Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 ноиабр ад. 10—15
  • Ишәызгәакьоу ауаҩы шәанихылаԥшуа, агәырӷьара шәмырӡлан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишәызгәакьоу ауаҩы шәанихылаԥшуа, агәырӷьара шәмырӡлан
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АГӘЫРӶЬАРА ҲАМЫЗХЛАР АЛШО
  • АГӘЫРӶЬАРА ҲМЫРӠЛАРЦ АЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ
  • АӠӘЫ ИХЫЛАԤШУА ҲРЫЦХРААЛАР ШҲАЛШО
  • Зықәрахь инеихьоу, агәырӷьара шәмырӡлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова агәырӷьара ҳаиҭоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова имаҵ аура еиҳаны агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • «Аӡәы... ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 ноиабр ад. 10—15

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 45

АШӘА 111 Агәырӷьаразы амзызқәа

Ишәызгәакьоу ауаҩы шәанихылаԥшуа агәырӷьара шәмырӡлан

«Илаӷырӡышуа илазҵо игәырӷьаҵәа аҽаҩра ҭаргалалоит» (АԤСАЛ. 126:5).

ЕИЛАҲКААУА

Ахәыҷы дшәааӡозар, мамзаргьы зықәрахь инеихьоу шәыуа ма ичмазаҩу шәҩыза дыжәбозар, ауадаҩрақәа рыхгареи, агәырӷьара амырӡреи ишәыцхраауа.

1, 2. Дышԥарзыҟоу Иегова зықәрахь инеихьоу ма ичмазаҩу ирхылаԥшуа имаҵзуҩцәа? (Ажәамаанақәа 19:17). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

АЛАДАТӘИ Кореиа инхо аиашьа Чин Иоль иҳәоит: «Сыԥҳәыси сареи ҳаибагеижьҭеи 32 шықәса ҵхьеит. Лара Паркинсон ичымазара лымоуп, ергьҳәа ауп дышныҟәо. Сара уи сылхылаԥшуеижьҭеи абар уажәшьҭа хәышықәса ҵуеит. Сара сыԥҳәыс даараӡа бзиа дызбоит, слыцхраалар ахьсылшогьы сгәы ҟанаҵоит. Лара амедицинатә каруаҭ аҿы дышьҭоуп, сара лааигәара сышьҭоуп. Ҳаныцәо ҳара ҳнапқәа еибаркны ауп ҳшыцәо».

2 Иҟалап шәаргьы шәҭаацәара иатәу аӡәы ма шәҩыза шәихылаԥшуазар. Ҳәарада, уи шәицхраалар ахьшәылшо шәгәы ҟанаҵоит. Уи ала Иеговагьы бзиа дшыжәбо аашәырԥшуеит (1 Тим. 5:4, 8; Иак. 1:27). Ҳәарада, аӡәы ибара мариаӡам, егьырҭ ауаа шәзықәшәо ауадаҩрақәа рзымдыруазар алшоит. Шәызҭагыло аӡәгьы изеилымкаауашәа жәбалар ауеит. Иҟалап ауаа шәанырбо, есымша шәыччозар, аха шәхала шәаныҟоу, шәылаӷырӡқәа шәызнымкылозар (Аԥсал. 6:6). Ауаа шәызҭагыло рзымдыруазаргьы, Иегова уи идыруеит. Иара ибзианы шәеиликаауеит. (Иаҿшәырԥш Ақәҵра 3:7.) Шәылаӷырӡқәа ибоит, шәхы шәамеигӡаӡакәа ижәбо аџьабаа ахә ишьоит, даараӡагьы бзиа шәибоит (Аԥсал. 56:8; 126:5). Бзиа ижәбо ауаҩы шәанихылаԥшуа, Иегова ишәырԥсахуеит ҳәа уҳәар алшоит. Иара уи азы дшышәзылԥхо ажәа шәиҭоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:17.)

Асахьақәа реизга «Згәакьацәа ирхылаԥшуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи»: 1) аиаҳәшьа аиарҭа иамоу, зықәрахь инеихьоу лан акрылҿалҵоит; 2) аиаҳәшьа аинвалидтә кресла иантәалоу лыԥшәма аимаа ишьаҵара дицхраауеит; 3) ан лыҷкәын ашлем ихалҵоит, иаби иареи ампыл еицыхәмарырц азы; 4) аиашьа зықәрахь инеихьоу аиашьа диҭаауеит, Анцәагьы еициҳәоит.

Аӡәырҩы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәакьацәа ирхылаԥшуеит. (Шәахәаԥш абзац 2.)


3. Иарбан уадаҩрақәоу Авраами Сарреи Фарра ианихылаԥшуаз изықәшәозар алшоз?

3 Абиблиаҿы зықәрахь инеихьаз ма ичмазаҩыз ирхылаԥшуаз Анцәа имаҵзуҩцәа рыӡбахә ануп. Иаҳҳәап, Авраами Сарреи. Дара Ур иалҵны ианцоз 200 шықәса раҟара зхыҵуаз раб Фарра дрыцны дцеит. Ицараны иахьыҟаз Харанынӡа 960 километра раҟара бжьан (Алаг. 11:31, 32). Уахь амахҽқәеи аҽадақәеи ирықәтәаны акәзар ҟаларын ишцоз. Ибыргыз Фарра уи ихараз амҩа анылара ицәыцәгьазҭгьы ҟаларын. Убри аҟынтә Авраами Сарреи амҩан ихылаԥшра рцәыцәгьазҭгьы ҟаларын. Ҳәарада, Авраами Сарреи Фарра бзиа дырбон, аха ианааԥсозгьы ыҟан. Урҭ зықәшәоз ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳәарада, Иегова дрыцхраауан. Шәаргьы дшәыцхраауеит (Аԥсал. 55:22).

4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Агәырӷьара шәмырӡлар, шәҭаацәара иатәу ма шәҩыза ихылаԥшра еиҳа ишәзымариахоит (Ажәам. 15:13). Ишәхашәмыршҭлан ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳанрықәшәогьы, агәырӷьара ҳамазар шҳалшо. (Иак. 1:2, 3). Иҳацхраауазеи агәырӷьара амырӡра? Анцәа иҳәара. Анцәа шәиҳәала агәырӷьаразы амзызқәа шшәымоу абара дшәыцхрааларц. Ари астатиа аҟны еилҳаргоит аӡәы ихылаԥшуа ауаҩы агәырӷьара амырӡра иҵегьы ицхраауа. Иара убас ҳалацәажәоит ҳара урҭ ҳрыцхраалар шҳалшо. Аха раԥхьа агәырӷьара амырӡра зҳахәҭоу, насгьы уи ҳамызхыр алшо ҳалацәажәоит.

АГӘЫРӶЬАРА ҲАМЫЗХЛАР АЛШО

5. Избан агәырӷьара ҳцәымӡлар зҳахәҭоу?

5 Ауадаҩрақәа рыда акгьы ҳамбозар, ҳгәы каҳар алшоит. Уи иахҟьаны есымша ҳааԥсаны ҳаҟазаауеит (Ажәам. 24:10). Ҳааԥсаны ҳаныҟоу, ақьиара аарԥшра ҳцәыцәгьахоит, насгьы егьырҭ рзы шаҟа ҳҭаху ҳзыҟаҵалаӡом.

6. Избан аӡәы ихылаԥшуа ауаҩы ӷәӷәала дааԥсалар залшо?

6 Ааԥсара ӷәӷәа. Ли́а зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Ҳусқәа анбзиоугьы амш аҵыхәтәаны ӷәӷәала сааԥсоит. Зны-зынла СМС-аацҳара аҭак аҟаҵараҵәҟьагьы сылшом». Згәакьацәа ирхылаԥшуа аӡәырҩы ауаа ацәа рызхаӡом, аԥсшьаразгьы зынӡа аамҭа рымаӡам. Ине́с зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Лассы-лассы уахынла есҩсааҭ сгылалароуп санхәа слыцхраарц азы. Убри аҟынтә ацәа сызхаӡом. Сыԥшәмеи сареи ԥсшьара џьара ҳамцеижьҭеи акырҵуеит». Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ирбо рыуа ма рҩыза изидҵӡом аҟынтә, сасра ианаарыԥхьо мап ркуеит, Иегова имаҵзура иадҳәалоу дҵақәакгьы мап рцәыркуеит. Убри аҟынтә дара рхы заҵәны ирбалар алшоит, насгьы ирҭаху ахьырзыҟамҵо азы ргәы каҳауазар ауеит.

7. Избан згәакьацәа ирхылаԥшуа ауаа рхы ахара адырҵалар, насгьы ргәы каҳалар залшо?

7 Ҳхы ахара анадаҳҵо, ма ҳгәы анкаҳауа. Зҭынхацәа ирхылаԥшуа ауаа зны-зынла ргәы иаанагоит еиҳаны иҟарҵалароуп ҳәа. Џье́ссика зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Лассы-лассы сгәы иаанагоит саб изы иҟасҵалар сыхәҭоу зегьы ҟасҵаӡом ҳәа. Сыԥсы анысшьо, цәгьарак ҟасҵазшәа збоит». Аӡәы ихылаԥшуа ауаҩы ари аҩыза аҭагылазаашьа дахьақәшәаз азы зны-зынла игәы ԥжәалар алшоит. Уи азы ихы ахара адиҵалар ауеит. Даҽаӡәы иааԥсара иахҟьаны угәы узырхьуа ак иҳәар ауеит, нас уи дахьхәуеит (Иак. 3:2). Егьырҭ уаанӡа зымч ӷәӷәаз ауаҩы уажәы акгьы шилымшо ахьырбо ргәы днархьуеит. Ба́рбара зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сҩыза еиҳа-еиҳа дшеицәахо анызбо, сгәы еиҟәжәоит».

8. Иарбан цәаныррақәоу ауаҩы изцәырҵуа дандырҽхәо, насгьы иҭабуп ҳәа аниарҳәо?

8 Ҳџьабаа пату рзақәӡам ҳәа ҳгәы ианаанаго. Ауаҩы ихы дамеигӡаӡакәа иибо аџьабаазы ҭабуп ҳәа аниарымҳәо, арҭ рҩызцәа ацәаныррақәа изцәырҵлар ауеит. Аха жәа ҟәандақәак аниарҳәо, уи даараӡа игәы ҟанаҵоит (1 Фес. 5:18). Мели́сса зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Зны-зынла сааԥсара иахҟьаны сҵәыуоит. Аха сџьабаазы ҭабуп ҳәа ансарҳәо, сымч ҭалоит, агәырӷьара соуеит, иҵегьы ак рзыҟасҵанда ҳәагьы сҟалоит». Ама́ду зыхьӡу аиашьа иԥҳәыси иареи аепилепсиа змоу лаҳәшьаԥҳа хәыҷы илхылаԥшуеит. Амаду иҳәоит: «Сыԥҳәыс лаҳәшьаԥҳа ҳалхылаԥшларц азы шаҟа аџьабаа ҳбо лзеилымкаауазар ауеит. Аха иҭабуп ҳәа анҳалҳәо, ма ақьаад аҿы бзиа шәызбоит ҳәа ананылҵо, уи даараӡа ҳгәы арԥхоит».

АГӘЫРӶЬАРА ҲМЫРӠЛАРЦ АЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ

9. Ишԥаилшо аӡәы ихылаԥшуа ауаҩы ахынраалара ааирԥшлар?

9 Ахынраалара аашәырԥшла (Ажәам. 11:2). Ҳаамҭеи ҳамчи ҳәаак рымоуп. Ҳара иҳалшо-иҳалымшо еилаҳкаалароуп, насгьы иҳалымшо ҳаламгалароуп. Уи азы ҳхы ахара адҵарагьы ҳахәҭаӡам, избанзар иҳалымшо ҳаналамго, уи ахынраалара шҳало аанарԥшуеит. Аӡәы ацхыраара удигалозар, уи мап ацәумклан. Џьеи зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Аусқәа зегьы узрыхьӡаӡом. Иулымшо еилкааны зегьы срыхьӡоит ҳәа уаламгар, агәырӷьара уцәыӡӡом».

10. Избан аӡәы ихылаԥшуа ауаҩы аилкаара имазар зихәҭоу? (Ажәамаанақәа 19:11).

10 Аилкаара аашәырԥшла. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:11.) Уи шәыцхраауеит ишәызгәакьоу аӡәы шәгәы шәзырхьыз ак иҳәазар ма иҟаиҵазар, аҭынчра аарԥшра. Аилкаара змоу ауаҩы аӡә иҟаиҵаз изырҟаҵаз аилкаара иҽазишәоит. Шәызхылаԥшуа ауаҩы ичымазара иахҟьаны уаанӡа ихы шымҩаԥимгарыз ихы мҩаԥигалар алшоит (Еккл. 7:7). Иаҳҳәап, ақьиареи аилкаареи злаз ауаҩы дгәамҵлар, ицәаныррақәа аконтроль изрымҭо дҟалар ауеит, игәы аҟаҵара цәгьахаргьы алшоит. Шәара ачымазара ӷәӷәа змоу ауаҩы шәихылаԥшуазар, уи ачымазара иазкны еиҳаны аилкаара шәҽазышәшәа. Усҟан еилышәкаауеит ауаҩы ус ихы зымҩаԥиго аҟазшьа цәгьа ахьимоу азы шакәым, ичымазара иахҟьаны шакәу (Ажәам. 14:29).

11. Иарбан ус хадақәоу есыҽны аамҭа ззалхлатәу? (Аԥсалом 132:4, 5).

11 Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала. «Еиҳа ихадоу» азы аамҭа ҳаурц азы зны-зынла усқәак аанҳажьлароуп (Флп. 1:10). Ҳара зегьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп. Иаҳгәалаҳаршәап аҳ Давид иҿырԥшы. Иара изы зегь раасҭа ихадаз Иегова имаҵ аура акәын. (Шәаԥхьа Аԥсалом 132:4, 5.) Иагьа ҳаилахазаргьы, Абиблиа аԥхьареи Анцәа иҳәареи рзы есыҽны аамҭа ҳаԥшаалароуп. Ели́ша зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Иегова саниҳәо, аԥсаломқәа санрыԥхьо, насгьы сзыԥхьаз саназхәыцуа, агәҭынчреи агәырӷьареи соуеит. Убас ҟасымҵозҭгьы, сшыҟалоз сыздырам! Амш аҩныҵҟа зныкымкәа Иегова сиацәажәоит, агәҭынчра сиҭарц азгьы сиҳәоит».

12. Избан ҳгәабзиара ҳахылаԥшлар зҳахәҭоу?

12 Шәгәабзиара шәахылаԥшла. Зны-зынла зхаҭабзиара ҳараку афатәқәа раахәаразы, насгьы ихәарҭоу афатә аҟаҵаразы аамҭа шәзымхозар ауеит. Аха шәгәабзиара бзиазарц азы ихырҳагоу афатә шәфалароуп, абаҩрҵәырагьы ҟашәҵалароуп. Убри аҟынтә уи азы аамҭа алхра даараӡа ихадоуп. (Еф. 5:15, 16). Уи адагьы, шаҟа аҭаху шәыцәалароуп (Еккл. 4:6). Ахшыбаҩ ҭызҵаауа аҵарауаа ирҳәоит ауаҩы даныцәо, ихшыбаҩ аԥсы ашьоит, атоксинқәа рҟынтәгьы аҽарыцқьоит ҳәа. Амедицинатә статиак аҿы иануп ауаҩы шаҟа аҭаху дыцәазар, еиҳа игәы ҭынчуп, астресс ахгарагьы еиҳа изымариоуп ҳәаa. Иара убас шәыԥсы шәшьаларц, насгьы бзиа ижәбо аусқәа ҟашәҵаларц азы аамҭа алшәхла (Еккл. 8:15). Иаҳәшьак агәырӷьара амырӡра илыцхраауа атәы лҳәоит: «Амра аныԥхо, маҷк иадамзаргьы, ҳауак сфарц азы адәахьы сдәылҵуеит. Уи адагьы, мызкахьы знык иадамзаргьы мышкы алысхуеит сҩызеи сареи аамҭа еицаҳхаҳгарц азы».

13. Избан аччара-ахәмарра ҳалазар зыбзиоу? (Ажәамаанақәа 17:22).

13 Ауадаҩрақәа шәанрықәшәогьы, аччара-ахәмарра шәаҟәымҵлан (шәаԥхьа Ажәамаанақәа 17:22; Еккл. 3:1, 4). Аччара ҳгәабзиареи ҳаԥсихикеи иазеиӷьуп. Иаҳзааигәоу аӡәы ҳанихылаԥшуа, зегьы ишаҳҭаху иҟалаӡом. Иуадаҩу ҭагылазаашьак шәанақәшәо, иареи шәареи шәызхыччаша, шәызхыхәмарша ак шәыԥшаала. Уи ауадаҩрақәа рыхгара ишәыцхраауеит, шәеиҩызарагьы арӷәӷәоит.

14. Дҳацхраар шԥаилшо аҩыза гәакьа?

14 Шәҩыза гәакьа шәиацәажәа. Агәырӷьара амырӡра шәыҽшазышәшәогьы, зны-зынла шәгәы каҳалар ауеит. Ус аныҟало, ишәықәмыӡбо, ибзианы ишәзыӡырҩуа шәҩыза гәакьа шәгәы иҵхо изеиҭашәҳәа (Ажәам. 17:17). Иара дахьышәзыӡырҩуеи иажәа ҟәандақәеи агәырӷьара амырӡра ишәыцхраауеит (Ажәам. 12:25).

15. Избан адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо ҳхаҿы иааҳгалар зыбзиоу?

15 Адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо шәхаҿы иаажәгала. Ишәхашәмыршҭлан ичмазаҩу ма зықәрахь инеихьоу ауаҩы еснагь шәшихыламԥшло. Иегова ахаан иҭахӡамызт ауаа уи аҩыза иақәшәалар (2 Кор. 4:16—18). Иаарласны ҳара «Анцәа ҳзықәиргәыӷыз аԥсҭазаара» ҳалагәырӷьалоит (1 Тим. 6:19). Шәызхылаԥшуеи шәареи шәеидтәаланы адунеи ҿыц аҿы иҟашәҵало шәазхәыцла. Уи агәырӷьара шәзаанагалоит (Ис. 33:24; 65:21). Хе́дер зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сара сызхылаԥшуа ауаа аԥхьаҟа шаҟа бзиара ҳзыԥшу лассы-лассы ирзеиҭасҳәоит. Ҳара амаҭәа ҳӡахлоит, ҳаҩлоит, амаланыҟәа ҳақәтәалоит, зыԥсы ҭало ҳгәакьацәа рзы афатә ҟаҳҵалоит, ача ҳӡлоит. Сызхылаԥшуеи сареи Иегова зеиԥшыҟам агәыӷра ахьҳаиҭаз азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит».

АӠӘЫ ИХЫЛАԤШУА ҲРЫЦХРААЛАР ШҲАЛШО

16. Иҟарҵар рылшозеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи, аӡәы ихылаԥшуа ауаҩы ицхраарц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Згәакьацәа ирхылаԥшуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыԥсы дшәыршьала. Дара рыԥсы ршьарц азы ма рхатә усқәа ҟарҵарц азы изхылаԥшуа шәышрыдтәало рашәҳәа (Гал. 6:2). Шьоукы аӡәы ихылаԥшуа ауаҩы ицхраарц азы аграфик шьақәдыргылоит. Наталиа зыхьӡу аиаҳәшьа лыԥшәма дызныҟәаӡом. Лара илҳәоит: «Ҳаизара иатәу иашьак сыԥшәма иахь даалоит. Дара ажәабжь еицырҳәоит, еицәажәоит, афильмқәа ирыхәаԥшуеит. Сыԥшәма уи даараӡа ахә ҳаракны ишьоит. Сара сакәзар, схазы аамҭа соуеит, иаҳҳәап, ҳауак сфарц азы адәахьы сындәылҵуеит». Аишьцәеи аиҳәшьцәеи уахынла ианаангылогьы ыҟоуп, аӡәы ихылаԥшуа ауаҩы ҭынч дыцәарц азы.

Иқәыԥшу ҩыџьа аиҳәшьцәа зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа дырбарц лыҩныҟа инеиуеит. Зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа илхылаԥшуа аиаҳәшьа данцо дыччаччо лнапы ҟьаны идлырбоит.

Ишԥарыцхраатәу згәакьацәа ирхылаԥшуа ауаа? (Шәахәаԥш абзац 16.)b


17. Ҳицхраар шԥаҳалшо аӡәы ихылаԥшуа ауаҩы аизарақәа раан?

17 Аӡәы ихылаԥшуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара анцо аамҭазы шәрыцхраала. Аӡәы ихылаԥшуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизарақәеи аконгрессқәеи ҭынч изырзыӡырҩӡом. Ишәылшома изхылаԥштәу ауаҩы аизара нҵәаанӡа ма аизара абжа шәидтәалар? Ахылаԥшра зҭаху аҩны дыздәылымҵуазар, аизара авидеоконференциала шәицахәаԥшыр шәылшоит. Усҟан уи ихылаԥшуа Иегова ишаҳаҭцәа рзал ахь ацаразы алшара иоуеит.

18. Ҳрыцхраалар шԥаҳалшо иҵегьы згәакьацәа ирхылаԥшуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

18 Згәакьацәа ирхылаԥшуа ауаа шәырҽхәала, насгьы дара рзы Анцәа шәиҳәала. Аизара ахылаԥшыҩцәа згәакьацәа ма зҩызцәа ирхылаԥшуа ауаа русқәа шцо есымша иазҵаалароуп (Ажәам. 27:23). Аизара ахылаԥшыҩцәа рыдагьы, ҳара зегьы урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи есымша иҳарҽхәалароуп. Уи адагьы, Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит амч риҭаларц, агәырӷьара амырӡрагьы дрыцхрааларц (2 Кор. 1:11).

19. Ҳаззыԥшузеи ҳара?

19 Иаарласны Иегова агәаҟрақәа зегь ықәигоит. Ачымазарақәеи аԥсреи уаҳа иҟалаӡом (Аат. 21:3, 4). «Ицыркьуа ашьабысҭа еиԥш дышьҭыԥалоит» (Ис. 35:5, 6). Ҳгәакьацәеи ҳареи ажәреи ачымазарақәеи уаҳа ҳдыргәаҟлаӡом. «Уаанӡатәи уаҳа и[аҳ]гәалашәалаӡом» (Ис. 65:17). Иегова зеиԥшыҟам арҭ ақәыргәыӷрақәа анынаигӡо аамҭа даараӡа иааигәоуп. Аха уажәгьы цхыраарада ҳшаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Иегова ҳиқәгәыӷлар, «ачҳареи агәырӷьареи аарԥшны, зегь ахгаразы» амч ҳаиҭоит (Кол. 1:11).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ирымызхыр алшозеи агәырӷьара згәакьацәа ирхылаԥшуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

  • Ирыцхраауазеи урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәырӷьара амырӡра?

  • Ишԥаҳалшо згәакьацәа ирхылаԥшуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраалар?

АШӘА 155 Инымҵәо ҳгәырӷьара

a Амедицинатә организациа Banner Health асаит аҿы иаагоу астатиа «How Sleep Can Affect Stress».

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу ҩыџьа аиҳәшьцәа зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа дырбарц иааит. Уи аамҭазы зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа илхылаԥшуа аиаҳәшьа ныҟәара дцар лылшоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра