Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 ноиабр ад. 8—9
  • Саҟәыҵроума амашьына аныҟәцара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Саҟәыҵроума амашьына аныҟәцара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • АМАШЬЫНА ШНЫҞӘЫШӘЦО ШӘАЗХӘЫЦ
  • АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА ШӘРЫЗХӘЫЦЛА
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 ноиабр ад. 8—9
Зықәрахь инеихьоу аиашьа аԥенџьыр азааигәара дтәаны имашьына дахәаԥшуеит. Инапаҿы амашьына ацаԥха кны дхәыцуеит.

Саҟәыҵроума амашьына аныҟәцара?

ШӘХАҾЫ даажәг акыршықәса амашьына иақәтәоу зықәрахь инеихьоу ауаҩы. Иара амашьына ақәтәара бзиа ибоит, избанзар ианиҭаху, иахьиҭаху далацоит. Аха иҭынхацәеи иҩызцәеи амашьына данақәтәо ргәы ҭынчӡам. Иара изеилкааӡом ус зыҟарҵо.

Шәақәшәама шәаргьы уи аҩыза? Ус акәзар, ишәыцхраауазеи амашьына аныҟәцара шәылшо-ишәылымшо аилкаара?

Тәылақәак рҿы ауаа рықәрахь ианнеилак, амашьына ныҟәырцаларц азы ахақьым иҟынтә адокумент роуроуп. Урҭ атәылақәа рҿы инхо ақьырсианцәа уи азакәан иқәныҟәоит (Рим. 13:1). Шәара шәахьынхо атәылаҿы ус еиԥш иҟоу азакәанқәа ыҟамзаргьы, амашьына анныҟәышәцо шәыԥсҭазаара ашәарҭара иҭашәмыргыларц азы шәзызхәыцша зҵаарақәак ыҟоуп.

АМАШЬЫНА ШНЫҞӘЫШӘЦО ШӘАЗХӘЫЦ

Абыргцәа зықәшәо ауадаҩрақәа ирызку Еиду Аштатқәа рҿы иҟоу Амилаҭтә институт асаит аҿы иаагоуп зықәрахь инеихьоу рхы иарҭар рылшо азҵаарақәа:

  • Исцәыцәгьоума амҩаҿы адыргақәа реиҩдыраара? Уахынла сыблақәа цқьа иахьырымбо ауадаҩрақәа сызцәырнагома?

  • Амашьына асаркьа ахәаԥшрази сыкәша-мыкәша иҟоу абарази схы анарҳәаарҳәра сцәыцәгьоума?

  • Исцәыцәгьоума амҩаҿы аҭагылазаашьа аҽанаԥсахуа уи аҽақәыршәара, иаҳҳәап, сшьапы агаз ақәхны атормаз ахь аиагара?

  • Егьырҭ амашьынақәа сырԥырхагахо аҟынӡа ашьшьыҳәа сныҟәацәома?

  • Аҵыхәтәантәи аамҭазы амҩан ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа лассы-лассы срықәшәо салагама? Акы сахьасыз иахҟьаны смашьына ҭаҽыланы ма ицәҟьаны иҟоума?

  • Сааныркылахьоума амилициа аусзуҩцәа амашьына шныҟәысцо иахҟьаны?

  • Амашьына сшақәтәоу самхацәахьоума?

  • Исыдыскылоума амашьына аныҟәцара иуԥырхагоу ахәшәқәа?

  • Исарҳәахьоума сҭынхацәа ма сҩызцәа амашьына шныҟәысцо азы ргәы шҭынчым?

Зҵаарак ма ҩ-зҵаарк рҭак «ааи» ҳәа иҟашәҵазар, иҟашәҵар шылшо шәазхәыц. Иаҳҳәап, еиҳа имаҷны амашьына шәақәтәалар шәыӡбар шәылшоит, еиҳараӡак ианылашьцоу. Есымша амашьына шныҟәышәцо шәацклаԥшла. Шәҭынхацәеи шәҩызцәеи ргәаанагара шәазҵаа. Иара убас иҟалап шәарҭадарада амашьына шныҟәцалатәу ахьудырҵо акурсқәа шәырхысыр шәылшозар. Аха еиҳаны азҵаарақәа рҭак «ааи» ҳәа иҟашәҵазар, иҟалап амашьына аныҟәцара саҟәыҵыр еиӷьхоит ҳәа шәыӡбарa.

АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА ШӘРЫЗХӘЫЦЛА

Ҳара уаанӡа еиԥш амашьына шҳазныҟәымцо аилкаара ҳцәыцәгьазар алшоит. Амашьына аныҟәцара иаҟәыҵтәуп ҳәа ҳаназхәыцуагьы. ҳгәы каҳауазар алшоит. Иарбан библиатә принципқәоу иҳацхраауа аҭагылазаашьа ииашаны ахәаԥшреи иҟәыӷоу аӡбара адкылареи? Ҳрыхәаԥшып урҭ рҟынтә ҩба.

Ахынраалара шәылаз (Ажәам. 11:2). Ҳақәра цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа ҳала иамбо. ҳлымҳагьы иамаҳауа иалагоит. Ҳжьышәақәа ҳахьуеит, ирласны ак аҟаҵарагьы ҳцәыцәгьоуп. Иаҳҳәап, аиҳараҩык ауаа рықәрахь ианнеиуа, ааха роур ахьрылшо азы аспорт хкқәак уаҳа рыҽрылархәра шрылымшо еилыркаауеит. Убас еиԥшҵәҟьа ахынраалара злоу ауаҩы амашьына ақәтәара даҟәыҵуеит, уи иара изы ишшәарҭоу анеиликаалак (Ажәам. 22:3). Иара убас егьырҭ иара изы ргәы шҭынчым анибо, рзыӡырҩра дазхиоуп (Иаҿшәырԥш 2 Самуил 21:15—17.)

Аӡәы ишьа акаҭәара хараны ишәыдлар жәымун (Ҩынтә. 22:8). Ауаҩы ибзианы амашьына ныҟәимцозар, аӡәы ааха ииҭар ма дишьыр ауеит. Уажәшьҭа цқьа амашьына зызныҟәымцо ауаҩы амашьына ақәтәара даҟәымҵуазар, ихгьы, егьырҭ рыԥсҭазаарагьы ашәарҭара иҭаиргылоит. Иара ихҟьаны машәырла аӡәы дыԥсыр ауеит.

Амашьына аныҟәцара шәаҟәыҵыр, уаҳа пату шәықәырҵалаӡом, шәыхәгьы ршьалаӡом ҳәа шәымхәыцлан. Иегова ишәылоу аҟазшьа бзиақәа рзы ауп бзиа шәзибо, ахынраалара ахьшәылоу азгьы уахь иналаҵаны. Егьырҭ рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара ахьышәҭахым азгьы шәыхә ҳаракны ишьоит. Иара дышшәыцхраало ажәа шәиҭоит (Ис. 46:4). Анцәа ахаан шәаанижьӡом. Убри аҟынтә амашьына аныҟәцара иаҟәыҵтәу-иаҟәымҵтәу анышәыӡбо Иегова аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала, насгьы Иажәа, Абиблиаҿы, алабжьарақәа шәрышьҭаз.

Егьырҭ иҟарҵар рылшо

Еиҳа еиӷьхоит зықәрахь инеихьоу ауаҩы амашьына шныҟәицо аганахьала иуацәа рҟынтә аӡә диацәажәар. Аха шәара уи аҩыза шәакәзар, насгьы амашьына шныҟәицо аганахьала егьырҭ ргәы шҭынчым шәаҳазар, ирҳәо шәазхәыц. Ибзиахоит иареи шәареи машьынала џьара шәцан шәаар. Имашьына шныҟәицогьы шәхаҭа ижәбар. Иахәҭоуп ҳәа шәыԥхьаӡар, амашьына шныҟәицо атәы шәалацәажәа. Убри аамҭазы иҭыԥаҿ шәыҟазҭгьы шәхы шыжәбарыз шәазхәыц. Қьиарала, аха иаартны шәиацәажәа. Ишәхашәмыршҭлан: аус злоу иқәра акәымкәа иныҟәашьа зеиԥшроу шакәу. Абас еиԥш иҟоу ажәақәа шәҽырцәышәыхьчала: «Уара амҩа уанҵара шәарҭоуп!» Еиҳа еиӷьхоит абас шәҳәар: «Амҩа уанану сгәы ҭынчӡам, машәырк ухьыр ҳәа сшәоит». Зықәрахь инеихьоу ауаҩы ари астатиаҿы иаагоу апринципқәа игәалашәыршәа.

Ҳара зегьы уаҳа амашьына аныҟәцара злымшо зықәрахь инеихьоу ауаҩ иахь аилкаара ааҳарԥшлароуп. Иара аӡә ицхыраарада уаҳа акгьы сзыҟаҵаӡом ҳәа дхәыцуазар алшоит. Игәы шьҭаҳхыр шԥаҳалшо уи? (Ажәам. 17:17). Џьара дышәгарц дшәыҳәаанӡа шәымԥшын. Иҟалап ауадаҩра шәалеиҵар иҭахымзар. Ибзиахоит џьара дангатәу аграфик шьақәшәыргылар. Иаҳҳәап, аизарақәа рахь, ажәабжьҳәара, адәқьан ахь, мамзаргьы аҳақьым иахь. Ицхраареи аамҭа ицыхгареи агәырӷьара шәышәзаанаго агәра ишәырга (Рим. 1:11, 12).

a Еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш август 22, 2002 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҿы иаагоу астатиа «Автокатастрофы. Застрахованы ли вы от них?».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра