«Ҟалашьа амам!»
НИУ-ИОРК (США) инхо аӡәы еиҭеиҳәоит: «Убри аҽны сыҷкун Џьонатан иҩызцәа рҟны сасра дыҟан, мильқуак аҩны инацәыхараны. Сыҧшәма ҧҳәыс Валентина даара илҭахымызт, иара убрахь дцар. Лара есымша дшәон амҩан ак ҟалар ҳәа. Аха сыҷкун аелектроника иҽадицалеит, уаҟа иҩызцәа ирыман аҟазарҭа, иара аҧышәа бзиа иоурц ахьилшоз. Убри асааҭ азы сымала сыҟан аҩны, мраҭашәарахьтәи Манхаттан (ақ. Ниу-Иорк) ахуҭак аҟны. Сыҧшмаҧҳәыс убри аамҭазы Пуерто-Рико инхо лыуацәа рҟны дсасуан. „Уажәы-уашьҭан дхынҳәуеит Џьонатан“,— схуцуан сара. Убасҟанҵәҟьа ашә аҟны аҵәҵәабжьы геит. „Абар иаргьы“. Аха ари иара иакумызт. Ашә илагылан амилициацәеи „Ацхыраара ласы“ аусзуҩцәеи. „Ижәдыруама шәара, абарҭ арныҟуцаратә ршаҳаҭгақуа зтәу?“— дсазҵааит амилициацәа руаӡәк. „Ааи, ишҧасзымдыруеи, ари сыҷкун Џьонатан иршаҳаҭга ауп“. „Ҳара ишәаҳҳәарц ҳҭахыуп илахьеиқуҵагоу жәабжь ҿыцк. Амҩан иааихеит амашьынақуа, насгьы... шәыҷкун... шәыҷкун дҭахеит“. — „Ҟалашьа амам!“— абас ауп аҧхьа ишсыдыскылаз. Ажәҩан цқьа агуҭа мацәыс еимҟьарак еиҧш, ари ажәабжь иҵаулаӡоу, шықусыла имҕьаӡо ахура ҳнаҭеит».
«Ҳара ишәаҳҳәарц ҳҭахыуп илахьеиқәҵагоу жәабжь ҿыцк. Амҩан иааихеит амашьынақәа, насгьы... шәыҷкәын... шәыҷкәын дҭахеит».
Барселонынтәи (Испаниа) абык иҩуеит: «Иҳаҩсхьоу 60-тәи ашықусқуа рзы ҳара насыҧ змаз ҭаацәараны ҳаҟан. Сыҧшәмаҧҳәыс Мариа, хҩык ҳхуҷқуа: Давид, Пакито, Изабел, усҟан 13, 11, 9 шықуса зхыҵуаз.
Абар, 1963 шықуса март азы Пакито ашкол аҟнытә аҩны данааи, ихыхь бааҧсы дахашшаауа далагеит. Ҳара зынӡак иаҳзеилымкааит мзызс иамаз,— аха иаарласны зегьы ахала иӡбхеит. Х-сааҭк рышьҭахь иара дҟамлаӡеит. Иҧсра амзыз — ишьа ихшыбаҩ иалалеит.
Абар, уажәшьҭа 30 шықуса ҵуеит Пакито дыҧсижьҭеи. Аха иахьа уажәраанӡа уамакала ҳгурҩоит иҳауз ацәыӡ азы. Зхуҷқуа зыҧхаз анацәеи абацәеи зегьы ирныруеит рҟурҷаха шырцәыӡыз — акгьы аанагом, заҟаамҭа цахьоу ма иҵегь ахуҷқуа рымоу».
Арҭ аҩ-хҭыск рыла иаҳбоит заҟа иҵаулоу, насгьы имҕьаӡо хуроу анацәеи абацәеи ирзыннажьуа ахуҷы иҧсра. Заҟа ииашаны иҩызеи ҳақьымк: «Ишаҧу еиҧш, ахуҷы иҧсра трагедиа дуны иахуаҧшуеит, иагьунаҭоит угуаҵанӡа инеиуа ахьаа, зықурахь инеихьоу иҧсра аасҭа,— избанзар уи ицәыӡра аҭаацәа усҟак иазҧшым. [...] Ахуҷы иҧсра инаркны наҟ-наҟтәи агуҕрақуа хыбгалоит, наҟ-наҟтәи аизыҟазаашьқуа [аҷкуни, аҭацеи, амоҭацәеи], наҟ-наҟтәи ахҭысқуа... макьана иҟамлац». Иара убасҵәҟьа иҵауланы игунылгоит еиҵаҟьаз дарбанзаалак аҧҳәыс.
Ҧҳәысеибак еиҭалҳәоит: «Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан сыҧшәма Рассел адиутантк иаҳасабала амедецинатә маҵзура далахуын аибашьратә операциақуа ахьымҩаҧыргоз Иҭынчу аокеан аҟны. Уи иблала ибахьан ихлымӡаахыу аибашьрақуа ҧыҭк. Уи ашьҭахь иара дгьежьит Еиду Америкатәи Аштатқуа рахь, дагьалагеит ҭынч анхара. Ҳамҭак ашьҭахь Анцәа Иажәа дамаҵуҩхеит. Иара 60 шықуса данырҭыс, игуы дахашшаауа далагеит. Иара иҽазишәон активла аҧсҭазаара амҩаҧгара. Аха ииуль, 1988 шықусазы игуы аангылан, иҧсҭазаара далҵит. Иара иҧсра сара сыбҕа ҧнаҵәеит. Сара абзиараз ҳәа иаҳәарагьы сахьымӡеит. Уи сара дагьсхаҵан дагьсҩызан. Иаргьы саргьы 40 шықуса ҳаицынхеит. Сара сгуы иснаҭон, ахаан иҧысымшәацыз азаҵәра саҧхьаҟа ишысзҧшыз».
Ари есымша адунеи зехьынџьара аҭаацәарақуа ирықуҳауа зкьы трагедиа рҟурҷахак ауп. Аиҳараҩык ауаа зхуҷы, зхаҵа, зыҧҳәыс, зан ма заб, рцәыӡра хьаазго иқушаҳаҭуп ашәҟуҩҩ — акьырсиан Павел, аҧсра «аҵыхутәантәи аҕа» ҳәа азызҳәаз. Ишаҧу еиҧш, ажәабжь бааҧсы ауаҩы ишидикыло мапкралоуп. «Ҟалашьа амам! Ари иашаӡам». Излаабо ала, аҧхьатәи адкылара иашьҭанеуеит егьырҭгьы (1 Коринфаа рахь 15:25, 26).
Аха еиуеиҧшым алахьеиқуҵарақуа раарҧшышьақуа ҳрыхуаҧшаанӡа, шәааи зҵаара хадақуак рҭак ҟаҳҵап. Ҿааҳәырада дыҧсуама ауаҩы? Иҟоума ма изакузаалак гуҕрак ҩаҧхьа иаабартә еиҧш иаҳзааигуоу ауаа?
Иҟоуп агуҕразы аҵаҵҕуы
Абиблиа аҩра иалахуз Павел далацәажәон «аҵыхутәантәи аҕа» — аҧсра аҟнытә ацәцара агуҕра атәы. Иара иҩуан: «инырҵәахоит аҵыхутәантәи аҕа — аҧсра», «Иҧырххоит аҧсра» (1 Каринфаа рахь 15:26, «Ажәабжь бзиа»). Иабантәааигеи Павел абри еиҧш иҟоу ахаҵара ҕуҕуа? Аҧсцәа рахьтә зыҧсы ҭалаз Иисус Христос ихаҭа иирҵеит Павел (Аусқуа 9:3—19). Убри азыҳәан Павелгьы иҩуан: «Ауаҩы (Адам) ила аҧсра шыҟалаз еиҧш, ауаҩы (Иисус Христос) илагьы иҟалоит аҧсҭалара. Адам иҟны зегь шыҧсуа еиҧш, Христос иҟны зегь рыҧсы ҭалоит» (1 Каринфаа рахь 15:21, 22).
Иисус даара илахь еиқунаҵеит наинтәи аҧҳәысеиба данлықушәа, уи илыцәҧсыз лыҷкунгьы даниба. Абиблиаҿы иаҳәоит: «Ақалақь агуашә даназааигуаха, ара дҭыргон аҧсы, зан илҧазаҵәыз, лара дыҧҳәысеибан; шьарда жәларгьы лыццон ақалақь аҟнытә. Иҳақуиҭу даниба, игуы даблит, усгьы леиҳәеит: бымҵәыуан. Дагьааидгылан исакаса дакьысит; дызгоз аангылеит. Иаргьы иҳәеит: Арҧызба! Уара уоуп изасҳәо, угыл. Аҧсы дҩықутәеит, ацәажәарагьы далагеит; дагьлиҭеит иан. Зегьы ашәара рхаҧеит, Анцәа ддырдыуан [«ихьӡ ҳарарк’уан», ИА], иҳәауа: ҧааимбар дук дҳалагылеит; Анцәа иуаажәлар дырзылбааит». Иазгуаҭ: Иисус убысҟак аҧҳәысеиба дрыцҳаишьеит, лыҷкун иҧсы ҭеиҵартә еиҧш! Шаҟа иаҳнарбозеи ари ахҭыс наҟ-наҟ иҟалараны иҟоу! (Лука 7:12—16).
Избаз рҿаҧхьа Иисус хашҭшьа зқум аҧсҭаҵарақуа руак ҟаиҵеит. Абри ишьақунарҕуҕуеит, ари ахҭыс аҟалара уамак шагмыз иара ихаҭа ииҳәахьаз аҧсҭалара иазкыз аҧааимбаражәа, аҧсҭазаарахь ахынҳәра иазкыз аҧааимбаражәа, адгьыл аҟны «ажәҩан ҿыц» аҵаҟа. Иисус ирылеиҳәеит: «Иџьашәымшьан ари ишәасҳәаз; ииашаны ишәасҳәоит, Анцәа Иҧа ибжьы адамрақуа ирҭоу зегьы ианраҳаша аамҭа аауеит...» (Аартра 21:1, 3, 4; Иоанн 5:28, 29; 2 Пиотр 3:13).
Уи адагьы, аҧсҭаларақуа руак збаз ирылан Пиотр, насгьы Иисус ицныҟуақуоз 12-ҩык иреиуаз ҧыҭҩык егьырҭ иҵаҩцәа. Дара Галилеитәи амшын аҿы ираҳахьан зыҧсы ҭалаз Иисус ибжьгьы. Ажәабжь аҿы иаҳәоит: «Иисус иреиҳәеит: шәааи, шьыбжьхьа шәфа. Аҵаҩцәа рҟынтә аӡәгьы изыгуаҕьуамызт Уара уарбану ҳәа иазҵаара, ари Иҳақуиҭу шиакуз дырны. Иисус дааин, ача аашьҭыхны дара ириҭеит, убас аҧсыӡгьы. Иисус аҧсцәа рахьтә дгылеижьҭеи абри ихынтәны иҵаҩцәа дрызцәырҵит» (Иоанн 21:12, 14).
Абри азоуп Пиотр агура гаҵәҟьаны изиҩуаз: «Дыҧшьоуп Анцәа, Иҳақуиҭу Иисус Христос Иаб, зрыцҳашьара дуӡӡала ҳаиҭеиратә ҳҟазҵаз Иисус Христос иҧсҭаларала агуыҕра иашаҵәҟьахь ҳназгаз» (1 Пиотр 1:3).
Апостол Павел аҧсҭаларазы агуыҕра атәы иҳәеит абас: «Сара азакуан иаҳәогьы аҧааимбарцәа рҟны ианугьы зегь хасҵоит. Саргьы анцәа сиқугуыҕ’уеит, даргьы ирымоуп агурагара, ииашақуоугьы ииашақуамгьы рзы аҧсҭалара шыҟало ала» (Аусқуа 24:14, 15, АБ).
Абасала миллионҩыла, абра адгьыл аҿы даҽазнык ирзааигуоу рыҧсы ҭаланы ишырбо агура ргартә аҵаҵҕуы рымоуп, аха иахьатәи аҭагылазаашьақуа иреиҧшым даҽа ҭагылазаашьақук рҟны. Изакутәы ҭагылазаашьақуахозеи урҭ? Абиблиа шьаҭас измоу, иҳацәҧсхьоу рзы агуыҕра иҵегь инарҭбааны ҳалацәажәоит абрашиура анҵәамҭаҩы «Иҧсхьоу рзы иҟоуп агуыҕра» ҳәа хыс измоу ахуҭаҟны.
Уажәы, шәааи, алҧсаа изхьаауа ауаҩы изцәырҵуа азҵаарақуа еилҳаргап: ииашоума, сара абысҟак иахьгунызго? Ҧсҭазаашьас иҟоузеи наҟ-наҟ? Ишҧасыхуои сыкуша-мыкуша иҟоу, абри агурҩа сацәынхартә еиҧш? Сышҧарыхуои сара арыцҳара иақушәаз? Насгьы зегь ирхадоу, ишҧарҵабырг’уеи Абиблиа, иҧсхьоу ауаа аҧеиҧш шрымоу? Избарыма сара знымзар-зны исыцәҧсхьоу сҭынхацәа? Насгьы иаба?