Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 март ад. 30
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Иеиԥшу аматериал
  • Адунеизегьтәи аӡхыҵра инаркны Мсырынтә ахақәиҭтәра аҟынӡа
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Аҭаацәара Мсырҟа ииасуеит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Мсыр иҽеим аҳ дахагылоуп
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 март ад. 30

Ижәдыруама шәара?

Ишьақәзырӷәӷәозеи Абиблиа ада Израильаа Мысраа рхәура ишҭаз?

Абиблиа иануп Иосиф Мысра данырга ашьҭахь, апатриарх Иаков иҭаацәа иманы Ханаанынтәи Мысраҟа дшиасыз. Дара аӡиас Нил Адгьылбжьаратәи амшын иахьалалоз Гесем захьӡыз аҭыԥ аҿы анхара иалагеит (Аҟаз. 47:1, 6). Израильаа «рхыԥхьаӡара еизҳауан, насгьы еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон». Убри аҟынтә Мысраа Израильаа ирыцәшәо иалагеит, тәцәасгьы иҟарҵеит (Ақәҵ. 1:7—14).

Аха акритикцәа шьоукы Абиблиа иану ари ахҭыс хыҭҳәаауп ҳәа рыԥхьаӡоит. Ус шакәугьы, Симитааa Мысраа рхәура ишҭаз узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа ыҟоуп.

Иаҳҳәап, анышәжрақәа раан археологцәа Мысра аҩадатәи ахәҭаҿы ирыԥшааит Симитаа рынхарҭа ҭыԥқәа. Џьон Бимсон зыхьӡу абиблиаҭҵааҩ излеиҳәо ала, уи аҭыԥ аҿы 20 нхарҭа ҭыԥ еиҵамкәа ыҟан. Уи адагьы, ажәытәтәи Мысра ҭызҵаауа Џьеимс Хоффмаиер иҳәоит: «1800 шықәса инаркны 1540 шықәсанӡа ҳ. ҟ. мраҭашәаратәи Азиа [Иаков иҭаацәа ахьатәыз] инхоз Семитаа Мысра даараӡа иргәаԥхон, насгьы уахь нхара ииасуан... Урҭ ашықәсқәа апатриархцәа раамҭа иақәшәоит, убасала ашәҟәы Аҟазаара иану ахҭысқәа анымҩаԥысуаз аамҭеи урҭ ашықәсқәеи еиқәшәоит».

Мысра аладатәи ахәҭаҿгьы даҽа шьақәырӷәӷәарак рыԥшааит — Абжьаратәи Аҳра (2000 шықәса раҟара инаркны 1600 шықәса раҟара аҟынӡа ҳ. ҟ.) иахаану апапирус. Уи апапирус аҿы иануп Мысра аладатәи ахәҭаҿы иҟаз ҩнаҭак аҿы маҵуцәас иҟаз рыхьӡқәа. Урҭ ахьӡқәа рҟынтә 40 хьӡы инареиҳаны симит хьыӡқәоуп. Иарбан усу урҭ амаҵуцәа, ма атәцәа, инарыгӡоз? Дара афатә ҟарҵон, аба рсуан, иара убас иуадаҩыз егьырҭ аусқәа нарыгӡон. Џьеимс Хоффмаиер иазгәеиҭоит: «Фиваида [аладатәи Мысра] ҩнаҭа заҵәык аҿы 40-ҩык Симитаа амаҵ руазҭгьы, атәыла зегь аҿы, ҳәарада, урҭ рхыԥхьаӡара даара ирацәахон, еиҳараӡак Нил Адгьылбжьаратәи амшын иахьалало аҭыԥ аҿы».

Девид Рол зыхьӡу археолог иҩуеит атәцәа шьоукы рыхьӡқәа «Абиблиа аҟынтә игоушәа ауп ишыҟоу» ҳәа. Иаҳҳәап, апапирус аҿы иануп абас еиԥш иҟоу ахьӡқәа: Иссахар, Асир, Шифра (Ақәҵ. 1:3, 4, 15). «Уи ишьақәнарӷәӷәоит Израильаа Мысраа рхәура ишҭаз»,— иҳәоит Девид Рол.

Џьон Бимсон иҳәоит: «Израильаа Мысраа рхәура ишҭаз, насгьы рхы ишақәиҭхаз иазку абиблиатә ҭоурых еилыкка иҟоу ашьықәырӷәӷәарақәа амоуп».

a Ажәа «Симитаа» аагоуп Нои иԥа Сим ихьӡ аҟынтә. Сим ихылҵыз рахь иаҵанакуазар ҟалап Еламаа, Ассириаа, Халдеиаа, Ауриаа, Сириаа, насгьы еиуеиԥшым арабтә шьҭрақәа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра