Ишәҭахума Абиблиа еиҕьны еилышәкаарц?
Изаҭахузеи Абиблиа аҧхьара?
АБИБЛИА иарбанзаалак даҽа шәҟәык иузадкылом. Уаҟа иагәылоуп бзиабарала иҭәу Анцәа инапхгара (1 Фессалоникаа рахь 2:13). Уи абжьгарақәа ухы иаурхәар, даараӡа алҵшәа бзиа унаҭоит. Анцәа иахь шәыбзиабара еизҳауеит, насгьы шәизааигәахарц шәылшоит, «бзиарас иҟоу зегьы... иарбанзаалак инаӡоу аҳамҭа» Рыҭаҩ (Иаков 1:17). Шәара еилышәкаауеит, Анцәа шәышиҳәаша, насгьы шәара ианшәзыхьанҭоу аамҭазы уи ицхыраара шәнырырц шәылшоит. Абиблиа иану анормақәа инарықәршәаны шәхы мҩаҧыжәгалар, Анцәа наӡаӡатәи аҧсҭазаара шәиҭоит (Римаа рахь 6:23).
Абиблиаҿы иануп аиаша, ирацәаӡаны азҵаарақәа ииашаны рҭак ҳазҭо. Абиблиа адырра иаҳнаҭоит ахақәиҭра, миллионла ауаа тәыс иҟазҵаз, ииашам агәаанагарақәа рҟнытә. Иаҳҳәап, аҧсы изкыу аиаша анаҳдыруа, аҧсцәа ацәгьа ҳзыруеит ҳәа иҳамоу ашәара ҳцәыӡуеит, насгьы ҳара иаҳзааигәоу иҧсхьоу ауаа шымгәаҟуа еилаҳкаауеит (Изекииль 18:4). Аҧсҭалара иазкыу Абиблиатә ҵара, ргәы арҭынчуеит зҭынхацәа зцәыӡыз (Иоанн 11:25). Ицәгьоу амаалықьцәа ирызкыу аиаша дырны, аспиритизм иадҳәалоу ашәарҭара ҳхы ацәаҳахьчоит, насгьы еилаҳкаауеит адунеи аҿы агәаҟрақәа зырацәоу.
Анцәа иҳаиҭаз абиблиатә принципқәа иаҳдырҵоит, ҳцәеижь иазеиҕьу аҧсҭазаара шымҩаҧаҳгаша. Убас, «иҭышәынтәалоу ашьцыларақәа» ҳгәабзиара ахьчоит (1Тимофеи 3:2). «Ҳаҽрыцқьауа ҳцәеижьи ҳдоуҳаи зҟьашьуа рҟынтә» ирацәаны ачымазарақәа ҳҽырцәаҳахьчоит (2 Коринфаа рахь 7:1). Анцәа иабжьгарақәа, Абиблиа аҟнытә иаагоу, аҭаацәаратә ҧсҭазаараҟны анасыҧ аиуреи, ҳхы апату ақәҵараҿи иҳацхраауеит (1Коринфаа рахь 6:18).
Анцәа Иажәа инақәршәаны шәынхалар, еиҳа насыҧ шәоуеит. Абиблиа иаҳнаҭо адыррақәа иҳацхраауеит аҧсҭазаараҟны агәалаҟазаареи, агәҭынчреи аҧшаараҿы, иара убас агәыҕра аиураҿгьы. Уи адагьы, уи ҳацхраауеит ауаҩы дзеилаҳаша аҟазшьа бзиақәа агәыблыра, абзиабара, агәырҕьара, аҭынчра, аразра, ахаҵара реиҧш иҟоу алааӡараҿы (Галатаа рахь 5:22, 23; Эфесаа рахь 4:24, 32). Урҭ аҟазшьақәа рыбзоурала ҳара иреиҕьу хаҵеи ҧҳәысни, иреиҕьу ҭаацәараны, иреиҕьу хәыҷқәаны ҳҟалоит.
Шәазхәыцхьоума зныкыр ҧхьаҟатәи ҳҧеиҧш? Абиблиатә ҧааимбаражәа излаҳәо ала, ҳара иҷыдоу аҭоурых аамҭа ҳҭагылоуп. Абиблиа иахьатәи аҭагылазаашьа мацара атәы адагьы, уаҟа иаҳәоит Анцәа иаарласны адгьыл зегьы џьанаҭ ссирны ишыҟаиҵо (Аартра 21:3, 4).
Абиблиа аилкаараҿы ацхыраара
Иҟалап Абиблиа аҧхьара шәҽазышәшәахьазар, аха ижәбазар акәхап уи аилкаара ус ишымариам. Абиблиа аҟны шәызҵаарақәа рҭак ахьыҧшаатәу шәзымдыруазаргьы ҟалап. Имаҷымкәа ауаа абри еиҧш иҟоу ауадаҩра иақәшәоит. Ҳара зегь Анцәа иажәа аилкаараҿы ацхыраара ҳҭахыуп. Иегова Ишаҳаҭцәа 235 тәыла рҟны хәыда-ҧсада Абиблиа аҵараҿы миллионла ауаа ирыцхраауеит. Урҭ гәахәарыла шәаргьы ишәыцхраауеит.
Зегьы иреиҕьуп Абиблиа уҵар шьаҿа-шьаҿа, ихадоу азҵаарақәа рыла уалаганы (Ауриақәа рахь 6:1). Аамҭа цацыҧхьаӡа еиҳа ишәзыманшәалахоит «ихьанҭоу... афатә» шәыдкылара, даҽакала иуҳәозар еиҳа иҵаулоу аиаша (Ауриақәа рахь 5:14). Зегь раҧхьаӡа иргыланы иаҳҵо Абиблиа ахаҭоуп, иара шьаҭас измоу аҭыжьымҭақәа-иаҳҳәап, аброшиура «Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?»,— еиуеиҧшым атемақәа аазыртуа абиблиатә текстқәа реилкаараҿы ишәыцхраауеит.
Шәазхиоума есымчыбжьа Абиблиа еиҳа еиҕьны аилкааразы аамҭа азоужьра?
Абиблиатә ҵара мҩаҧгахарц алшоит иахьшәзыманшәалоу аҭыҧаҿы, насгьы ианшәзыманшәалоу аамҭазы. Аӡәырҩы рыҩны рҽазыҟарҵоит. Даҽа џьоукых — ҭелла. Аҽазыҟаҵара, ишаҧу еиҧш, имҩаҧысуеит хаҭа-хаҭала. Уаҟа иазгәаҭахоит ауаҩы ихатәы ҭагылазаашьа, иара иҵареи идырреи аиҳаракыра. Ара иаҭахӡам аҧышәарақәа рыҭира, аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит ихақәиҭу аҭагылазаашьаҿы. Абри еиҧш аиҿцәажәарақәа раан шәара ишәыҧшаауеит шәгәы иҭыхо азҵаарақәа рҭакқәа, насгьы еилышәкаауеит Анцәа ишизааигәахатәу.
Аҵара мҩаҧысуеит хәыда-ҧсада (Маҭфеи 10:8). Уи рыдгалахоит ауаа зегьы, рдинхаҵареи рхатәы гәаанагареи зеиҧшразаалакгьы. Ихадароу, дара гәык-ҧсыкала ирҭахызароуп Анцәа Иажәахь ирымоу адырра аизырҳара.
Изылшода аиҿцәажәарақәа аҽалархәра? Шәҭаацәара зегьы. Шәҩызцәа, шәара шәеилацәажәара зҽалазырхәырц шәҭахыу. Мамзаргьы, ишәҭахызар, аҵара шәараӡәк ишәзымҩаҧыргалоит.
Аӡәырҩы Абиблиа аҵара мчыбжьыкахь сааҭк азыршьҭуеит. Шәара ишәылшозар еиҳаны, мамзаргьы имаҷны аамҭа азоужьра, Анцәа ишаҳаҭцәа шәҭагылазаашьа рҽақәдыршәоит.
Аҵарахьы ааҧхьара
Ҳара ишәыдаагалоит Иегова ишаҳаҭцәа шәрыдҵааларц. Уи ҟашәҵарц азы ҵаҟа иарбоу адресқәа руак ахь ашәҟәы жәҩыр шәылшоит. Ҳара иҳалҳаршоит Иегова Ишаҳаҭцәа руаӡәк хәыда-ҧсада шәыҩны Абиблиа шәирҵаларц.
□ Исзаашәышьҭ аброшиура «Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?»
□ Сара аинтерес сымоуп хәыда-ҧсада аҩны Абиблиа аҵара.