АЖӘАБЖЬ 85
Иисус абора аҟны диуеит
ИУДЫРУАМА, ари асаби дызусҭоу? Ааи — ари Иисус иоуп. Уажәыҵәҟьа ауп уи дании абораҟны. Абора — ари арахәқәа ахьҭаркуа аҭыԥ ҷыда ауп. Мариа асаби дҭалҵоит аҽадақәеи егьырҭ арахәқәеи рхәы ахьҭарҵо аҽыхәчар. Аха избан Мариеи Иосифи уажәы араҟа, арҭ арахәқәа рыгәҭа изыҟоу? Ари ахшаараиурҭа иақәнагома?
Ҳәарада, мап. Арҭ ара изыҟоу абри азоуп. Римтәи аҳәынҭқар Цезар Август азакәан аԥиҵеит, уаҟа иаҳәоит дызусҭазаалакгьы дахьиз ақалақь аҟны дхынҳәыроуп, ихьӡгьы ашәҟәы иҭеиҩыроуп ҳәа. Иосиф аброуп дахьиз — Вифлеем. Аха Мариеи иареи ақалақь ахь ианааи, аҭыԥ џьаргьы ирмоуӡеит. Убри азы арҭ арахь, арахә ахьҭаркуаз, аара рықәшәеит. Убри аҽныҵәҟьа Мариа Иисус дылхылҵит! Аха ишубо еиԥш уи дыбзиахәӡа дыҟоуп.
Иоубома Иисус ибара иааз ахьчацәа? Урҭ ауасақәа уахынла ианырхылаԥшуаз, иаалырҟьаны алашара иарлашәит. Уи амаалықь иакәын. Ахьчацәа даара ишәеит. Аха амаалықь ирҭынчит иаразнак: ‘Шәымшәан! Шәара шәзы ажәабжь бзиа сымоуп. Иахьа Вифлеем диит иҳақәиҭу Христос. Уи ауаа еиқәирхоит! Уи асаби дызгәыларҳәо акәыршақәа икәыршаны, ачыхәчар аҟны дшәыԥшаауеит’. Иаалырҟьаны даара ирацәаӡаны Анцәа дзырҽхәоз амаалықьцәа цәырҵит. Ахьчаҩцәа иаразнак Иисус иԥшаара идәықәлеит, араҟагьы дрыԥшааит.
Иудыруама, Иисус егьырҭ дызлареиԥшымыз? Дызусҭацәҟьада иара? Иугәаларшәа, ари ашәҟәы актәи ажәабжь аҟнытә ҳара еилаҳкааит раԥхьатәи Анцәа Иԥа иӡбахә. Уи Иегова аус ициуан ажәҩани, адгьыли, егьырҭ зегьы ршараангьы. Уажәшьҭа еилукаауеит — Иисус дызусҭоу!
Ааи, Иегова Иҷкәын иԥсҭазаара ажәҩан аҟнытә Мариа лымгәаҭахь ииаигеит. Мариа лымгәаҭа асаби иаразнак азҳара далагеит, егьырҭ асабицәагьы мгәаҭа ишрызҳауа еиԥшҵәҟьа. Аха ари асаби Анцәа иҷкәын иакәын. Аҵыхәтәан Иисус диит Вифлеем, абри абораҿы. Уажәшьҭа еилукаауама, амаалықьцәа абысҟак игәырӷьаҵәа ауаа израрҳәоз Иисус дышиз атәы?