Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 27
  • Мсыр иҽеим аҳ дахагылоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Мсыр иҽеим аҳ дахагылоуп
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Моисеи Иегова имаҵ иуларц иӡбоит
    Учимся на примерах из Библии
  • Амшын ҟаԥшь ахыҵра
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Анаҩстәи ф-рыцҳарак
    Учимся на примерах из Библии
  • Раԥхьатәи х-рыцҳарак
    Учимся на примерах из Библии
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 27

АЖӘАБЖЬ 27

Мсыр иҽеим аҳ дахагылоуп

АРҬ ахацәа мчыла ажәлар аус ддыруеит. Уахәаԥши, ари ахаҵа ҟамчыла аусуҩы дышисуа! Арҭ аусуҩцәа Иаков иҭаацәара иатәуп — урҭ израилаа ҳәа ирышьҭоуп. Аусура рыдызцало ахацәа мсыраа роуп. Израилаа мсыраа рҟны тәыс иҟалеит. Аха уи ҟалашьас иаиузеи?

Иаков иҭаацәара ду акыршықәса инеиԥынкыланы Мсыр аҭынчра рыманы инхон. Афараон иаамышьҭахь Мсыр мчы зманы иҟаз Иосиф дреиҷаҳауан урҭ. Аха нас Иосиф дыԥсит. Мсыр аҳас дҟалеит израилаа бзиа изымбоз, фараон ҿыцк.

Убри анахыс ари афараон бааԥс израилаа тәыс иҟаиҵеит. Уи, иара убас, ирхаиргылеит иҽеимыз, игәымбылџьбараз ахылаԥшцәа. Урҭ израилаа мчыла, џьабаала аус ддыруан, афараон изы ақалақь аргылараҿы. Уи ус шакәызгьы, израилаа еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара иацлон. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь мсыраа израилаа рацәахар, насгьы иӷәӷәахар ҳәа ишәеит.

Иудыруама, афараон иҟаиҵаз? Израилтәи анацәа ахшаараиураан ирыцхраауаз аҳәсақәа ирыдиҵеит уи: ‘Дарбанзаалак ҿыц ииуа аԥа дышәшьлароуп’. Аха урҭ ҳәса бзиақәан, иагьырҭахымызт асабицәа рышьра.

Убасҟан афараон ижәлар зегьы ирыдиҵеит: ‘Ирымшәхла израилаа ҿыц ииз рԥацәа, иагьышәшьла урҭ. Аӡӷабцәа заҵәык ааншәыжьла’. Ари дҵа бааԥсӡами? Уааи, еилаҳкаап, ҿыц ииз ҷкәынак дшеиқәырхаз.

Ақәҵымҭа 1:6—22.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра