Ҧсҭазаашьас иҟоузеи наҟ-наҟ?
«САРА исныруан, схы ишысзақунамыргоз аҽырҭынчра»,— еиҭеиҳәоит Маик, иаб иҧсра игуаларшәо. Маик изы ихатә гунгарақуа рыҵәахра ахаҵа изы ипатуу ҳәа иҧхьаӡаз усын. Аха ҳамҭакы ашьҭахь Маик еиликааит, дышиашамыз.
Убри аҟнытә иҩыза иабду данҧсы, иара иҟаиҵашаз идыруан. Иара иҳәеит: «Шықусқуак раҧхьаҟа акузҭгьы, сара ижәҩахыр снас-насны иасҳәарын: „Уҽырхаҵа“. Аха уажәы инапы снакьысын, ус сҳәеит: „Ухы шубо еиҧшҵәҟьа уҽыҟаҵа. Ус уара еиҳа иузеиҕьхоит. Сцар уҭахызар, сара сцоит. Саангылар уҭахызар, саангылоит. Амала уцәаныррақуа раарҧшра уацәымшәан“».
Мери-Еннгьы лхаҵа иҧсразы агунгарақуа илымаз лҵәахыр шылуалыз лныруан. «Сара убысҟак сҽазысшәон зегь рзы сҿырҧшыгазарц,— илгуалалыршәоит лара,— схы исзақунаргомызт сшыҟаҵәҟьаз аарҧшра. Аха аҵыхутәан еилыскааит, зегь рзы шьаҟас аҽыҟаҵара сара ишысзеицәаз. Сара сҭагылазаашьа сазхуцуан, иагьеилыскааит: „Уҵәыуар уҭахызар — уҵәыуа. Мыцхуы уҕуҕуаӡоушәа уҽыҟоумҵан. Угуы иҭажьу ахьанҭара зегьы адәахьы иуныҧшааит“».
Абасала, Маикгьы Мери-Еннгьы иҳабжьаргоит: «Угунгарақуа уҽрыҭ!». Иагьиашоуп дара. Избан? Избанзар уцәанырра хьанҭақуа ркажьразы иаҭахыуп агунгарақуа. Уцәаныррақуа амҩа рыҭо, уара илаурҟууеит мыцхуы уҽыздуцало ухуцрақуа. Уцәаныррақуа шыҟаҵәҟьоу раарҧшреи, иара убас арҭ азҵаарақуа рганахьала иудыруеи иеилукаауеи ирыбзоураны, уара иулшоит уцәаныррақуа ииашаны амҩа рықуҵара.
Ҳәарада, дасу ихатә гунгарақуа ааирҧшуеит иара итәала. Насгьы, абас еиҧш иҟоу аҭагылазаашьақуа: дыҧсыма иузааигуоу иаалырҟьаны, мамзаргьы акраамҭатәи ичымазара ашьҭахь — ацәыӡ зауз ишидикыло зеиҧшрахо, уи ахҭыс шыҟалаз еиҧш ауп. Аха ҩашьара зқум акы ыҟоуп: уцәаныррақуа раанкылара цәалеи-жьылеи еиҧш, емоциалагьы аҧырхага унаҭар алшоит. Акырӡа еиҕьуп угуы урдар. Аха ишҧа? Аҧшьаҩырақуа рҟны иҳауеит ҳхы иаҳархуаша абжьгарақуа.
Агу ардара — ишҧа?
Угу ҭынчхар алшоит аицәажәара ашьҭахь. Иҳаҩсӡахьоу аамҭазы апатриарх Иов жәаҩык ихуҷқуа анҭахеи, насгьы дзықушәаз егьырҭ арыцҳарақуеи рышьҭахь иҳәеит: «Сыҧсҭазаара сгу ақуҧҵәеит; сҽасҭап [ажәытәӡатәи уриа бызшәала «ахақуиҭра асҭап»] сылахьеиқура; сцәажәалап сгурҩала» (Иов 1:2, 18, 19; 10:1). Иов уаҳа имчымызт игурҩа анкылара. Уи ахақуиҭра аиҭар акун, «дцәажәалар» акун уи. Англыз драматург Шекспир иҩымҭа «Макбет» аҟны иазгуеиҭеит абри аҩыза ахшыҩҵак: «Ахьаа аҽцәырнагааит гунқьрала: ҳагуқуа ҧжәаҵәҟьоит ҽымҭ гурҩала».
Убас, зыҽулархуны, насгьы ичҳаны иузыӡырҩуа «уҩыза» уцәаныррақуа рзы иацәажәарала угу акыр иурҭынчуеит (Ажәамаанақуа 17:17). Агунгарақуеи ацәаныррақуеи ажәала ианҳәоу, дара реилкаарагьы риааирагьы еиҳа имариахоит. Аха иузыӡырҩуа ихаҭа ацәыӡ азы ахьаа ихигахьазар, насгьы игурҩа даиааихьазар, уара иабжьгарақуа ухазы иазгуоуҭарц улшоит. Зхуҷы дыҧсыз ҧҳәыск еиҭалҳәоит, убри аҩыза ацәыӡ зоухьаз даҽа ҧҳәыск дахьлацәажәаз зылзеиҕьхаз: «Даҽаӡәы абри аҩыза агурҩа шихигаз, насгьы цәгьара имыхькуа дшеибгаз дшынхаз, уажәраанӡагьы иҽырҕуҕуаны дшыҟоу, иҧсҭазаарагьы шышьақуиргыло адырра сара даара исыцхрааит».
Абиблиатә ҩырҧштәқуа иаҳдырбоит, уцәаныррақуа ақьаад аҟны раарҧшра угу ахурақуа шарҕьо.
Аха уара уцәаныррақуа рылацәажәара уацәыҧхашьозар? Ионафани Саули рҭахара ашьҭахь Давид еиқуиршәеит игуаҵанӡатәи игурҩеи игунгарақуеи аазырҧшуаз ауазашәа. Аҵыхутәан ари ауазашәа Абиблиа «Аҩбатәи Аҳрақуа» рышәҟу иагулалеит (2 Аҳрақуа 1:17—22; 2 Ашықусынҵа 35:25). Убас иахьагьы џьоукы рхы шырбо ақьаад аҿы аҳәара еиҳа ирзымариоуп. Ҧҳәысеибак еиҭалҳәеит, лара еснагь ишылҩуаз илхьааз зегьы, нас мышқуак рышьҭахь илҩыз деиҭашаҧхьоз. Лара лажәақуа рыла, ари даара илыхуон.
Ацәаныррақуа аиҩцәажәараҟны раарҧшра, мамзаргьы ақьаад аҟны ранҵара идырҧсыҽуеит агунгара ҕуҕуа. Иара убасгьы иҭҵаахоит азалымдарақуа зегьы. Зхуҷы дыҧсыз анык иҳаиллыркаауеит: «Схаҵеи сареи иҳаҳахьан, хаҵеи-ҧҳәыси џьоукы рхуҷы данҧслак ашьҭахь ишеилыҵуаз, аха ҳара иаҳҭахымызт, ас еиҧш ҳахьырц. Убри аҟнытә, ҳара аӡәи-аӡәи ҳанеизгуаауаз, мамзаргьы ҳхарақуа анаҳаҧшаауаз, ҳара урҭ иаразнак ҳрылацәажәон. Излаабаз ала, ари ҳара ииашаҵәҟьаны ҳаизааигуанатәит». Убас, уцәаныррақуа аӡәы ианицеиҩушо, уара еилукаауеит, шәҩыџьагьы ари аҩыза ацәыӡ шыгуныжәгогьы, дасу иара итәала ишыгуниго — иара дшашьцылахьоу еиҧш.
Угуахьанҭара даҽакала кажьшьас иамоу алаҕырӡқуа роуп. Абиблиа излаҳәо ала, иҟалалоит «аҵәыуара аамҭа» (Аекклесиаст 3:1, 4). Ҳәарада, бзиа иаҳбоз ауаҩы иҧсра — иара убри иаамҭаҵәҟьоуп. Ус анакуха, алаҕырӡқуа — агуабзиара ахынҳәра амҩа иузаҟумҭхо хуҭакыуп.
Ҧҳәызбак еиҭалҳәоит, лан лыҧсра ахгараҟны лҩыза гуакьа дышлыцхрааз. Лара илгуалалыршәоит: «Сҩыза шьаҩакгьы дысҧыршәомызт. Лара дсыцҵәыуон. Дсацәажәон. Саргьы исылшон сцәаныррақуа ишысҭахыз раарҧшра, ари убысҟак акраҵанак’уеит. Сара сылаҕырӡқуа сырцәыҧхашьар сыхуҭаӡамызт» (Уахуаҧш Римаа рахь 12:15). Уаргьы урцәыҧхашьар ухуҭаӡам улаҕырӡқуа. Излаадырхьоу ала, Абиблиа аҟны иҟоуп Иисус Христос иҩырҧшы назлоу, ахаҵара змаз, ауаа рҟны зылаҕырӡ џьбарақуа ҧхазымшьоз ахацәеи аҳәсеи иҳарҭаз рҩырҧшқуа рацәаны (Аҟазаара 50:3; 2 Аҳрақуа 1:11, 12; Иоанн 11:33, 35).
Ажәларқуа зегь рҟны ауаа ҳаҭыр ақурҵоит, дара џьоукы ргу андырҭынчуа.
Ҧыҭраамҭак уцәаныррақуа зеиҧшрахаша зынӡа иузымҳәар ҟалоит. Акгьы иахмырҟьаӡакуа улаҕырӡқуа дәықулар алшоит. Пҳәысеибак игуалҭеит, адәқьан аҟны лгу ҧшааны дамхаҵәыуарц шалшоз, аиҳараӡак, дшашьцылахьаз еиҧш, лхаҵа бзиа иибоз афатә аагаразы лгу анлыхоз. Мыцху ухы иадумҵацәан. Угу иаанамган, улаҕырӡқуа раанкылара ухуҭоуп ҳәа. Иухоумыршҭын, дара — иудукылаша, насгьы угунгарақуа иузырҟумҭхаша хуҭоуп.
Ишҧаиааитәу ухы иадуҵо ахара
Ишазгуаҭаз еиҧш, џьоукы рхы ахара адырҵоит, ирзааигуоу данҧслак ашьҭахь. Абри ала уаҩы иеилуркаар улшоит ахаҵара змаз ауаҩы уҷкун «ишәарҭаз агыгшәыг» деимыжәжәа дықунаҵеит ҳәа агура здыргаз Иаков игуаҟратә гунгарақуа. Иаков ихаҭа Иосиф дишьҭит иашьцәа шыҟоу ибарц. Убри аҟнытә, уи ддыргуаҟ’уазар акухарын абарҭ реиҧш иҟоу азҵаара хьанҭақуа: дзысышьҭызеи Иосиф имацара? Дзысышьҭызеи убрахь, ишәарҭоу агыгшәыг рацәа ахьыҟаз? (Аҟазаара 37:33—35).
Иҟалап, уара уганахьала ахылаҧшра ахьузаамырҧшыз иахҟьазшәа убозар иузааигуоу иҧсра. Ахы ахарадҵара — иҵаҵҕуыдоу иҵаҵҕуыдаму — уцәыӡ азы ииашоу шыдкылароу адырра мацара угу арҟачоит. Аха дырҩегьых иахуҭоуп ҳәа зынӡа иҧхьаӡатәым ахы ахарадҵара ахуаҽра. Абарҭ уцәаныррақуа уахьрылацәажәо абзоурала, уара еиҳа угу уҟачоит.
Аха иеилкаатәуп: ауаҩы егьа бзиа даабозаргьы, акы данақушәаша «аамҭеи амашәыри» ҳара иаҳзахырҧаӡом, есымша ишьклаҧшрагьы ҳалшаӡом (Аекклесиаст 9:11). Уи адагьы, угуҭакқуа цқьамкуа изыҟаларымызт. Уара аҳақьым иахь заа умцазар, уи иаанагома иузааигуоу ичымазара ма иҧсра уҭахын ҳәа? Ҳәара аҭахыума, мап! Нас, уара ухарала аума иҧсра шыҟалаз? Амалахазгьы!
Анык илылшеит лыҧҳа амашьынақуа реидыслараан машәырла данҭаха ашьҭахь илызцәырҵыз ахы ахарадҵара аиааира. Лара еиҭалҳәоит: «Схы ахара адысҵон, лара дахьысышьҭыз азы. Аха наҟ-наҟ еилыскаауа салагеит, схуыцрақуа шиашамыз. Уи цәгьара аҵамызт, сара уск анагӡаразы лаб дицҵаны дахьысышьҭыз. Убарҭ амашьынақуа реидыслара ауп зегь зыхҟьаз».
«Аха исҳәашазгьы иҟасҵашазгьы шаҟа сырхьымӡазеи»,— ихьааугозар акухап уара. Уи иашоуп, аха ҳауа изылшода сара акы згымыз абын, анын, мамзаргьы хшааран ҳәа аҽхуара? Абиблиа иаҳгуаланаршәоит: «Ҳазегь агунаҳа рацәаны иҟаҳҵоит. Ажәаҟны агунаҳа ҟазымҵо дуаҩы наӡоуп, аҽынкыларагьы илшоит» (Иаков 3:2; Римаа рахь 5:12). Убри аҟнытә ухы агура арга, уара акы згым шуакум. Ухы иҭагьежьуа ажәа «иауазҭгьы...» акгьы аҧсахӡом, угуабзиара аиҕьхара ааннамкылозар.
Аха уеизгьы, ахы ахарадҵара хыҭҳәаам, аха уи шьақузырҕуҕуо акрызҵазк’уа амзызқуа ыҟоуп ҳәа иуҧхьаӡозар, усҟан уахуаҧш аҽырҭынчразы зегь реиҳа ииашаҵәҟьаны агура узырго ҳәа иҟоу — Анцәа иҟынтә анажьра. Абиблиа агура ҳнаргоит: «Уара, Иҳақуиҭу, ҳзакуандарақуа убо уалагар,— Иҳақуиҭу, иззычҳарыда уи? Аха анажьра уара уҟноуп иахьыҟоу» (Ҧсалом 129:3, 4). Изалшаӡом аҧсҭазаара ырхынҳәны, иҳаҩсхьоу аҧсахра. Аха уара Анцәа уиашьапклар улшоит иҟоуҵахьаз угунаҳарақуа уанаижьырц азы. Иҟалозеи усҟан? Усҟан, Анцәа ихаҭа уаанӡатәиқуа шысхашҭуа ҳәа ажәа ҳаиҭозар, нас иухуҭаӡами уаргьы ухы ианаужьыр? (Ажәамаанақуа 28:13; 1 Иоанн 1:9).
Агунхара ишаиааитәу
Иузцәырҵуама уара гунхарак, иаҳҳәап, аҳақьымцәа, амедеҳәшьцәа, уҩызцәа рахь мамзаргьы иара иҧсыз ихаҭа иахьгьы? Иеилкаа, ари иаҧу адкыларақуа ируакыуп уззыгурҩо ацәыӡ азы. Иҟалап, агунхара — иҧсабаратәу угу ахьаа иамҩанызазар. Шәҟуҩҩык иҳәеит: «Агунхара шыҟоу угуалашәозар — уацымныҟуакуа, аха иудыруазар уи шуылоу,— урыцәцар улшоит иахылҿиаауа ацәгьарақуа».
Ихуарҭоуп, иара убас, иааурҧшыр, мамзаргьы егьырҭ ирыцеиҩушар угунхара. Формас иауҭарызеи уи? Ҳәара аҭахыума, иахуҭаӡам угунхара егьырҭ ирықууҳәацәар. Абиблиа ҳгуаҳҽаннаҵоит, ҵыхуаҧҵәара змам агунхара шшәарҭоу (Ажәамаанақуа 14:29, 30). Аха иузҿлымҳау уҩызеи уареи шәеицәажәара ашьҭахь уара еиҳа угу ҭынчхар алшоит. Џьоукы ари аҩыза ацәанырра рҽацәыргоит, ҽеилаҵәҟьа имҩаҧгоу абҩарҵәыра абзоурала. (Уахуаҧш, иара убас, Ефесаа рахь 4:25, 26.)
Уцәаныррақуа урылацәажәозаруоп гуаартылеи иашалеи, аха уеизгьы, араҟагьы иаҭахыуп агуҽанызаара. Уцәаныррақуа ануҳәои урҭ ауаа ианрықууҳәацәои рыбжьара иҟоуп аиҧшымзаара ду. Агунхара ахьумоуи, мамзаргьы угу ахьҧжәои иааукуршан иҟоу ауаа ирхароуҵар ҟалом. Убри аҟнытә, иуцәанырроу умҳәалан гуаҕшақу, хшыҩдарала (Ажәамаанақуа 18:21). Уажәы, шәааи, ҳахуаҧшып, ацәыӡ азы ахьаа зегь реиҳагьы иааишьас иамоу.
Анцәа иҟынтә ацхыраара
Абиблиа агура ҳнаргоит: «Дырзааигуоуп Иҳақуиҭу згуы ҧҽу, гулагьы иҧагьам еиқуирхоит» (Ҧсалом 33:19). Ааи, бзиа иаабоз ауаҩы иҧсра ахгараҟны зегь реиҳа иҳацхраауеит Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақуа. Ишҧа? Хыхь иҳадгалаз абжьгарақуа зегьы Анцәа Иажәа, Абиблиа, шьаҭас ирымоуп, мамзаргьы иара иақушаҳаҭуп. Арҭ абжьгарақуа рхархуара ҳцәыӡ азы ахьаа ахгараҟны иҳацхраауеит.
Уи анаҩс, иухоумыршҭын, Анцәа иҳәара иамоу амч. Абиблиа ҳаанаҧхьоит: «Угуҭыхақуа Иҳақуиҭу инапы ианҵа, нас иаргьы дуцхраауеит» (Ҧсалом 54:23). Иузҿлымҳау уҩызеи уареи шәеицәажәара ашьҭахь угу еиҳа иҭынчхазар, шаҟа иузымариахарызеи, «зегь рзы ҳгуаҳхазыршҭуа Анцәа» угуы изаауртыр! (2 Коринфаа рахь 1:3).
Баша Анцәа иҳәара ашьҭахь угу ҭынчхоит ҳәа акум араҟа аус злоу. «Анцәа иҳәара заҳауа» иҧшьоу идоуҳа риҭарц иақуиргуҕ’уеит иара имаҵ зуа, гукала убри иаҳәо (Ҧсалом 64:3; Лука 11:13). Анцәа иҧшьоу идоуҳа, аус зуа имч хазы, есымшааира ҳзырҕуҕуало «инамцхуу амч» ҳаланаҵар алшоит (2 Коринфаа рахь 4:7). Иухоумыршҭын, Анцәа имчуп имаҵуҩцәа иашақуа рыҧсҭазаара амҩаҟны ираҧгыло ацәыгьҧышәарақуа зегьы рхыргартә еиҧш, ацхыраара рыҭара.
Зыҧҳа дыҧсыз ҧҳәыск илгуалалыршәоит, Анцәа иҳәара лхаҵагьы ларгьы шаҟа ирыцхрааз. «Аҵхагуҭаны иаалырҟьаны мчы ҳәа ак ҳамамкуа ҳҟалар, ҳҩыџьагьы ҳабжьы ҭыганы Анцәа ҳиҳәон,— еиҭалҳәоит лара.— Лара лылымкаа зегь раҧхьа акуны акы аныҟаҳҵоз: аҧхьаӡа акуны аизарахь ҳанцоз, аҧхьаӡа акуны — аконгресс ахь,— ҳара Анцәа ҳиҳәон ацхырааразы. Иҟалалон, ашьыжь ҳааҧшны иҟалаз анҳгуалашәалак, ҳара убысҟак ҳгу ҿкаауан, иаразнак Иегова ацхырааразы иҳәара ҳалагартә еиҧш. Сара даараӡа исцәыхьанҭан сымацара аҩны аҩналара, уи азгьы схатә мзыз сыман. Убри азы ианакузаалак, сымацара ҳаҩны санаадгылоз, сара иааркьаҿны Анцәа сиҳәон Иегова дсыцхраарц, излауала сҭынчра еиламгарц азы». Ари аҧҳәыс иаша ҕуҕуала ихалҵоит, аҭагылазаашьа аҽзаҧсах’уа, Анцәа иҳәарақуа ирыбзоураны. Уаргьы уҽыздуцало унцәаиҳәарақуа рыла иҧушәарц улшоит, ‘хшыҩс иҟоу зегь иреиҳау Анцәа иитәу аҭынчра угугьы ухуцрақуагьы рҟны ишыҟало’ (Филипаа рахь 4:6, 7; Римаа рахь 12:12).
Анцәа иҳадигало ацхыраара ииашаҵәҟьаны аусқуа аҧсах’уеит. Ақьырсиан, апостол Павел иҳәеит, Анцәа «ҳгурҩақуа зегь рзы ҳгу шаҳхеиршҭуа, ҳаргьы агурҩа змоу ргурхаҳаршҭырц азы». Ииашоуп, Анцәа ицхыраара ҳгу иҭоу ахьаа ҭнагом, аха иара абзоурала, ари ахьаа ахгара ҳзымариахоит. Ари зынӡа иаанагаӡом, уара иҧсыз изы уаҳа уҵәыуаӡом, ма иара духашҭуеит ҳәа. Аха уара иумчуп угурҩа аиааира. Угурҩа уанаиааилак, акырӡа имариахоит, иара убас, зҭынха дызцәыӡыз егьырҭ ауаа зҿлымҳаралеи рыцҳашьаралеи ацхыраара рыҭара (2 Коринфаа рахь 1:4, АБ).