АҴАРАЗЫ АСТАТИА 49
АШӘА 44 Згәы каҳаны иҟоу Анцәа дышиҳәо
Ашәҟәы Иов егьырҭ рыцхраашьа ҳнарҵоит
«Иов, уаасзыӡырҩ» (ИОВ 33:1).
ЕИЛАҲКААУА
Ҳҩыза даныриашатәу ма игәы анышьҭыхтәу ашәҟәы Иов ҳацхраар шалшо.
1, 2. Иҟарҵар рыхәҭази Иов хҩык иҩызцәеи Елиуии, насгьы избан уи зымариамыз?
АРИ ажәабжь Мрагылара зегьы ирласны иалаҵәеит. Ауаҩ беиа ҳәа еицырдыруаз Иов имаз зегьы ицәыӡит. Елифази, Билдади, Цофари рҩыза ихьыз анраҳа, игәы шьҭырхырц азы Уцҟа ицеит. Уа ианнеи, ирбаз иаршанхеит.
2 Иов ауасақәеи, ацәқәеи, амахҽқәеи, аҽадақәеи рацәаны иман, аха урҭ зегь ицәыӡит. Имаҵуцәа реиҳараҩык ршьит, ихәыҷқәа ракәзар, еилаҳаз аҩны иаҵаҳаны иԥсит. Аха уи аҿы Иов игәаҟрақәа нымҵәаӡеит. Аамҭак ашьҭахь иара ӷәӷәала дычмазаҩхеит, ихы инаркны ишьапы аҟынӡа ашәрақәа илҵит. Хҩык иҩызцәа Уц ианнеи, Иов ахәа дшылатәаз, насгьы ӷәӷәала игәы каҳаны дшыҟаз рбеит. Иахырҳәааи уи? Мчыбжь дуӡӡак ҿымҭӡакәа дышгәаҟуаз иахәаԥшуан (Иов 2:12, 13). Иқәыԥшыз Елиуигьы дааины дрыдтәалеит. Ус, ҿымҭӡакәа иштәаз, Иов даниз амш ашәира далагеит. Иара иҳәеит: «Сан санлыхшоз сзымԥси?» (Иов 3:1—3, 11). Ҳәарада, Иов ацхыраара иҭахын. Елифази, Билдади, Цофари, Елиуии Иов игәы шьҭырхыр, насгьы ицхраар шырҭахыҵәҟьоу идырбар рылшон. Аха рхы шԥамҩаԥыргеи дара?
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Иегова Моисеи иеиҳәеит Иов хҩык иҩызцәеи Елиуии ирҳәаз ашәҟәы ианиҵарц. Елифаз ииҳәаз жәақәак адемон иҵеиҳәазҭгьы ҟаларын. Елиуи иажәақәа ракәзар, Иегова иҟынтә иаауан (Иов 4:12—16; 33:24, 25). Убри азоуп ашәҟәы Иов аҿы алабжьара бзиақәа реиԥш, акы иаԥсамгьы уԥшаар залшо. Шәааи ҳалацәажәап ҳҩыза иҽиԥсахыр ихәҭазар, ари ашәҟәы алабжьара бзиа иҭара ишҳацхраауа. Раԥхьа еилҳаргоит Иов хҩык иҩызцәа иҽеим рҿырԥшы, анаҩс Елиуи иҿырԥш бзиа. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит ашәҟәы Иов ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа иднарҵар алшоз, насгьы иахьа ҳара иҳацхраар шалшо.
ИОВ ХҨЫК ИҨЫЗЦӘА ИҼЕИМ РҾЫРԤШЫ
4. Избан Иов хҩык иҩызцәа игәы зырзышьҭымхыз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
4 Елифази, Билдади, Цофари Иов дзықәшәаз анраҳа, идышшыларц, игәгьы шьҭырхырц азы иара иахь ицеит (Иов 2:11). Аха дара игәы рзышьҭымхӡеит. Избан? Уи азы х-мзызк иадамзаргьы иҟоуп. Актәи, дара Иов изымӡырҩӡакәа алкаа ҟарҵеит. Иаҳҳәап, Иов агәаҟрақәа дызрықәшәаз иҟаиҵахьаз агәнаҳақәа рзоуп ҳәа рыԥхьаӡеит (Иов 4:7; 11:14)a. Аҩбатәи, ражәақәа ԥшӡан, аха ауаҩы ихәаша ракәӡамызт (Иов 13:12). Уи адагьы, ражәақәа угәы удырхьыртә иҟан. Иаҳҳәап, Билдад ҩынтә Иов мыцхәы уцәажәацәоит ҳәа иаҽԥниҳәеит (Иов 8:2; 18:2). Цофар иакәзар, Иов ихшыҩдоу аӡә иакәушәа диацәажәон (Иов 11:12). Ахԥатәи, дара рыбжьы рдуны Иов ишимацәажәозгьы, ирҳәоз, насгьы уи шырҳәоз абзиабареи апатуқәҵареи аныԥшӡомызт (Иов 15:7—11). Дара ирҭахыз Иов игәы ашьҭыхреи ихаҵара арӷәӷәареи акәӡамызт, аха дышиашамыз ирбара акәын.
Ауаҩы алабжьара анишәҭо иара иаасҭа шәеиӷьушәа ихы ибартә еиԥш шәхы мҩаԥыжәымгалан. Хықәкыс ишәымазар акәу ауаҩы ицхраара ауп. (Шәахәаԥш абзац 4.)
5. Лҵшәас иааргазеи Елифази, Билдади, Цофари ражәақәа?
5 Елифази, Билдади, Цофари Иов изимыцхрааӡеит, уимоу, еиҳагьы игәы карыжьит (Иов 19:2). Иов ихы ариашара дахьалагаз еилукаартә иҟоуп. Аха уи мыцхәы даланагалацәеит, иаҭахымызгьы иҳәо далагеит (Иов 6:3, 26). Иов иҩызцәа иарҳәоз Иегова игәаанагара иақәшәаӡомызт, ражәақәагьы рыцҳашьарак рылаӡамызт. Дара ирызгәамҭаӡакәа Аҩсҭаа ихы иаирхәо далагеит (Иов 2:4, 6). Иднарҵози ари аҭоурых анкьа инхоз, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи ҳара?
6. Иднарҵози израильтәи аиҳабацәа Иов хҩык иҩызцәа иҽеим рҿырԥшы?
6 Иов ихҭыс ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа иднарҵар алшоз. Иегова израильаа азакәан анриҭа ашьҭахь, ажәлар русқәа ииашоу иԥҟарақәа рыла изыӡбоз ахацәа алихит (Ҩынтә. 1:15—18; 27:1). Урҭ ахацәа ауаҩы иқәыӡбаанӡа ма алабжьара ирҭаанӡа ибзианы изыӡырҩыр акәын (2 Аш. 19:6). Иара убас Иегова иҭахын дара зегь ҳдыруеит ҳәа акәымкәа, ауаҩы азҵаарақәа иҭаны аус бзианы иҭырҵаарц (Ҩынтә. 19:18). Ацхырааразы ирыҳәоз ихжәаны ирацәажәалар ҟалаӡомызт. Избан? Избанзар ацхыраара иаҳәаз ауаҩы израильтәи аиҳабацәа рыԥсахы шеибакыз ибазҭгьы, игәы иҵхоз рызиаҳәаӡомызт (Ақәҵ. 22:22—24). Ааи, Иов ихҭыс израильтәи аиҳабацәа иднарҵоз рацәан.
7. Иднарҵар алшози Иов ихҭыс израильаа? (Ажәамаанақәа 27:9).
7 Аха ауаҩы дахьиашам ирбара зылшоз аиҳабацәа мацара ракәӡамызт, уи дарбанзаалак израильтәи ауаҩы илшон — дқәыԥшзаргьы, иқәрахь днеихьазаргьы, дхаҵазаргьы, дыԥҳәысзаргьы. Дасу иҩыза Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи ихымҩаԥгашьаҿы акы аԥсахреи дицхраар илшон (Аԥсал. 141:5). Ҳәарада, гәыкала алабжьара уҭара зылшо аҩыза бзиа иоуп. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:9.) Иов хҩык иҩызцәа иҽеим рҿырԥшы израильаа иреилнаркаауан ауаҩы уицхраар уҭахызар иҳәатәым, насгьы иҟаҵатәым.
8. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, ауадаҩрақәа ирықәшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳанрыцхраауа? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
8 Иов ихҭыс ҳара иаҳнарҵар алшо. Ҳара ауадаҩрақәа ирықәшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраалар ҳҭахуп. Аха Иов хҩык иҩызцәа иҟарҵаз агха ҟаҳҵар ҳҭахӡам. Актәи, алкаа ҟаҳҵаанӡа афақтқәа зегь еилаҳкаароуп. Аҩбатәи, Елифаз ишыҟаиҵаз еиԥш, ҳԥышәа ҳақәымгәыӷуазароуп, ҳзықәгәыӷша — Анцәа Иажәа ауп (Иов 4:8; 5:3, 27). Ахԥатәи, ауаҩы ихжәаны ҳаимацәажәалароуп, насгьы даҳмырџьалароуп. Ҳәарада, Елифази Иов егьырҭ иҩызцәеи ирҳәоз ахьиашазгьы ыҟан. Ԥыҭрак ашьҭахь апостол Павелгьы Елифаз иажәақәа исаламшәҟәаҿы ихы иаирхәеит. (Иаҿшәырԥш Иов 5:13, насгьы 1 Коринфаа 3:19.) Аха уеизгьы урҭ ражәақәа еиҳараӡак Анцәа дызлаҟам ала даанарԥшуан, Иовгьы игәы идырхьуан. Убри азоуп Иегова урҭ ражәақәа мцуп ҳәа зиҳәаз (Иов 42:7, 8). Ҳзыцхраар ҳҭаху ауаҩы Иегова дгәымбылџьбароуп, ибзиабарагьы ахаан саԥсахаӡом ҳәа ахәыцра далагартә еиԥш ҳамцәажәалароуп. Уажәшьҭа шәааи ҳалацәажәап Елиуи иҿырԥш бзиа иаҳнарҵар алшо.
Ацхыраара зҭаху ауаҩы шәаниацәажәо: 1) иҭагылазаашьа еилышәкаарц азы ибзианы шәизыӡырҩла; 2) Абиблиа шәхы иашәырхәала; 3) ақьиара аашәырԥшла. (Шәахәаԥш абзац 8.)
ЕЛИУИ ИҾЫРԤШ БЗИА
9. Иҳаилшәыркаа Иов иҩызцәа ражәа ианалга ашьҭахьгьы ацхыраара зиҭахыз? Дышԥаицхрааи Иегова Иов?
9 Иов иҩызцәеи иареи акыраамҭа ажәа еимаркуан. Дара ирҳәаз Абиблиаҿы 28 хы ҟалеит. Аиҳарак ирҳәоз ргәынамӡарақәа ракәын. Ҳәара аҭахума, уи Иов игәы шьҭнамхӡеит. Иара агәышьҭыхреи алабжьареи шиҭахыц иҭахын. Анцәа уи Елиуи ила дицхрааит. Аха избан Елиуи иаразнак ацәажәара дзаламгаз? Иара иҳәеит: «Сара сқәыԥшуп, шәара шәықәрахь шәнеихьеит. Убри аҟынтә шәаҳаҭыр баны ҿысҭӡомызт» (Иов 32:6, 7). Елиуи идыруан абыргцәа еиҳа аҟәыӷара шрымоу, избанзар аԥсҭазаараҿы ирбахьоу рацәоуп, насгьы аҿар ирымам аԥышәа рымоуп. Убри аҟынтә Елиуи ачҳара аарԥшны Иов иҩызцәеи иареи дырзыӡырҩуан. Аха урҭ ажәеимакра ианаҟәыҵ, Елиуи уаҳа изымычҳан, ацәажәара далагеит. Иара иҳәеит: «Ашықәс амацара аҟәыӷара унаҭаӡом, зықәрахь инеихьоу мацара ракәӡам аиаша закәу здыруа» (Иов 32:9). Ииҳәазеи Елиуи анаҩс, насгьы ишԥеиҳәеи уи?
10. Иҟаиҵазеи Елиуи, Иов дахьиашамыз иирбаанӡа? (Иов 33:6, 7).
10 Елиуи Иов дахьиашамыз иирбаанӡа реицәажәара ҭынч имҩаԥысыртә еиԥш иҟаиҵеит. Елиуи иаҳаз зегьы игәы ԥнажәеит, аха Иов иацәажәара далагаанӡа иҽирҭынчит, нас хаала диацәажәеит (Иов 32:2—5). Иаҳҳәап, Елиуи Иов ус иеиҳәеит: «Анцәа иҿаԥхьа уаргьы саргьы ҳаиԥшуп». (Шәаԥхьа Иов 33:6, 7.) Уи адагьы, Елиуи Иов иажәақәа еиҭеиҳәеит, убасала ибзианы дшизыӡырҩуаз иирбеит (Иов 32:11; 33:8—11). Елиуи Иов иажәақәа еиҭаҳәаны дахьиашамыз иирбеит (Иов 34:5, 6, 9; 35:1—4).
11. Дышԥаириашеи Елиуи Иов? (Иов 33:1).
11 Елиуи Иов данириашоз, акгьы даԥсамшәа ихы ибартә еиԥш ихы мҩаԥигаӡомызт, аха пату шиқәиҵоз иирбон. Иаҳҳәап, ихьӡ ҳәаны диацәажәон. Елифази, Билдади, Цофари ракәзар, ианиацәажәоз, ихьӡ рымҳәозҭгьы ҟаларын. (Шәаԥхьа Иов 33:1.) Елиуи Иов хҩык иҩызцәеи иареи ажәа анеимаркуаз ҿымҭӡакәа атәара шаҟа ицәыцәгьаз игәалашәозҭгьы ҟаларын. Убри аҟынтә Иов иажәа иҳәартә алшара ииҭеит (Иов 32:4; 33:32). Иара убас Елиуи Иов ииашамыз игәаанагара шаҟа ишәарҭаз иирбеит. Уи адагьы, хаала игәалаиршәеит Иегова аҟәыӷареи, амчи, аиашареи шилоу, насгьы имаҵзуҩцәа гәыкала бзиа ишибо (Иов 36:18, 21—26; 37:13, 23, 24). Елиуи иажәақәа Иов ицхрааит анаҩс Иегова ииҭаз алабжьарақәа рықәныҟәара (Иов 38:1—3). Иднарҵар алшози Елиуи иҿырԥшы ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
12. а) Дышԥарыцхраауаз Иегова ижәлар аԥааимбарцәа рыла? б) Иднарҵар алшози Елиуи иҿырԥшы Анцәа имаҵзуҩцәа?
12 Елиуи иҿырԥшы анкьа инхоз Иегова имаҵзуҩцәа иднарҵар алшоз. Анцәа лассы-лассы аԥааимбарцәа ирыдиҵон изакәанқәа израильаа иддырҵаларц, насгьы идыриашаларц. Иаҳҳәап, аӡбаҩцәа рхаан Иегова Девора лыла ижәлар амҩақәҵарақәа риҭон. Девора израильаа анык леиԥш дырзыҟан. Иара убас Анцәа Самуил илагьы ижәлар амҩақәҵарақәа риҭон, уи зынӡа данқәыԥшызгьы (Аӡб. 4:4—7; 5:7; 1 Сам. 3:19, 20). Израиль аҳцәа рхаангьы Иегова аԥааимбарцәа алихит, ижәлар ииашаны имҵахырхәара ирыцхрааларц. Израильаа Анцәа ианизымӡырҩуаз, иара аԥааимбарцәа наишьҭуан, урҭ дыриашаларц азы (2 Сам. 12:1—4; Аус. 3:24). Елиуи иҿырԥшы Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа егьырҭ андыриашоз иҳәатәыз, насгьы уи шҳәалатәыз днарҵон.
13. Ишԥаҳацхраауеи Елиуи иҿырԥшы?
13 Елиуи иҿырԥшы иахьа ишҳацхраауа. Елиуи иҿырԥшы ажәытәан инхоз аԥааимбарцәа мацара ракәӡамызт ахәарҭа ззаанагоз. Уи ҳаргьы иҳацхраауеит. Аԥааимбарцәа ишыҟарҵоз еиԥш, ҳаргьы Анцәа гәҭакыс имоу ауаа иреилҳаркаауеит. Ҳара урҭ Абиблиа иану рзеиҭаҳҳәоит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхуеит (1 Кор. 14:3). Елиуи иҿыԥшлар зыхәҭоу раԥхьаӡа иргыланы аизара ахылаԥшыҩцәа роуп. Урҭ ауаҩы хаала, қьиарала иацәажәалароуп, уи игәы каҳаны дахьыҟоу иахҟьаны дымхәыцӡакәа дцәажәозаргьы (Иов 6:3; 1 Фес. 5:14).
14, 15. Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Елиуи иҿыԥшлар? Иаажәга аҿырԥштәы.
14 Ҳхаҿы иааҳгап абри аҩыза аҭагылазаашьа. Аизара ахылаԥшҩы иаҳәшьак лылахь шеиқәу гәеиҭеит. Даҽа иашьаки иареи лгәы шьҭырхырц илҭаауеит. Аиаҳәшьа илҳәоит ажәабжьгьы шылҳәо, аизарақәа рахьгьы дышныҟәо, аха уаанӡа еиԥш агәырӷьара шлымам. Иҟарҵои аишьцәа?
15 Раԥхьа аиаҳәшьа агәырӷьара зылцәыӡыз аилкаара рҽазыршәоит. Уи азы ачҳара аарԥшны ибзианы илзыӡырҩроуп. Лара Анцәа ибзиабара даԥсамшәа лбозар? Мамзаргьы «иахьатәи аԥсҭазаара иацу аусқәа» лымч зегь лымырхуазар? (Лука 21:34). Иара убас аишьцәа уи аиаҳәшьа ддырҽхәоит, ауадаҩрақәа дышрықәшәогьы, аизарақәа дахьырҭаауа, ажәабжьгьы ахьылҳәо азы. Лылахь зеиқәу анеилыркаалак, Иегова бзиа дшибо агәра лзырго абиблиатә жәеинраалақәа лгәаладыршәоит (Гал. 2:20).
АШӘҞӘЫ ИОВ АНАҨСГЬЫ АХӘАРҬА ШӘЗААНАГАЛААИТ
16. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи, ашәҟәы Иов анаҩсгьы ахәарҭа ҳзаанагаларц азы?
16 Шаҟа хәарҭа ду аҵоузеи ашәҟәы Иов! Ҳазхысыз астатиа ишаҳнарбаз еиԥш, ари ашәҟәы Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло ахьҳаилнаркаауа адагьы, урҭ ачҳара аарԥшны рыхгарагьы иҳацхраауеит. Ари астатиаҿы ҳалацәажәеит ҳара зегьы Иов хҩык иҩызцәа ракәымкәа, Елиуи ҳаиҿыԥшны егьырҭ ргәы ашьҭыхреи рылабжьареи шҳалшо. Даҽазны аӡәы игәы ашьҭыхра ма илабжьара анаҭаххалак, ашәҟәы Иов иунарҵо шәхы иашәырхәа. Уи шәамыԥхьеижьҭеи акырҵуазар, даҽазнык шәзамыԥхьари? Ҳәарада, ари ашәҟәы заманаҿы зыхә ҳараку азхәыцрақәа иҵегьы ишәыԥшаауеит!
АШӘА 125 «Бзазара рымоуп арыцҳашьара злоу»
a Елифаз игәы иаанагон Иегова аӡәгьы дуаҩ иашаны диԥхьаӡаӡом ҳәа, насгьы игәы аҟаҵара зылшо аӡәгьы дыҟаӡам ҳәа. Уи иҵазҳәаз адемон иакәзар ауеит. Ари агәаанагара Елифаз убриаҟара инырит ииҳәоз ажәахәқәа рыхԥагьы рҿы уи еиҭеиҳәон (Иов 4:17, 18; 15:15, 16; 22:2).