АҴАРАЗЫ АСТАТИА 43
АШӘА 41 Суҳәоит, сыҳәара удкыл
Аӡәи-аӡәи шәзы Анцәа шәиҳәала
«Аӡәи-аӡәи шәзы Анцәа шәиҳәала. Ауаҩ иаша дӷьаҵәыӷьаҵәуа иҟаиҵо аҳәара амч ду амоуп» (ИАК. 5:16).
ЕИЛАҲКААУА
Аӡәи-аӡәи ҳзы Анцәа ҳиҳәалар зҳахәҭоу, насгьы уи шыҟаҵалатәу.
1. Иабантәиҳдыруеи ҳаҳәарақәа Иегова изы акыр шаҵанакуа?
АНЦӘА иҳәара алшара ахьҳамоу — Иегова иҳаиҭаз зеиԥшыҟам ҳамҭоуп. Шәхаҿы иаажәг, Иегова дҵақәак ихаҭа рынагӡара шилшозгьы, урҭ амаалықьцәа ирыдиҵеит (Аԥсал. 91:11). Иара убас иԥагьы аҭакԥхықәра зцу адҵақәа ииҭеит (Матф. 28:18). Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Анцәа иҳәарақәа ирызкны? Аӡәыр идиҵама Анцәа урҭ рзыӡырҩра? Мап. Иара урҭ ихаҭа дшырзыӡырҩло иӡбеит. Иегова дасу ҳаҳәарақәа ихаҭа дырзыӡырҩларц иҭахуп (Аԥсал. 65:2).
2. Избан егьырҭ рзы Анцәа ишиҳәалатәу аганахь ала Павел аҿырԥш бзиа ҳзаанижьит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
2 Ҳара иаартны ҳгәы иҵхо Иегова изеиҭаҳҳәалар ҳалшоит. Аха ҳхазы мацара акәымкәа, егьырҭ рзгьы Анцәа ҳиҳәалароуп. Убас акәын апостол Павелгьы ишыҟаиҵоз. Иара Ефес инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзиҩит: «Еснагь шәара шәзы Анцәа сиҳәоит» (Еф. 1:16). Аха Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхьӡқәагьы ҳәаны, хаҭала дара рзы Анцәа диҳәон. Иаҳҳәап, иара Тимофеи иеиҳәеит: «Сара... уахи-ҽни сӷьаҵәыӷьаҵәуа саниҳәо, уара узгьы сиҳәоит» (2 Тим. 1:3). Павел ихаҭагьы ауадаҩрақәа рацәаны дрықәшәон, игәы иҵхозгьы рацәан (2 Кор. 11:23; 12:7, 8). Аха ус ишыҟазгьы, егьырҭ рзы Анцәа диҳәаларц азы, есымша аамҭа иԥшаауан.
3. Избан зны-зынла егьырҭ рзы Анцәа иҳәара заҳхашҭуа?
3 Зны-зынла егьырҭ рзы Анцәа иҳәара анҳхашҭуа ыҟоуп. Избан? Уи зыхҟьар алшо амзызқәа рацәоуп. Урҭ амзызқәа руак аӡбахә Сабри́наa зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Иахьа еилахам, насгьы ауадаҩрақәа змам ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, убри аҟынтә ууадаҩрақәа ухы рзушьҭыр, насгьы урҭ рзы мацара Анцәа уиҳәалар алшоит». Шәара ус аншәыхьуа ыҟоума? Ус акәзар, ари астатиаҿы иаагоу алабжьарақәа шәыцхраауеит. Ара ҳалацәажәоит: 1) избан егьырҭ рзы Анцәа иҳәара заҭаху, насгьы 2) уи шыҟаҵалатәу.
ИЗБАН ЕГЬЫРҬ РЗЫ АНЦӘА ИҲӘАРА ЗАҬАХУ?
4, 5. Избан егьырҭ рзы Анцәа иахь иҳархо аҳәарақәа «амч ду» рымоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (Иаков 5:16).
4 Егьырҭ рзы Анцәа иахь иҳархо аҳәарақәа «амч ду» рымоуп. (Шәаԥхьа Иаков 5:16.) Иҳалшома егьырҭ ҳрыцхраар, дара рзы Анцәа ҳиҳәалар? Ааи, иҳалшоит. Иисус Пиотр иаарласны мап шицәикуаз идыруан аҟынтә, иҳәеит: «Аха сара сӷьаҵәыӷьаҵәуа уара узы Анцәа сиҳәон, ухаҵара ԥсыҽымхарц азы» (Лука 22:32). Апостол Павел агәра ганы дыҟан егьырҭ иара изы Анцәа иҳәалар, иҭагылазаашьа аҽаԥсахыр шалшоз. Рим абахҭа данҭакыз, иара Филимон изиҩит: «Шәыҳәарақәа рыбзоурала соурыжьуеит ҳәа сгәыӷуеит, убасҟан ҳаибабап» (Флм. 22; шәахәаԥш англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы ари ажәеинраалахь иаагоу акомментари, ажәақәа «шәыҳәарақәа рыбзоурала... сгәыӷуеит»). Убас иагьыҟалеит: иаарласны Павел доурышьҭит, еиҭах ажәабжь аҳәаразгьы алшара иоуит.
5 Ҳәарада, уи иаанагаӡом Анцәа ҳиҳәалар, мчыла ак иҳарҟаҵар ҳалшоит ҳәа. Иара имаҵзуҩцәа рыгәҭыхақәа хьаас имоуп, насгьы зны-зынла урҭ изызиҳәо ҟаиҵарц иӡбоит. Уи ҳгәазҭанаҵоит ҳгәы иҵхо азы ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова иҳәара, нас ҳгәы рҭынчны, уи аус инапы анҵара (Аԥсал. 37:5; шәахәаԥш 2 Коринфаа 1:11, иара убас англыз бызшәала иҭыжьу «Учебная Библия» аҿы уи ажәеинраалахь иаагоу акомментари).
6. Хәарҭас иаанагар алшозеи, егьырҭ рзы Анцәа ҳиҳәалар? (1 Пиотр 3:8).
6 Егьырҭ рзы Анцәа иахь иҳархо аҳәарақәа «арыцҳашьара» аизырҳара иҳацхраауеит (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:8.) Арыцҳашьара злоу ауаҩы даҽаӡәы ихьаа ибоит, насгьы дицхраар иҭахуп (Марк 1:40, 41). Маикл зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Егьырҭ зызгәаҟуа анеилыскаалак, дара рзы Анцәа иҳәара салагоит. Уи изҭагылоу аилкаареи еиҳагьы бзиа рбареи исыцхраауеит. Егьырҭ рзы Анцәа сахьиҳәо абзоурала дара сырзааигәахоит, дара рзы Анцәа сышиҳәо рзымдыруазаргьы». Егьырҭ рзы Анцәа ҳаниҳәо, ишԥарыцхраауеи уи иҵегьы? Ри́чард зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Аӡәы изы Анцәа ҳаниҳәо, иара изы ак ҟаҳҵарцгьы ҳҭаххоит, ҳаницхраауа — Анцәа ҳаҳәара аҭак аҟаҵара ҳицхраауеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит».
7. Ишԥаҳацхраауеи егьырҭ рзы Анцәа ҳахьиҳәо ауадаҩрақәа ирықәшәо ҳамацара шҳакәым аилкаара? (Филиппаа 2:3, 4). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
7 Егьырҭ рзы Анцәа ҳаниҳәо, уи иаҳгәаланаршәоит ауадаҩрақәа ирықәшәо ҳамацара шҳакәым. (Шәаԥхьа Филиппаа 2:3, 4.) Ҳара Аҩсҭаа инапаҿы иҟоу адунеи аҿы ҳанхоит, убри аҟынтә уадаҩрак змам аӡәгьы ҳаҟаӡам (1 Иоанн 5:19; Аат. 12:12). Егьырҭ рзы еснагь Анцәа ҳаниҳәо, уи иаҳгәаланаршәоит «[ҳ]ашьцәагьы [ҳ]ара [ҳ]зықәшәо агәаҟрақәа рҩызцәа ишрықәшәо» (1 Пиотр 5:9). Пионерс амаҵ зуа Ка́трин зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Анцәа саниҳәо, даргьы ауадаҩрақәа шрымоу еиҳа еиӷьны еилыскаауеит. Уи схы мыцхәы азымхәыцра исыцхраауеит».
Егьырҭ рзы Анцәа ҳаниҳәо, уи иаҳгәаланаршәоит ауадаҩрақәа ирықәшәо ҳамацара шҳакәым. (Шәахәаԥш абзац 7.)d
ҲАҲӘАРАҚӘА УРҬ РЫЦХРААУЕИТ
8. Иззы ҳиҳәалар ҳалшода Анцәа?
8 Иззы ҳиҳәалар ҳалшода Анцәа? Ҳара иҳалшоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы иааидкыланы Анцәа ҳиҳәалар. Иаҳҳәап, ичмазаҩу, зықәрахь инеихьоу, мамзаргьы ашкол аҿы изхыччо ма даҽа уадаҩрақәак ирықәшәо ахәыҷқәа рзы. Ақьырсианцәа аӡәырҩы Иегова имаҵ ахьыруа азы рҭынхацәа рҿагылоит, тәылақәак рҿы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәоит (Матф. 10:18, 36; Аус. 12:5). Шьоукы иҽеим аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны рыҩнқәа аанрыжьыр акәхеит. Даҽа шьоукы аԥсабаратә рыцҳара ааха ӷәӷәа рнаҭеит. Иҟалап урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи хаҭала иаҳзымдыруазар, аха дара рзы Анцәа ҳаниҳәо, Иисус иҳаиҳәаз ҟаҳҵоит. Иара иҳәеит: «Аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала» (Иоанн 13:34).
9. Избан Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәеи урҭ рыҳәсеи рзы Анцәа ҳиҳәалар зҳахәҭоу?
9 Иара убас ҳара Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәа рзы Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит. Иаҳҳәап, Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи рзы, афилиал акомитетқәа рҿы амаҵ зуа аишьцәа рзы, Вефиль аҿы иҟоу еиуеиԥшым аҟәшақәа рҿы амаҵ зуа аишьцәа рзы, араион ахылаԥшыҩцәа рзы, иара убас аизара ахылаԥшыҩцәеи аизара ацхырааҩцәеи рзы. Урҭ аишьцәа рҟынтә аӡәырҩы имаҷымкәа ауадаҩрақәа ишрықәшәогьы, рхы иамеигӡаӡакәа ҳара ҳзы аџьабаа рбоит (2 Кор. 12:15). Абар араион ахылаԥшҩыс амаҵ зуа Марк ииҳәо: «Сара сзы зегь раасҭа иуадаҩу сҭаацәа рааигәара сахьыҟам ауп. Урҭ рықәрахь инеихьеит, ргәабзиарагьы уиаҟара иҽеиӡам. Саҳәшьа лыԥшәмеи лареи урҭ ибзианы ирхылаԥшуеит, аха сҭаацәа рааигәара сахьыҟам, насгьы дара рзы еиҳаны ак ҟасҵар ахьсылымшо азы сгәы сыхьуеит». Урҭ аишьцәа уадаҩрас ирымоу ҳдыруазаргьы-иаҳзымдыруазаргьы, дара рзы Анцәа ҳиҳәалароуп (1 Фес. 5:12, 13). Иара убас урҭ рыҳәса рзгьы Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит, избанзар дара рхацәа даараӡа ирыцхраауеит. Уи абзоурала ҳашьцәа анаҩсгьы ирыду адҵақәа нарыгӡалар рылшоит.
10, 11. Даргәырӷьома Иегова, иалкааны аӡәы изы акәымкәа, иааизакны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы ҳаниҳәо? Иҳаилшәыркаа.
10 Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, лассы-лассы иалкааны аӡәы изы акәымкәа, иааизакны аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегь рзы Анцәа ҳиҳәоит. Иаҳҳәап, ҳара иҳалшоит Иегова абахҭақәа ирҭаку дрыцхраарц, мамзаргьы аԥсра иақәшәаз ргәы ирҭынчырц ҳиҳәар. До́нальд зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирықәшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәаҩуп. Убри аҟынтә, зны-зынла иааизакны зегь рзы Анцәа ҳиҳәоит».
11 Ддыргәырӷьома Иегова, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы убас еиԥш иҟоу аҳәарақәа аныҟаҳҵо? Дышԥамыргәырӷьо?! Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи хаҭала изықәшәо ауадаҩрақәа ҳзымдыруазар алшоит, убри аҟынтә иааизакны зегь рзы Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит (Иоанн 17:20; Еф. 6:18). Ус ҟаҳҵозар, ҳаиашьара зегь бзиа ишаҳбо убарҭазаауеит (1 Пиотр 2:17).
ХАҬАЛА АӠӘЫ ИЗЫ АНЦӘА ИҲӘАРА
12. Ишԥаҳацхраауеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи изҭагылоу ахьгәаҳҭо еиҳа инҭкааны аказы Анцәа иҳәара?
12 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зҭагылоу гәашәҭала. Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи иааизакны зегьы рзы Анцәа иҳәара адагьы, шьоукы рыхьӡқәа ҳәаны, хаҭала дара рзгьы Анцәа ҳиҳәалароуп. Иҟалап шәеизараҿы ӷәӷәала ичмазаҩу аӡә дыҟазар, ма ашкол аҿы дзықәшәо ауадаҩрақәа ирыхҟьаны, згәы каҳаз ахбыџ дыжәдыруазар, мамзаргьы зхәыҷқәа зхала изааӡо, насгьы урҭ «Иегова ишиҭаху еиԥш [и]рылабжьо, ахшыҩ дырҵо» иааӡаларц азы илшо зегь ҟазҵо аӡә дыжәдыруазар (Еф. 6:4). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зҭагылоу гәашәҭалар, уи еиҳагьы бзиа рбара ишәыцхраауеит. Абзиабара дара рзы Анцәа иҳәара шәгәазҭанаҵоит (Рим. 12:15)b.
13. Иҳацхраауазеи хаҭала иаҳзымдыруа ауаа рзы Анцәа иҳәара?
13 Ауаа рыхьӡқәа ҳәаны, дара рзы Анцәа шәиҳәала. Уи хаҭала ишәзымдыруа рахьгьы иаҵанакуеит. Шәрызхәыц Крым, Урыстәыла, Сингапур, Еритреиа, насгьы егьырҭ атәылақәа рҿы иҭаку аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Шәара урҭ рыхьӡқәа асаит jw.org аҿы ишәыԥшаар шәылшоитc. Абар Бра́иан зыхьӡу араион ахылаԥшҩы ииҳәо: «Сара абахҭа иҭаку аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхьӡқәа џьара ианысҵоит, нас урҭ гәныскаларц азы сыбжьы ҭыганы исҳәоит. Уи исхамышҭӡакәа дара рзгьы Анцәа иҳәара сылнаршоит».
14, 15. Иҟаҵатәузеи, еиҳа инҭкааны Анцәа ҳиҳәаларц азы?
14 Инҭкааны Анцәа шәиҳәала. Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Маикл иҳәоит: «Ҳсаит аҿы абахҭа иҭаку аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә санаԥхьо, урҭ рҭыԥаҿы сыҟазҭгьы, схы шызбарыз схаҿы иаазгоит. Дара рҭыԥаҿы сыҟазҭгьы, сара сыԥшәма лзы сгәы ҭынчхарымызт, зда ԥсыхәа ыҟам зегь лымоу-илымаму ҳәа хьаас иҟасҵаларын. Убри аҟынтә аҭаацәара иалоу аиашьа изы Анцәа сиҳәозар, уи изы Анцәа сзызиҳәалаша здыруеит» (Аур. 13:3, албаага).
15 Абахҭа иҭаку аишьцәеи аиҳәшьцәеи есыҽны ирхырго ҳазхәыцлар, урҭ ирыгу-ирыбзоу еилааҳкаар ҳалшоит, насгьы уи азы Анцәа ҳиҳәалар ауеит. Иаҳҳәап, ҳара Анцәа ҳиҳәалар ауеит абахҭа аиҳабацәа Анцәа имҵахырхәара ирԥырхагамхаларц, насгьы абахҭа зыхьчо ибзианы ирызныҟәаларц (1 Тим. 2:1, 2). Иара убас Анцәа ҳиҳәалар ауеит урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿырԥшы реизара иатәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭнахларц. Уи адагьы, инаԥшуа ауаа урҭ рхымҩаԥгашьа бзиа гәаҭаны, Ҳанцәа иӡбахә еиҳаны аилкаара рҭаххартә еиԥш Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит (1 Пиотр 2:12). Убасҵәҟьа ҟаҳҵалар ҳалшоит егьырҭ ауадаҩрақәа ирықәшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзгьы Анцәа ҳаниҳәо. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зҭагылоу гәаҳҭозар, насгьы рыхьӡқәа ҳәаны дара рзы инҭкааны аказы Анцәа ҳиҳәозар, бзиабарала ҳашҭәу ааҳарԥшуеит (1 Фес. 3:12).
АНЦӘА ИҲӘАРА ИИАШАНЫ ШӘАЗНЕИЛА
16. Иҳацхраауазеи Анцәа иҳәара ииашаны ахәаԥшра? (Матфеи 6:8).
16 Ишеилаҳкааз еиԥш, аӡәы изы Анцәа ҳахьиҳәо абзоурала иҭагылазаашьа аҽаԥсахыр алшоит. Аха Анцәа иҳәара ииашаны ҳахәаԥшлароуп. Анцәа ҳазиҳәо изымдыруа акы изеиҭаҳҳәарц ма иҟаиҵаша иҵаҳҳәарц азы акәӡам. Аӡәы уадаҩрас имоу еилаҳкаанӡа ма ихаҭа уи еиликаанӡа, Иегова имаҵзуҩцәа дышрыцхрааша идыруеит. (Шәаԥхьа Матфеи 6:8.) Избан, нас, егьырҭ рзы Анцәа изиҳәалатәу? Ари астатиаҿы еиқәаҳаԥхьаӡахьоу амзызқәа рыдагьы, иҟоуп даҽа мзызкгьы: убас ҟаҳҵалар, егьырҭ хьаас ишҳамоу убарҭазаауеит. Абзиабара аӡәи-аӡәи ҳзы Анцәа иҳәара ҳгәазҭанаҵоит. Иегова иара иеиԥш абзиабара шааҳарԥшуа анибо, уи даара даргәырӷьоит.
17, 18. Иарбан ҿырԥштәу иаҳзырбо, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳиҳәалар шхадоу?
17 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳаниҳәо, рҭагылазаашьа аҽамԥсахӡеит ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, дара рзы Анцәа ҳахьиҳәо, урҭ бзиа ишаҳбо аанарԥшуеит, Иеговагьы ҳаҳәарақәа идикылоит. Шәхаҿы иаажәг ҷкәынки ӡӷабки ахьыҟоу аҭаацәара. Аҷкәын дычмазаҩхан, аӡӷаб лаб абас диҳәоит: «Папа, сашьа хәыҷы цәгьала дыҟоуп. Уицхраа!» Аб иҷкәын бзиа дибоит, ирласны дыбзиахарц азгьы зегь ҟаиҵахьеит. Аха иӡӷаб хәыҷы лашьа бзиа дшылбо ахьибо, насгьы дицхраарц азы дахьиҳәо, игәы ҟанаҵоит.
18 Убри ауп Иегова иаҳирҵогьы: ҳара-ҳара бзиа ҳаибабаларц, насгьы аӡәи-аӡәи ҳзы иара ҳиҳәаларц. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳаниҳәо, ҳхы мацара акәымкәа, егьырҭгьы ҳашрызхәыцуа убарҭазаауеит. Иегова уи ибоит, дагьаргәырӷьоит (2 Фес. 1:3; Аур. 6:10). Уи адагьы, ари астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш, ҳаҳәарақәа аӡәы ицхраар, насгьы иҭагылазаашьа рыԥсахыр алшоит. Убри аҟынтә, шәааи, еснагь егьырҭ рзы Анцәа ҳиҳәалап.
АШӘА 101 Ҳаидгыланы аус еицаҳуеит
a Хьыӡқәак ԥсахуп.
b Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу авидеонҵамҭа «Такеси Симидзу. Иегова — „аҳәарақәа ирзыӡырҩуа“ иоуп».
c Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу астатиа «Страны, где Свидетели Иеговы находятся в заключении за веру».
d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхатә уадаҩрақәа шрымоугьы, егьырҭ рзы Анцәа иҳәоит.