АҴАРАЗЫ АСТАТИА 48
АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап
Ашәҟәы Иов аамҭа цәгьақәа раан иҳацхраауеит
«Ииашаҵәҟьаны, Анцәа ииашамкәа ихы мҩаԥигом» (ИОВ 34:12).
ЕИЛАҲКААУА
Ашәҟәы Иов Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло ҳаилнаркаауеит, насгьы ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы, ҳизиашаны аанхара иҳацхраауеит.
1, 2. Избан ашәҟәы Иов аԥхьара изаԥсоу?
ИШӘГӘАԤХОМА шәара ашәҟәы Иов? Уи 3 500 шықәса раҟара раԥхьа ишҩызгьы, аӡәырҩы уи жәытәнатә аахыс иҩыз ашәҟәқәа зегь рҟынтә зегь иреиӷьу ируакны ирыԥхьаӡоит. Ауаа уи ашәҟәы автор ддырҽхәоит, избанзар иара имариоу, аха убри аамҭазгьы иԥшӡоу, амч дугьы змоу ажәақәа ихы иаирхәоит. Ишаҳдыруа еиԥш, ашәҟәы Иов зҩыз Моисеи иоуп. Аха уи Автор хадас иамоу иара иакәӡам, Анцәа Иегова иоуп (2 Тим. 3:16).
2 Ашәҟәы Иов ихадоу, аҵак ду змоу шәҟәуп. Избан? Уа Анцәа ихьӡ аԥшьара иазку ихадоу азҵаара еилыргоуп. Иара убас уи Иегова иҟазшьа бзиақәа ҳнарбоит. Иаҳҳәап, ибзиабара, иҟәыӷара, ииашара, насгьы имч. Ари ашәҟәаҿы Анцәа 31-нтә Зегьзымчу ҳәа изҳәоуп. Абиблиа егьырҭ ашәҟәқәа зегь ааидкыланы иугозар, ари ашәҟәаҿы уи атитул еиҳа лассы иуԥылоит. Уи адагьы, ашәҟәы Иов аӡәырҩы ауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак ҟанаҵоит. Иаҳҳәап, избан Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло?
3. Иарбан хәарҭоу ашәҟәы Иов иаҳзаанаго?
3 Ашәҟәы Иов аԥхьара ашьха ахалара иаҿурԥшыр алшоит. Ашьха уаныҟоу, иааукәыршаны иҟоу зегьы еиҳа еиӷьны иубоит. Ашәҟәы Иов ҳанаԥхьо, Иегова ҳауадаҩрақәа дшырзыҟоу еиӷьны еилаҳкаауеит. Шәааи еилаҳкаап Иов ихҭыс анкьа инхоз Иегова имаҵзуҩцәа ирыцхраар шалшоз, насгьы уажәы ҳара иҳацхраар шалшо. Иара убас ҳалацәажәоит егьырҭ ҳрыцхрааларц азы ари ашәҟәы ҳхы иаҳархәалар шҳалшо.
АНЦӘА ИОВ ДГӘАҞЛАРЦ АЛИРШОИТ
4. Дызлареиԥшымзи Иов Египет инхоз израильаа?
4 Иов Уц адгьыл аҿы дынхон израильаа египтаа рхәура ианҭаз аамҭазы. Иҟалап Уц адгьыл израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл мрагыларатәи аганахь аҿы ишьҭазҭгьы — Аравиа аҩадатәи ахәҭаҿы. Иов, египтаа рынцәахәқәа ирымҵахырхәоз израильаа реиԥш акәымкәа, гәыкала Иегова имаҵ иуан (Иис. Н. 24:14; Иез. 20:8). Анцәа иара изкны абас иҳәеит: «Адгьыл аҿы иара иеиԥшу аӡәгьы дыҟаӡам» (Иов 1:8)a. Иов даараӡа дбеиан, амчра дугьы иман — «Мрагылара инхоз зегьы дрылукаауа дыҟан» (Иов 1:3). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит абриаҟара еицырдыруаз, патугьы зқәыз ауаҩы Анцәа дахьизиашаз Аҩсҭаа шаҟа игәы ԥнажәоз!
5. Избан Анцәа Иов дгәаҟларц залиршаз? (Иов 1:20—22; 2:9, 10).
5 Аҩсҭаа иҳәеит Иов ауадаҩрақәа дрықәшәар, Анцәа имаҵ аура даҟәыҵуеит ҳәа (Иов 1:7—11; 2:2—5). Убасала, акрызҵазкуаз азҵаарақәа шьҭихит. Убри аҟынтә Иегова Иов даараӡа бзиа дшибозгьы, Аҩсҭаа ииҳәаз шьақәирӷәӷәарц алшара ииҭеит (Иов 1:12—19; 2:6—8). Аҩсҭаа Иов ирахә-ишәахә зегь нирҵәеит, 10-ҩык ихшара ишьит, иара ихаҭа иакәзар, ачымазара бааԥс иирхьит. Иов ихы инаркны ишьапаҟынӡа ахьаа ӷәӷәа зцыз ашәрақәа илҵит. Аҩсҭаа Иов абриаҟара шизиузгьы, Иов гәыкала Анцәа имаҵ аура даҟәымҵӡеит. (Шәаԥхьа Иов 1:20—22; 2:9, 10.) Аамҭак ашьҭахь Иегова имаҵзуҩы агәабзиареи, амали, ахьӡ бзиеи изирхынҳәит, даҽа 10-ҩык ахшарагьы ииҭеит. Уи адагьы, Анцәа џьашьахәыла Иов даҽа 140 шықәса ниҵыртә иҟаиҵеит, имоҭацәа рмоҭацәагьы иирбеит (Иов 42:10—13, 16). Ирыцхраар шԥалшоз ари ахҭыс ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа. Иҳацхраар шԥаҳалшо уи иахьа?
6. Ирыцхраар шԥалшоз Иов ихҭыс израильаа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Иов ихҭыс ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа иднарҵар алшоз. Израильаа Египет ианыҟаз рыԥсҭазаара даара ицәгьан. Иаҳҳәап, Иисус Навини Халеви рқәыԥшра зегьы маҵуцәас ишыҟаз имҩасит. Уи ашьҭахь дара акгьы шырхарамызгьы, егьырҭ Иегова иахьизымӡырҩыз азы 40 шықәса ацәҳәыра иқәын. Иҟалап Египет иалҵыз израильаа Иов ихҭыс рдыруазҭгьы. Ус акәзар, ауаа агәаҟрақәа ирықәзыршәо Анцәа иакәымкәа, Аҩсҭаа шиакәу еилыркаауан. Уи ахҭыс иреилнаркаауан Иегова ауаа гәаҟларц залиршо, насгьы изиашоу ауаа шаҟа дырзылԥхо. Абри зегьы ирхылҵуаз ирзеиҭарҳәалар рылшон.
Акыршықәса израильаа Египет маҵуцәас иҟан. Дара Иов ихҭыс рыцхраауазар ҟаларын (Шәахәаԥш абзац 6.)
7, 8. Ишԥарыцхраауеи ашәҟәы Иов иахьа агәаҟрақәа ирықәшәо ауаа? Иаажәга аҿырԥштәы.
7 Иов ихҭыс иахьа ишҳацхраауа. Аӡәырҩы ауаа Анцәа игәра агара иаҟәыҵит, избанзар ауаа бзиақәа агәаҟрақәа изрықәшәо рзеилкааӡом. Руанда иатәу Хе́изелгьыb убри ауп дзықәшәаз. Даныхәыҷыз лара Анцәа игәра лгон, аха нас зегь аҽаԥсахит. Лани лаби еилыҵит, нас рыцҳашьарак зламыз абԥса длоуит. Данхбыџыз лцәа ԥырҽит. Хеизел лдинхаҵараҿы агәырҭынчра дашьҭан, аха уи лмоуӡеит. Убри аҟынтә лара абас Анцәа асаламшәҟәы изылҩит: «Сара суҳәон, ииашаны ахымҩаԥгара сҽазысшәон, аха уара иҟасҵоз абзиарақәа ацәгьарала исзушәеит. Сара уаансыжьуеит, уажәшьҭа схазы мацара сынхалоит». Абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа угәы еиҟәыржәоит. Даараӡа угәы унархьуеит имаҷҩымкәа ауаа Анцәа изкны аиаша рзымдырӡакәа ргәаҟрақәа Анцәа иахьихарарҵо.
8 Ашәҟәы Иов иҳаилнаркаауеит ауаа агәаҟрақәа ирықәзыршәо Анцәа иакәымкәа, Аҩсҭаа шиакәу. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит абас ахәыцра шиашам: «Аӡәы агәаҟрақәа дахьрықәшәо зхароу иара роуп, илаиҵаз ауп иааирыхуа». Абиблиа иаҳнарбоит дарбанзаалак ианакәзаалак ацәгьара дақәшәар шалшо (Иов 4:1, 8; Еккл. 9:11). Иара убас ҳара еилаҳкааит ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы гәыкала Иегова имаҵ ҳуазар, Анцәа иакәым изызҳәо Аҩсҭаа аҭак иҭаразы алшара шиаҳҭо. Уи Анцәа ихьӡ бзиа ахьчара иҳацхраауеит (Иов 2:3; Ажәам. 27:11). Иегова ауаа бзиақәа згәаҟуа ахьҳаилиркааз даараӡа ахә ҳаракны иаҳшьоит. Ԥыҭрак ашьҭахь Хеизел Иегова ишаҳаҭцәа рҿы Абиблиа аҵара далагеит, иагьеилылкааит лгәаҟрақәа Анцәа ишихарам. Лара илҳәоит: «Сара еиҭах Анцәа сиҳәеит, сгәы аартны абас иасҳәеит: „Анцәа даансыжьуеит ҳәа анызыҩуаз, уара узы акәӡамызт изызыҩуаз, избанзар усҟан усыздырӡомызт“. Уажәшьҭа еилыскаауеит Иегова бзиа сшибо, иара иҿы ауп анасыԥҵәҟьа ахьсоуз». Шәааи еилаҳкаап Иов ихҭыс аԥышәарақәа раан иҳацхраар шалшо.
ИОВ ИХҬЫС АЧҲАРА ААРԤШНЫ АУАДАҨРАҚӘА РЫХГАРА ИШҲАЦХРААУА
9. Шәахцәажәа Иов ачымазара даргәаҟуа ахәа данылатәаз иҭагылазаашьа зеиԥшраз (Иаков 5:11).
9 Шәхаҿы даажәг ахәа илатәаз, ахьаа ӷәӷәа иаргәаҟуаз Иов. Ачымазара иареиқәаҵәаз ицәеижь иалҵыз ашәрақәа ацәа рхыҵуан. Ахьаа ӷәӷәа змаз, уаҳа злымшоз, Иов анышәаԥшь иалхыз аԥҽыхала ицәыԥԥны ицоз ицәа амиӷьӷьаауан. Иара имаз ахьаа цәгьазы лассы-лассы ихы дахашшаауан. Иов дтәаны аԥсра дазыԥшуп ҳәа угәы иаанагар ауан. Аха иара ачымазара ӷәӷәа дшаргәаҟуазгьы, ачҳара аарԥшны зегь ихигон, Иегова дизиашангьы даанхон. (Шәаԥхьа Иаков 5:11.) Ицхраауази иара ачҳара аарԥшра?
10. Излоубарҭоузеи Иови Иеговеи аизыҟазаашьа бзиақәа шрыбжьаз?
10 Иов ицәаныррақәа аартны Иегова изеиҭеиҳәон (Иов 10:1, 2; 16:20). Иаҳҳәап, 3-тәи ахаҿы Иов иуадаҩрақәа ирыхҟьаны игәы каҳаны дшыҟаз атәы ануп. Иара игәы иаанагон дзықәшәаз ауадаҩрақәа зегьы зхароу Анцәа иоуп ҳәа. Анаҩс хҩык иҩызцәа Иегова Иов дзахьирхәуа игәнаҳақәа рзоуп ҳәа анырҳәа, иара уи мап ацәикуан, избанзар диашоуп ҳәа иԥхьаӡон. Иов иҳәамҭақәак иудырбоит аамҭак аҩныҵҟа иара Анцәа иаасҭа диашоуп ҳәа шиԥхьаӡоз (Иов 10:1—3; 32:1, 2; 35:1, 2). Аха Иов еиликаауан схы сыриашоит ҳәа зны-зынла иахәҭам ажәақәа шиҳәоз (Иов 6:3, 26). 31-тәи ахаҿы иаҳбоит Иов Анцәа аҭак ҟаиҵарц, насгьы уиашоуп ҳәа иеиҳәарц шиҭахыз (Иов 31:35). Ҳәарада, Иов агәаҟрақәа дызрықәшәаз Анцәа иеилиркаарц дахьиҳәоз диашаӡамызт.
11. Иахиҳәааи Иегова Иов сиашоуп ҳәа ахьиҳәаз?
11 Иов ихҭыс ахьаҳдыруа иҳаилнаркаауеит игәы каҳаны ииҳәоз ажәақәа ишаадырԥшуа Иеговеи иареи аиҩызара бзиа шрыбжьаз, насгьы агәра ганы дшыҟаз Анцәа ииашаны дшеиликаауа. Аҵыхәтәаны Иегова Иов аҭак анииҭоз, игәаҟрақәа зыхҟьоз зегь аартны иеимҳәаӡеит. Анцәа Иов игәынамӡарақәа рзы димықәыӡбаӡеит, ихы ириашарц азы ииҳәоз ажәақәагьы игәалаимыршәаӡеит. Уи аҭыԥан Иегова абзиабара аазырԥшуа аб иеиԥш хаала алабжьара ииҭеит. Уи Иов ицхрааразы зегь иреиӷьыз акәын. Аҵыхәтәаны Иов ахынраалара аарԥшны иидыруаз шмаҷыз еиликааит, насгьы дымхәыцӡакәа ииҳәаз иажәақәа дрыхьхәит (Иов 31:6; 40:4, 5; 42:1—6). Ирыцхраар шԥалшоз ари ахҭыс ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа? Иҳацхраар шԥалшо уи иахьа?
12. Иднарҵар алшози Иов ихҭыс ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа?
12 Иов ихҭыс ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа иднарҵар алшоз. Даҳгәалаҳаршәап Моисеи. Иара израильаа раԥхьагылаҩ иакәны даныҟала, ирацәаны ауадаҩрақәеи игәы казыжьуаз ахҭысқәеи дрықәшәеит. Урҭ ихигарц азы ачҳара иҭахын. Израильаа ауадаҩрақәа ианрықәшәоз, Иегова изашшуан. Аха Моисеи ус ҟаиҵаӡомызт. Ауадаҩрақәа данрықәшәоз, иара Иегова ацхырааразы диҳәон (Ақәҵ. 16:6—8; Ахыԥхь. 11:10—14; 14:1—4, 11; 16:41, 49; 17:5). Анцәа Моисеи данириашозгьы, Моисеи ачҳара ааирԥшлар ихәҭан. Иаҳҳәап, израильаа изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеирц маҷк шрыгыз, Моисеи дымхәыцӡакәа дцәажәеит, насгьы Иегова дзыԥсаз ахьӡ-аԥша иимҭаӡеит (Аԥсал. 106:32, 33). Анцәа уи дахьирхәит, израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл ахь днаимышьҭӡеит (Ҩынтә. 32:50—52). Ҳәарада, уи Моисеи игәы канажьит, аха иара ахынраалара аарԥшны уи идикылеит. Иов ихҭыс Моисеи ишьҭахь ииуаз абиԥарақәагьы ауадаҩрақәа ианрықәшәало ачҳара аарԥшны зегь ахгара ирыцхраар алшон. Уи ианазхәыцуаз, Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа рцәаныррақәа аартны изеиҭаҳәашьа рҵар рылшон. Уи адагьы, уи ахҭыс ргәырҽаннаҵон Анцәа иаасҭа дара иашоушәа рхы рымԥхьаӡаларц. Уи адагьы, уи иднарбон Иегова ианириашоз, ахынраалара аарԥшны изыӡырҩлар шрыхәҭаз.
13. Ишԥаҳацхраауеи Иов ихҭыс ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рыхгара? (Ауриацәа 10:36).
13 Иов ихҭыс иахьа ишҳацхраауа. Ҳара иуадаҩу аамҭақәа раан ҳанхоит, убри аҟынтә ҳаргьы ачҳара ҳҭахуп. (Шәаԥхьа Ауриацәа 10:36.) Ҳара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳрықәшәар ауеит: ачымазара ӷәӷәа, адепрессиа ма агәҭынчымра, аҭаацәараҿы ауадаҩрақәа, иузааигәоу аӡәы иԥсра, уҳәа убас иҵегьы. Зны-зынла аӡәы иажәақәа ма ихымҩаԥгашьа аҭагылазаашьа еицәанатәыр ауеит (Ажәам. 12:18). Аха ашәҟәы Иов иҳаилнаркаауеит Иегова ҳаҳәарақәа дшырзыӡырҩуа агәра ганы ҳгәы иҵхо изеиҭаҳҳәалар шҳалшо (1 Иоанн 5:14). Иара дҳақәыӡбаӡом, Иов иеиԥш ҳамхәыцӡакәа ак ҳҳәаргьы. Иегова ачҳара аарԥшны зегь ҳхаҳгарц азы амчи аҟәыӷареи ҳаиҭоит (2 Аш. 16:9; Иак. 1:5). Иаҭаххар, Иов дышириашаз еиԥш ҳириашоит. Анцәа Иажәа, иорганизациа, ма ҳҩызак ила алабжьара ҳаиҭар илшоит (Аур. 12:5—7). Уи аҩыза ҳанақәшәо, ачҳара ҳҭаххоит. Иов ахынраалара аарԥшны дышиашам ахьеиликааз ахәарҭа изаанагеит. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп (2 Кор. 13:11). Ааи, ашәҟәы Иов иаҳнарҵо рацәоуп. Уажәшьҭа шәааи уи ашәҟәы егьырҭ ҳрыцхрааларц азы ҳхы иаҳархәалар шҳалшо ҳазхәыцып.
АШӘҞӘЫ ИОВ ЕГЬЫРҬ ШӘРЫЦХРААЛАРЦ АЗЫ ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА
14. Ирзеиҭаҳҳәар шԥаҳалшо ауаа избан адунеи аҿы абриаҟара агәаҟрақәа зыҟоу?
14 Иҟалап ажәабжьҳәараҿы шәаныҟаз избан адунеи аҿы абриаҟара агәаҟрақәа зыҟоу ҳәа аӡә дшәазҵаахьазар. Ишԥаҟашәҵеи ари азҵаара аҭак? Иҟалап Едемтәи абаҳчаҿы иҟалаз ахҭыс шьаҭас иҟашәҵазар. Шәеицәажәара Анцәагьы ауаагьы бзиа изымбоз амаалықь Аҩсҭаа Адами Евеи шижьаз, насгьы Анцәа иҿагылартә аҟынӡа ишнеигаз ала шәалагеит (Алаг. 3:1—6). Анаҩс уи иахҟьаны адунеи агәаҟрақәа рыла ишҭәыз, ауаагьы аԥсра ишалагаз шәҳәеит (Рим. 5:12). Аҵыхәтәаны Анцәа абысҟаамҭа ацәгьара зичҳауа еиҭашәҳәеит. Иара Аҩсҭаа ииҳәаз шымцу ауаа идеилиркаарц азы шаҟа аҭаху аамҭа азалихит. Уи адагьы, аамҭа аҭахын ауаа еилыркаарц аԥхьаҟа Анцәа агәаҟрақәеи аԥсреи шықәиго (Аат. 21:3, 4). Ари азҵаара аҭак абас ианыҟаҳҵо алҵшәа бзиақәа аанагар алшоит. Уи ауаа иреилнаркаауеит иахьа ауаа бзиақәа згәаҟуа.
15. Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо ашәҟәы Иов ауаа згәаҟуа аӡәы иеилҳаркаарц азы? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
15 Ари атема ҳаналацәажәо ашәҟәы Иовгьы ҳхы иаҳархәар ҳалшоит. Зны ауаҩы ари аҩыза аҵак ду змоу азҵаара ахьықәиргылаз азы дшәырҽхәа. Анаҩс ари аҩыза азҵаара Анцәа гәыкала имаҵ зуаз Иовгьы ишизцәырҵыз шәҳәа. Уи ауаҩ ауадаҩрақәа рацәаны дрықәшәеит. Урҭ ауадаҩрақәа зыхҟьоз Анцәа иоуп ҳәагьы игәы иаанагон (Иов 7:17—21). Иҟалап аӡәы иџьеишьаргьы ари атема зқьышықәса раԥхьагьы ауаа иахьрызцәырҵуаз. Патуқәҵарала ауаҩы иеилшәыркаа Иов игәаҟрақәа зыхҟьаз Анцәа иакәымкәа, Аҩсҭаа шиакәыз. Аҩсҭаа ишьақәирӷәӷәар иҭахын ауаа Анцәа имаҵ зыруа ак роурц азоуп ҳәа. Иара убас иацышәҵар ҟалоит Иов игәаҟрақәа Анцәа ишихарамызгьы, урҭ дрықәшәартә шалиршаз, избанзар имаҵзуҩы игәра игон. Иегова агәра ганы дыҟан изиашаны иаанхо, насгьы Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәзырӷәӷәо ауаа шыҟало. Аҵыхәтәаны ауаҩы иашәҳәа Анцәа Иов ачҳара аарԥшны зегь ахьихигаз азы дшизылԥхаз. Абасала агәаҟрақәа Иегова ишихарам ауаа идеилыркаауа ргәы шьҭаҳхлар ҳалшоит.
Ашәҟәы Иов ҳхы иархәаны иҳарбар шԥаҳалшо ауаҩы Анцәа ауаа агәаҟрақәа ишрықәимыршәо? (Шәахәаԥш абзац 15.)
16. Ишԥаицхраауеи ашәҟәы Иов ауадаҩрақәа змоу ауаҩы? Иаажәга аҿырԥштәы.
16 Абар ашәҟәы Иов Ма́рио зыхьӡу хаҵак ишицхрааз. 2021 шықәсазы иаҳәшьак ҭелла ажәабжь лҳәон. Лара Абиблиа аҟынтә Марио ажәеинраала дизаԥхьеит, иагьизеиҭалҳәеит Анцәа ҳаҳәарақәа дшырзыӡырҩуа, уи адагьы, ҳаԥхьаҟа ҳаԥсҭазаара шыбзиахо ала агәыӷра шҳаиҭо. Анаҩс аиаҳәшьа Марио игәаанагара дазҵааит. Иара иҳәеит иҽишьырц шиҭахыз, лара аҭел дасаанӡагьы иҭаацәа рзы асаламшәҟәы аҩра дшаҿыз. «Сара Анцәа игәра згоит, — иҳәеит иара, — аха иахьа ашьыжь зынӡа сиҭахӡам ҳәа сгәы иаанагеит». Аиаҳәшьа аҩынтәраан Марио данизас, Иов дзықәшәаз агәаҟрақәа ртәы изеиҭалҳәеит. Марио ашәҟәы Иов ахы инаркны аҵыхәанӡа даԥхьарц иҭаххеит, аиаҳәшьагьы Абиблиа аиҭага «Адунеи ҿыц» ахь азхьарԥш изылышьҭит. Аҵыхәтәаны Марио Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит, уи абзоурала еиликааит Анцәа иара бзиа дшибо, дагьшихылаԥшуа.
17. Избан ашәҟәы Иов азы Иегова ҭабуп ҳәа зиашәҳәо? (Иов 34:12).
17 Анцәа Иажәа амч ду амоуп — уи ҳаԥсҭазаара аԥсахыр, насгьы агәаҟрақәа ирықәшәо ргәы арҭынчыр алшоит (Аур. 4:12). Ҳара Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Иов ихҭыс ҳара ҳҟынӡа иахьааигаз (Иов 19:23, 24). Ашәҟәы Иов агәра ҳнаргоит Анцәа ацәгьара ҳшақәимыршәо. (Шәаԥхьа Иов 34:12.) Иара убас ашәҟәы Иов иҳаилнаркаауеит Иегова ауадаҩрақәа заанимкыло, насгьы урҭ ауадаҩрақәа ачҳара аарԥшны рыхгара шҳалшо. Уи адагьы, уи ашәҟәы ҳацхраауеит егьырҭ ргәы арҭынчра. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит ашәҟәы Иов аҿы иаагоу азхәыцрақәа егьырҭ ргәы ашьҭыхреи алабжьарақәа рыҭареи ишҳацхраауа.
АШӘА 156 Хаҵара блала
a Иов дынхон Иосиф иԥсреи Анцәа израильаа Египет иалигарц азы Моисеи дишьҭаанӡеи аамҭақәа рыбжьара. Ус акәзар, Иеговеи Аҩсҭааи реиҿцәажәареи Иов иԥышәарақәеи 1657-тәии 1514-тәии ашықәсқәа ҳ. ҟ. рыбжьара акәын ианыҟаз.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.