Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 99
  • Хыхьтәи ауадаҿы

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Хыхьтәи ауадаҿы
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус аҵыхәтәантәи иуаххьа
    Учимся на примерах из Библии
  • Христос иԥсра агәаларшәара иазку Ахәылԥаз — Анцәа дҳаразкуа ахҭыс
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Иҳаилнаркаауазеи имариоу, насгьы иҷыдоу ахҭыс жәҩантәи Ҳаҳ изкны?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 99

АЖӘАБЖЬ 99

Хыхьтәи ауадаҿы

ҨЫМШ ҵхьеит уажәшьҭа, иахьа ԥшьашоуп, хәылбыҽхоуп. Иисус 12-ҩык иапостолцәеи иареи хыхьтәи ауадахь иааит, мшаԥы иатәу уаххьа рфарц азы. Идәылҵны ицо ауаҩы Иуда Искариот иоуп. Уи аԥшьаҩцәа рахь дцоит, Иисус икраҿы дрыцхрааразы.

Ҽнак шыбжьаз Иуда дааны урҭ дразҵаауеит: ‘Исышәҭарызеи, Иисус икраҿы сшәыцхраар?’ — ‘Ҩажәижәаба раӡны’,— ажәа ирҭоит уи. Абар уажәшьҭа Иуда дара рахь дцоит, Иисус дахьыҟоу дирбарц. Ари иус бааԥсӡами?

Мшаԥтәи уаххьа иалгеит. Аха уажәшьҭа Иисус иҷыдоу даҽа уаххьак напы аиркуеит. Уи апостолцәа рахь ача наирхоит, иагьиҳәоит: ‘Ишәфа, избанзар ари шәара ишәыхҭнысҵараны иҟоу сцәеижь ауп иаанаго’. Нас уи аҩы зҭаз аҵәца риҭоит, иагьиҳәоит: ‘Ижәжәы ари, избанзар уи шәара шәзы икаҭәараны иҟоу сшьа ауп иаанаго’. Абиблиа аҟны ари уаххьа «Иҳақәиҭу ихәылԥаз», мамзаргьы «Иҳақәиҭу иуаххьа» ҳәа иашьҭоуп.

Израилаа Мшаԥы рфон, урҭ Мсыр Анцәа имаалықь рыҩнқәа «данрывсыз», мсыраа рыҩнаҭақәа рҟны раԥхьахшаақәа анишьыз ргәаладыршәаларц азы. Уажәы Иисус иҭахыуп, ишьҭанеицәа иара дырхадмыршҭларц, насгьы ихы шрықәиҵаз атәы ргәаладыршәаларц. Убри аҟнытә дрыҳәоит, урҭ есышықәса ари иҷыдоу уаххьа азгәарҭаларазы.

Иҳақәиҭу ихәылԥаз ашьҭахь Иисус апостолцәа ааԥхьара риҭоит ахаҵараҿы агәымшәареи аӷәӷәареи аадырԥшларц. Аҵыхәтәан урҭ Иегова дзырҽхәо ашәақәа рҳәоит, иагьцоит. Уажәы аҵх акыр инеихьеит, иҟалап, аҵх агәы еиҩнашахьазаргьы. Уааи, игәаҳҭап, урҭ рхы ахьдырхо.

Маҭфеи 26:14—30; Лука 22:1—39; Иоанн, ахқәа 13—17; 1 Коринфаа рахь 11:20.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра