Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • we ад. 7—13
  • Ишсыдыскыло иашоума?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишсыдыскыло иашоума?
  • Иузааигуаз ауаҩы данԥсы...
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абиблиа зылаҕырӡқуа ртәы аҳәо
  • Иаҧсоума аҵәыуара?
  • Ишҧарыдыркыло џьоукы?
  • Агунхара аарҧшреи ахы ахарадҵареи
  • Ахаҵа ма аҧҳәыс дыҧсызар
  • «Ирылумыршан узгуҭылакыу иудырбаларц...»
  • Ҧсҭазаашьас иҟоузеи наҟ-наҟ?
    Иузааигуаз ауаҩы данԥсы...
  • Исыцхраарц шҧарылшо сызгуҭылакыу?
    Иузааигуаз ауаҩы данԥсы...
Иузааигуаз ауаҩы данԥсы...
we ад. 7—13

Ишсыдыскыло иашоума?

ЗҬЫНХА дызцәыӡыз хаҵак иҩуеит: «Сара Англиа сахьызҳаз аҟнытә, исдырҵеит сцәаныррақуа ауаа рҟны ицәырзымгаларц. Есымша, сара хьаак ансымаз, саб, уаанӡа аррамаҵура иалаз, ицқуа еихарҕуҕуа исеиҳәон: „Умҵәыуан!“ Исгуалашәом, ҳангьы иара ус знык лхуҷқуа руаӡәк длыгуӡуа ма дылгудлыҳәҳәало (ҳара ҧшьҩык ҳлыман). Сара 56 шықуса схыҵуан саб данҧсуаз. Ҳцәыӡ азы сгуы еиҟужәо сгурҩон. Уамашәа иубаратәы, раҧхьа сзымҵәыуаӡеит».

Жәларык рҟны иаҧуп иаартны рцәаныррақуа раарҧшра. Ауаа ргурҕьарагьы ргурҩарагьы егьырҭ ирцәырҵәахӡом. Адунеи егьырҭ араионқуа, лымкаала аҩадатәи Европеи, насгьы Великобританиеи, ауаа, аиҳараҩык ахацәа, идырҵоуп рцәаныррақуа раамырҧшра, зны-зынла ишырҳәо еиҧш, «ргуы ҟьаҟьаӡа зегьы ирзаадыртуам». Ихьымӡҕыума, нас, иҧсыз изы угурҩа аарҧшра? Иаҳәозеи Абиблиа?

Абиблиа зылаҕырӡқуа ртәы аҳәо

Абиблиа рҩит, аҩадатәи амшынбжьаха азааигуара инхоз, цәаныррала иҕуҕуаз ауриақуа. Иара иаҳәоит, ауаа рылахьеиқуҵарақуа анырнубаалоз ахҭысқуа ртәы рацәаны. Аҳ Давид дгурҩон иҭахаз иҷкун Амнон изы. Ишҳәоу еиҧш, иара ‘дҵәыуон ҵәыуара дуӡӡала’ (2 Аҳрақуа 13:28—39). Иара иаҳратә мчра згарц иашьҭаз иҷкун гызмал Авессалом иҭахарагьы иҵәыуан. Абиблиаҿы иҳәоуп ари аӡбаху: «Дагьааилаӡыӡеит аҳ [Давид], дагьцеит агуашәқуа рхахьы иҟаз иуадахь, данцоз дагьҵәыуан, абасгьы иҳәон: сыҷкун Авессалом! сыҷкун, сыҷкун Авессалом! о, ухаҭыҧан аҧсра сызҭодаз сара, Авессалом, сыҷкун, сыҷкун!» (2 Аҳрақуа 18:33). Давид дгурҩон, абык дышгурҩо еиҧш. Лассы-лассы аиҳа анацәеи абацәеи аҧсра иазхиоуп, амала рхуҷқуа мҧсуандаз! Шаҟа иҧсабаратәымзеи, ахуҷы дзыхшааз раҧхьа иара данҧсуа.

Ишҧаидикылеи Иисус иҩыза Лазар иҧсра? Анышәынҭра даназааигуаха, иара дҵәыуит (Иоанн 11:30—38). Уи ашьҭахь Мариа Магдалина Иисус инышәынҭра аҟны дқьызқьызуан (Иоанн 20:11—16). Ҳәара аҭахыума, инҭкааны Абиблиала аҧсцәа рҭагылазаашьа зеиҧшроу атәы ззымдыруа ҧыҭҩыуаак рылымкаа, ақьырсиан, Абиблиа аҟынтә аҧсҭалараз иҳамоу агуыҕра злашьақугылоу еилызкаауа, ҧсыхуа змам акеиҧш иҽеиҭаӡом. Аха абри аҩыза агуыҕра шимоугьы, ақьырсиан иаша, ауаҩы ишицәаҩоу еиҧш, ииашаҵәҟьаны дгурҩоит, иагьиџьабоит бзиа иибоз ауаҩы ицәыӡра (1 Фессолоникаа рахь 4:13, 14).

Иаҧсоума аҵәыуара?

Ишҧарыдыркыло аҧсра иахьатәи ҳаамҭазы? Ицәгьоума ма иҧхашьароума уара узы уцәаныррақуа ауаа рҟны раарҧшра? Иҳабжьаргозеи аҟазацәа? Урҭ аҵыхутәантәи ррекомендациақуа Анцәа имчала иҩыз Абиблиа аҟуҕара еиҭарҳәоит аҟароуп. Дара ҳаарыҧхьоит, ҳгурҩақуа ҳгуы иҭаҳамшьларц, аха адәахьыҟа ицәырҳгаларц. Ари иаҳгуаланаршәоит ахаҵара змаз, зылахьеиқуҵарақуа аазырҧшуаз ҳәа Абиблиаҿы зыӡбаху анҵоу ажәытәӡатәи ахацәа Иов, Давид, Иеремиа реиҧш иҟаз рҿырҧштәқуа. Урҭ зынӡагьы ирҵәахӡомызт рцәаныррақуа. Ус анакуха, иҟуҕарам узгуҭылакыу ауаа рыҽрылхудаара (Ажәамааанақуа 18:1, ИА). Аиашазы, еиуеиҧшым ажәларқуа ирзаҧуп алахьеиқуҵарақуа еиуеиҧшымкуа раарҧшра; уигьы ауаа ирылаҽхьоу рдинтә хаҵарақуа зеиҧшроу еиҧш аупa.

Аха уара уҵәыуар уҭаххар? Ари зынӡа иҧсабаратәу гуаҳәароуп. Иугуаларшәа даҽа знык: Лазар данҧсы, Иисус «ҧсыла дгурҩеит... илаҕырӡгьы ааит» (Иоанн 11:33, 35). Уи ала иаҳирбеит, иузааигуоу данҧслак улаҕырӡ аар зынӡа ишиашоу.

Зынӡа ииашоуп иугурҩар, иуҵәыуар иузааигуоу иҧсра

Ари аиаша аҽышьақунарҕуҕуоит Енн захьӡу анык дзықушәаз ахҭыс ала. Згуы бзиоу ахуҷы иаалырҟьаны иҧсра асиндром ҳәа изышьҭоу иахҟьаны дыҧсит уи лыҧҳа Реичел. Енн лхаҵа еиҭеиҳәон: «Уамашәа иубартә иҟоуп, аҧсыжраан Еннгьы саргьы ҳахьзымҵәыуаз. Егьырҭ зегьы даара иқьызқьызуан». Енн аҭакс абас лҳәеит: «Ааи, аха заҟа лаҕырӡ касҭәазеи ҳҩыџьагьы ҳзы аҧсыжра ашьҭахь. Мчыбжьқуак рышьҭахь, схуцрақуеи сареи ҳамала ҳанеизынха, сара иаалырҟьаны иснырит иҟалаз ахлымӡаах. Сара сҵәыуон амш зегьы. Аха ииашаҵәҟьаны ари сара исыхуеит. Уажәшьҭа усҵәҟьа сгурҩомызт. Сара сыҧшқа лыҧсра сҵәыуар акун. Шә-процентк рыла агура ганы сыҟоуп, ацәыӡ зауз ауаа рылаҕырӡ рмышьҭыр ада, ҧсыхуа шыҟам. Ҳазгуҭылакыу ауаа ирзымариоуп аҳәара: „Сбыҳәоит, бара, бымҵәыуан“,— аха, аиашазы, арҭ ажәақуа зынӡа иухуаӡом».

Ишҧарыдыркыло џьоукы?

Ишҧарыдыркылоз џьоукы бзиа ирбоз ауаҩы иҧсра аӡбаху анраҳалак? Абар Хуанита лҿырҧштәы. Лара илдыруеит ахуҷы ицәыӡра иацу ацәаныррақуа. Лара хунтә деиҵаҟьахьеит. Аха абар лара еиҭа лцәалтәымкуа дҟалеит. Убри аҟынтә ҳхаҿы иааҳгар ауеит, шаҟа игунылгоз лара, амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ахушәтәырҭа данҭашәа. Ҩымчыбжь рышьҭахь иаамҭаӡамкуа иалагеит лыхшааиуратә хьаақуа. Дагьиит ӡынӡа ихуҷӡаз жәшәы грамм иҟаз Ванесса. «Шаҟа насыҧ сымаз сара,— илгуалалыршәоит Хуанита.— Аҵыхутәан сара санхеит!»

Аха лынасыҧ дук ахымҵит. Ҧшьымш рышьҭахь Ванесса дҟамлаӡеит. Хуанита илгуалалыршәоит: «Сара сгу убас иҭацәын. Сара анра сымырхит. Акгьы саҧсамшәа схы збон. Шаҟа игурҩазеи аҩныҟа Ванесса лзы иҳархиахьаз ауадахь ахынҳәра, насгьы уи лзы иааҳхуахьаз лымаҭәа хуҷқуа рбара. Мызқуак сара уи лиира агуалашәара ала акун сыҧсы шҭаз. Сара аӡәгьы сиацәажәар сҭахӡамызт».

Мыцхуы ихьаацәаӡами абас адкылара? Аиҳараҩык уамашәа ирбар алшоит, аха ауаа, абри аҩызаҵәҟьа ацәыӡ зоухьоу, еиҭарҳәоит рхуҷы иҧсра зыҧсҭазаара кыр хызфаахьаз ауаҩы иҧсра еиҧшҵәҟьа ишырҵәыуоз. Дара ражәақуа рыла, ани аби ахуҷы ибзиабара рк’уеит иира даара кыр шагыугьы. Ани ахуҷи рыбжьара ишьақугылоит лымкаалатәи аизыҟазаашьақуа. Аҧшқа иҧсра лара лзы еиҭаҳәашьа змам ахаҭара иҧсҭазаара иалҵроуп иаанаго. Абриҵәҟьа еилыркаауазароуп дзыгуҭылакыу ауаагьы.

Агунхара аарҧшреи ахы ахарадҵареи

Даҽа анык еиҭалҳәоит, лара илхылгаз, агуыхь бааҧсы зцины игуаҟ’уаз, фышықуса зхыҵуаз лыҷкун иаалырҟьаны иҧсра аӡбаху анлаҳа. «Сара иҧысшәеит еиуеиҧшымыз ацәаныррақуа рацәаны: агачамкреи, агурамгареи, ахареи инадыркны схаҵеи аҳақьымцәеи рзы агунхара аҟынӡа, иара иҭагылазаашьа шаҟа ишәарҭаз инагӡаны аху ахьырымшьоз азы».

Алахьеиқуҵаратә цәанырра ааҧшыр алшоит иаарту агунхаралагьы. Иахьынӡахуҭоу ахылаҧшра ирымҭозшәа ахьубо азы аҳақьымцәеи амедеҳәшьеи рзы агунхара акузаргьы. Мамзаргьы аҩызцәеи ауацәеи рзы агуынхара, иҟарҵо ма ирҳәо иашамшәа ахьубо азы. Иҟоуп џьоукы, иҧсыз изы згуы нхо, игуабзиара дахьацкламҧшуаз азы. Стелла еиҭалҳәоит: «Сара исгуалашәоит, схаҵа даара сышизгуаауаз, избанзар, сара стәала, зегь даҽакала иҟалар алшон ҳәа сгуы иаанагон. Ааи, иара даара дычмазаҩын, аха убас дшыҟазгьы, зынӡа аҳақьымцәа ирҭоз агуаҽанызаара ихахьы иааигомызт». Иҟалоит, иара убасгьы, иҧсыз аҽҧныҳәа анирҭо, иҧсра изааигуоу ирзаанагаз ауадаҩрақуа рзы.

Џьоукы ргуынхара ҧхаршьоит — даҽакала иуҳәозар, рхы ршәиуеит, абри аҩыза ацәанырра ахьрызцәырҵуа азы. Иҟоуп, иара убасгьы, ауаа, ирзааигуоу иҧсразы зхы ахара адызҵо. «Иара дыҧсӡомызт,— агура ганы иҟоуп дара,— заа аҳақьым иахь дызгазҭгьы», мамзаргьы «даҽа ҳақьымк дисырбазҭгьы», ма «игуабзиара деиҷаҳаларц игуазҭасҵозҭгьы».

Ахуҷы ицәыӡра иреиҳаӡоу ааха ҕуҕуа унаҭоит — ани аби ирыхуар алшоит гуыкала ацхыраареи арыцҳашьареи

Џьоукы ихадырҟьацәоит, аиҳараӡак ирзааигуоу ауаҩы иаамҭаӡамкуа дыҧсызар. Дара иргуаладыршәоит ахҭысқуа зегьы: рыгуқуа аннибархози ма ажәақуа анеимарк’уази. Мамзар ргуы иабоит, иҧсыз изы ирылшоз зегь ҟарымҵазшәа.

Аиҳараҩык анацәа ирхырго ацәыӡ азы имиасӡо ацәанырра даҽазнык агура ҳнаргоит, аиҳараҩык аҟазацәа ишьақудырҕуҕуо шиашоу, ахуҷы иҧсра иузанымхӡо ашьҭа шыннажьуа анацәеи абацәеи рыҧсҭазаараҿы, лымкаала ан лыҧсҭазаараҿы.

Ахаҵа ма аҧҳәыс дыҧсызар

Ихьанҭоу ахьаа ҕуҕуа унаҭар алшоит уҧсҭазаараҿы иумҩалоу иҧсра — ҷыдала, хаҵеи-ҧҳәыси акыраамҭа еицырхыргахьазар. Рҵыхутәа ҧҵәоит аицныҟуарақуа, аҵарақуа, аҧсшьара, уажәшьҭа уаҳа аӡәы изы даҽаӡәы шьаҟас дзыҟалом.

Иунис еиҭалҳәоит, иаамҭаӡамкуа лхаҵа агуаангылара иахҟьаны данҧсы, илхылгаз. «Аҧхьатәи амчыбжь азы сгачамкны сыҟан, сыҩныҵаҟа зегь ҭаҧсызшәа збон. Сара афатәқуаҵәҟьа ргьамагьы рыфҩгьы сзеилкаауамызт. Ус шакузгьы, сыхдырра ҵары сыннамыжьит. Арҭ ахҭысқуа раан ишыҟалало еиҧш, сара сгуы иҭамызт иҟалаз мап ацәкра, избанзар ахушәқуа рхархуарала иара иҭагылазаашьа хьанҭа далыргарц рҽахьынӡаҧыршәоз, сара уи аамҭа зегь азы срывагылан. Уеизгьы сыҧсы ҧыжәжәон, алшара ҳәа акгьы ахьсымамыз азы — амашьына атымеитыша ишҭаҳауа сахуаҧшуаны, иара убри аамҭазы акы аҟаҵара сылымшошәа».

Дҵәыуазмашь лара? «Ҳәара аҭахыума, аиҳарак адашшыларатә ажәақуа зныз шәкыла ашәҟуқуа санрыҧхьоз. Сара урҭ акакала срыҧхьа-цыҧхьаӡа сқьызқьызуан. Дара амш ахгараҿы исыцхраауан. Аха бхы шҧаббои ҳәа еиҭансазҵаалак, сара аҭакс исҳәозгьы сыздыруамызт. Хәара аҭахыума, сара цәгьала сыҟан».

Ишҧалықуманшәалахеи Иунис ари аҩыза агурҩа ахгара? «Џьара ҩнуҵаҟала, ари азы схы аҭак амҭакуа, сара исыӡбеит, наҟ–наҟ иҵегь сынхаларц,— еиҭалҳәоит Иунис.— Аха уаанӡеиҧш уажәгьы ихьаауп схаҟны аагара, схаҵа бзиа иибоз аҧсҭазаара уаҳа дышзаламгурҕьо».

«Ирылумыршан узгуҭылакыу иудырбаларц...»

Ашәҟуы «Аиҧырҵра — ианба, насгьы ишҧаҳәатәу „бзиала“» («Leavetaking — When and How to Say Goodbye») авторцәа иҳабжьаргоит: «Ирылумыршан узгуҭылакыу иҟоуҵаша ма иуцәаныррахаша удырбаларц. Зегьы ргурҩақуа дара ртәала иаадырҧшуеит. Узгуҭылакыу ргуы иаанагар — иагьуарҳәар алшоит — уара мыцхуы, мамзаргьы имаҷны угурҩоит ҳәа. Иаҭоумҵан, иагьухаршҭ убри. Узгуҭылакыу, мамзаргьы ажәлар зегьы ирхуцыз арамкақуа уҽырҭоугӡозар, уара угу ахурақуа рҕьара уаҧырхагахоит».

Ҳәара аҭахыума, дарбанзаалак ихатә гунгарақуа ихигоит иара итәала. Ҳара ҳҽазаҳшәом хгашьак аҵкьыс даҽа хгашьак еиҕьуп ҳәа агуаанагара адцалара. Амала аҭагылазаашьа аҽамҧсах’уазар, насгьы арыцҳара иақушәаз ауаҩы аҿыц ҧсҭазаара аҽанраалара дамарамзар, ицәырҵыр алшоит ашәарҭара. Усҟан иузҿлымҳау аҩызцәа рыцхыраара аҭаххозар акухап. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Аҩызы есымшагьы абзиабара илоуп, аиашьа иеиҧш, дцәырҵуеит арыцҳара аҽны». Убри аҟнытә уацәымшәан ацхыраара аҧшаара, аҵәыуареи угурҩа аиҭаҳәареи (Ажәамаанақуа 17:17).

Алахьеиқуҵаратә цәанырра ацәыӡ азы ииашоу дкылароуп, насгьы иҧхашьараӡам, ушгурҩо егьырҭ ирбар. Аха ҳҿаҧхьа иқугылоит анаҩстәи азҵаарақуа: ҧсҭазаашьас иҟоузеи наҟ–наҟ? Ииашоума сара схы ахара ахьадысҵо, иагьхьыгунызго? Сышҧариааири арҭ ацәаныррақуа? Исыхуозеи сцәыӡ азы схьаа ахгараҿы? Иашьҭанеиуа ахаҟны иҳауеит арҭи егьырҭ азҵаарақуеи рҭакқуа.

a Иаҳҳәап, нигериатәи ажәлар Иоруба рҽадыркылоит ауаа рыҧсқуа даҽаџьара риасра атәы зҳәо ртрадициатә хаҵарақуа. Убри азы, аҧҳәыс лхуҷы данҧслак, лаҕырӡышала дылҵәыуеит, аха зынӡа имцхумкуа, избанзар иоруба рмыҭкумак аҟны абас аҳәоит: «Икаҭәаз аӡы заҵәык ауп. Акалабаш шеибгаз инхеит». Иоруба ирҧхьаӡоит, ан аӡы злаарго аҧҳал еиҧш, «даалгар» лылшоит даҽа хуҷык, излахуаҧшуа ала, иҧсыз иҧсы захь ииасуа. Иегова Ишаҳаҭцәа имцу аидеиақуа шьаҭас измоу ҧсра зқум аҧсы, мамзаргьы даҽаџьара ииасуа аҧсқуа ртәы зҳәо атрадициақуа рыҽрыдыркылаӡом, избанзар урҭ Абиблиала ишьақурҕуҕуам (Аекклесиаст 9:5, 10; Иезекиил 18:4, 20).

Изызхуцтәу азҵаарақуа

  • Алахьеиқуҵаратә цәанырра шҧаадырҧшуеи еиуеиҧшым акультурақуа рхаҭарнакцәа?

  • Иарбан хҭысқуоу еиҭанаҳәо Абиблиа ауаа рҽаҧхьа алахьеиқуҵаратә цәаныррақуа раарҧшра иазкны?

  • Ишҧарыдыркылои џьоукы, бзиа ирбоз иҧсра аӡбаху анраҳалак? Ишҧаудукылеи уара, абри аҩыза ахҭыс аныҟала?

  • Иҟазҵозеи лымкаала ихьанҭаны уҧсҭазаараҽы иумҩалоу ицәыӡра?

  • Ишҧацои гуыла агунгарақуа? Ихьымӡҕыума алахьеиқуҵара?

  • Агунгара етапқуас иҟоузеи? (Уахуаҧш арамка 9-тәи адаҟьаҽы.)

  • Иарбан лымкаалатә ҭагылазаашьақуоу иззыгурҩо анацәеи абацәеи згуы бзиоу ахуҷы иаалырҟьаны данҧслак? (Уахуаҧш арамка 12-тәи адаҟьаҽы.)

  • Ишҧарыдыркылои аиҳараҩык анацәа аиҵҟьара, мамзаргьы зыҧсы ҭам ахуҷы иира? (Уахуаҧш арамка 10-тәи адаҟьаҽы.)

Агурҩа адкылара амҩасшьа

Ажәа «амҩасшьа» иаанагаӡом агурҩа адкылара анҵадырга иахьҧшуп, мамзаргьы дҵатә программак иқуныҟоит ҳәа. Агурҩа адкыларақуа аки-аки еиқуылар, насгьы аамҭала еиҧшымхар рылшоит, аха ауаҩҧсы иоуп аус злоу. Арҭ аиқуҧхьаӡарақуа харҭәаам. Иааҧшыр рылшоит егьырҭ адкыларақуагьы. Ҵаҟа иаагоуп арҭ адкыларақуа рахьтә акык-ҩбак.

Аҧхьатәи адкыларақуа: аҧхьатәи аилашәара; агурамгара; амапкра; ацәаныррақуа зегь рцәыӡра; ахы ахарадҵара; агунхара.

Агурҩа иҵарны адкыларақуа ирыцныҟуар рылшоит: агуалашәара ацәыӡреи амыцәареи; амч алӡаара; иаалырҟьаны агуалаҟазаара аҧсахра; иҟам-ианым ала аӡбра, насгьы ахуыцра; мыцхуы ихарҟьацәаны аҵәыуара; акрыфара агуаҧхара ацәыӡра, укапан иацызҵо ма иагзырхо; угуабзиара шеилагоу узырбо адыргақуа; азызра; аусуралшара алаҟура; иҧсхьоу идҳәалоу афҩысҳаратә, аҳаратә, абаратә лаҧшҵашәарақуа; ахуҷы данҧслак, ҵаҵҕуы амамкуа ҕас аҧшәма ишьҭыхра ма лышьҭыхра.

Агукаҳара ианаамҭоу: иҧсыз изы алахьеиқуҵара, насгьы агухьаагара; иара изкыу, зны-зынла алафгьы назлоу еиҳа узыргурҕьо ахуцрақуа.

Аиҵаҟьара, мамзаргьы зыҧсы ҭам ахуҷы иира — гурҩоуп ан лзы

Монна ахуҷқуа шлымазгьы, уи даара дазҧшын ахуҷ ҽыц иира. Макьана аҧшқа адәы дықуҧшаанӡагьы лара «диахумаруан, диацәажәон, насгьы дгуыҕ’уан иара изы».

Ангьы, макьана мгуаҭа иҟоу ахуҷгьы рыбжьара ирласны аҽеиқунаҳәалоит иузеиҟумҭхо аиҩызара. Ан илгуалалыршәоит: «Реичел Енн сымгуацәа аҟынтә ашәҟуқуа аллырҩуан, уахынлагьы ҭынч слырцәомызт. Сара иахьауажәраанӡагьы исгуалашәоит лара аҧхьатәи иҟумшәышәыз, абзиабара злаз лыгуҭасра куадақуа. Лара дҵысы-цыҧхьаӡа сара сыргуылархалон иузеиҭамҳәо абзиабаратә цәаныррақуа. Сара лара убысҟак ибзианы дыздыруан, ак анлыхьуази мамзаргьы лара данхьыҭҟуҭуази сныруан».

Монна лажәабжь иацылҵоит: «Аҳақьым сыгура игарц иҭахымызт, зынӡа ихьшәахаанӡа. Иара сыгушәа иҳәон, хьаас иҟасымҵарц. Аха сара исныруазшәа збон, лара аҧсра дшаҿыз. Лара иаалырҟьаны дшеибакуз дааҳәит, адырҩаҽнгьы дыҧсхьан».

Монна дызқушәаз иналаршә-ааларшәны иҟало акакум. Ашәҟуы «Ишҧахгатәу иеиҧҟьаз ацәатәымзаара» («Surviving Pregnancy Loss») авторцәа Фридмани Градштеини изларҳәо ала, Еиду Америкатәи Аштатқуа рҟны мацара есышықуса миллионҩык аҳәсақуа иаамҭаӡамкуа рцәартәымзаара еиҧҟьоит. Аиашазы, адунеи зегь аҟны ари ацифра акырӡа еиҳауп.

Ишаҧу еиҧш, узгуҭылакыу аҵыхутәанӡа ирзеилкаауам аиҵаҟьара, мамзаргьы зыҧсы ҭам ахуҷы иира аҳәсақуа рзы ишрыцҳароу, дара уи рыҧсахьынӡаҭоу ирхашҭӡом. Ҿырҧштәыс даагозар, Вероника, уажәы ҩынҩажәижәаба ирҭысхьоу, илгуалашәоит ахҭысқуа зегьы, данеиҵаҟьози, аиҳараӡак ажәбатәи амз аҟынӡа зыҧсы ҭаз, аха нас иҧсны илыхшаз лхуҷи. Уи дани ф-кьылак дыҟан. Лцәалтәымзаара аҵыхутәантәи амчыбжьқуа рзы иара дыҧсхьан. Лара еиҭалҳәоит: «Иузҳәаӡом ажәала, ан лзы зыҧсы ҭам ахуҷы иира иаҵанак’уа закуу».

Егьырҭ аҳәсақуаҵәҟьагьы еснагь ирзеилкаауам, арҭ анацәа насыҧдақуа ирцәанырроу. Иеиҵаҟьаз ҧҳәыск илҩуан: «Исымоу аҧышәа џьбара абзоурала, сара ииашаҵәҟьаны еилыскааит: уаанӡа адырразгьы исыздыруамызт сҩызцәа ирхыргаз закуз. Сара урҭ сырзыҟан убасҵәҟьа зегь сзеиҧшны, рхьаа рыцеиҩысшарц сашьҭамызт, уажәы сызгуҭылакыу са сахь ишыҟоу еиҧш».

Ауадаҩрақуа цәырҵыр рылшоит, иара убас, зылахь еиқуу ан лхьаақуа иахьынӡахуҭоу лхаҵа илыцеиҩимшошәа анылбо. Ҧҳәыск уи абас далацәажәеит: «Убри аамҭазы схаҵа зынӡа сгуы ихшәеит. Сцәастәымзаара зынӡа иҟаӡамызшәа акун иара изы. Сара зыхгара сықушәаз агурҩа иара игуаҟынӡа изнамгеит. Иара еиҳа сшәарақуа дрылахуын, сгурҩа аҵкьыс».

Иҟалап, ари иҭышәынтәалоу хымҩаҧгашьазар ахаҵа изы — уи цәала-жьылеи гуылеи ихуҷы идҳәаҵалара изцәырымҵӡацызт, зцәа зтәымыз иҧҳәыс ишлызцәырҵхьаз еиҧш. Ус шакуугьы, иара ихьааигоит ицәыӡ. Даара акраҵанак’уеит, хаҵеи-ҧҳәыси ирдыруазар ирцәаныррақуоу, урҭ рцәаныррақуа еиҧшымзаргьы. Дара ирыхуҭоуп, ргуаҵа иҭаҵәахыу еибырҳәалар. Ахаҵа ихьаақуа иҵәах’уазар, иҧҳәыс агуаҵәажәпа ҳәа длыҧхьаӡар ауеит. Убри аҟнытә, ишәымҵәахлан шәылаҕырӡқуа, шәхуцрақуа, аӡәи-аӡәи гуыдеибаҳәҳәарала шәыгуқуа шьҭибахла. Иаашәырҧшла абыржәаҟара аӡәи-аӡәи шәеибаҭахны шәшыҟамлац. Ааи, ахацәа, иаашәырҧшла шәыгурыцҳашьара.

Згуы бзиоу ахуҷы иаалырҟьаны иҧсра асиндром — хгашьас иамоузеи ари агурҩа?

Иаалырҟьаны ахуҷы иҧсра, аиашазы, ирыцҳара дууп. Иаалырҟьаны згуы бзиоу ахуҷы дҿыхаӡом. Дарбанзаалак ихахьы изаагом ари аҩыза, мшәан, зхахьы иззаагарыда, аҧшқа ма ахуҷы дзыхшааз раҧхьа дыҧсуеит ҳәа? Ҳәаа змам ан лыбзиабара ззынашьҭу ахуҷы иаалырҟьаны дҟалоит ҳәаа змам лгурҩа азы дымзызны.

Ани аби ахы ахарадҵара иаргуаҟуа иалагоит. Зны-зынла ҳхуҷы иҧсра ҳара иаҳхароуп, избанзар ишахуҭаз еиҧш ҳзихыламҧшит ҳәа ргуы иаанагоит. Дара рхы иазҵаауеит: «Изаҳзахмырҧазеи иара иҧсра?»b Зны-зынла ахаҵа, ихаҭа изымдырӡакуа, ҵаҵҕуыда иҧҳәыс ахара лыдиҵар ауеит. Иара усура данцоз ахуҷы иҧсы ҭан, игугьы бзиан. Даныхынҳә, ахуҷы дыҧсны ацәарҭа дагуларшәын! Дабаҧшуаз иҧҳәыс? Дабаҟаз лара убри аамҭаз? Аҭаацәараҟны аилибамкаара аҿиара аҧырҟуҟуааразы, арҭ угуы иамыхуо азҵаарақуа ҭумҵаар ада, ҧсыхуа ыҟам.

Арыцҳара ҟалеит заа иузымбоз, насгьы заа иузымҳәоз аҭагылазаашьақуа ирыхҟьаны. Абиблиа иаҳәоит: «Сагьхьаҳәит, иагьызбеит сара амра аҵаҟа, еилҟьамыз шракуз аҧхьаху згоз, игумшәақуамыз — аиааира, иҟушқуамыз — ача, иҟазацәамыз — апату, аха аамҭеи амашәыри роуп иҟоу зегь рзы» (Аекклесиаст 9:11).

Зхуҷы дыҧсыз аҭаацәа изгуҭылакыу ауаа ацхыраара рырҭарц шҧарылшои? Ацәыӡ зауз ан аҭак ҟалҵоит: «Сҩызак, ажәак мҳәаӡакуа, дааин сыҩны куаҧӡа еиллыргеит. Егьырҭ ҳафатә дырхион. Ахҧатәиқуа сааргудрыҳәҳәалеит — ажәада, баша сааргудрыҳәҳәалеит. Сара агуаҳәара сымамызт абри алацәажәара. Сара исҭахымызт иҟалаз шәынтә аиҭаҳәара. Са исҭахымызт иахуҭамыз, џьара акы ҟасҵазшәа сзырбоз, игуҧҵәагаз азҵаарақуа. Сара сануп, ҳәара аҭахыума, исылшоз зегь ҟасҵон, сыҧшқа деиқухарцаз».

b «Иаалырҟьаны згуы бзиоу ахуҷқуа рыҧсра асиндром» ҳәа изышьҭоу, згуы бзиоу ахуҷқуа иаалырҟьаны, изакузаалак мзызк амаӡамкуа рыҧсра ауп, аиҳарак акы инаркны фымз зхыҵуа рҟынӡа. Ахуҷы мгуацәхыла акумкуа, бҕала ма ганла дышьҭоуҵар, ари аҩыза аҧсра ахуҷы дацәухьчар улшоит ҳәа иҧхьаӡоуп. Аха ари иаанагом ахуҷы ииашаны дахьышьҭоуҵо азы, иаалырҟьаны аҧсра асиндром еснагь иузахырҧалоит ҳәа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра