АҴАРАЗЫ АСТАТИА 4
Иҳаилнаркаауазеи имариоу, насгьы иҷыдоу ахҭыс жәҩантәи Ҳаҳ изкны?
«Ари Сара Сцәеижь ауп. ...Ари... ауасиаҭ ҿыц иатәу Сара Сшьа ауп» (МАТФ. 26:26—28).
АШӘА 16 Иаг ихьӡ ҳарашәкла ииԥшьаз Иԥа изы
АХҲӘААa
1, 2. а) Избан ҳара изџьаҳамшьо Иисус иԥсра ҳгәалаҳаршәаларц азы иҳаиҭаз анапхгара ахьымариоу? б) Иарбан Иисус иааирԥшуаз ҟазшьақәоу еилҳарго?
ИШӘҲӘАР шәылшома шәара есышықәса иазгәаҳҭо Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз шымҩаԥысуа? Ҳәарада, аӡәырҩы ҳзы уи цәгьаӡам. Избан? Избанзар ари аныҳәа азгәаҭара џьабаа зцым ак ауп. Аха уеизгьы уи акрызҵазкуа ныҳәоуп. Убри аҟынтә ицәырҵуеит азҵаара: «Избан уи азгәаҭара абас изымариоу?»
2 Иисус адгьыл аҿы данынхоз ихадоу аҵабыргқәа ауаа еилыркааратәы ирмарианы идирҵон (Матф. 7:28, 29). Убас еиԥш иҵаҩцәа иԥсра амш шазгәаҭалатәуb анреиҳәоз иара имариаз, аха убри аамҭазгьы аҵак ду змаз амҩақәҵарақәа риҭеит. Шәааи Агәаларшәара ахәылԥаз еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәап, иара убас Иисус усҟан ииҳәаз, насгьы иҟаиҵаз еилҳаргап. Уи ҳацхраауеит Иисус иааирԥшуаз ахынраалареи, агәымшәареи, абзиабареи еиҳагьы рыхә ашьара, насгьы иаҳнарбоит еиҳа еиӷьны иҿыԥшра шҳалшо.
ИИСУС АХЫНРААЛАРА ИЛОУП
Агәаларшәара ахәылԥаз аҿы иҟоу ачеи аҩи иаҳгәаладыршәоит Иисус иԥсы шҳахҭниҵаз, насгьы уажәы иара ажәҩан аҿы аҳра шиуа (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3—5.)
3. Ицәгьазма Иисус иаԥиҵаз аныҳәа азгәаҭара Матфеи 26:26—28 ишаҳнарбо ала, насгьы иаадырԥшуази ачеи аҩи?
3 Иисус иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз анеиҿикааз 11-ҩык изиашаз иапостолцәа ицын. Мшаԥазтәи аныҳәа ашьҭахь иаанхаз ихы иархәаны иара зымҩаԥгара мариаз уи аныҳәа аԥиҵеит. (Шәаԥхьа Матфеи 26:26—28). Уи азы иара ихы иаирхәаз арҵәыга зламыз ачеи аҩи рымацара роуп. Иисус иапостолцәа иреиҳәеит ачеи аҩи иаарласны дара ирыхҭниҵараны иҟаз инаӡаз ицәеижьи ишьеи шаадырԥшуаз. Иҟалап апостолцәа зынӡа иџьарымшьазар ихадаз уи аныҳәа ҿыц азгәаҭара абас иахьымариаз. Избан?
4. Ишԥаҳацхраауеи Иисус Марфа илиҭаз алабжьара Агәаларшәара ахәылԥаз ырмарианы изеиҿикааз аилкаара?
4 Шәазхәыц Иисус ари аныҳәа аԥиҵаанӡа мызқәак раԥхьа иҟалаз. Уи Иисус имаҵзура ахԥатәи ашықәс акәын. Иара иҩызцәа бзиақәа Лазари, Марфеи, Мариеи рахь днеит. Уа ҭынч итәаны рыԥсы аныршьоз, Иисус аҵабырг дырҵара далагеит. Марфагьы уа дыҟан, аха ҳаҭыр зқәылҵоз асас изы афатә рацәа архиара дахнагеит. Иисус уи ангәеиҭа хаала Марфа дириашеит, насгьы хкы рацәала афатә архиара еснагь ишаҭахым леиҳәеит (Лука 10:40—42). Ԥыҭрак ашьҭахь, Иисус дыԥсаанӡа сааҭқәак шыбжьаз Марфа илеиҳәаз ажәақәа ихаҭа дрықәныҟәеит: Агәаларшәара ахәылԥаз даара имарианы еиҿикааит. Иҳаилнаркаауазеи уи Иисус изкны?
5. Иҳаилнаркаауазеи Иисус изкны Агәаларшәара ахәылԥаз азгәаҭара ахьымариоу, насгьы ишԥаҳнарбо уи ус шакәу Филиппаа рахь 2:5—8?
5 Иисус иажәақәеи иусқәеи еснагь ахынраалара рныԥшуан. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам аҵыхәтәантәи аухазгьы иара уи аҟазшьа ахьааирԥшыз (Матф. 11:29). Иара идыруан ауаатәыҩсатә ҭоурых аҿы зегь иреиҳаз акәырбан иаарласны инеигараны дшыҟаз, насгьы Иегова уи иԥсы анҭеиҵалак ажәҩан аҿы аҳас дшыҟаиҵоз. Ус шакәызгьы, иара ауаа ихы иазхьаирԥшуамызт, насгьы иԥсра уаҩ ишимбац еиԥш иазгәарҭалоит ҳәа дазыԥшымызт. Уи аҭыԥан, иара иҵаҩцәа иреиҳәеит шықәсык ахь знык имариаз абри аныҳәа азгәаҭаны дыргәаладыршәаларц (Иоанн 13:15; 1 Кор. 11:23—25). Имариоу, аха акрызҵазкуа ари аныҳәа иаанарԥшуеит Иисус аԥагьара шиламыз. Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит жәҩантәи Ҳаҳ ахынраалара ду ахьааирԥшуа. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:5—8.)
6. Ишԥаҳалшо ахынраалара аарԥшраҿы Иисус иҿыԥшра, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо?
6 Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Иисус ахынраалара аарԥшраҿы? Иаҳҳәап, зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳхы акәымкәа егьырҭ ҳрызхәыцуазар (Флп. 2:3, 4). Иаҳгәалаҳаршәап Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи аҵх. Иисус идыруан иаарласны дгәаҟны дшыԥсуа, аха игәы иҵхоз изиашаз иапостолцәа ракәын, избанзар иԥсра агәырҩа шырзаанагоз еиликаауан. Убри аҟынтә уи аҵыхәтәантәи аухазы иара иҵаҩцәа амҩақәҵарақәа риҭон, ргәы шьҭихуан (Иоанн 14:25—31). Иисус ахынраалара аарԥшны ихы акәымкәа иҵаҩцәа дрызхәыцуан. Изакәытә ҿырԥш бзиоузеи иара иаҳзынижьыз!
ИИСУС АГӘЫМШӘАРА ИЛОУП
7. Ишԥааирԥши Иисус агәымшәара ӷәӷәа, Иҳақәиҭу иуаххьа анаԥиҵа ашьҭахь?
7 Иисус Иҳақәиҭу иуаххьа анаԥиҵаз ашьҭахь агәымшәара ду ааирԥшит. Ишԥа? Иара Иаб игәаԥхара анагӡара мап ацәимкӡеит, уи азы Анцәа дзырџьоз иеиԥш ахара идҵаны дшыршьуа шидыруазгьы (Матф. 26:65, 66; Лука 22:41, 42). Иисус Иегова ихьӡ ҳареикырц, Анцәа имчра дадгыларц, насгьы зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ауаа наунагӡатәи аԥсҭазаарахь амҩа рзааиртырц азы Анцәа дизиашаны даанхеит. Убри аамҭазгьы иара иҵаҩцәа ирзыԥшыз иазыҟаиҵеит.
8. а) Иреиҳәазеи Иисус изиашаз иапостолцәа? б) Ишԥаиҿыԥшуаз Иисус ишьҭанеицәа агәымшәара аарԥшраҿы, иара иԥсра ашьҭахьгьы?
8 Иисус агәымшәара даҽакалагьы иааирԥшит. Иара имазар алшоз ихатә гәҭынчымрақәа ихы рзымышьҭӡакәа изиашаз иапостолцәа дрызхәыцуан. Иуда данца ашьҭахь Иисус иаԥиҵаз Иҳақәиҭу иуаххьа иԥшьоу адоуҳала иалххо иргәаланаршәалар акәын Иисус ишьа ахькеиҭәаз, насгьы иҿыцу аиқәшаҳаҭра ахьрыбжьеиҵаз хәарҭас ирнаҭо (1 Кор. 10:16, 17). Иҵаҩцәа азиашара аарԥшра, насгьы жәҩантәи ааԥхьара иаԥсаны аанхара дрыцхраарц азы Иисус урҭ иреиҳәеит Иаби иареи дара рҟынтә иззыԥшу (Иоанн 15:12—15). Уи адагьы Иисус иапостолцәа аԥышәарақәа шырзыԥшыз реиҳәеит. Анаҩс агәымшәара аарԥшраҿы иара иҿыԥшларц ргәазҭеиҵеит, насгьы иҳәеит: «Шәыҽшәырхаҵа» (Иоанн 16:1—4а, 33). Акыршықәса рышьҭахьгьы Иисус ишьҭанеицәа ахамеигӡара аарԥшраҿы иҿыԥшуан, насгьы агәымшәара аадырԥшуан. Дара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рҿы еидгылон, уи ашәарҭара ишҭанаргылозгьы (Аур. 10:33, 34).
9. Ишԥаҳалшо агәымшәара аарԥшраҿы Иисус иҿыԥшра?
9 Убас еиԥш ҳаргьы иахьа агәымшәара аарԥшраҿы Иисус ҳаиҿыԥшуеит. Иаҳҳәап, зыгәрахаҵаразы изышьҭашәарыцо ҳашьцәа рыцхрааразы агәымшәара аҭахуп. Зны-зынла тәылақәак рҿы ҳашьцәа абахҭа иҭаркуеит. Уи аҩыза аныҟало ҳара урҭ ҳрыцхраарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар ауп, иаҳҳәап, дара рзы Анцәа ҳиҳәалар, аҳәынҭқарцәа рҿаԥхьа, насгьы аусӡбарҭақәа рҿы урҭ ҳрыдгылалар (Флп. 1:14; Аур. 13:19). Иара убас агәымшәара ааҳарԥшуеит анаҩсгьы ҳамшәа-ҳмырҳа ажәабжь анаҳҳәо (Аус. 14:3). Иисус иеиԥш ҳаргьы ҳазхиоуп Аҳра ажәабжь ауаа рыларҵәара, уи азы иаҳҿагылозаргьы, иҳашьҭашәарыцозаргьы. Аха зны-зынла агәымшәара анаҳзымхо ыҟоуп. Иҟаҳҵар ҳалшозеи усҟан?
10. Иҟаҳҵалар акәзеи Агәаларшәара ахәылԥаз аҟынӡа мчыбжьқәак шыбжьоу, насгьы избан?
10 Агәымшәара еизҳарҳар ҳалшоит Иисус Христос иҟаиҵаз аԥсхҭынҵара абзоурала иҳауз агәыӷра ҳазхәыцуазар (Иоанн 3:16; Еф. 1:7). Агәаларшәара ахәылԥаз аҟынӡа мчыбжьқәак шыбжьоу ҳара аԥсхҭынҵаразы аџьшьара аизырҳаразы иҷыдоу алшара ҳамоуп. Шәрыԥхьала уи аамҭа иазалху абиблиатә цыԥҵәахақәа, насгьы шәхы рзышьҭны шәрызхәыцла Иисус дыԥсаанӡа иҟаз ахҭысқәа. Уи абзоурала ҳара Иҳақәиҭу иуаххьа азгәаҭаразы ҳанеизо еиӷьны еилаҳкаауеит ачеи аҩи ҵакыс ирымоу, насгьы урҭ иаадырԥшуа Иисус иԥсхҭынҵара шаҟа акраҵанакуа. Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз азы аџьшьара анааҳарԥшуа, насгьы уи ҳҭынхацәеи ҳареи хәарҭас иаҳзаанаго анеилаҳкаауа иҳамоу агәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахоит, насгьы аҵыхәтәанынӡа агәымшәара аарԥшны аԥышәарақәа риааира иҳацхраауеит (Аур. 12:3).
11, 12. Иаҳгәаланаршәозеи Иҳақәиҭу иуаххьа?
11 Ишеилаҳкааз еиԥш Иҳақәиҭу иуаххьа иаҳгәаланаршәо зыхә ҳараку Иисус иԥсхҭынҵара мацара акәӡам. Уи иара убас иаҳнарбоит Иисус зеиԥшыҟам ахынраалареи агәымшәареи шааирԥшуаз. Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит Иисус иахьагьы жәҩантәи Аԥхьаԥшьаҩ иеиԥш арҭ аҟазшьақәа ахьааирԥшуа, насгьы аиқәырхара ҳаурц азы Анцәа иҿаԥхьа ҳара ҳзы цҳаражәҳәара ахьиуа! (Аур. 7:24, 25). Уи азы аџьшьара ааҳарԥшларц азы ҳара Иисус ишиҳәаз еиԥш нисан 14 зықәшәо амш аҽны иԥсра ҳгәалаҳаршәалароуп (Лука 22:19, 20). Ҳара ҳзы уи зегь раасҭа ихадоу мшуп.
12 Иҳақәиҭу иуаххьа азгәаҭара даара имариоуп. Уи Иисус иԥсы ҳахҭынҵара игәазҭазҵаз даҽа ҟазшьак ҳгәаланаршәоит. Иисус адгьыл аҿы данынхоз уи аҟазшьа абзоурала егьырҭ дрылукаартә дыҟан. Иарбаныз уи?
ИИСУС АБЗИАБАРА ИЛОУП
13. Ишԥаҳдырбо Иоанн 15:9, иара убас 1 Иоанн 4:8—10 Иеговеи Иисуси абзиабара шаадырԥшыз, насгьы ахәарҭа ззаанагода уи?
13 Иисус иусқәа зегьы ирныԥшуан Иегова ҳара ҳахь имоу абзиабара ду. (Шәрыԥхьа Иоанн 15:9; 1 Иоанн 4:8—10.) Уи инеиҳангьы иара ҳара ҳзы иԥсҭазаара дамеигӡеит. Ҳара иԥшьоу адоуҳала иалху ҳакәзаргьы, егьырҭ ауасақәа ҳрыҵанакуазаргьы, Иегова Иԥеи иареи абзиабара аарԥшны иаҳзыҟарҵаз ахәарҭа ду ҳзаанагоит (Иоанн 10:16; 1 Иоанн 2:2). Шәрызхәыц иара убас Ахәылԥаз аҿы иҟоу ачеи аҩи. Урҭ асимволқәа Иисус иҵаҩцәа рахь абзиабареи аиҷаҳареи шааирԥшуа ҳдырбоит. Ишԥа?
Иисус абзиабара аарԥшны Агәаларшәара ахәылԥаз ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа, насгьы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы амҩаԥгара мариахартә еиԥш иаԥиҵеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—16.)c
14. Ишԥааирԥши Иисус иҵаҩцәа рахь абзиабара?
14 Иисус аџьабаа зцу акәымкәа, имариоу Ауаххьа ахьаԥиҵаз ала иԥшьоу адоуҳала иалху иҵаҩцәа рахь абзиабара ааирԥшит. Дара уи Ахәылԥаз есышықәса иазгәарҭалар акәын, рҭагылазаашьақәа анымариамызгьы, иара убас абахҭа ианҭакызгьы (Аат. 2:10). Ирылшозма дара усҟангьы Иисус идҵа анагӡара? Ааи, ирылшон!
15, 16. Ишԥазгәарҭоз ақьырсианцәа шьоукы Иҳақәиҭу иуаххьа, рҭагылазаашьақәа шымариамызгьы?
15 Актәи ашәышықәса инаркны иахьа уажәраанӡагьы ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа Иисус иԥсра ргәаладыршәоит. Дара иахьынӡарылшо уи Иисус ишаԥиҵаз еиԥш иазгәарҭоит, ауадаҩра ӷәӷәақәа ианырҭагылоугьы. Шәрызхәыц абарҭ аҿырԥштәқәа. Аиашьа Ҳарольд Кинг китаитәи абахҭа ихала данҭакыз, Иҳақәиҭу иуаххьа шазгәеиҭаша ихәыцит. Иара абахҭаҿы имаз ихы иархәаны маӡала ачеи аҩи ирхиеит. Уи адагьы иара иахьынӡаилшоз нисан 14 анақәшәо амш иԥхьаӡеит. Уи амш анааи иара ихала ашәа иҳәеит, Анцәа диҳәеит, насгьы ажәахә даԥхьеит.
16 Абар даҽа ҿырԥштәык. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан аконцлагер иҭакыз аиаҳәшьцәа Агәаларшәара ахәылԥаз азгәарҭарц азы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылон. Аха уи азгәаҭара ахьымариоу абзоурала дара ирылшеит аӡәгьы изгәамҭаӡакәа уи амҩаԥгара. Дара еиҭарҳәон: «Ҳара аҟәардә хәыҷ ҳакәшаны ҳгылеит, уи аба шкәакәа ақәҳаршәит, насгьы ачеи аҩи ықәҳаргылеит. Алашара аҳаркызҭгьы ҳгәарҭар алшон аҟынтә, ацәашьы аҳаркит. [...] Ҳара еиҭа гәык-ԥсыкала Ҳаб ажәа иаҳҭеит иԥшьоу ихьӡ ҳахьчарц азы иҳалшо зегь шыҟаҳҵо». Закәытә гәрахаҵара ӷәӷәоузеи урҭ иаадырԥшыз! Ишаҳбаз еиԥш даараӡа имариам аҭагылазаашьақәа рҿгьы Ахәылԥаз азгәаҭара ҳалшоит — уи зыбзоуроу Иисус абзиабара аарԥшны уи азгәаҭара ахьирмариаз ауп.
17. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар бзиоу?
17 Агәаларшәара ахәылԥаз анааигәахо ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Ишԥасылшо Иисус сиҿыԥшны еиҳаны абзиабара аарԥшра? Сзызхәыцуазеи еиҳараӡак: сҭахрақәа ракәу, егьырҭ рҭахрақәа ракәу? Сазыԥшума сара сашьцәеи саҳәшьцәеи рҟынтә ирылшо аасҭа еиҳаны?» Шәааи еснагь Иисус ҳаиҿыԥшлап, насгьы бзиа ҳаибабалап (1 Пиотр 3:8).
ИИСУС ИААИРԤШУАЗ АХЫНРААЛАРЕИ, АГӘЫМШӘАРЕИ, АБЗИАБАРЕИ ШӘЫРҾЫԤШЛА
18, 19. а) Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара? б) Шәзызхиоузеи шәара?
18 Иаарласны Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз уаҳа иазгәаҭалатәхаӡом. Агәырҩа ду аан Иисус данаауа «иаликаахьоу» рҟынтә инхаз еизигоит ажәҩан аҿы аҳра ицруларц азы. Уи ашьҭахь Ахәылԥаз уаҳа иазгәаҭалатәхаӡом (1 Кор. 11:26; Матф. 24:31).
19 Аха агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит уи ашьҭахьгьы Иегова ижәлар гәахәарыла ишыргәаладыршәало Иисус ихынраалареи, игәымшәареи, ибзиабареи аазырԥшуаз абас имарианы иазгәарҭоз Иҳақәиҭу иуаххьа. Усҟан Ахәылԥаз азгәазҭоз Анцәа имаҵзуҩцәа уи аӡбахә егьырҭ ирзеиҭарҳәалоит. Аха уажәазы шәааи Иисус ҳаиҿыԥшны ахынраалареи, агәымшәареи, абзиабареи ааҳарԥшлап. Усҟан Иегова дшаҳзылԥхо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (2 Пиотр 1:10, 11).
АШӘА 13 Христос — ҳара ҳҿырԥшы
a Иаарласны ҳара Иисус Христос иԥсра ҳгәалаҳаршәарц азы Иҳақәиҭу иуаххьа азгәаҳҭоит. Имариоу ари ахҭыс Иисус ихынраалареи, игәымшәареи, ибзиабареи ирызкны иҳаилнаркаауа рацәоуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит арҭ аҟазшьақәа раарԥшраҿы Иисус ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Азгәаҭара иаанагоит ихадоу ахҭыс, мамзаргьы ауаҩы игәаларшәаразы, насгьы пату иқәҵаразы иҷыдоу ак аҟаҵара.
c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа Ахәылԥаз азгәарҭоит актәи ашәышықәсазы; XIX ашәышықәса анҵәамҭазы; аконцлагер аҿы; ҳаамҭазы, иахьыԥхарроу Аладатәи Америкатәи тәылак аҟны аҭӡамцқәа змам Аҳратә зал аҿы.