Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 февраль ад. 20—25
  • Иегова инапхгара еснагь агәра жәгала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова инапхгара еснагь агәра жәгала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ИЗРАИЛЬТӘИ АЖӘЛАР ШЫМҨАҚӘИҴОЗ
  • ИЕГОВА РАԤХЬАТӘИ АҚЬЫРСИАНЦӘА ШЫМҨАҚӘИҴОЗ
  • ИЕГОВА ИАХЬА НАПХГАРА ШҲАИҬО
  • ИЕГОВА ИНАПХГАРА ЕСНАГЬ ҲАЗЫӠЫРҨЛАР ЗХӘАРҬОУ
  • Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәақәа иаҳдырҵо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Аиашеи амци реиҩдыраашьа шәҵала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ҳара ҳамацара ҳаҟаӡам
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 февраль ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 8

АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит

Иегова инапхгара еснагь агәра жәгала

«Сара, Иегова... шәызго... соуп» (ИС. 48:17).

ЕИЛАҲКААУА

Иахьа Иегова ижәлар шымҩақәиҵо, насгьы иҳаиҭо анапхгара ҳаназыӡырҩуа, уи хәарҭас иаҳзаанаго.

1. Избан Ҳамҩақәҵаҩ, Иегова, ҳишьҭаланы ҳцалар зхадоу?

ШӘХАҾЫ иаажәг абнатоура шәылахазшәа. Уа ашәарҭарақәа рацәаны иҟоуп: агыгшәыгқәа, ашҳам змоу ахәаҷа-маҷа, насгьы агәаҩарақәа. Шәара ахә ҳаракны ишәшьарын амашәыр шәацәызыхьчар зылшо, аԥышәа змоу ауаҩы дшәыцызҭгьы. Ари адунеи абнатоура иаҩызоуп. Уа ҳдоуҳатә гәабзиара иаԥырхагоу ашәарҭарақәа рацәаны иҟоуп. Аха ҳара инаӡоу Амҩақәҵаҩ, Иегова, дҳамоуп. Иара ҳхықәкахьы — адунеи ҿыц аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь — ҳаигоит.

2. Ҳашԥамҩақәиҵо Иегова?

2 Ҳашԥамҩақәиҵо Иегова? Раԥхьаӡа иргыланы Иажәа, Абиблиа, ала. Иара убас уи азы иара ауаа ихы иаирхәоит, иаҳҳәап, «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш». Уи амаҵуҩы иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауа адоуҳатә фатә ҳаиҭоит (Матф. 24:45). Уи адагьы, Иегова араион, насгьы аҭыԥантәи аизара ахылаԥшыҩцәа реиԥш иҟоу, абаҩхатәра злоу ахацәа рыла анапхгара ҳаиҭоит. Урҭ ҳгәы шьҭырхуеит, насгьы ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауа амҩақәҵарақәа ҳарҭоит. Ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы узықәгәыӷыртә иҟоу анапхгара ахьҳамоу ахә ҳаракны иаҳшьоит! Уи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахьчареи аԥсҭазаарахь уназго амҩа анымҵреи иҳацхраауеит.

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Аха зны-зынла Иегова иҳаиҭо анапхгара ақәныҟәара мариамзар алшоит, еиҳараӡак уи инаӡам ауаа рыла ианҳауа. Избан? Избанзар урҭ иҳаҳарц иаҳҭаху акәымкәа, зынӡа даҽак ҳарҳәар ауеит. Мамзаргьы урҭ амҩақәҵарақәа ахшыҩ рыҵаӡам, убри аҟынтә урҭ ҳазҭо Иегова иакәӡам ҳәа ҳгәы иаанагозар ауеит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы еиҳараӡак ихадоуп агәра ганы ҳаҟазарц урҭ ҳазҭо Иегова шиакәу, насгьы еснагь ахәарҭа шаҳзаарго. Иегова иахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәарц азы ҳара ҳалацәажәоит: 1) абиблиатә аамҭақәа раан Анцәа ижәлар шымҩақәиҵоз, 2) иахьа ҳшымҩақәиҵо, насгьы 3) инапхгара еснагь азыӡырҩра зхәарҭоу.

Асахьақәа реизга: 1) Иисус Навин илымҳа кыдҵаны Моисеи ажәлар иреиҳәо дазыӡырҩуеит; 2) аҳ Езекиа илымҳа кыдҵаны аикәарҳә иану изеиҭазҳәо аԥааимбар Исаиа дизыӡырҩуеит; 3) Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи еидтәаланы аӡбара рыдыркылоит; 4) иахьатәи Анапхгаратә хеилак реиқәшәара.

Ажәытә аахыс иахьа уажәраанӡа Иегова ижәлар ауаа рыла имҩақәиҵоит. (Шәахәаԥш абзац 3.)


ИЕГОВА ИЗРАИЛЬТӘИ АЖӘЛАР ШЫМҨАҚӘИҴОЗ

4, 5. Ишԥааирԥши Иегова Моисеи ила ижәлар напхгара шриҭо? (Шәахәаԥш асахьа.)

4 Иегова израильаа Египет иалигарц азы Моисеи далихит. Ижәлар Моисеи ила анапхгара шриҭоз реилиркаарц азы рыла иабоз ашьақәырӷәӷәара риҭеит. Иаҳҳәап, ҽынла дара ирбон аԥсҭҳәа шьаҟа, уахынла — амца шьаҟа (Ақәҵ. 13:21). Моисеи уи ашьаҟа ахьцоз дцон, уи израильаагьы иаргьы Амшын ҟаԥшь ахь инанагеит. Аха ауаа шәеит, избанзар Амшын ҟаԥшьи египеттәи ари ианрыбжьаха, царҭа рымамкәа иқәхазшәа ргәы иаанагеит. Моисеи израильаа Амшын ҟаԥшь ахь ианнеига, агха ихьыз џьыршьеит. Аха уи гхаӡамызт. Иегова иҭахын Моисеи ажәлар убрахь инеигарц (Ақәҵ. 14:2). Нас Анцәа џьашьахәыла израильаа еиқәирхеит (Ақәҵ. 14:26—28).

Израильаа — ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи — ацәҳәыраҿы аԥсҭҳәа шьаҟа иашьҭагыланы ицоит.

Моисеи агәра ганы дыҟан Иегова ижәлар аԥсҭҳәа шьаҟала ацәҳәыра иалганы ишигоз. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4, 5.)


5 Моисеи агәра ганы дыҟан анаҩстәи 40 шықәса рыҩныҵҟа Иегова ижәлар аԥҭа шьаҟа ацхыраарала ацәҳәыра иалганы ишигозa. Аамҭак аҩныҵҟа уи ашьаҟа Моисеи иқьала иахагылан, уи израильаа зегьы ирбарҭан (Ақәҵ. 33:7, 9, 10). Иегова Моисеи уи ашьаҟа аҟынтә диацәажәон, анаҩс уи Иегова имҩақәҵарақәа ажәлар иреиҳәон (Аԥсал. 99:7). Израильаа еилыкка ирбон Иегова Моисеи ила напхгара шриҭоз.

Иисус Навин илымҳа кыдҵаны Моисеи ажәлар иреиҳәо дазыӡырҩуеит.

Моисеии уи ишьҭахь иҭыԥ аанызкылаз Иисус Навини. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 7.)


6. Ишԥазыҟаз израильаа Иегова инапхгара? (Ахыԥхьаӡарақәа 14:2, 10, 11).

6 Израильаа реиҳараҩык Моисеи Иегова ихаҭарнак шиакәыз дзырбоз еилыкка иҟаз ашьақәырӷәӷәара агәра рымгаӡеит. Шаҟа угәы унархьуазеи уи. (Шәаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 14:2, 10, 11.) Уи иахҟьаны Анцәа уи абиԥара Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеимышьҭӡеит (Ахыԥхь. 14:30).

7. Иқәныҟәодаз Иегова инапхгара? (Ахыԥхьаӡарақәа 14:24). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Аха израильаа шьоукы Иегова инапхгара иқәныҟәон. Иаҳҳәап, Анцәа иҳәеит: «Халев... гәыкала дысзыӡырҩуан». (Шәаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 14:24.) Иегова Халев дизылԥхеит, Ханаанҟа ианнеигьы, игәаԥхоз адгьыл ихала иалихырц иеиҳәеит (Иис. Н. 14:12—14). Израильаа анаҩстәи рабиԥарагьы аҿырԥштә бзиа ҳарҭеит. Дара Иегова имҩақәҵарақәа ирзыӡырҩуан. Иисус Навин урҭ раԥхьагылаҩыс даныҟала, дара «иԥсы ҭанаҵы... пату иқәырҵон, Моисеи пату шиқәырҵоз еиԥш» (Иис. Н. 4:14). Убри аҟынтә Иегова урҭ дырзылԥхеит, изықәиргәыӷхьаз адгьылгьы риҭеит (Иис. Н. 21:43, 44).

8. Иҳаилшәыркаа аҳцәа рхаан Иегова ижәлар напхгара шриҭоз. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

8 Иегова ижәлар напхгара риҭаларц азы ԥыҭрак ашьҭахь аӡбаҩцәа алихит. Анаҩс аҳцәа рхаан Анцәа аԥааимбарцәа рыла ижәлар мҩақәиҵон. Анцәа гәыкала изыҟаз аҳцәа аԥааимбарцәа ирзыӡырҩуан. Иаҳҳәап, аҳ Давид ахынраалара аарԥшны, аԥааимбар Нафан иеиҳәоз ҟаиҵон (2 Сам. 12:7, 13; 1 Аш. 17:3, 4). Аҳ Иосафат аԥааимбар Иахазиил ила иоуаз амҩақәҵарақәа рыгәра игон, насгьы Иудеиа инхоз ажәлар Анцәа иԥааимбарцәа ирзыӡырҩларц ргәазҭеиҵеит (2 Аш. 20:14, 15, 20). Аҳ Езекиа арыцҳара данақәшәа, аԥааимбар Исаиа иҿы ацхыраара даҳәеит (Ис. 37:1—6). Аҳцәа Иегова имҩақәҵарақәа ианырзыӡырҩуаз, иара ижәлар дырзылԥхон иагьихьчон (2 Аш. 20:29, 30; 32:22). Зегьы еилыркаауазар рыхәҭан Иегова аԥааимбарцәа рыла ижәлар шымҩақәиҵо. Аха аҳцәа реиҳараҩыки ажәлари Иегова иԥааимбарцәа рҳәатәы харҵаӡомызт (Иер. 35:12—15).

Аҳ Езекиа илымҳа кыдҵаны аикәарҳә иану изеиҭазҳәо аԥааимбар Исаиа дизыӡырҩуеит.

Аҳ Езекиеи аԥааимбар Исаиеи. (Шәахәаԥш абзац 8.)


ИЕГОВА РАԤХЬАТӘИ АҚЬЫРСИАНЦӘА ШЫМҨАҚӘИҴОЗ

9. Ишԥариҭоз Иегова актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа анапхгара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Актәи ашәышықәса ҳара ҳера аан Иегова ақьырсиантә еизара еиҿикааит. Напхгара шԥеиҭоз уи? Иара Иисус аизара ахадас далихит (Еф. 5:23). Аха Иисус аҵаҩцәа хаҭа-хаҭала имҩақәиҵаӡомызт. Иара ишьҭанеицәа Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи рыла анапхгара риҭон (Аус. 15:1, 2). Уи адагьы, аизарақәа зегьы рҿы аизара ахылаԥшыҩцәа алхын (1 Фес. 5:12; Тит 1:5).

Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи еидтәаланы аӡбара рыдыркылоит.

Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи. (Шәахәаԥш абзац 9.)


10. а) Ишԥазыҟаз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа реиҳараҩык ироуаз анапхгара? (Аусқәа 15:30, 31). б) Избан абиблиатә аамҭақәа раан шьоукы Иегова ихаҭарнакцәа изырзымӡырҩуаз? (Шәахәаԥш арамка «Шьоукы еилыкка иҟаз ашьақәырӷәӷәарақәа рыгәра зырымгаз».)

10 Ишԥарыдыркылоз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ироуаз анапхгара? Реиҳараҩык уи гәыкала иқәныҟәон. Иаҳҳәап, Иерусалим иҟаз аишьцәа ирыдыркылаз аӡбара аҵаҩцәа ианырзаԥхьа, урҭ уи иеигәырӷьеит. (Шәаԥхьа Аусқәа 15:30, 31.) Аха ишԥариҭо Иегова иахьа ижәлар анапхгара?

Шьоукы еилыкка иҟаз ашьақәырӷәӷәарақәа рыгәра зырымгаз

Избан шьоукы Иегова ижәлар мҩақәиҵаларц азы иалихыз ахацәа ихы ишаирхәоз узырбоз еилыкка иҟаз ашьақәырӷәӷәарақәа рыгәра зырымгаз? Аҭагылазаашьақәа жәпакы рҿы аԥагьара ауп ирԥырхагахаз (Иоанн 3:19; 2 Пиотр 3:3, 4; Иуда 18). Иаҳҳәап, израильаа шьоукы Анцәа Моисеи ԥхьагылаҩыс дшалихыз агәра агара рҭахӡамызт, избанзар ажәлар рыбжьара ирымаз ахьӡ амцхә иазхәыцуан (Ахыԥхь. 16:1—3). Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа збоз, аха дхазымҵаз аӡәырҩгьы убри ауп ирыхьыз (Иоанн 12:37, 43). Аха ахынраалара злаз, гәыкала аҵабырг бзиа избоз ауаа ирбон Иегова ижәлар иалихыз ахацәа рыла ишымҩақәиҵоз уеилзыркаауаз еилыкка иҟаз ашьақәырӷәӷәарақәа (Матф. 16:16, 17). Ҳара Иегова инапхгара ҳазыӡырҩлар, уи ахаан ҳахьхәӡом.

ИЕГОВА ИАХЬА НАПХГАРА ШҲАИҬО

11. Ишԥамҩақәиҵоз Иегова XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы, насгьы XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы аҭакԥхықәра здыз аишьцәа? Иаажәга аҿырԥштәы.

11 Иегова иахьагьы ижәлар мҩақәиҵоит. Уи азы иара Иажәеи аизара иахаиргылаз Иԥеи ихы иаирхәоит. Аха иҟоума Анцәа ижәлар ауаа рылагьы ишымҩақәиҵо шьақәзырӷәӷәо? Ааи. Ҳахәаԥшып XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы иҟалаз. Чарлз Теиз Расселл иҩызцәеи иареи еилыркаауа иалагеит 1914-тәи ашықәс Анцәа Иаҳра аҭоурых аҿы акрызҵазкуа шықәсаны ишыҟало (Дан. 4:25, 26). Дара уи аҩыза алкаа зыҟарҵаз, Абиблиа ахьҭырҵаауаз, насгьы абиблиатә ԥааимбаражәақәа рыгәра ахьыргоз азоуп. Имҩақәиҵозма Иегова аҵабырг иашьҭаз урҭ ауаа? Ҳәарада. 1914-тәи ашықәс азы адунеи зегь аҿы иҟалаз ахҭысқәа ишьақәдырӷәӷәеит Анцәа Иаҳра напхгара аура ишалагаз. Актәи адунеизегьтәи аибашьра алагеит, уи ашьҭахь аепидемиақәеи, адгьылҵысрақәеи, амлакреи ҟалеит (Лука 21:10, 11). Иегова ижәлар дрыцхрааларц азы згәы цқьаз урҭ Абиблиа аҭҵааҩцәа ихы иаирхәон.

12, 13. Иҟанаҵазеи Иегова иорганизациа Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан ажәабжьҳәареи ауаа аҵабырг дырҵареи ирызкыз аус арҭбааразы?

12 Иара убас иаҳгәалаҳаршәап Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан иҟалаз. Ихадоу аусбарҭаҿы амаҵ зуаз аҭакԥхықәра здыз аишьцәа Аатра 17:8 иану аԥааимбаражәа анҭырҵаа еилыркааит уи аибашьра Армагеддон ахь акәымкәа, еиҳа иҭынчу апериод ахь ишнанаго, насгьы уи еиҳа ажәабжьҳәара алшара шырзаанартуа. Убри аҟынтә, усҟантәи аамҭазы уи хшыҩдароуп ҳәа угәы иаанагар шалшозгьы, Иегова иорганизациа Галаад Ахьчаратә бааш абиблиатә коллеџьb еиҿнакааит. Уи амиссионерцәа адунеи зегь аҿы ажәабжь аҳәареи ауаа аҵабырг дырҵареи иазыҟанаҵон. Аибашьра шцозгьы, амиссионерцәа иахьырышьҭыз аҭыԥқәа рахь ицон. Уи адагьы, амаҵуҩ ҟәыш Атеократиатә маҵзура акурсc еиҿикааит. Уи аизарақәа рҿы ажәабжьҳәаҩцәа зегьы еиҳа еиӷьны ажәабжь аҳәашьеи ауаа аҵабырг дырҵашьеи днарҵон. Ари зегьы Анцәа ижәлар аԥхьаҟа ирзыԥшыз аус иазыҟанаҵеит.

13 Иахьа ҳара еилыкка иаҳбоит иуадаҩыз уи аамҭазы Иегова ижәлар шымҩақәиҵоз. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга, атәылақәа жәпакы рҿы Анцәа имаҵзуҩцәа ҭынч ажәабжь аҳәара алшара роуит. Уи абзоурала аӡәырҩы ауаа Иегова деилыркааит. Уажәы Аҳра иазку ажәабжь адунеи зегьы иқәынхо ауаа ираҳауеит.

14. Избан Иегова иорганизациеи аизара ахылаԥшыҩцәеи иҳарҭо анапхгара агәра ҳгалар зҳалшо? (Аатра 2:1). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа иахьагьы Христос инапхгара иқәныҟәоит. Дара ирҭахуп аишьцәа ирырҭо аинструкциақәа Иеговеи Иисуси ргәаанагара аныԥшларц. Анаҩс араион ахылаԥшыҩцәеи аҭыԥантәи аизара ахылаԥшыҩцәеи урҭ амҩақәҵарақәа аизарақәа ирырҭоитd. Доуҳала иалху аизара ахылаԥшыҩцәа, насгьы аизарақәа рҿы амаҵ зуа аизара ахылаԥшыҩцәа зегьы Христос «иарӷьа напаҿы» иҟоуп. (Шәаԥхьа Аатра 2:1.) Ҳәара аҭахума, урҭ аишьцәа наӡаӡам, насгьы зны-зынла агхақәа рыхьуеит. Моисеигьы, Иисус Навингьы, апостолцәагьы зны-зынла агхақәа ҟарҵон (Ахыԥхь. 20:12; Иис. Н. 9:14, 15; Рим. 3:23). Аха уеизгьы иҳаиҷаҳауа Христос амаҵуҩ ҟәыши аизара ахылаԥшыҩцәеи мҩақәиҵоит, иара уи «ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа» иҟаиҵалоит (Матф. 28:20). Убри аҟынтә аҭакԥхықәра зду аишьцәа рыла Христос иҳаиҭо амҩақәҵарақәа рыгәра ҳгалар ҳалшоит.

Иахьатәи Анапхгаратә хеилак реиқәшәара.

Иахьатәи Анапхгаратә хеилак. (Шәахәаԥш абзац 14.)


ИЕГОВА ИНАПХГАРА ЕСНАГЬ ҲАЗЫӠЫРҨЛАР ЗХӘАРҬОУ

15, 16. Ишәдырҵозеи Иегова инапхгара иқәныҟәоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхҭысқәа?

15 Иегова иҳаиҭо анапхгара ҳанықәныҟәо, уи уажәнатә ахәарҭа шаҳзаанаго ҳбоит. Иаҳҳәап Е́ндриуиe Ро́узи амаҵуҩ ҟәыш инапхгара иқәныҟәаны рыԥсҭазаара дырмариеит. (Шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы Матфеи 6:22 ахь иаагоу акомментари.) Уи абзоурала дара атеократиатә ргыларақәа рыҽрыладырхәыртә алшара роуит. Роуз илҳәоит: «Зны-зынла афатәҟаҵарҭаҵәҟьа ахьыҟамыз иҭшәаз ауадақәа рҿы ҳанхон. Сара апатреҭ ҭыхра бзиа избоит, убри аҟынтә ирацәаны афотокамерақәеи аобективқәеи сыман, аха урҭ сҭиир акәхеит. Урҭ анысҭиуаз сҵәыуон. Аха сара Авраам иԥшәма, Сарра, слеиԥшзар сҭахын. Убри аҟынтә инсыжьыз акәымкәа, аԥхьаҟа исзыԥшыз схы азысышьҭлар сҭахын» (Аур. 11:15). Хәарҭа рзаанагама урҭ аҭаацәара ирыдыркылаз аӡбара? Роуз илҳәоит: «Ҳара иҳамоу зегь Иегова иаҳҭалар ахьҳалшо ҳаигәырӷьоит! Иегова иҳадиҵаз адҵа ахьынаҳагӡо абзоурала адунеи ҿыц ҳалаԥшызшәа ҳбоит». Ендриугьы уи дақәшаҳаҭуп: «Ҳаамҭеи ҳамчи Иегова иахьиаҳҭо анасыԥ ҳнаҭоит».

16 Иарбан хәарҭоу Иегова инапхгара ақәныҟәара иҵегь иаҳзаанаго? Марси́а Иегова имаҵзураҿы еиҳаны ишыҟаҵалатәу зныкымкәа илаҳахьан. Ашкол даналга лара пионерс амаҵ лулар даара илҭахын (Матф. 6:33; Рим. 12:11). Лара илҳәоит: «Сара ауниверситет аҿы хәыда-ԥсада аҵара сҵаларц сыдыргалеит. Аха сара зегьы иреиӷьу Иегова исҭалар сҭахын, убри аҟынтә акурсқәа срылгарц сыӡбеит. Уажәшьҭа сара Иегова имаҵ аура ирацәаны аамҭа азкра сылзыршо аусура сымоуп. Уи сыԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьыз ӡбаран. Уажәы сара пионерс амаҵ зуеит, насгьы сыграфик Вефиль аҿы ацхыраара аҟаҵареи Иегова изы ирацәаны егьырҭ аусқәа рынагӡареи сылнаршоит».

17. Избан Иегова инапхгара ақәныҟәара иҵегьы изхәарҭоу? (Исаиа 48:17, 18).

17 Ҳара ҳзыхьчо алабжьарақәа аамҭа-аамҭала иҳауеит. Иаҳҳәап, Иегова иорганизациа ҳгәаҳҽаннаҵоит аԥара бзиа абареи Анцәа изакәан аилагарахь ҳназгар алшо аусқәеи ҳҽырцәыҳахьчаларц. Анцәа инапхгара ҳанықәныҟәо ҳаламыс цқьазаауеит, астрессгьы ҳауӡом (1 Тим. 6:9, 10). Уи абзоурала Иегова гәыкала имаҵ ҳаулар ҳалшоит, уи агәырӷьареи, аҭынчреи, анасыԥи ҳзаанагоит. (Шәаԥхьа Исаиа 48:17, 18.)

18. Избан Иегова инапхгара агәра агара еснагь шәзазхиоу?

18 Ҳәара аҭахума, Иегова арыцҳара ду аангьы Зқьышықәсатәи анапхгара аангьы ауаа рыла анапхгара ҳаиҭалоит (Аԥсал. 45:16). Ҳарзыӡырҩлома имҩақәҵарақәа, урҭ ҳгәаанагара ианаҿагылалогьы? Уи ҳзымариахоит, уажәнатә Иегова ҳаизыӡырҩуазар. Убри аҟынтә шәааи еснагь инапхгара ҳақәныҟәалап, аҭакԥхықәра зду ахацәа рыла иҳаиҭо анапхгарагьы уахь иналаҵаны (Ис. 32:1, 2; Аур. 13:17). Избанзар ҳара Ҳамҩақәҵаҩ, Иегова, игәра агаразы амзызқәа ҳамоуп. Иара адоуҳатә шәарҭарақәа рҟынтә ҳихьчоит, насгьы ҳхықәкахьы — адунеи ҿыц аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь — ҳаигоит.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥамҩақәиҵоз Иегова израильтәи ажәлар?

  • Ишԥамҩақәиҵоз Иегова раԥхьатәи ақьырсианцәа?

  • Избан Иегова иахьа иҳаиҭо анапхгара ҳазыӡырҩлар зхәарҭоу?

АШӘА 48 Есымша Иегова ҳицуп

a Иегова ижәлар Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеигарц азы иара убас раԥхьа игыланы ицоз амаалықь дырзынаишьҭит. Уи амаалықь Михаил иакәызҭгьы ҟаларын, Иисус адгьыл ахь даанӡа убас ихьӡын (Ақәҵ. 14:19; 32:34).

b Иахьа уи Галаад Ахьчаратә бааш абиблиатә школ ауп.

c Ԥыҭрак ашьҭахь уи аҭыԥан Атеократиатә маҵзура ашкол ҟалеит. Иахьа уи аҩыза арҵара аусурамшқәа раан иҟоу аиԥылараҿы имҩаԥысуеит.

d Шәахәаԥш 2021 шықәса, февраль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу арамка «Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа ҭакԥхықәрас ирыду», адаҟьа 18.

e Хьыӡқәак ԥсахуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра