АЖӘАБЖЬ 33
Амшын ҟаԥшь ахыҵра
УАХӘАԤШИ араҟа иҟоу! Моисеи илабашьа Амшын Ҟаԥшь ахь инаирхоит. Иааигәара, иахьшәарҭам аган аҟны, израилаа гылоуп. Афараон иргьы иаргьы амшын аӡааҟәрылара иаҿуп. Уааи, игәаҳҭап, абри ҟалашьас иаиуз.
Ишеилаҳкаахьоу еиԥш, Анцәа иааишьҭыз ажәабатәи арыцҳара ашьҭахь афараон израилаа Мсыр иалҵырц адҵа риҭеит. Иааидкыланы иалҵит 600 000-ҩык израилтәи ахацәа, насгьы аҳәсеи ахәыҷқәеи рацәаӡаны. Израилаа ирыцны иалҵит Иегова дхазҵаз егьырҭ ауаагьы рацәаҩны. Урҭ зегьы аџьмақәа, ауасақәа, ажәқәа ргеит иахьцоз.
Израилаа ықәҵаанӡа, урҭ мсыраа ирыҳәаны ирымырхит амаҭәақәа, ахьи араӡны лыхқәагьы. Аҵыхәтәантәи арыцҳара иахҟьаны, ашәара ду иҭагылан мсыраа. Убри азы израилаа аазыҳәоз зегьы рырҭеит.
Мышқәак рышьҭахь израилаа Амшын Ҟаԥшь ахь иааит. Урҭ уаҟа иаанҿасит. Уи аамҭазы афараон имаҵуҩцәеи иареи ахьхәит, израилаа ахьоурышьҭыз. ‘Ҳара ҳтәцәа ауҳашьҭит!’ — ҿаарҭит дара.
Убри азы афараон еиҭах ииӡбыз иԥсахит. Дааццакны иеидикылеит аибашьыгатә ҽыуардынқәеи аруааи. Дагьрышьҭалеит израилаа мсыртәи аҽыуардынқәа зегьы иманы, урҭ рахьынтә иҷыдақәаз 600 ыҟан.
Иааигәахәоз аруаа анырба, Израилаа даара ишәеит. Уахьыҩуаз ҳәа ҭыԥ ыҟамызт. Ганкахьала Амшын Ҟаԥшь ыҟан, даҽа ганкахьала — мсыраа ааигәахон. Аха, абар, Иегова анаҟә рыбжьеиҵеит иуаажәлари мсырааи. Уажәшьҭа мсыраа израилаа ахьырымбоз аҟнытә изрықәломызт.
Анаҩс Иегова Моисеи идиҵеит, илабашьа Амшын Ҟаԥшь ахь ирхарц. Моисеи убас иагьыҟаиҵеит. Усҟан Иегова мрагыларахьтәи аԥша ӷәӷәа ықәиҵеит. Амшын аӡқәа рҽеиҩшаны наҟ-ааҟ иеиҿагылеит.
Усҟан мсыраа ибаз амшын аҵа инҭысны ицеит. Акыраамҭа аҭаххеит, миллионҩыла ауаа рырахә зегь рыманы еибга-еизҩыда егьи аганахь ииасырц азы. Аҵыхәтәаны ҩаԥхьа мсыраа израилаа рбеит. Иҩны ицон урҭ рхәура иҭаз! Убри азы урҭ ирышьҭаларц амшын иалалеит.
Амшын аҟны ианнеи, Анцәа мсыраа рҽыуардынқәа рыгьежьқәа рыҵыҩрны икаҳартә иҟаиҵеит. Мсыраа даара ишәеит, аҵәааргьы иалагеит: ‘Иегова дҳабашьуеит. Шәааи, абри наҟ ҳалҵып!’ Аха уажәшьҭа иҟарҵалак зегь башан.
Ари асахьаҿы иарбоуп, Иегова Моисеи илабашьа Амшын Ҟаԥшь ахь ирхарц анидиҵо аминуҭ. Уаанӡа ҭӡамцшәа игылаз аӡгьы аҭыԥахь ихынҳәит, мсыраагьы рҽыуардынқәеи дареи хнаҩеит. Мсыр иҟаз аруаа зегь рышьҭан израилаа, убри азгьы мсыраа рҟынтә аӡәгьы иԥсы ҭаны даанымхеит.
Шаҟа иеигәырӷьазеи Анцәа ижәлар, урҭ ироуз ахақәиҭра! Ахацәа ашәала Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәон: ‘Иегова хьӡы-ԥшала аиааира игеит. Аҽқәеи аҽыуааи амшын иалаижьит’. Моисеи иаҳәшьа Мариами егьырҭ аҳәсақәеи адаулқәа рыманы идәылҵит. Гәырӷьарала икәашо, урҭ ахацәа ирҳәоз ашәа ахаҭа рҳәон: ‘Иегова хьӡы-ԥшала аиааира игеит. Аҽқәеи аҽыуааи амшын иалаижьит’.