Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 декабр ад. 14—19
  • Иегова шәиҿыԥшны ахынраалара аашәырԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова шәиҿыԥшны ахынраалара аашәырԥшла
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ЕСНАГЬ ҲЗЫӠЫРҨРА ДАЗХИОУП
  • ИЕГОВА ЕГЬЫРҬ РГӘААНАГАРА ДАЗХӘЫЦУЕИТ, ИӠБАРА АԤСАХРАГЬЫ ДАЗХИОУП
  • ИЕГОВА АЧҲАРА ИЛОУП
  • ИЕГОВА «ДҲАРАКУП, АХА АХЫНРААЛАРА ЗЛОУ ДИБОИТ»
  • Иеговеи Иисуси рхәыцшьа рҿышәҵаала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • «Аӡәы... ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 декабр ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 50

АШӘА 48 Есымша Иегова ҳицуп

Иегова шәиҿыԥшны ахынраалара аашәырԥшла

«Анцәа шәиҿыԥшла, избанзар шәара бзиа иибо ихәыҷқәа шәоуп» (ЕФ. 5:1).

ЕИЛАҲКААУА

Ахынраалара иадҳәалоу Иегова илоу ԥшь-ҟазшьак, насгьы урҭ аҟазшьақәа раарԥшраҿы Иегова ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.

1. Избан Иегова ахынраала ахьилоу џьоушьартә изыҟоу?

АҲӘЫНҬҚАРЦӘА шәхаҿы ианааиуа, урҭ ахынраалара злоу ауаа роуп ҳәа шәызҳәома? Мап шәҳәар ҟалап. Иегова иакәзар, адунеи зегь дшахагылоугьы, ахынраалара злоу Нцәоуп (Аԥсал. 113:5—8). Аԥагьара иааигәарагьы иҟаӡам. Ари астатиаҿы ҳара ахынраалара иадҳәалоу Иегова илоу ԥшь-ҟазшьак ҳрылацәажәоит. Иара убас еилаҳкаауеит Иисус Иаб дшиҿыԥшуаз. Уи Иеговеи ҳареи еиҳагьы ҳаизааигәанатәуеит, еиҳа еиӷьны иҿыԥшрагьы иҳацхраауеит.

ИЕГОВА ЕСНАГЬ ҲЗЫӠЫРҨРА ДАЗХИОУП

2. Иҳаилнаркаауазеи Аԥсалом 62:8 иану Иегова изкны? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

2 Иԥагьоу ауаа рхы ҳаракны ирбоит аҟынтә, рацәажәара уҭаххарым. Аха Иегова ус дыҟаӡам! Ҳара ианааҳҭаху Ҳанцәа ҳиҳәалар, насгьы ҳгәы иҵхо зегь изеиҭаҳҳәалар ҳалшоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 62:8.) Абзиабара злоу аб ихәыҷқәа рыҳәарақәеи рыгәҭыхақәеи еснагь дырзыӡырҩуеит. Убас еиԥш Иеговагьы имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рзыӡырҩра еснагь дазхиоуп. Жәҩантәи Ҳаб иҭахуп иҳәара ҳацәыԥхамшьаларц. Иара Абиблиаҿы ирацәаҩны имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа анызартәгьы иҟаиҵеит (Иис. Н. 10:12—14; 1 Сам. 1:10—18). Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи, Иегова иҳәара ҳаԥсаӡам ҳәа ҳгәы иаанагозар?

Аҷкәын хәыҷы аҳаирплан хәыҷ кны дшыхәмаруаз аваза шицәыԥҽыз иаб изеиҭеиҳәоит. Иаб ачҳара аарԥшны дизыӡырҩуеит.

Аб Иегова ихынраалара даҿыԥшны дшыхәмаруаз аваза ԥызҽыз иҷқәын дизыӡырҩуеит. (Шәахәаԥш абзац 2.)


3. Избан Иегова лассы-лассы ҳиҳәалар шиҭаху агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?

3 Ҳара Анцәа ибзиабара ҳаԥсаӡам ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, ҳиҳәалар ҳалшоит. Иабантәиҳдыруеи уи? Иӡыз, аха ихынҳәыз аԥа изку ажәамаанаҿы Иисус Иегова абзиабара злоу аб диҿирԥшит. Уи ауаҩ иԥа агхақәа рацәаны иҟаиҵеит, иаб шьҭахьҟьа дидикылаӡом ҳәагьы игәы иаанагон. Аха ихы шԥамҩаԥигеи аб, иԥа аҩныҟа даныхынҳә? Иара иԥа харантәи даниба, «дыҩуа диԥылан, дигәыдиҳәҳәалан, дигәӡит» (Лука 15:17—20). Иегова ари ажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәоу аб даара диеиԥшуп. Шьоукы агха ахьрыхьыз иахҟьаны рхы ахара адырҵоит, даҽа шьоукы агәҭынчымра иаргәаҟуеит. Ус еиԥш иҟоу ауаа аниҳәо, Иегова ахынраалара аарԥшны урҭ зҿлымҳарала дырзыӡырҩуеит (Аҵә. 3:19, 20). Арыцҳашьара злоу Ҳанцәа урҭ ргәы шьҭихырц, бзиа ишибогьы агәра диргарц азы, инықәырԥшны иуҳәозар, дыҩны дырԥылоит (Ис. 57:15). Дыҩны дышԥаҳԥыло Иегова? Лассы-лассы иара аизара ахылаԥшыҩцәеи имаҵ зуа ҳҭынхацәеи ҳҩызцәеи рыла ҳгәы шьҭихуеит (Иак. 5:14, 15). Иегова дызҳацхраауа иареи ҳареи аиҩызара ҳабжьазарц ахьиҭаху азоуп.

4. Избан ауаа Иисус иацәажәара зыргәаԥхоз?

4 Иисус Иаб диҿыԥшуеит. Иаргьы ахынраалара илоуп. Убри аҟынтә адгьыл аҿы даныҟаз, ауаа иацәажәара ргәаԥхон. Дара азҵаарақәа иҭара иацәыԥхашьаӡомызт (Марк 4:10, 11). Иара акы данразҵаауазгьы, ргәаанагара аҳәара ишәаӡомызт (Матф. 16:13—16). Гхак анрыхьуазгьы, ииҳәарызеишь ҳәа ишәаӡомызт, избанзар ирдыруан Иисус ақьиареи, арыцҳашьареи, ачҳареи шилаз (Матф. 17:24—27). Иисус Иаб ихы шымҩаԥигоз еиԥш ихы мҩаԥигон. Убри аҟынтә иҵаҩцәа ииҳәоз-ииуаз анырбоз, Анцәа еиҳа еиӷьны деилыркаауан (Иоанн 14:9). Уи абзоурала дара еилыркааит Иегова ахынраалара шилоу, дырзааигәазарцгьы шиҭаху. Иара ихжәаз, иԥагьаз адиннапхгаҩцәа зынӡа дреиԥшӡамызт.

5. Избан ахынраалара анҳалоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳацәажәара зырзымариоу?

5 Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшлар? Ахынраалара ҳзымхозар, егьырҭ ҳрыҵашьыцлоит, дара раасҭа ҳеиӷьушәа ҳхы ҳбалоит, насгьы ҳрыцәгәаалоит. Усҟан ауаа ҳацәажәарагьы рҭаххаӡом. Ахынраалара акәзар, ақьиареи ачҳареи раарԥшреи ауаа рыгхақәа ранажьреи иҳацхраауеит. Усҟан аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳацәажәара ргәаԥхалоит (Кол. 3:12—14). Еиҳарак уи хадоуп аизара ахылаԥшыҩцәа рзы. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи еибабалароуп. Ҳәарада, аизара ахылаԥшыҩцәа аизара авидеоконференциала ианаҭаауагьы ыҟоуп, аха еиҳараӡак аизарақәа рахь лабҿаба иныҟәоит, аишьцәеи аиҳәшьцәеи дареи еибабаларц азы. Уи адагьы, аизара ахылаԥшыҩцәа ианрылшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь рыцырҳәоит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи реизара ахылаԥшыҩцәа ибзианы ианырдыруа, ацхырааразы рыҳәара еиҳа ирзымариоуп.

ИЕГОВА ЕГЬЫРҬ РГӘААНАГАРА ДАЗХӘЫЦУЕИТ, ИӠБАРА АԤСАХРАГЬЫ ДАЗХИОУП

6, 7. Иаажәга Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа дырзыӡырҩны иӡбара шиԥсахуаз узырбо аҿырԥштәқәа.

6 Иегова егьырҭ ргәаанагара дазхәыцуеит, иӡбара аԥсахрагьы дазхиоуп. Иԥагьоу ауаа ргәаанагара заҵәык ауп ииашоу ҳәа рыԥхьаӡоит, уи аԥсахрагьы рҭахӡам. Иегова зегь раасҭа дышҟәыӷоугьы, ус дыҟаӡам. Иара ахынраалара илоуп, убри аҟынтә егьырҭ ргәаанагара дазхәыцуеит, иӡбара аԥсахрагьы дазхиоуп. Иаҳгәалаҳаршәап Мариами Аарони Иегова Израиль иахаиргылаз рашьа Моисеи изашшра ианалага Иегова иҟаиҵаз. Мариам пату зқәылымҵаз Иегова ихаҭа иакәын. Убри аҟынтә Иегова игәы лзыԥжәан, ацәеилабаара лирхьит. Аха Аарон Моисеи Мариам длыцхраарц даниҳәа, уи Иегова Мариам дихәышәтәырц азы дӷьаҵәыӷьаҵәуа иҳәара далагеит. Ихы шԥамҩаԥигеи Анцәа? Иара дԥагьазҭгьы, иӡбара иԥсахрымызт. Аха Иегова ахынраалара илоуп. Убри аҟынтә Моисеи дизыӡырҩны Мариам дихәышәтәит (Ахыԥхь. 12:1—15).

7 Иара убас иаҳгәалаҳаршәап Иегова иԥааимбар ила аҳ Езекиа уԥсуеит ҳәа аниеиҳәа ашьҭахь иҟалаз. Езекиа длаӷырӡышо Иегова дихәышәтәырц диҳәон. Анцәа аҳ дрыцҳаишьан, 15 шықәса изациҵеит (2 Аҳ. 20:1, 5, 6). Ааи, ахынраалара Иегова игәазҭанаҵоит арыцҳашьара аарԥшреи, иӡбара аԥсахреи.

8. Избан Иисус ауаа дрызхәыцуеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (Марк 3:1—6).

8 Иисус Иаб диҿыԥшуеит. Иара адгьыл аҿы даныҟаз, ауаа ацхыраара анырҭахыз, мап рцәикӡомызт. Убри ала ауаа дышрызхәыцуаз убарҭан. Иара асабшазгьы ауаа ихәышәтәуан, уи агәы зызҭамыз адиннапхгаҩцәа рыԥсахы шеибанаркуазгьы. (Шәаԥхьа Марк 3:1—6.) Уажәгьы, ақьырсиантә еизара иахагылоу иаҳасабала, Иисус ауаа дрызхәыцуеит, насгьы арыцҳашьара ааирԥшуеит. Иаҳҳәап, аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵо, Иисус ачҳара аарԥшны уи аҽыԥсахразы алшара ииҭоит (Аат. 2:2—5).

9. Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшны егьырҭ ҳрызхәыцлар? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

9 Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшлар? Ҳхәыцрақәагьы ҳусқәагьы ауаа ҳашрызхәыцуа рныԥшларц азы ҳхы аус адаҳулалароуп (Иак. 3:17). Иаҳҳәап, ахәыҷқәа ирызхәыцуа аҭаацәа рхәыҷқәа иаарҳәо зегь ҟарҵаӡом. Убри аамҭазгьы дара рхәыҷқәа рҟынтә ирылымшо иазыԥшӡам. Алагамҭа 33:12—14 аҿы иану Иаков иҿырԥшы уи ибзианы иунарбоит. Иара убас ахынраалара злоу, ахәыҷқәа ирызхәыцуа аҭаацәа рхәыҷқәа аӡәи-аӡәи еиҿдырԥшӡом. Аизара ахылаԥшыҩцәагьы егьырҭ ирызхәыцлароуп. Аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак аҿы аиҳараҩык аишьцәа ргәаанагара еиқәшәозар, насгьы уи агәаанагара абиблиатә принципқәа ирҿамгылозар, уи аҟазшьа даҽа гәаанагарак змоу аиашьа иара итәы амыргара ицхраауеит (1 Тим. 3:2, 3). Ҳгәаанагареи даҽаӡәы игәаанагареи анеиқәымшәо, уи иеилкаара ҳҽазаҳшәалароуп — уи зегьы хықәкыс иҳамазароуп (Рим. 14:1). Аизараҿы зегьы Филиппаа 4:5 аҿы иану инақәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалар бзиоуп. Уа иануп: «Аҽанраалашьа шыжәдыруа зегьы ирбарҭазааит».

Асахьақәа реизга «Аб ихәыҷқәа ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь ахьицырҳәо деигәырӷьоит»: 1) иҷкәын аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ахаҵа ишидигало дахәаԥшуеит, ихиҿгьы еихаччоит; 2) ԥыҭрак ашьҭахь иԥҳа асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа абӷьыц аԥҳәыс ишлыдылгало дахәаԥшуеит, ихиҿгьы еихаччоит.

Ахәыҷқәа ирызхәыцуа аб ихәыҷқәа ирылшо-ирылымшо идыруеит, убри аҟынтә ажәабжьҳәара ианыҟоу ирылымшо дазыԥшӡам. (Шәахәаԥш абзац 9.)


ИЕГОВА АЧҲАРА ИЛОУП

10. Иаажәга Иегова ачҳара шилоу ҳзырбо аҿырԥштәқәа.

10 Иҟалап игәашәҭахьазар иԥагьоу ауаа аԥшра шырцәымӷу. Дара ачҳара рымаӡам. Иегова урҭ зынӡа дреиԥшӡам! Иара иеиԥш ачҳара злоу аӡәгьы дыҟаӡам. Иаҳҳәап, Нои ихаан Иегова ауаа цәгьақәа ықәихаанӡа 120 шықәса дшыԥшло иҳәеит (Алаг. 6:3). Анцәа ачҳара ахьааирԥшыз абзоурала Нои ихәыҷқәа иааӡарц азы, насгьы аковчег еицдыргыларц азы аамҭа иман. Ҳахәаԥшып даҽа ҿырԥштәыкгьы. Иегова Содоми Гоморреи шықәиго Авраам ианиеиҳәа, уи Анцәа ирацәаны азҵаарақәа ииҭо далагеит. Иегова дԥагьазҭгьы «Уара уда уи сзымыӡбо џьушьома?» ҳәа иеиҳәар илшон. Аха Иегова ахынраалара илоуп аҟынтә, ачҳара аарԥшны Авраам дизыӡырҩуан (Алаг. 18:20—33).

11. Избан Иегова иахьагьы ачҳара зааирԥшуа? (2 Пиотр 3:9).

11 Ахынраалара злоу Ҳанцәа иахьагьы ачҳара ааирԥшуеит. Иара ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа анԥиҵәо амш алиххьеит, уи аамҭагьы дазыԥшуп. Избан Иегова абриаҟара ачҳара зааирԥшуа? Избанзар «аӡә дҭахар иҭахӡам, зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц ауп ииҭаху». (Шәаԥхьа 2 Пиотр 3:9.) Иегова ачҳара ахьааирԥшуа абзоурала миллионҩыла ауаа иҩызцәахахьеит. Ҳара ҳгәыӷуеит Анцәа иҩызцәахо ауаа иҵегьы ирацәахоит ҳәа. Аха Иегова ичҳара аҳәаа амоуп. Иара ауаа бзиа ибоит, аха иаарҭаху зегь ҟарҵалар иуӡом. Анцәа ацәгьара аҵыхәтәа ԥиҵәоит! (Авв. 2:3).

12. Дышԥаиҿыԥшуеи Иисус Иегова ачҳара аарԥшраҿы?

12 Иисус Иаб диҿыԥшуеит. Иисус Иегова диҿыԥшны ачҳара ааирԥшуеижьҭеи зқьышықәсақәа ҵуеит. Анцәа Иԥа ибоит Аҩсҭаа Иегова изиашоу имаҵзуҩцәеи иареи амц шырзиҳәо (Алаг. 3:4, 5; Иов 1:11; Аат. 12:10). Иара убас Иисус идыруеит ауаа рыԥсҭазаара шаҟа ицәгьоу. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит иара «Аџьныш иусқәа» хирбгалар шаҟа иҭаху! (1 Иоанн 3:8). Ицхраауеи Иисус ачҳара аарԥшра, Иегова Аџьныш аусқәа рхырбгалара иаамҭоуп ҳәа иеиҳәаанӡа? Раԥхьаӡа иргыланы, ахынраалара. Иара еиликаауеит ацәгьара аҵыхәтәа аныԥҵәатәу зыӡбаша иара иакәымкәа, Иегова шиакәу (Аус. 1:7).

13. Ишԥааирԥшуаз Иисус иапостолцәа рахь ачҳара? Избан иара ачҳара зааирԥшуаз?

13 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз, иапостолцәа рахь ачҳара ааирԥшуан. Иаҳҳәап, дара ҳауа еиҳада ҳәа есымша ажәа шеимаркуазгьы, урҭ акгьы рылҵӡом ҳәа иԥхьаӡаӡомызт, ачҳарагьы ааирԥшуан (Лука 9:46; 22:24—27). Иара урҭ рыҽшырыԥсахуа агәра игон. Иҟалап шәара зныкымкәа гхак шәыхьхьазар. Ус акәзар, абриаҟара ахынраалареи ачҳареи злоу Аҳ дахьшәымоу ахә ҳаракны ишәшьозар акәхап.

14. Иҟаҵалатәузеи, ачҳара аарԥшышьа ҳҵарц азы?

14 Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшлар? Ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи Иегова ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи еиԥшзарц азы «Христос ихәыцшьа» ҳамазароуп (1 Кор. 2:16). Иҳаур шԥаҳалшо уи? Абиблиаҿы иану Иисус изку ахҭысқәа еиԥмырҟьаӡакәа рыԥхьара зегь раасҭа ихадоу азнеишьақәа иреиуоуп. Иара убас ҳзыԥхьо Иисус дышхәыцуа шаҳнарбо ҳазхәыцлароуп. Уи адагьы, Иегова ҳиҳәалароуп, Иисус ишыҟаиҵо еиԥш, ахынраалареи ачҳареи раарԥшра дҳацхрааларц. Иисус ихәыцшьа иҿаҳҵаацыԥхьаӡа, Иегова иҿыԥшреи ачҳара аарԥшреи ҳзымариахоит — ҳахгьы ҳачҳалоит, егьырҭ рахьгьы ачҳара ааҳарԥшлоит (Матф. 18:26—30, 35).

ИЕГОВА «ДҲАРАКУП, АХА АХЫНРААЛАРА ЗЛОУ ДИБОИТ»

15. Ишԥааирԥши Иегова ахынраалара злоу ауаа рыхә ҳаракны ишишьо? (Аԥсалом 138:6).

15 Шәаԥхьа Аԥсалом 138:6. Хыхь иҟоу Анцәа Ду Иегова ахынраалара злоу ауаа рыхә ишьоит. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи уи ҳара ҳзы! Абар ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Иегова ахынраалара аазырԥшуаз ауаа ҳаҭыр шрықәиҵоз узырбо ҿырԥштәқәак. Урҭ ауаа рҟынтә шьоукы иаразнак иаҳгәаламшәаргьы ҟалоит, аха Иегова рыхьӡқәа Абиблиа ианылартә иҟаиҵеит. Иаҳҳәап, Девора. Лара 125 шықәса раҟара Исааки Иакови рҭаацәарақәа гәыкала рымаҵ луан. Лара илызкны иаҳдыруа шмаҷугьы, Иегова Абиблиа ианылартә иҟаиҵаз кәамаҵамарак уи шаҟа бзиа дырбоз ҳаилнаркаауеит (Алаг. 24:59; 35:8, албаага). Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иегова Давид зыхьӡыз ахьча қәыԥш дгәеиҭан, Израиль аҳас дшыҟало иӡбеит (2 Сам. 22:1, 36). Иисус дышиҵәҟьаз Анцәа ахьчацәа рахь амаалықьцәа ишьҭит, урҭ Мессианы иҟалараны иҟаз ахәыҷы Вифлеем дышиз рарҳәарц азы. Зегь раԥхьа уи ажәабжь заҳаз урҭ ахьчацәа ракәхеит. Убас Иегова дара аҳаҭыр ду раҭәеишьеит (Лука 2:8—11). Иосифи Мариеи Иисус аныҳәарҭахь даннарга, Иегова Симеони Аннеи иԥа дырбартә иҟаиҵеит. Убас иара иааирԥшит зықәрахь инеихьаз урҭ имаҵзуҩцәа рыхә ҳаракны ишишьоз (Лука 2:25—30, 36—38). Ааи, «Иегова дҳаракуп, аха ахынраалара злоу дибоит»!

16. Ҳаҭыр шԥарықәиҵоз Иисус ауаа Иаб диҿыԥшны?

16 Иисус Иаб диҿыԥшуеит. Иисусгьы ахынраалара злаз ауаа рыхә ҳаракны ишьон. Иара урҭ Анцәа Иаҳра аӡбахә рзеиҭеиҳәон (Матф. 11:25; Аус. 4:13). Иара убас Иисус ачымазцәа ихәышәтәуан, насгьы апатуқәҵареи абзиабареи ишаԥсоу дирбон (Лука 5:13). Иисус иԥсра уахык шагыз иапостолцәа ршьапқәа иӡәӡәеит, уи аус назыгӡоз амаҵуцәа шракәызгьы (Иоанн 13:5). Ажәҩан ахь дхынҳәаанӡа иара иҵаҩцәа шаҟа рыхә ҳаракны ишьоз дирбеит. Иисус ишьҭанеицәа зегь раасҭа ихадоу адҵа риҭеит — ауаа наӡаӡа инхаларц азы рыцхраара (Матф. 28:19, 20).

17. Ишԥаҳалшо ауаа ҳаҭыр рықәаҳҵалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшлар? Ҳара ауаа еилымхӡакәа, урҭ ахьатәызаалакгьы, рцәаԥштәи ирымоу аҵареи зеиԥшразаалакгьы, ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәоит. Убасала пату шрықәаҳҵо ааҳарԥшуеит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеигьы бзиа иаҳбоит, ҳаҭыргьы рықәаҳҵоит. Дара раасҭа акы еиҳа еиӷьны иаҳзалҵуазаргьы, аизараҿы дара ирымам адҵақәа ҳадзаргьы, урҭ ҳара ҳаасҭа еиҳауп ҳәа ҳаԥхьаӡоит (Флп. 2:3). Пату анбасықәырҵо ҳәа ҳамԥшӡакәа, егьырҭ пату анрықәаҳҵо, Иегова уи даараӡа деигәырӷьоит (Соф. 3:12; Рим. 12:10).

Ҩыџьа аиҳәшьцәа абахҭа иҭаку аԥҳәыс Абиблиа лдырҵоит.

Ҳара ауаа еилымхӡакәа ажәабжь бзиа зегьы ирзеиҭаҳҳәозар, Иегова иеиԥш ахынраалара ааҳарԥшуеит. (Шәахәаԥш абзац 17.)a


18. Избан Иегова шәиҿыԥшны ахынраалара аашәырԥшлар зышәҭаху?

18 Жәҩантәи Ҳаб ҳаиҿыԥшны ахынраалара ааҳарԥшларц азы аџьабаа ҳбозар, зацәажәара мариоу уааны ҳҟалоит, ауаа ҳрызхәыцлоит, насгьы ачҳара ааҳарԥшлоит. Иара убас ҳара Иегова ҳаиҿыԥшны ауаа ҳаҭыр рықәаҳҵоит. Ишәхашәмыршҭлан: ахынраалара злоу Ҳанцәа шаҟа ҳаиҿыԥшуа аҟара, убриаҟара иҿаԥхьа ҳахә ҳаракызаауеит (Ис. 43:4).

ИШԤАҲАЦХРААУЕИ АХЫНРААЛАРА...

  • зацәажәара мариоу уаҩны аҟазаара?

  • ауаа рызхәыцра?

  • ачҳара аарԥшра?

АШӘА 159 Ишәҭ Иегова ахьӡ-аԥша

a АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиҳәшьцәа Иегова ихынраалара иаҿыԥшны абахҭа иҭаку аԥҳәыс Абиблиа лдырҵоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2026)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра