АЖӘАБЖЬ 13
Авраам — Анцәа иҩыза
АДУНЕИЗЕГЬТӘИ аӡхыҵра ашьҭахь ауаа нхара иахьыиасыз ақалақьқәа ируакын Ур. Уи крызҵазкуа, аҩны ԥшӡақәа ахьыҟоу қалақьны иҟалеит. Аха Ур инхо амц-нцәахәқәа иреихырхәон. Урҭ Вавилон инхоз реиԥшҵәҟьа рхы мҩаԥыргон. Нои иԥацәеи иареи Ури Вавилони инхоз ауаа иреиԥшымызт, урҭ Иегова имаҵура иаҟәыҵуамызт.
350 шықәса анҵы аӡхыҵра ашьҭахь, дыԥсит ауаҩы иаша Нои. Убри ашьҭахь ҩышықәса цқьаны ианҵы диит, асахьаҿы иарбоу ауаҩы. Анцәа уи даара бзиа дибон. Уи ауаҩы Авраам ихьӡын. Уи иҭаацәа иманы Ур ақалақь аҟны дынхон.
Зны, Иегова Авраам иахь ихы наирхеит: ‘Иааныжь Ур, уҭынхацәагьы, уагьца сара иусырбо атәылахь. Дизыӡырҩымашь Авраам Анцәа, егьаанижьмашь ишьҭахьҟа Ур аманшәаларақәа? Ааи, убасҵәҟьа ҟаиҵеит. Авраам еснагь Анцәа дахьизыӡырҩуаз азы уи Анцәа иҩыза ҳәа дырдыруа дҟалеит.
Авраам ицны Ур иалҵит иҭынхацәақәакгьы. Уи иаб Фарра. Уи иашьа иԥа Лот. Хымԥадагьы, Авраам дицалҵит иԥҳәыс Сарра. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь, урҭ ааит Харран зыхьӡыз, Фаррагьы дахьԥсыз аҭыԥ аҟны. Урҭ Ур иацәыхараны иҟан.
Хара имгакәа Авраам иҭаацәеи иареи Харран аанрыжьит, егьдәықәлеит Ханаан зыхьӡыз адгьыл ахь. Уаҟа Иегова иҳәеит: ‘Абар, ухәыҷқәа ирысҭо адгьыл’. Авраам даанхеит Ханаантәи адгьылаҿы, ашьаԥақәа рҟынгьы дынхон.
Анцәа Авраам дицхраауан: уи иоуит ауаса гәарҭа дуқәеи егьырҭ арахәқәеи, иара убас шәҩыла амаҵуҩцәа. Аха Сарреи иареи рхатәы хәыҷқәа рымамызт.
Авраам 99 шықәса анихыҵуаз, Иегова уи агәра ииргеит: ‘Сара ажәа усҭоит — уара абыс уроуеит ажәлар рацәақәа’. Аха уи ҟалашьаз иаиуазеи, Авраами Сарреи уажәшьҭа иажәцәазар, ахәыҷқәа роуратәгьы иҟамзар?