳбалоит ариашара Анцәа ибзиабара шаныԥшуа.
20 Иааиуа астатиаҿы ҳара аҭаацәареи аизареи рҿы ариашара иазкны еиҳаны еилаҳкаауеит. Иара убас иаҳбоит ҳхы ариашара шҳалшо. Насгьы еилҳаргоит ариашара иаҳзаанаго аасҭа еицәоу ахьаа ҳзаазго ҳҽацәаҳахьчалар шҳалшо.