АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИСАИА (ИСАИЯ) 17—23
Амчра цәгьашақә зхы иазырхәо уи рцәыӡуеит
Севна усбаҩс амаҵ иуан. Иара «аҩны дахагылан», иҟалап уи аҳ Езекиа иҩны акәызҭгьы. Севна аҳ ишьҭахь аҩбатәи аҭыԥ ааникылон аҟынтә, аҭакԥхықәрақәа рацәаны идын.
22:15, 16
Севна Иегова ижәлар рҭахрақәа дреиҷаҳалар акәын
Иара ахьӡ-аԥша дазгәышьуан
22:20—22
Иегова Севна имаз амчра имхны Елиаким ииҭеит
Елиаким «Давид иҩны ацаԥха» иоуит. Уи ацаԥха амчра аанарԥшуан
Уазхәыц: ишԥаилшоз Севна имаз амчра егьырҭ дрыцхрааларц азы ихы иаирхәалар?