Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 октиабр ад. 18—23
  • Гәык-ԥсыкала Иегова иҳәашьа шәҵала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Гәык-ԥсыкала Иегова иҳәашьа шәҵала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘГӘЫ ИҬОУ ИЕГОВА ИЗЕИҬАҲӘАРА ШӘАЦӘЫМШӘАЛАН
  • ҲАҲӘАРАҚӘА АНЦӘА ИЗААИГӘАХАРА ИҲАЦХРААРЦ АЗЫ ИШЕИӶЬАҲТӘЫША
  • АБИБЛИАҾЫ ИАНУ АҲӘАРАҚӘА ШӘРЫЗХӘЫЦЛА
  • ШӘЫҲӘАРАҚӘА РЫЛА ИЕГОВА ШӘИЗААИГӘАХАЛА
  • Аӡәи-аӡәи шәзы Анцәа шәиҳәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Анцәа уизааигәахала иҳәарала
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Анцәа шәиҳәалар, шәеиҩызара шәырӷәӷәоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ҳаҳәарақәа еиӷьаҳтәуеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 октиабр ад. 18—23

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 42

АШӘА 44 Згәы каҳаны иҟоу Анцәа дышиҳәо

Гәык-ԥсыкала Иегова иҳәашьа шәҵала

«Гәык-ԥсыкала суҳәоит. Аҭак сыҭ, Иегова!» (АԤСАЛ. 119:145).

ЕИЛАҲКААУА

Абиблиаҿы иану Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа иаҳдырҵар рылшо.

1, 2. а) Избан ҳгәы иҵхо зны-зынла Иегова изеиҭаҳәара ҳцәыцәгьазар залшо? б) Иабантәиҳдыруеи Иегова ҳаҳәарақәа ихшыҩ азышьҭны дшырзыӡырҩуа?

ИҞАЛАП шәара игәашәҭазар гәыкала Анцәа иҳәара шәшаҟәыҵыз, насгьы Анцәа шәаниҳәо ишәҳәац шеиҭашәҳәо. Ус зегьы ирыхьыр ауеит. Ҳара зегьы даараӡа ҳаилахоуп аҟынтә, зны-зынла иаарҟьаҿны ауп Анцәа ҳашиҳәо. Еиҳа инарҵауланы Анцәа иҳәара ҳхашҭуазар алшоит. Иара убас ҳгәы иҵхо Иегова изеиҭаҳәара ҳцәыцәгьазар ҟалоит, Анцәа иацәажәара ҳаԥсамшәа ахьаҳбо азы.

2 Абиблиаҿы Иегова изкны абас аҳәоит: «Иегова, уара ауаа ҟәымшәышәқәа рыҳәара уаҳауеит» (Аԥсал. 10:17). Ус анакәха, Иегова дызхәаԥшуа ҳажәақәа реиҿартәышьа акәӡам. Иара ииҭаху гәыкала, насгьы ахынраалара аарԥшны ҳиҳәаларц ауп. Иара даараӡа ҳахә ҳаракны ишьоит, убри аҟынтә иаҳҳәо зегьы ихшыҩ азышьҭны дазыӡырҩуеит (Аԥсал. 139:1—3).

3. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

3 Ари астатиаҿы абарҭ азҵаарақәа еилҳаргоит: Избан ҳгәы иҭоу зегьы Иегова изеиҭаҳәара ҳацәымшәалар закәу? Ишԥаҳалшо еиӷьны Анцәа ҳиҳәалар, уи Анцәа изааигәахара иҳацхрааларц азы? Иаҳдырҵар рылшози Абиблиаҿы иану аҳәарақәа? Иара убас иҟаҵатәузеи, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу Анцәа иҳәара ҳцәыцәгьазар?

ШӘГӘЫ ИҬОУ ИЕГОВА ИЗЕИҬАҲӘАРА ШӘАЦӘЫМШӘАЛАН

4. Иҳацхраауазеи ҳгәы иҵхо аартны Иегова изеиҭаҳәара? (Аԥсалом 119:145).

4 Иегова ҳара ҳзы абзиара мацара зҭаху ҳҩыза гәакьа шиакәу ҳхаҳмыршҭуазар, ҳгәы иҵхо, ҳгәы иҭоу изеиҭаҳәара ҳзымариазаауеит. 119-тәи Аԥсалом зҩызгьы убас акәын ишыҟаиҵоз. Иара иԥсҭазаараҿы ирацәаны ауадаҩрақәа дрықәшәон. Иаҳҳәап, зны иҟам-ианым изырҳәеит (Аԥсал. 119:23, 69, 78). Уи адагьы, агхақәа ахьихьуаз азы зны-зынла игәы каҳауан (Аԥсал. 119:5). Аха иара игәы иҵхоз Иегова изеиҭаҳәара дацәыԥхашьаӡомызт. (Шәаԥхьа Аԥсалом 119:145.)

5. Избан ҳхы ахара адаҳҵозаргьы, Анцәа иҳәара ҳаҟәымҵлар закәу? Иаажәга аҿырԥштәы.

5 Иегова агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵазгьы иҳәалар иҭахуп (Ис. 55:6, 7). Убри аҟынтә шәхы ахара адышәҵозар, уи Иегова иҳәара ишәԥырхагахартә жәымун. Ҳхаҿы дааҳгап амҩа иацәыхҟьаз ма гхак ҟазҵаз аԥырҩы. Дхәыцуама иара абас: «Ах, иҟасҵеи. Адиспетчер акгьы иасҳәаӡом, ԥхашьароуп». Мап ус иҳәаӡом, избанзар ацхыраара имоур ада ԥсыхәа имаӡам. Ҳаргьы убас ауп. Иегова есымша ҳацхраара дазхиоуп. Убри аҟынтә иҟаҳҵара анаҳзымдыруа, мамзаргьы агәнаҳа ҟаҳҵазар, ҳаԥхамшьаӡакәа Иегова ацхырааразы ҳиҳәалар ҳалшоит (Аԥсал. 119:25, 176).

ҲАҲӘАРАҚӘА АНЦӘА ИЗААИГӘАХАРА ИҲАЦХРААРЦ АЗЫ ИШЕИӶЬАҲТӘЫША

6, 7. Избан ҳаҳәарақәа Иегова ҳаизааигәартәларц азы, иҟазшьақәа ҳрызхәыцларц зҳахәҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

6 Иегова ҳаниҳәо ҳгәы изаартны ҳгәы иҵхо, ҳгәы иҭоу анизеиҭаҳҳәо еиҳагьы ҳаизааигәахоит. Шәааи ҳаҳәарақәа реиӷьтәра иҳацхраауа ҳалацәажәап.

7 Иегова иҟазшьақәа шәрызхәыцлаa. Иегова иҟазшьақәа шаҟа ҳрызхәыцуа аҟара, убриаҟара ҳгәы иҭоу, ҳгәы иҵхоу изеиҭаҳәара ҳзымариахоит (Аԥсал. 145:8, 9, 18). Абар Кристи́н зыхьӡу аиаҳәшьа лҿырԥшы. Кристин лаб дуаҩы џьбаран. Лара илҳәоит: «Иегова абзиабара злоу Аб иеиԥш схаҿы дысзаагомызт, сгәы аартны иацәажәарагьы сцәыцәгьан. Сара схәыцуан: сыгхақәа даараӡа ирацәоуп. Иегова бзиа сбара даҟәыҵуеит». Илыцхраазеи Кристин? Лара илҳәоит: «Сара Иегова гәыбылрала иҭәу абзиабара шилоу сазхәыцуан. Уи сгәы арҭынчит. Сара еилыскааит иара снапы шику, ахаангьы сшаанимыжьуа. Агха сыхьыргьы, Иегова бзиа сбара даҟәыҵӡом, дсыцхраауеит. Уажәшьҭа сымшәаӡакәа Иегова сгәы аартны зегь изеиҭасҳәоит — сгәы сзырхьуагьы сзыргәырӷьогьы».

8, 9. Избан Анцәа иҳәара ҳалагаанӡа, иаҳҳәарц иаҳҭаху маҷк ҳазхәыцыр зыбзиоу? Иаажәга аҿырԥштәы.

8 Ишәҳәаша шәазхәыц. Анцәа иҳәара ҳалагаанӡа абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар ҳалшоит: «Исымози уажәы уадаҩрас? Сгәы сзырхьыз аӡәы ианасыжьыр акәзар? Мамзаргьы сҭагылазаашьақәа рҽахьырыԥсахыз иахҟьаны Иегова ицхыраара сҭахызар?» (2 Аҳ. 19:15—19). Уи адагьы, ҳара иҳалшоит Иегова ихьӡ ԥшьахарц азы, Иаҳра ааирц азы, насгьы ииҭаху наӡарц азы ҳиҳәалар (Матф. 6:9, 10).

9 Алиска́ зыхьӡу аиаҳәшьа лыԥшәма ихшыбаҩ акьыба шамоу, насгьы аамҭа маҷны ишизаанхаз анлаҳа, Анцәа иҳәара лцәыуадаҩхеит. Лара илҳәоит: «Убас сгәы каҳаны сыҟан, Иегова иҳәараҵәҟьагьы сылшомызт». Илыцхраазеи Алиска? Лара илҳәоит: «Анцәа иҳәара салагаанӡа, исҳәарц исҭаху маҷк сазхәыцуеит. Уи абзоурала агәҭынчра соуеит, насгьы схазы мацара адагьы, даҽаказгьы Анцәа иҳәара сылшоит».

10. Избан ҳмыццакӡакәа Анцәа ҳиҳәалар зыбзиоу? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

10 Шәмыццакӡакәа Анцәа шәиҳәала. Иааркьаҿны Иегова ҳаниҳәогьы, уи ҳаиҩызара арӷәӷәоит. Аха ҳмыццакӡакәа, ԥыҭраамҭак Анцәа ҳаниацәажәо, ҳгәы аартны зегь изеиҭаҳәаразы алшара ҳауеитb. Абар Алиска лыԥшәма Ела́иџьа ииҳәо: «Сара амш аҩныҵҟа зныкымкәа Анцәа сиҳәоит. Сара игәасҭеит смыццакӡакәа, ԥыҭраамҭак Анцәа сахьиацәажәо абзоурала, иареи сареи ҳаиҩызара еиҳа ишыӷәӷәахаз. Сара издыруеит иара џьаргьы дшымыццакуа, убри аҟынтә шаҟа сҭаху сиацәажәалар сылшоит». Шәазхәыц иабашәылшо, насгьы ианбашәылшо аӡәгьы дышәԥырхагаӡамкәа, шәмыццакӡакәа Анцәа шәиҳәалар. Иҟалап шәыбжьы ҭыганы шәиҳәалар шәҭаххаргьы. Убас Анцәа иҳәара шьцыларас ишәоуааит.

Асахьақәа реизга: 1) аиашьа астол дахатәаны акаҳуа ыжәуа акы дазхәыцуеит; иаԥхьа Абиблиа аартны иқәуп, мшаӡацт; 2) ишахьеит, аха иара макьана астол дахатәаны дмыццакӡакәа Анцәа иҳәара даҿуп.

Шәазхәыц иабашәылшо, насгьы ианбашәылшо аӡәгьы дышәԥырхагаӡамкәа, шәмыццакӡакәа Анцәа шәиҳәалар. (Шәахәаԥш абзац 10.)


АБИБЛИАҾЫ ИАНУ АҲӘАРАҚӘА ШӘРЫЗХӘЫЦЛА

11. Избан Абиблиаҿы иану Анцәа иҳәарақәа ҳрызхәыцлар зыбзиоу? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Дара реиԥш шәхы аныжәбо ыҟоума?».)

11 Абиблиаҿы Анцәа имаҵзуҩцәа рыҳәарақәеи Иегова изырҳәоз ашәақәеи рацәаны иануп. Урҭ ахәарҭа ду ҳзааргоит. Анцәа имаҵзуҩцәа ргәы аартны Анцәа ишиҳәоз шәанаԥхьо, шәаргьы шәгәы Анцәа изаашәыртыр шәҭаххар ҟалап. Иҟалап урҭ Анцәа ианиҳәоз рхы иадырхәоз ажәақәа шәгәаԥхар, насгьы шәаргьы Анцәа шәаниҳәо урҭ шәхы иашәырхәар шәҭаххар. Уи адагьы, Абиблиаҿы шәцәаныррақәа зныԥшуа Анцәа иҳәарақәа шәыԥшаар шәылшоит.

Дара реиԥш шәхы аныжәбо ыҟоума?

Иегова имаҵуҩцәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ргәы иҵхоз Иегова изеиҭарҳәон. Дара реиԥш шәхы аныжәбо ыҟоума?

  • Иаков даншәоз дзыцәшәоз мацара акәӡамызт Иегова изеиҭеиҳәаз. Аха изыҟаиҵоз ахә ҳаракны ишишьоз, насгьы иқәыргәыӷрақәа рыгәра шигозгьы иеиҳәеит (Алаг. 32:9—12).

  • Соломон Иегова иҟынтә адҵа аниоу, уи адҵа анагӡаразы дқәыԥшцәазшәа, насгьы аԥышәа имамшәа игәы иабон. Убри аҟынтә Анцәа ацхырааразы диҳәеит (1 Аҳ. 3:7—9).

  • Давид Вирсавиа длыцышьҭаланы агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь, Иегова «ицқьоу агәы» ииҭарц азы диҳәон (Аԥсал. 51:9—12).

  • Мариа Иегова иҟынтә иҷыдоу адҵа анлоу, ихьӡ арҽхәара далагеит (Лука 1:46—49).

Иҭышәҵаар шәылшо. Абиблиаҿы иану Анцәа иҳәарақәа руак шәаԥхьаны абарҭ азҵаарақәа шәрызхәыц: «Ииҳәазеи ари ауаҩы Анцәа даниҳәоз? Ишԥеиҳәеи уи? Иегова уи иҳәара аҭак шԥаҟаиҵеи?» Анаҩс уи ишәнарҵо, насгьы шәхы иашәырхәар шшәылшо шәазхәыц.

12. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳалшо, Абиблиаҿы иану Анцәа иҳәарақәа ҳанрызхәыцуа?

12 Абиблиаҿы иану Анцәа иҳәарақәа руак шәанаԥхьо, шәхы шәазҵаа: «Изҳәада арҭ ажәақәа, ианбеиҳәеи уи? Исызцәырҵхьоума арҭ рҩызцәа ацәаныррақәа? Иснарҵар алшози ари Анцәа иҳәара?» Арҭ азҵаарақәа рҭак аԥшаара мариамхаргьы ауеит. Иҟалап аҭҵаара аҭаххар. Аха аџьабаа абара иаԥсоуп. Шәааи ԥшьҩык Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа еилҳаргап.

13. Иаҳнарҵозеи Анна лҿырԥшы? (1 Самуил 1:10, 11). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Шәаԥхьа 1 Самуил 1:10, 11. Анна абас Иегова даниҳәоз ҩ-уадаҩра ӷәӷәак лыман. Актәи, лара ахшара лымаӡамызт. Аҩбатәи, лхаҵа аҩбатәи иԥҳәыс длалырҟәуан (1 Сам. 1:4—7). Ишәымоума ӡбашьак змауз ауадаҩра? Ишәыцхраар шԥалшо Анна лҿырԥшы? Анна Анцәа иҳәара ирацәаны аамҭа азалылхуан. Уи агәҭынчра лзаанагон (1 Сам. 1:12, 18). Ҳаргьы ҳауадаҩрақәеи ҳагәҭыхақәеи Иегова ианизеиҭаҳҳәо, урҭ инапы ианаҳҵоит. Анцәа ҳаниацәажәо, иара агәҭынчра ҳаиҭоит (Аԥсал. 55:22).

Асахьақәа реизга: 1) Анна Елкана ҩыџьа ихәыҷқәа дышрыцыхәмаруа анылба, лылахь еиқәҵаны наҟ днаҳәуеит; 2) Пенинна ҿыц ииз лхәыҷы дыкны дҿаԥха-ҿаччоит; 3) Анна дҵәыуо, дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәоит; 4) аԥшьаҩ хада Или инапқәа игәыҵаԥсаны Анна длыхәаԥшуеит.

Анна ахәыҷқәа лымаӡамызт, лхаҵа аҩбатәи иԥҳәысгьы длалырҟәуан. Лгәы лырҭынчырц азы Анна Иегова зегь изеиҭалҳәеит. (Шәахәаԥш абзац 13.)


14. а) Иаҳнарҵози Анна лҿырԥштәы? б) Еиӷьхар шԥалшо ҳаҳәарақәа, Анцәа Иажәа иану ҳазхәыцлар? (Шәахәаԥш албаага.)

14 Анна аԥа данлоу шықәсқәак анҵы, уи аԥхьаԥшьаҩы Или иахь дылгеит (1 Сам. 1:24—28). Анцәа дахьиҳәоз, Иегова изиашоу имаҵуҩцәа дахьрыцхраауа азы гәыкала ҭабуп ҳәа иалҳәеит (1 Сам. 2:1, 8, 9)c. Анна лҭаацәараҿы дзықәшәоз ауадаҩрақәа ӡбаӡамкәа иаанхазаргьы ҟаларын. Аха лара дзызхәыцуаз дзықәшәоз ауадаҩрақәа ракәӡамызт, Иегова дшылзылԥхаз акәын. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара еиҳа иаҳзымариахоит, Иегова уаанӡа дышҳацхраауаз, насгьы уажәы дышҳацхраауа ҳазхәыцлар.

15. Ирыцхраар шԥалшо Иеремиа иҿырԥштәы аиашамра иақәшәо ауаа? (Иеремиа 12:1).

15 Шәаԥхьа Иеремиа 12:1. Иеремиа ибон шьоукы ииашамкәа рхы шымҩаԥыргозгьы, хьаада-баада ишынхоз. Уи даараӡа игәы канажьуан. Уи адагьы, ижәлар ихыччон, насгьы дладырҟәуан (Иер. 20:7, 8). Ҳара амц зҳәо ауаа ақәҿиара шрымоу анаҳбо, мамзаргьы урҭ анаҳхыччо, Иеремиа ихы шибоз еиԥш ҳхы ҳбалар алшоит. Иеремиа аиашамра игәы шканажьуаз Иегова иеиҳәон, аха Анцәа диашаӡам ҳәа иҳәаӡомызт. Иегова ижәлар иҳәатәы ахьхарымҵоз азы ианахьирхәы, Иеремиа Анцәа аиашара шилоу еиҳагьы ибазар ҟалап (Иер. 32:19). Ҳаргьы аиашамра ҳақәшәозар, уи шаҟа ҳгәы ҳнархьуа иаартны Иегова изеиҭаҳҳәалар ҳалшоит. Аха убри аамҭазгьы, Анцәа игәра ҳгалароуп, насгьы зегь анириашо аамҭа ачҳара аарԥшны ҳазыԥшызароуп.

16. Иаҳнарҵозеи итҟәаны иргаз алевит Анцәа дышиҳәоз? (Аԥсалом 42:1—4). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

16 Шәаԥхьа Аԥсалом 42:1—4. Ари ашәа зҩыз алевит иоуп. Иара дытҟәаны дахьыргаз азы ижәлар дырцәыхараны дынхон. Шәара аҩны шәыздәылымҵуа шәыҟазар, мамзаргьы шәхаҵаразы абахҭа шәҭаркзар, иара ихы шибоз еиԥш шәхы жәбозар алшоит. Зны-зынла агәырӷьара шәымазар ауеит, зны-зынла шәгәы каҳауазар алшоит. Аха шәхы шышәбозаалакгьы, уи Иегова изеиҭашәҳәала. Уи шәцәаныррақәа реилкаареи шәҭагылазаашьа даҽакала ахәаԥшреи ишәыцхраауеит. Алевит итәы ҳҳәозар, иара еиликааит Иегова ирҽхәаразы алшарақәа иҵегьы ишиоуа (Аԥсал. 42:5). Уи адагьы, иара Иегова дышицхраауаз дазхәыцуан (Аԥсал. 42:8). Гәыкала Анцәа ҳаниҳәо, уи ҳцәаннырақәа реилкаара иҳацхраауеит, насгьы агәҭынчреи амчи ҳнаҭоит.

Асахьақәа реизга: 1) алевит ауаа ахьыҟам аҭыԥаҿы дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәоит 2) аиашьа ахәышәтәырҭаҿы Анцәа диҳәоит; ишьамхы Абиблиа аартны иқәуп.

42-тәи Аԥсалом зҩыз алевит игәы иҭоу зегь аартны Анцәа изеиҭеиҳәеит. Ҳаргьы ҳгәы иҭоу Иегова изеиҭаҳҳәалароуп. Уи ҳҭагылазаашьа даҽакала ахәаԥшра иҳацхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 16.)


17. а) Иаҳнарҵозеи Иона Анцәа дышиҳәаз? (Иона 2:1, 2). б) Иҳацхраар шԥаҳалшо аамҭа цәгьақәа раан ҿырҳәала иаҳҵаз абиблиатә жәеинраалақәа? (Шәахәаԥш албаага.)

17 Шәаԥхьа Иона 2:1, 2. Иона абас Анцәа диҳәеит аԥсыӡ ду амгәа данҭаз. Иара уахь дызнанагаз Анцәа дахьизымӡырҩыз азы шакәызгьы, агәра ганы дыҟан Иегова ибжьы шиаҳауаз. Иона Анцәа даниҳәоз, еиуеиԥшым аԥсаломқәа рҿы иуԥыло ажәақәа рацәаны ихы иаирхәеитd. Уи иаанарԥшуеит иара урҭ аԥсаломқәа ибзианы ишидыруаз. Урҭ дахьрызхәыцуаз абзоурала, Иегова дицхраар шилшоз еиликааит. Ҳаргьы библиатә жәеинраалақәак ҿырҳәала иаҳҵар бзиоуп. Урҭ аамҭа цәгьақәа раан иҳацхраауеит. Иегова ҳаниҳәало урҭ ҳгәалашәоит, агәҭынчрагьы ҳауеит.

ШӘЫҲӘАРАҚӘА РЫЛА ИЕГОВА ШӘИЗААИГӘАХАЛА

18, 19. Ҳгәы шьҭырхыр шԥарылшо Римаа 8:26, 27 иану ажәақәа, Анцәа иҳәара ҳалымшо ҳаҟазар? Иаажәга аҿырԥштәы.

18 Шәаԥхьа Римаа 8:26, 27. Зны-зынла ҳгәы иҵхо аҳәареи Анцәа иҳәареи ҳалымшо аҟынӡа ҳгәы каҳауеит. Аха уи иаанагаӡом цхыраарада ҳаанхоит ҳәа. Убас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы иԥшьоу адоуҳа «ҳара ҳзы Анцәа иҳәоит». Ишԥа? Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа, уа иану аҳәарақәагьы уахь иналаҵаны, иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иҩуп. Ҳгәы иҵхо анаҳзымҳәо, Иегова Абиблиаҿы иану аҳәарақәа ҳаҳәарақәа реиԥш дрыхәаԥшуеит, урҭ рҭакгьы ҟаиҵар илшоит.

19 Елена зыхьӡу Урыстәыла инхо ҳаҳәшьа ари азхәыцра даараӡа илыхәеит. Лара Анцәа дахьиҳәоз, насгьы Абиблиа дахьаԥхьоз азы абахҭа дҭаркит. Елена Анцәа иҳәара лылымшо аҟынӡа лгәы каҳаит. Лара илҳәоит: «Абахҭа санҭарк мышқәак рыҩныҵҟа гәык-ԥсыкала Анцәа иҳәара сылшаӡомызт. Убасҟан исгәалашәеит исаҳахьаз зхәыцрак: агәкаҳара иахҟьаны Анцәа иҳәара ҳалымшо ҳаҟазар, Абиблиа иану аҳәарақәа ҳрыԥхьалар ҳалшоит, Иегова урҭ ҳаҳәарақәа реиԥш дрыхәаԥшлоит. Уи азхәыцра аамҭа цәгьақәа раан даараӡа исыцхрааит».

20. Ишԥаҳалшо ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу Анцәа иҳәара ҳҽазыҟаҳҵар?

20 Ҳгәы ахькаҳаз иахҟьаны Анцәа иҳәара ҳхы азышьҭра ҳцәыцәгьазар алшоит. Анцәа иҳәара ҳалагаргьы, ҳхәыцрақәа даҽаџьара ицалар рылшоит. Анцәа иҳәара ҳгәы азыҟаҳҵарц азы Аԥсаломқәа раудионҵамҭақәа ҳарзыӡырҩлар ҳалшоит. Уи адагьы, Давид ишыҟаиҵоз еиԥш, ҳгәы иҵхо џьара ианаҳҵалар ауеит (Аԥсал. 18, 34, 142, насгьы ахҳәаақәа). Ҳәарада, Анцәа иҳәара ҳҽазыҟаҳҵалар шҳахәҭоу аганахьала аԥҟарақәа шьақәыргыланы иҟаӡам (Аԥсал. 141:2). Шәара еиҳа ишәыцхраауа ҟашәҵалар шәылшоит.

21. Избан ҳгәы иҭоу зегьы аартны Иегова изеиҭаҳҳәалар зҳахәҭоу?

21 Акгьы ҳамҳәаргьы, Иегова ҳшеиликаауа ахьаҳдыруа, даараӡа ҳгәы арԥхоит (Аԥсал. 139:4). Аха Иегова даараӡа игәы иахәоит ҳгәы иҵхо анизеиҭаҳҳәо, насгьы игәра шаҳго аниаҳҳәо. Убри аҟынтә Анцәа шәиҳәаларц азы алшарақәа зегьы шәхы иашәырхәала. Абиблиаҿы иану аҳәарақәа шәрыԥхьала, урҭ ишәдырҵар рылшо рацәоуп. Шәгәы иҭоу зегьы аартны Иегова иашәҳәала — шәзыргәырӷьогьы, шәгәы шәзырхьуагьы. Ишәхашәмыршҭын Иегова ахаан шәаанызмыжьуа, зегь иреиӷьу шәҩыза шиакәу!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишәыцхраар алшозеи шәгәы иҭоу, насгьы шәгәы иҵхо Иегова изеиҭаҳәара?

  • Ишԥаҳалшо еиӷьны Анцәа ҳиҳәалар, уи Анцәа изааигәахара иҳацхрааларц азы?

  • Избан Абиблиаҿы иану аҳәарақәа ҳрызхәыцлар зыбзиоу?

АШӘА 45 Сыгәҭахәыцрақәа

a Шәахәаԥш ашәҟәы «Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа», атема «Иегова», ахеиҵа «Иегова иҟазшьа бзиақәа».

b Аизарақәа рҿы еиҳараӡак иааркьаҿны ауп Анцәа ҳашиҳәо.

c Анна Анцәа даниҳәоз, Моисеи ишәҟәқәа рҿы иану ажәақәа иреиԥшыз ажәақәа лхы иалырхәон. Лара Иԥшьоу Аҩыра иану лассы-лассы дазхәыцуазҭгьы ҟаларын (Ҩынтә. 4:35; 8:18; 32:4, 39; 1 Сам. 2:2, 6, 7). Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иисус иан Мариа Анцәа дышиҳәаз Анна Анцәа дышиҳәаз иеиԥшын (Лука 1:46—55).

d Иаҿшәырԥш, иаҳҳәап, Иона 2:3—9, насгьы Аԥсалом 69:1; 16:10; 30:3; 142:2, 3; 143:4, 5; 18:6; 3:8. Аԥсаломқәа реишьҭагылашьа Иона урҭ ихы ишаирхәаз еиԥш ауп ишаагоу.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра